Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb26 ианвар ад. 6—7
  • Ианвар 19—25

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ианвар 19—25
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2026
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2026
mwb26 ианвар ад. 6—7

ИАНВАР 19—25

ИСАИА 24—27

Ашәа 159, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. «Ари Ҳанцәа иоуп!»

(10 мин.)

Ҳара Иегова Ҳанцәа ахьиакәу ахыҽхәаразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп (Иса 25:9; cl-U 15, абз. 21).

Адунеи ҿыц аҿы Иегова иҟынтә аҳамҭақәа рацәаны иаҳзыԥшуп, меигӡарахда афатә бзиагьы уахь иналаҵаны (Иса 25:6; w24.12 6, абз. 14).

Анцәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас иҳаиҭоит (Иса 25:7, 8; w25.01 28, абз. 11, 12).

Аинвалидцәа рколиаска иантәалоу зықәрахь инеихьоу аиашьа ахәышәтәырҭаҿы аус зуа ахаҵа ажәабжь изеиҭеиҳәоит.

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Иззеиҭасҳәар сылшода ари амчыбжь азы Иегова ҳзықәиргәыӷуа аӡбахә?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иса 24:2. Иарбан ҷыдароу еиҭарҿыцу аиҭага «Адунеи ҿыц» иамоу, ари ажәеинраала излаҳнарбо ала? (w15-U 15/12 17, абз. 2—4).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 11:24—36 (th аурок 10).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Еилкаа ауаҩы интересс имоу атема. Ирба асаит jw.org аҿы ииҭаху аинформациа иԥшаар шилшо (lmd аурок 1, апункт 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҿы иаагоу Ацҵа А аҟынтә зхәыцрак изеиҭаҳәа (lmd аурок 9, апункт 4).

6. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwbq-U, астатиа 160 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Почему Иисус Христос назван Сыном Бога?» (th аурок 3).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 144

7. Аҳақьымцәа рыцхыраара анышәҭаху Иегова аҵыхәтәанынӡа шәиқәгәыӷла

(15 мин.) Ахцәажәара.

Иегова аҵыхәтәанынӡа иқәгәыӷуа зегь ихьчоит. (Шәаԥхьа Исаиа 26:3.) Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иегова ҳашиқәгәыӷуа аҳақьымцәа рыцхыраара анаҳҭаху? Иорганизациа ала иҳадигало зегьы ҳхы иаҳархәалароуп.

Авидеонҵамҭа «Шәырзыҟаҵоума аҳақьымцәа рыцхыраара шәҭаххар аналшо аҭагылазаашьақәа?» аҟынтә акадрқәа: 1) аиашьа аҭҵаара мҩаԥигоит Абиблиеи «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» захьӡу ашәҟәи рыла, уи ашәҟәы 39-тәи аурок аҿы иаартуп; 2) аиашьа «Волеизъявление» хаирҭәаауеит; 3) ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитет аҿы амаҵ зуа аиашьа ҭелла ақьырсианцәа рҟынтә аӡәы диацәажәоит; 4) аиаҳәшьа ихарҭәааны илымоу адокументқәа аҳақьым илырбоит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Шәырзыҟаҵоума аҳақьымцәа рыцхыраара шәҭаххар аналшо аҭагылазаашьақәа?» Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Иарбан шьаҿақәоу ҳорганизациа иҟанаҵаз, аҳақьымцәа рыцхыраара анаҳҭаххо аҽазыҟаҵара иҳацхраарц азы?

  • Иабаҳахәо амедицинатә информациа зну адокументқәа?a

  • Ианбеиӷьу ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитет адырра раҳҭар?

  • Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырырго арҭ аҭагылазаашьақәа рҿы Иегова ацхыраара ахьшәиҭо?

Исаиа 26:3 аҿы Иегова имаҵзуҩцәа «инымҵәаӡо аҭынчра» шриҭо иақәиргәыӷуеит, аха уи иаанагаӡом ргәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа зегьы ирцәихьчалоит ҳәа. Аха иорганизациа ала иаҭаху зегь ҳаиҭоит уажәнатә ҭынч, ҳамшәо-ҳмырҳауа ҳанхаларц азы.

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурокқәа 54, 55

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 53, Анцәа иҳәара

a Адокументқәа «Информация для беременных» (S-401), «Информация для пациентов, которым требуется хирургическое вмешательство или химиотерапия» (S-407), насгьы «Информация для родителей, чей ребёнок нуждается в медицинской помощи» (S-55) шәоурц шәҭахызар, аизара ахылаԥшыҩцәа шәрыҳәар шәылшоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра