Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 октиабр ад. 6—11
  • Иегова агәырӷьара ҳаиҭоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова агәырӷьара ҳаиҭоит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АГӘЫРӶЬАРАҴӘҞЬА ХЫҴХЫРҬАС ИАМОУ
  • АКЫ АГӘЫРӶЬАРА ШӘЫМНАХЫРТӘ АЛШӘМЫРШАН
  • Агәырӷьара Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иегова имаҵ аура еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагаларц азы иҟаҵалатәу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • «Аӡәы... ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 октиабр ад. 6—11

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 40

АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа

Иегова агәырӷьара ҳаиҭоит

«Сара... Анцәа иахь — агәырӷьара сызҭо иахь» снеиуеит (АԤСАЛ. 43:4).

ЕИЛАҲКААУА

Агәырӷьара ҳамызхыр алшо, насгьы уи ҿыц иҳаурц азы иҟаҵатәу.

1, 2. а) Изеиԥшрои иахьа аӡәырҩы ауаа рыԥсҭазаара? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

ИАХЬА ауаа агәырӷьара рызҭаша акы иашьҭоуп. Аха уи рыԥшааргьы, ргәырӷьара ирласны ииасуеит. Убри аҟынтә аӡәырҩы ауаа агәырӷьара рымаӡам, рыԥсҭазаара ҵакыдоушәагьы рбоит. Зны-зынла Иегова имаҵзуҩцәагьы ус рхы рбалар алшоит. Уи џьашьатәӡам, избанзар ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҳанхоит, ауадаҩрақәа ирықәымшәо ҳәагьы аӡәгьы ҳаҟаӡам (2 Тим. 3:1).

2 Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит агәырӷьара ҳамызхыр алшо, насгьы уи ҳцәыӡзар, иҳархынҳәырц азы иҟаҵатәу. Аха раԥхьа еилаҳкаап агәырӷьараҵәҟьа хыҵхырҭас иамоу.

АГӘЫРӶЬАРАҴӘҞЬА ХЫҴХЫРҬАС ИАМОУ

3. Иҳаилдыркаауазеи Иегова ишамҭақәа иара изкны? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

3 Иегова — насыԥ змоу Нцәоуп. Иара ус дыҟан, есымшагьы ус дыҟазаауеит. Иегова иҭахуп аԥсҭазаара агәырӷьареи агәахәареи ҳзаанагаларц. Убри азоуп агәырӷьара ҳзаазго ашамҭақәа рацәаны изишаз. Уахь иаҵанакуеит зеиԥшыҟам ҳапланета, убла хызкуа аԥштәқәа, ҳзыргәырӷьо аԥстәқәа, насгьы хкы рацәала афатә хаақәа. Ааи, Иегова даараӡа бзиа ҳаибоит, аԥсҭазаара ҳалагәырӷьаларцгьы иҭахуп!

Асахьақәа реизга «Узырыччо аԥстәқәа»: 1) аслан хәыҷ аӡаҿы ихәмаруеит; 2) апингвин хәыҷқәа рымҵәыжәҩақәа иҩаханы ибылгьо асы илаланы ицоит; 3) аӡысқәа ҩба адәаҿы ихәмаруеит; 4) адельфинқәа аӡы иҭыԥо ихәмаруеит.

Baby elephant: Image © Romi Gamit/Shutterstock; penguin chicks: Vladimir Seliverstov/500px via Getty Images; baby goats: Rita Kochmarjova/stock.adobe.com; two dolphins: georgeclerk/E+ via Getty Images

Аԥстәқәа ахьыхәмаруа Иегова насыԥ змоу Анцәа шиакәу ҳгәаланаршәоит. (Шәахәаԥш абзац 3.)


4. а) Избан Иегова адунеи аҿы иҟоу агәаҟрақәа зегь шибогьы, агәырӷьара зимырӡуа? б) Ҳамҭас иҳаиҭозеи Иегова? (Аԥсалом 16:11).

4 Избан Иегова ауаа рхьааи ргәаҟрақәеи шибогьы, агәырӷьара зицәымӡуа? (1 Тим. 1:11). Ҳанцәа идыруеит агәаҟрақәа шаамҭалатәиу, — иара ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа анԥиҵәо амш алиххьеит. Иегова ачҳара аарԥшны ауаа рылахь еиқәызҵо зегьы анықәиго амш дазыԥшуп. Аха иара еиликаауеит ҳара уажәнатә ацхыраара шаҳҭаху. Дышԥаҳацхраауеи Иегова? Иаҳҳәап, агәырӷьара ҳаиҭоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 16:11.) Иегова зегь раԥхьаӡа уи аҳамҭа зиҭаз Иԥа, Иисус, иоуп.

5, 6. Избан Иисус Иегова ишамҭақәа рҟынтә зегь раасҭа агәырӷьара зимоу?

5 Иегова ишамҭақәа рҟынтә зегь раасҭа агәырӷьара змоу Иисус иоуп. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Абар ҩ-мзызк. Актәи, Иисус — «зегь рыла уаҩы ибарҭам Анцәа диеиԥшуп» (Кол. 1:15; шәахәаԥш англыз бызшәала иҭыжьу «Учебная Библия» аҿы 1 Тимофеи 6:15 ахь иаагоу акомментари, ажәақәа «насыԥ змоу»). Аҩбатәи, иара агәырӷьара хыҵхырҭас иамоу Иаб ирацәаны аамҭа ицихигеит, иара иаҟара Иегова аамҭа ицызхызгаз аӡәгьы дыҟаӡам.

6 Иара убас Иисус Иегова дзызиҳәо ак аныҟаиҵо, уи агәырӷьара изаанагоит (Ажәам. 8:30, 31; Иоанн 8:29). Иаб дшизыразу ахьидыруагьы агәырӷьара инаҭоит (Матф. 3:17).

7. Иҳазҭозеи агәырӷьараҵәҟьа?

7 Иеговеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ахьҳабжьоу ҳаргьы агәырӷьара ҳзаанагоит. Иӡбахә шаҟа еилаҳкаауа аҟара, убриаҟара иҿыԥшра ҳзымариоуп. Уи ирацәаны агәырӷьара ҳзаанагоит. Иара убас Иегова ииҭаху аныҟаҳҵо ҳгәырӷьоит. Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи Иегова дшаҳзыразу ахьаҳдыруа! (Аԥсал. 33:12)a. Аха зны-зынла ҳгәы каҳалар алшоит. Ус мышқәак рыҩныҵҟа иҟазар ауеит, мамзаргьы акыраамҭа аҩныҵҟа. Иаанагома уи Иегова даҳзыразӡам ҳәа? Ҳәарада, мап! Иегова еиликаауеит ҳахьынаӡам иахҟьаны зны-зынла ҳгәы каҳалар шалшо (Аԥсал. 103:14). Шәааи ҳалацәажәап агәырӷьара ҳамызхыр алшо, насгьы уи ҿыц иҳаурц азы иҟаҵатәу.

Агәырӷьара Иегова иҿы ишәыԥшаала

Иегова иԥшьоу идоуҳа шәиҭарц шәиҳәала. Агәырӷьараҵәҟьа Иегова иԥшьоу идоуҳа еизнарҳауа ҟазшьоуп (Гал. 5:22). Убри аҟынтә Анцәа ицхыраарада агәырӷьара ҳауӡом. Иԥшьоу адоуҳа абзоурала «ачҳареи агәырӷьареи аарԥшны» еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ҳхаҳгар ҳалшоит (Кол. 1:11).

Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишәыргылала. Анцәа Иажәеи ҳлитературеи иааиԥмырҟьаӡакәа иҭышәҵаала. Алшара шаашәоулак, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭашәҳәала (Лука 2:10). Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы изыргыло ауаа роуп зегь раасҭа агәырӷьара змоу (Аԥсал. 65:4).

Еснагь Иегова шәизыӡырҩла. Ишәхашәмыршҭлан Иегова изакәанқәа еснагь ахәарҭа шаҳзаарго. Урҭ аԥсҭазаара алагәырӷьара иаҳԥырхагаӡам, еиҳагьы агәырӷьара ҳзааргоит (Лука 11:28).

АКЫ АГӘЫРӶЬАРА ШӘЫМНАХЫРТӘ АЛШӘМЫРШАН

8. Иаҳныԥшыр шԥалшо аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа?

8 Аӷьыч № 1: аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа. Ашьҭашәарыцарақәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа, аӷарра, ачымазарақәа, ажәра. Арҭ ауадаҩрақәеи егьырҭ ауадаҩрақәеи агәырӷьара ҳамырхлар алшоит, еиҳараӡак акгьы ҳзымԥсахуазар. Абиблиаҿы иануп агәхьаа ауаҩы игәы шканажьуа (Ажәам. 15:13). Ба́бис зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы ԥшьышықәса рыла иани, иаби, иашьа гәакьеи ԥсит. Абар иара ииҳәо: «Сара урҭ сбалар акәын. Сыуадаҩрақәеи сареи ҳхала ҳаизаанхазшәа сбон. Урҭ сызхара сзырмацәажәаӡакәа иԥсит, избанзар сусқәа рацәан. Уи иахҟьаны есымша схы ахара адысҵон». Ааи, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳамчқәа ҳалырхлар алшоит, ҳагәгьы карыжьлар ауеит.

9. Иҟаҵатәузеи агәырӷьара ҳархынҳәырц азы? (Иеремиа 29:4—7, 10).

9 Иҟаҵатәузеи ҿыц агәырӷьара ҳаурц азы? Иаҳзымԥсахуа аҭагылазаашьақәа мыцхәы хьаас иҟаҳамҵалароуп, насгьы иҳамоу ахә ҳшьалароуп. Ари адунеи аҿы ауаа агәырӷьара умазарц азы уԥсҭазаараҿы зегьы уара ишуҭаху иҟазароуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Аха Абиблиа ишаҳнарҵо еиԥш, ҳҭагылазаашьа ҳара ишаҳҭаху еиԥш иҟамзаргьы, агәырӷьара ҳамазар ҳалшоит. Иаҳгәалаҳаршәап Иегова Вавилонҟа итҟәаны иргаз ауриацәа иреиҳәаз. Дара рҭагылазаашьа аҽаԥсахит: уажәшьҭа дара атәым дгьыл ахь итҟәаны иргаз ракәхеит. Аха иҿыцыз рҭагылазаашьаҿы агәырӷьара рцәымӡырц азы ирылшо зегь ҟарҵалар акәын. (Шәаԥхьа Иеремиа 29:4—7, 10.) Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Шәыԥсҭазаараҿы иҟоу абзиарақәа гәашәҭала, насгьы урҭ рыхә шәшьала. Ишәхашәмыршҭлан Иегова шәааигәара дшыҟоу, насгьы есымша шәыцхраара дшазхиоу (Аԥсал. 63:7; 146:5). Амашәыр иахҟьаны изымныҟәо Е́ффи илҳәоит: «Иеговеи, сҭынхацәеи, аишьцәеи, аиҳәшьцәеи даараӡа исыцхрааит! Сара урҭ исзыҟарҵаз ахә шысшьо дсырбар сҭахуп. Убри аҟынтә агәырӷьара сцәымӡырц азы исылшо зегь ҟасҵоит».

10. Избан ауадаҩрақәа шҳазцәырҵуагьы, агәырӷьара ҳмырӡлар зҳалшо?

10 Ауадаҩрақәа ҳазцәырҵуазаргьы, мамзаргьы ҳаԥсҭазаараҿы зегьы ҳара ишаҳҭаху иҟамзаргьы, агәырӷьара ҳамазар ҳалшоит (Аԥсал. 126:5)b. Избан? Избанзар агәырӷьараҵәҟьа змоу зыԥсҭазаараҿы зегь бзиоу ракәӡам. Пионерс амаҵ зуа Мариа илҳәоит: «Ауадаҩрақәа анҳазцәырҵуа агәырӷьара ҳамоуп, избанзар Иегова ҳзықәиргәыӷыз ҳгәалашәоит. Уи иаанагаӡом ҳара ахаан ҳҵәыуаӡом, мамзаргьы даҽакала ҳцәаныррақәа ааҳарԥшӡом ҳәа. Аха Ҳаб ауадаҩрақәа анҳамоугьы агәырӷьара амырӡра дҳацхраауеит». Ишәхашәмыршҭын: уажәы даараӡа ишәцәыцәгьазаргьы, ауадаҩрақәа зегьы аамҭалатәиуп. Урҭ аԥслымӡ аҿы иаанхо ашьҭақәа иреиԥшуп: ацәқәырԥа анааилак урҭ наҟ иаӡәӡәоит. Ҳауадаҩрақәагьы убри ауп ирыхьуа, урҭ рышьҭагьы аанхаӡом.

11. Зыгәра шәнаргозеи апостол Павел иԥсҭазаара?

11 Ауадаҩрақәа анҳазцәырҵуа Иегова ҳзылԥхара даҟәыҵит ҳәа ҳгәы иаанагалар ауеит. Ус шәгәы иабозар, ауадаҩрақәа змаз Анцәа гәыкала изыҟаз имаҵзуҩцәа шәрызхәыц. Даҳгәалаҳаршәап апостол Павел. Иара ажәабжь бзиа «егьырҭ ажәларқәеи, аҳцәеи, израильааи» ирызнеигаларц азы далызхыз Иисус Христос ихаҭа иакәын (Аус. 9:15). Шаҟа ҳаҭыр дуузеи уи! Нас Павел иԥсҭазаараҿы уадаҩрак дақәымшәакәа дыҟазма? Мап. Иара аԥышәарақәа рацәаны иман (2 Кор. 11:23—27). Аха уи иаанагаӡомызт Анцәа уи даанижьит ҳәа. Зегь рыла иубарҭан Иегова уи дышицхраауаз. Убри ауп Павел зегь ахгара ицхраазгьы (Рим. 5:3—5). Уажәшьҭа шәҭагылазаашьа шәазхәыц. Шәара шәзықәшәо ауадаҩрақәа шәырмыхәаԥшӡакәа Анцәа шәизиашаны шәаанхоит. Уи ишьақәнарӷәӷәоит Иегова дышшәыцу, насгьы игәы шәшақәшәо.

