Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb26 март ад. 4—5
  • Март 16—22

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Март 16—22
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2026
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2026
mwb26 март ад. 4—5

МАРТ 16—22

ИСАИА 45—47

Ашәа 2, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. «Сара Анцәа соуп, исеиԥшу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам»

(10 мин.)

Израильаа Вавилон иалҵуеит.

Сара исеиԥшу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам (Иса 46:9; w20.06 5, абз. 14).

Иегова игәы иҭеикыз анагӡара акгьы заԥырхагахаӡом (Иса 46:10, 11; cl-U 42, абз. 14; it-U «Возвращение из вавилонского плена», абз. 1).

Амцнцәақәа ирықәгәыӷуа ргәыӷрақәа наӡаӡом (Иса 46:6, 7; w99-U 15/5 14, абз. 18, 19).

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иса 46:10. Идыруазма Иегова «аханатә» Адами Евеи агәнаҳа шыҟарҵо? (w11-U 1/1 14, абз. 2, 3).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 14:16—35 (th аурок 5).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ақьырсианра ныҟәзымго ауаҩы Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара аӡбахә изеиҭаҳәа (lmd аурок 5, апункт 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи шәеицәажәара аан Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара здызкылаз ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 9, апункт 5).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) lff аурок 19, алагалажәа, иара убас апунктқәа 1—3 (lmd аурок 11, апункт 3).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 38

7. Иегова шәиқәгәыӷла — иара ахаан агәаҟра иақәшәаз дкаижьӡом

(7 мин.) Ахцәажәара.

Ҳара ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо еснагь Ҳанцәа Иегова ицхыраара ҳақәгәыӷлар ҳалшоит (Аур 13:5, 6).

Аӡырҩцәа Аԥсалом 55:22 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс ҵаҟа иаагоу аҭагылазаашьақәа урыцалацәажәа.

Асахьақәа реизга «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аԥышәарақәа рхыргоит»: 1) аусура иамырхыз згәы каҳаны иҟоу аиашьа амардуан даҿатәоуп; 2) абахҭа иҭаку аиашьа иҿахәы иҿырхуеит; 3) ахәышәтәырҭаҿы зхаҵа идтәалоу аиаҳәшьа гәаныла Анцәа диҳәоит; 4) хаҵеи-ԥҳәыси аԥсабаратә рыцҳара ашьҭахь иҟарҵо рзымдыруа иҟоуп.

Ианышәҵа ҵаҟа иаагоу аҭагылазаашьақәа рҿы Иегова игәра шыжәго аашәырԥшыр шшәылшо, насгьы иара дшәыцхраар шилшо.

  • Шәара аусура шәцәыӡит ма шәҭаацәараҿы аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа шәымоуп.

  • Аҳәынҭқарцәа Анцәа имҵахырхәара ишәԥырхагоуп.

  • Шәгәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа шәымоуп.

  • Аԥсабаратә рыцҳара шәхыжәгеит, ишәзааигәоу ауаҩы дыԥсит, мамзаргьы даҽа гәаҟрак шәақәшәеит.

8. «2026 шықәсазтәи аргыларатә проектқәа ирызку аҭыԥантәи ажәабжьқәа»

(8 мин.) Ажәахә.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА.

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурокқәа 70, 71

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 148, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра