Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb26 ианвар ад. 2—16
  • Ианвар 5—11

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ианвар 5—11
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2026
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2026
mwb26 ианвар ад. 2—16

ИАНВАР 5—11

ИСАИА 17—20

Ашәа 153, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ирзыԥшузеи «ҳахзырҵәо»?

(10 мин.)

Абиблиаҿы ауаатәыҩса игәрымуа амшын иаҿырԥшуп (Иса 17:12; w18.06 8, абз. 16).

Ҳара иаҳдыруеит анеитралитет ҳахьадгыло азы ари адунеи ҳшацәымӷзаауа (Ин 15:18, 19; w16.04 28, абз. 4).

Иаарласны Иегова «ҳахзырҵәо» ауаа ҳԥыригоит (Иса 17:13, 14; ip-1-U 198, абз. 20).

Аиашьа абахҭаҿы дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәоит. Адәахьала ахьчаҩ автомат кны дгылоуп.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иса 20:2. Дныҟәаҵәҟьозма Исаиа хышықәса зынӡа маҭәада? (w06-U 1/12 11, абз. 1).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 10:23—42 (th аурок 11).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Аҭаацәара иалоу ауаҩы аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҿы иаагоу Ацҵа А аҟынтә ҵабыргк изеиҭаҳәа (lmd аурок 2, апункт 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 8, апункт 4).

6. Ажәахә

(5 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 14. Атема: «Анцәа ҳиҳәалар иҭахуп» (th аурок 8).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 148

7. Дышәхашәмыршҭлан Иегова — Ҳацаҟьеи Ҳбаагәареи

(10 мин.) Ахцәажәара.

Иегова — Ҳацаҟьеи Ҳбаагәареи иоуп (Иса 17:10). Иара иҿы аҽыҵәахырҭа иашьҭоу ихьчоит (Аԥс 144:1, 2). Ҳәарада, Иегова иҩызцәа ашьҭашәарыцарақәа ианырцәимыхьчогьы ыҟоуп. Аха иара хымԥада иаҭаху зегь риҭоит, изықәшәо аԥышәара зеиԥшразаалакгьы уи рхыргарц азы (1Кр 10:13).

Авидеонҵамҭа «Иегова иҩызцәа урабадырла. Хананиеи, Мисаили, Азариеи» аҟынтә акадр. Хананиеи, Мисаили, Азариеи аҳ Навуходоносор иргылаз абаҟа амҵахырхәара мап ацәыркуеит. Зыԥсахы еибакыз аҳ аибашьцәа урҭ ркырц реиҳәоит.

Иегова иҳәатәы ҳанахымԥо уи ала дшаҳхамышҭуа ааҳарԥшуеит. Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Иегова иҩызцәа урабадырла. Хананиеи, Мисаили, Азариеи». Анаҩс заа узацәажәахьоу ахәыҷқәа (урҭ асценахь ааԥхьара рыҭ) абарҭ азҵаарақәа рыҭ. Мамзаргьы арҭ азҵаарақәа аӡырҩцәа ирыҭ.

  • Ишԥеиқәирхеи Иегова иҩызцәа? (Дан 3:24—28).

  • Ишԥаадырԥши Хананиеи, Мисаили, Азариеи Иегова иҩызцәа шракәҵәҟьоу?

  • Ианбоуцәыцәгьоу Иегова иҳәатәы ақәныҟәара?

  • Иуцхраар алшои Иегова иҳәатәы ақәныҟәара?

8. Есыҽны Иегова иҩызцәа ак рҿышәҵаала

(5 мин.) Ахцәажәара.

«Иегова иҩызцәа урабадырла» захьӡу амультфильмқәа рсериа аҟынтә аперсонажцәа. Аԥхьа иубарҭоуп Абиблиа ду, насгьы урҭ авидеонҵамҭақәа рҿы ихадоу аперсонаж.

«Иегова иҩызцәа урабадырла» захьӡу амультфильмқәа рсериа зызку аԥхьашьа зҵо ахәыҷқәа роуп. Урҭ амультфильмқәа Иегова бзиа дызбоз ауаа рыӡбахә рҳәоит, насгьы ахәыҷқәа ргәазҭарҵоит «есыҽны Иегова иҩызцәа ак рыҿҵаара».

  • Ишәыцхраауеи Иеговеи уи иҩызцәеи еиҳа еиӷьны рабадырразы есыҽны аамҭа алхра?

  • Дарбан библиатә персонажу еиҳа еиӷьны зыӡбахә еилышәкаар шәҭаху, насгьы избан?

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурок 50, 9-тәи ахәҭахьы алагалажәа, насгьы аурок 51

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 73, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра