Аконгресс Индианаполис (аштат Индиана). 1925-тәи ашықәс
Шәышықәса раԥхьа: 1925-тәи ашықәс
ИАНВАР 1, 1925 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (англыз) аҟны абас анын: «Ақьырсианцәа ргәы хыҭхыҭуа ари ашықәс иазыԥшын». Уа иара убас иҳәан: «Иҟалараны иҟоу ахҭысқәа мыцхәы хьаас иҟаҵатәӡам, мамзар Иҳақәиҭу иҳадиҵаз аус ҳгәы ақәкны анагӡара ҳцәыуадаҩхоит». Иҟалараны иҟази 1925 шықәсазы, Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәанагарала? Ирыцхраазеи дара ажәабжьҳәаратә ус анагӡара, ргәыӷрақәа шынамӡазгьы?
ИНАМӠАЗ АГӘЫӶРАҚӘА
Аӡәырҩы Абиблиа аҭҵааҩцәа 1925 шықәсазы адгьыл аҟны џьанаҭ ҟалоит ҳәа агәаанагара рыман. Абар уи аганахьала Анапхгаратә хеилак аҟны амаҵ зуаз А́льберт Шриодер ԥыҭрак ашьҭахь ииҳәаз: «Иаанханы иҟоу доуҳала иалху ақьырсианцәа уи ашықәс азы ажәҩан ахь ицоит ҳәа ҳгәы иаанагон, насгьы Авраами Давиди реиԥш иҟаз ажәытәан инхоз Анцәа имаҵ зуаз ахацәа рыԥсы ҭаланы адгьыл аҟны ҭауадцәас иҟалоит» ҳәа. Аха ус ианыҟамла, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ргәы каҳаит (Ажәам. 13:12).
Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәыӷрақәа шынамӡазгьы, аиҳараҩык ажәабжьҳәара иаҟәымҵӡеит. Уи адагьы, Иегова изы шаҳаҭра рулар шрыхәҭаз еиҳагьы еиӷьны еилыркаауа иалагеит. Шәааи еилаҳкаап аишьцәа ихароу аҭыԥқәа рҟынӡа ажәабжь бзиа наргарц азы арадио рхы ишадырхәоз.
ИҾЫЦУ АРАДИОСТАНЦИАҚӘА
1924 шықәсазы арадиостанциа WBBR аусура иалагеит. Уи ауаа ирылаҵәеит. Убри азы аишьцәа Чикаго (аштат Иллиноис) инацәыхарамкәа идуу даҽа радиостанциак дыргыларц рыӡбеит. Уи иахьӡырҵеит WORD. Абар уи аргылара иалахәыз арадиоинџьныр Ралф Леффле́р ииҳәаз: «Арадиостанциа WORD зехьынџьара аус ауан. Аиҳарак аӡын, хәылбыҽхатәи ахьшәашәарақәа раан, ауаа ҳдырраҭарақәа рзыӡырҩра ргәаԥхон». Арадиостанциа аусура ианалага ашьҭахь хара имгакәа аишьцәа Чикаго 5 000 километра инацәыхараны иҟоу ақалақь Па́илот-Сте́ишен (аштат Алиаска) аҟынтә асаламшәҟәы роуит. Асаламшәҟәаҿы ҭаацәарак зеиԥшыҟам адоуҳатә программа азы ҭабуп рҳәон. Дара уи даара ргәы шьҭнахит, насгьы Анцәеи Абиблиеи рыӡбахә еиӷьны аилкаара ирыцхрааит.
Армарахь: астанциа WORD арадиовышкақәа. Батавиа (аштат Иллиноис)
Арӷьарахь: Ралф Леффлер арадиостанциаҿы аус аниуаз
Декабр 1, 1925 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (англыз) аҟны ианын арадиостанциа WORD абас ихараны аусура алзыршо аӡбахә: «Иара 5 000 ватт амчра амоуп, Еиду Аштатқәа рҿы иӷәӷәоу арадиостанциақәа ируакны иҟазҵогьы убри ауп. Арадиостанциа аҟынтә иаауа асигнал Еиду Аштатқәа мрагыларатәии мраҭашәаратәии аԥшаҳәақәа рҟынӡа инаӡоит, Кубагьы, Алиаска аҩаданӡагьы инеиуеит. Ҳдырраҭарақәа рыбзоурала аӡәырҩы раԥхьаӡакәны аҵабырг раҳаит, еиҳаны еилыркаарцгьы рҭаххеит».
Џьорџь Неиш
Абиблиа аҭҵааҩцәа арадио Канадагьы ажәабжь аҳәаразы рхы иадырхәарц рҭахын. 1924 шықәсазы ақалақь Саскату́н (апровинциа Саска́чеван) арадиостанциа CHUC дыргылеит. Ари Канада иҟаз раԥхьатәи адинхаҵаратә радиостанциақәа ируакын. 1925 шықәсазы аишьцәа еилыркааит арадиостанциазы еиҳау ахыбра шаҭаху. Убри аҟынтә дара арадиостанциа Ахьчаратә бааш аилазаара иатәны иҟарҵеит. Дара Саскатун иҟаз иажәхьаз атеатр ахыбра аархәеит. Уи ахыбра анышьақәдыргыла ашьҭахь, арадиостанциа CHUC уа аусура иацнаҵеит.
Ари арадиостанциа абзоурала ауаа ахьмаҷыз Саскачеван араионқәа рҿы ажәабжь бзиа ирацәаҩны ауаа ираҳаит. Урҭ рыбжьара дыҟан миссис Грем. Лара ҳдырраҭарақәа руак даназыӡырҩ, аишьцәа рахь илҩит, абиблиатә литература лзынарышьҭырцгьы дрыҳәеит. Аиашьа Џьорџь Неиш иҳәоит: «Лара лысаламшәҟәаҿы дӷьаҵәыӷьаҵәуа дҳаҳәон: „Иаҳшәырҵа!“ Убри аҟынтә „Исследования Писания“ атомқәа зегьы лзаҳашьҭит». Иаарласны миссис Грем Канада уи ихароу аҭыԥ аҿы ажәабжь лҳәон.
ИХАДОУ АҴАБЫРГ ААТУЕИТ
Март 1, 1925 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы (урысшәала — маи 1925 шықәсазы) ианын «Рождение народа» захьӡыз аҵак ду змаз астатиа. Избан уи астатиа аҵак ду замаз? Абиблиа аҭҵааҩцәа ирдыруан Аҩсҭаа адемонцәеи, адинхаҵареи, акоммерциеи, аполитикатә системеи рыла ишьақәгылоу аорганизациа шимоу. Уи астатиаҿы «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» иҳаилиркааит Иеговагьы аорганизациа шимоу (Матф. 24:45). Иегова иорганизациа Аҩсҭаа иорганизациа иаҿагылоит. Уи адагьы, амаҵуҩ ҟәыш иҳаилиркааит 1914 шықәсазы Анцәа Иаҳра шышьақәыргылаз. Иара убас уи ашықәс азы «ажәҩан аҿы аибашьра алагеит». Уи аибашьраан Аҩсҭааи адемонцәеи ажәҩан иалырбганы адгьыл ахь икажьын (Аат. 12:7—9).
Шьоукы иҿыцыз ари аилкаара адкылара рцәыуадаҩын. Астатиаҿы иааган алабжьара: «„Ахьчаратә бааш“ аԥхьаҩцәа шьоукы ара иаагоу иҿыцу аилкаара адкылара рцәыуадаҩзар, Иегова игәра ганы, ачҳарагьы аарԥшны анаҩсгьы гәыкала имаҵ руларц ргәазҭаҳҵоит».
Аха Абиблиа аҭҵааҩцәа реиҳараҩык уи астатиа ибзианы ирыдыркылеит. Иаҳҳәап, Британиа инхоз Том Еир зыхьӡыз ашәҟәқәа зшоз (усҟан ашәҟәқәа зшоз ҳәа изышьҭаз апионерцәа ракәын) аиашьа иҳәеит: «Ашәҟәы Аатра 12-тәи ахы аҵакы анеилаҳкаа, даараӡа ҳгәырӷьеит! Анцәа Иаҳра ажәҩан аҿы ишышьақәгылаз анеилаҳкаа, уи аӡбахә ауаа зегьы ирзеиҭаҳҳәар ҳҭаххеит. Ҳара еиҳа гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара ҳалагеит, агәрагангьы ҳаҟан Иегова аԥхьаҟа аус дуқәа ҟаиҵараны дшыҟаз».
«ШӘАРА СЫШАҲАҬЦӘА ШӘОУП»
Исаиа 43:10 аҿы иануп: «Шәара сышаҳаҭцәа шәоуп, — иҳәоит Иегова, — сара иалсхыз смаҵуҩы». Ари ажәеинраала ибзианы иаҳдыруеит. Аха 1925 шықәсанӡа уи ҳпубликациақәа рҿы уиаҟара иуԥылаӡомызт. Аха иааит аамҭа. 1925 шықәсазы Исаиа 43:10, 12 аҿы иану ажәақәа «Ахьчаратә бааш» (англыз) 11 ҭыжьымҭа рҿы еилырган!
1925 шықәса, август анҵәамҭазы Абиблиа аҭҵааҩцәа Индиана́полис (аштат Индиа́на) имҩаԥысуаз аконгресс аҿы еизеит. Аконгресс апрограмма зныз абӷьыц аҿы Џьо́зеф Рутерфо́рд иажәақәа анын: «Ҳара ари аконгресс ахь ҳааит... Иҳақәиҭу имч ҳаурц азы, ҳаҩныҟақәа рахь ҳаныхынҳәлак, еиҳа гәацԥыҳәарала иара шаҳаҭра изаҳауларц азы». Аамшы рыҩныҵҟа аконгресс иаҭааз зегьы ргәазҭарҵон лшарак шаароулак, Иегова иӡбахә ауаа ирзеиҭарҳәаларц.
Асабша, август 29 рзы аиашьа Рутерфорд «Ауаа Иегова иӡбахә рылашәҳәала» ҳәа хьӡыс измаз ажәахә иманы дықәгылеит. Уа иара ажәабжьҳәара шаҟа ихадоу далацәажәон. Рутерфорд иҳәеит: «Иегова ижәлар иреиҳәоит: „Шәара сара шәсышаҳаҭцәоуп... сара Сынцәоуп“. Анаҩс еилыкка иҟоу адҵа ануп: „Ажәларқәа рзы адырга шьҭышәх“. Ажәларқәа рзы адырга шьҭызхыр зылшо Анцәа идоуҳа зиҭо, сышаҳаҭцәа ҳәагьы ззиҳәо заҵәык роуп» (Ис. 43:12; 62:10).
«Агәыӷра ажәабжь» захьӡу абуклет
Аиашьа Рутерфорд ажәахә иманы данықәгыла ашьҭахь, уа иҟаз зегьы «Агәыӷра ажәабжь» ҳәа хьӡыс измаз арезолиуциа рыдыркылеит. Уа иаҳәон «азылԥхарақәа, даҽакала иуҳәозар аҭынчреи, аизҳазыӷьареи, агәабзиареи, аԥсҭазаареи, ахақәиҭреи, ҵыхәаԥҵәара змам агәырӷьареи» Анцәа Иаҳра заҵәык аҟынтә ҳазыԥшуп ҳәа. Ԥыҭрак ашьҭахь уи арезолиуциа бызшәақәак рахь еиҭаган, буклет ҳасаблагьы 40 миллион раҟара екземплиар ҭыжьын.
Шықәсқәак рышьҭахь ауп Абиблиа аҭҵааҩцәа Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа ахьӡ анроу. Аха 1925 шықәсазы дара еилыркаахьан Иегова изышаҳаҭлар, ихьӡгьы ауаа ирыларҳәалар шрыхәҭаз.
АБИБЛИАХЬ АИНТЕРЕС ААЗЫРԤШУАЗ АУАА РАХЬ ДАҼА ЗНЫК ҲНЕИУА ҲАЛАГЕИТ
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо Абиблиа аҭҵааҩцәа рхыԥхьаӡара еизҳауан. Убри аҟынтә ҳорганизациа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәазҭанаҵеит апубликациақәа ршара адагьы, аинтерес аазырԥшыз ауаа рахь даҽа знык инеиларц. «Агәыӷра ажәабжь» захьӡыз абуклет ашаразы иҟаз акампаниа анхыркәшаха ашьҭахь, «Абиуллетень»a аҿы ианын абуклет ззынҳажьыз ауаа рахь даҽа знык ишнеитәу.
Ианвар, 1925 шықәсазы иҭыҵыз «Абиуллетень» аҿы ақалақь Пла́но (аштат Техас) инхоз Абиблиа ҭҵааҩык иажәақәа ааган: «Ажәабжь ахьаҳҳәахьо аҭыԥқәа рахь ажәабжьҳәара ҳанцо, иҿыцу ҭыԥк аҿы ажәабжь анаҳҳәо аасҭа еиҳа еиӷьны иаҳзыӡырҩуеит. Уи џьоумшьар залшом. Қалақь хәыҷык аҿы жәашықәса рыҩныҵҟа хәынтә ажәабжь ҳҳәахьан. ...Аха уажәы ааигәа аиаҳәшьа Хе́ндрикси сани уахь ажәабжьҳәара ицан, уаанӡа аасҭа еиҳаны ашәҟәқәа ршеит».
Абар Панама инхоз ашәҟәқәа зшоз иашьак ииҳәаз: «Сацәажәара зҭахымыз аӡәырҩы ауаа аҩынтә ма ахынтә раан дара рахь саннеиуаз, ргәаанагара рыԥсахуан. Ари ашықәс азы уаанӡа Абиблиа аӡбахә ззеиҭасҳәахьаз ауаа рахь ауп еиҳараӡак сахьнеиуа. Урҭ рҟынтә еиԥыларақәак алҵшәа бзиа ааргеит».
АХЫҚӘКҚӘА
Аиашьа Рутерфорд ашәҟәқәа зшоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь есышықәсатәи исаламшәҟәаҿы 1925 шықәсазы қәҿиарақәас иҟази иааиуа ашықәс азы хықәкыс иқәдыргылази аӡбахә иҳәеит. Уи асаламшәҟәаҿы ианын: «Ари ашықәс азы ирацәаҩны ауаа агәышьҭыхра рҭахын. Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит урҭ рыцхраара ахьҳалшаз. [...] Иааиуа ашықәс азы ажәларқәа рзы адырга шьҭыхны Анцәа Иаҳреи иареи рыӡбахә ауаа рзеиҭаҳәаразы ирацәаны алшарақәа ҳауеит. [...] Шәааи анаҩсгьы Ҳанцәеи Ҳаҳи ҳарҽхәалап».
1925 шықәса анҵәамҭазы аишьцәа бруклинтәи Вефиль дырҭбаарц рыӡбеит. Ҳорганизациа аҭоурых аҿы ас еиԥш идууз аргыларатә проект ахаан иҟамлацызт. 1926 шықәсазы аргыларатә усқәа ирылагараны иҟан.
Адамс-стрит, Бруклин (Ниу-Иорк), аргыларатә усурақәа цоит. 1926-тәи ашықәс
a Уажәы аусуратә тетрад «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи».