АПРЕЛЬ 20—26
ИСАИА 54, 55
Ашәа 86, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Шаҟа ахшәаара шәазхиоузеи?
(10 мин.)
Иегова иԥацәа аҵара шыдирҵало иҳәахьан (Иса 54:13; w09-U 15/9 21, абз. 3).
Аҵабырг иазку адыррақәа ҳаурц азы аамҭа ныхтәуп (Иса 55:1, 2; w18.11 4, абз. 6, 7).
Иегова иаҳирҵо ҳлымҳа кыдҵаны ҳазыӡырҩларц азы аџьабаа батәуп; аха урҭ адыррақәа ҳаиқәдырхоит (Иса 55:3; be-U 14, абз. 3—5).
ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Иҟасҵар сылшои схатә ҭҵаара иааиԥмырҟьаӡакәа, насгьы хәарҭа аманы имҩаԥызгаларц азы?»
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Иса 54:17. Иарбан ихадоу лкаақәоу иҟаҳҵар ҳалшо ари ажәеинраала актәи ахәҭа аҟынтә? (w19.01 6, абз. 14, 15).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Лк 17:1—19 (th аурок 11).
4. Ацәажәара шәалага
(2 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҿы иаагоу Ацҵа А аҟынтә ҵабыргк изеиҭаҳәа (lmd аурок 1, апункт 4).
5. Ацәажәара шәалага
(2 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҿы иаагоу Ацҵа А аҟынтә ҵабыргк изеиҭаҳәа (lmd аурок 2, апункт 3).
6. Аинтерес еизшәырҳала
(2 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Узацәажәо ауаҩы ҳсаит jw.org иазку аинформациа зну азхьарԥшга бӷьыц иҭ (lmd аурок 9, апункт 3).
7. Ажәахә
(5 мин.) be-U 28, абз. 3 — 31, абз. 2. Атема: «Как изучать» (th аурок 14).
Ашәа 97
8. Ишәԥырхагоу рацәазаргьы хаҭала Абиблиа ҭышәҵаала
(15 мин.) Ахцәажәара.
Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа хаҭала аҭҵаара анаҳзымариам ыҟоуп. Иаҳҳәап, шәҩыза Абиблиа аҭҵаареи уи есыҽны аԥхьареи шьцыларас иоурц шәицхраар шәҭахуп. Иара уи аҿы иԥырхагоу шәеиҳәоит. Иашәҳәар шәылшои? Ииҳәо ауадаҩрақәа ирызкны иаажәга хәарҭа злоу лабжьарак, Абиблиа аҟынтә принципк, ма ҳпубликациақәа рахь зхьарԥшк.
«Сара аԥхьара сцәыцәгьоуп».
«Сара аҭҵааразы аинтерес сымаӡам».
«Сара сызлалагара ашәҟәы, насгьы мышкы шаҟа саԥхьалаша сыздырӡом».
«Ҳара иҳамоу ҳзыԥхьаша аматериал даараӡа ирацәоуп! Иалсхри есымчыбжьатәи схатә ҭҵааразы?»
«Сара сусқәа рацәоуп! Иабаазгари схатә ҭҵааразы аамҭа?»
«Сара ҭынч стәаны акы схы азышьҭра сцәыцәгьоуп. Зны-зынла сзыԥхьаз иаразнак исхашҭуеит».
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Иҵаулоу хаҭалатәи аҭҵаара». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Иарбан хәарҭа злоу лабжьарақәоу ари авидеонҵамҭа аҟынтә ишәгәаԥхаз?
9. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) lfb аурокқәа 78, 79