МАРТ 23—29
ИСАИА 48, 49
Ашәа 89, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Иегова иҿы аҵара шәҵала, иара шәизыӡырҩла
(10 мин.)
Иегова имаҵзуҩцәа аҵара дирҵоит (Иса 48:17; it-U «Учитель, учить», абз. 2).
Ҳара ҳхаҭа ҳауп изыӡбаша Иегова ҳаизыӡырҩлоу-ҳаизымӡырҩлоу (Иса 48:18а; ijwbq-U астатиа 44, абз. 2, 3).
Убасҟан ҳҭынчра «аӡиас еиԥш» иҟалоит, ҳиашарагьы — «амшын ацәқәырԥақәа» иреиԥшхоит (Иса 48:18б; lv 199, абз. 8).
ИААНАГО. «Аҭынчра» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа ҵакыс иамазар алшоит агәабзиара, ашәарҭадара, ақәҿиара, аиҩызара, ахаҭәаара.
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Иса 49:8. Еиқәышәыԥхьаӡа ари аԥааимбаражәа хынтә ишынаӡаз (it-U «Время благосклонности», абз. 1—3).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Лк 15:1—16 (th аурок 11).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәареи иаҟәыҵыз Иегова ишаҳаҭу уҭынха иҷыдоу ажәахә, насгьы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара иҭ (lmd аурок 5, апункт 3).
5. Аинтерес еизшәырҳала
(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара аҭаара згәы иҭоу ауаҩы уи шымҩаԥысуа изеиҭаҳәа (lmd аурок 9, апункт 3).
6. Аинтерес еизшәырҳала
(5 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ашьҭахь асасцәа руаӡәк изҵаарақәа рҭак ҟаҵа (lmd аурок 8, апункт 3).
Ашәа 107
7. Ашықәс аҿы зегь раасҭа ихадоу амш угәы азыҟаҵа
(15 мин.) Ахцәажәара.
Есышықәса ҳара Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ҳаҭаауеит Иисус ииҳәаз ҟаҳҵарц, иара убас Иегова аҿыхразы ҭабуп ҳәа иаҳҳәарц азы (Лк 22:19). Уи адагьы ари аныҳәа иаҳгәаланаршәоит Иегова Иԥеи иареи даараӡа бзиа ҳшырбо (Гл 2:20; 1Ин 4:9, 10). Ишԥаҳалшо Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ҳҽазыҟаҳҵар? Ирзыҟаҳҵар ҳалшои аҵабырг ахь аинтерес аазырԥшуа ауаа?
Иисус Христос иԥсра агәаларшәара апериод аан Абиблиа аԥхьара аграфик аҿы иаагоу ацыԥҵәахақәа урызхәыцла.
Шәазхәыцла аҿыхра шәара шәзы ҵакыс иамоу, насгьы уи азы ҭабуп ҳәа шышәҳәаша.
Акампаниа ибзианы шәҽалашәырхәла, иҷыдоу ажәахәи Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылареи рахь ижәдыруа ауааи, шәыуацәеи, егьырҭ ауааи ааԥхьара рышәҭала.
Шәхааӡа, шәҿаԥха-ҿаччо аиԥылара иаҭааз шәырԥыл. Шәара хаҭала ааԥхьара зышәҭаз еиҳа шәрацәажәар шәҭахызаргьы, акампаниа аан ааԥхьара заузгьы шәышрыцхрааша шәазхәыц. Иаҳҳәап, ишәыдтәаларц рашәҳәа.
Асасцәа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара шәазхиаз.
Аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәареи иаҟәыҵыз шәхааӡа шәырԥыл. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара аан аизара ахылаԥшыҩцәа еиҳа азҿлымҳара рырҭоит уаанӡа Иегова ишаҳаҭцәаны иҟаз.
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Иисус „дзааз иӡны иҟаз ԥшааны, еиқәирхарц азоуп“». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Избан Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылараҿы аизара иацәыхарахаз ҳхааӡа ҳарԥылар зҳахәҭоу?
8. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) lfb аурокқәа 72, 73