12. Иаҳцәыӡыр шԥалшо агәырӷьара, ҳгәыхәтәы анынамӡо?

12 Аӷьыч № 2: ҳгәыхәтәы анынамӡо (Ажәам. 13:12). Ҳара Иегова бзиа даҳбоит, насгьы иаҳзыҟаиҵо зегьы ахә ҳаракны иаҳшьоит, убри аҟынтә ҳаргьы иара изы ак ҟаҳҵар ҳҭахуп. Аха ҳамч зқәымхо ахықәкқәа анықәҳаргыло, уи ҳгәы канажьыр ауеит (Ажәам. 17:22). Хо́лли зыхьӡу пионерс амаҵ зуа аиаҳәшьа илҳәоит: «Сара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол сақәшәар, даҽа тәылак аҿы амаҵ зулар, мамзаргьы Ра́мапо имҩаԥысуа аргыларатә проект аҿы срыцхрааларц сҭахын. Аха сҭагылазаашьа аҽаԥсахит аҟынтә, схықәкқәа сзынамыгӡаӡеит. Уи даара сгәы канажьит. Иуҭаху анузыҟамҵо, уи угәы унархьуеит!» Ари аҩыза ацәаныррақәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәаҩуп.

13. Иарбан хықәкқәоу ҳҿаԥхьа иқәҳаргылалар ҳалшо, ҳҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы?

13 Иҟаҵатәузеи ҿыц агәырӷьара ҳаурц азы? Ишәхашәмыршҭлан Иегова иҳалымшо дшазыԥшым. Анцәа иара изы шаҟа ҟаҳҵо дахәаԥшны акәӡам бзиа ҳшибо. Иара иҭахуп ахынраалара аарԥшны гәыкала имаҵ ҳауларц (Мих. 6:8; 1 Кор. 4:2). Иара дызхәаԥшуа ҳаихьӡарақәа ракәӡам, иҳалоу аҟазшьа бзиақәа роуп. Убри аҟынтә Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшым ҳаргьы ҳхы аҟынтә ҳазыԥшымзароупc. Иегова имаҵ аураҿы ишәҭаху шәзыҟамҵозар, иҟашәҵалар шәылшо шәазхәыц. Иаҳҳәап, ишәылшома иқәыԥшу, мамзаргьы зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи џьара акала шәрыцхраалар? Мамзаргьы ишәылшома аӡәы игәы шьҭышәхырц азы иара иахь шәнеир, аҭел шәизасыр, мамзаргьы СМС-аацҳара изынашәышьҭыр? Арҭ ахықәкқәа дуӡам, аха ахәарҭа ду ааргоит. Урҭ аус рыдыжәулалар, Иегова ирацәаны агәырӷьара шәиҭоит. Адунеи ҿыц аҿы акәзар, Анцәа имаҵ аураҿы ирацәаӡаны алшарақәа шәзааиртуеит. Ишәиҭо адҵақәа даараӡа аинтерес рыҵазаауеит! Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз Холли илҳәоит: «Уажәшьҭа сгәы анкаҳауа, абас сҳәоит: аԥхьаҟа исҭаху зегь сахьӡоит». Иегова уи азы наӡаӡатәи аԥсҭазаара сиҭоит.

14. Иҳамызхлар алшозеи иҵегьы агәырӷьара?

14 Аӷьыч № 3: аԥсҭазаараҿы ақьафура зегь раасҭа ианхадоу. Асоциалтә каҭақәа рҿы лассы-лассы иаҳбоит ауаа иргәаԥхо акы ишаҿу, амаҭәақәа рацәаны ишаархәо, насгьы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рахь лассы-лассы ԥсшьара ишцо. Угәы иаанагар ауеит агәырӷьара умазарц азы убас унхалароуп ҳәа. Ҳәарада, агәахәара ҳзаазго аусқәа иҽеим ҳәа акгьы рыҵаӡам. Иегова аԥсҭазаара агәахәара ҳзаанагалартә еиԥш ҳаишеит. Аха аӡәырҩы еилыркааит ақьафура аԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазар, уи агәырӷьара шузаанамго, еиҳагьы ишумнахуа. Пионерс амаҵ зуа Ева илҳәеит: «Ухи иуҭахуи ада уаҳа акгьы уазымхәыцуазар, узхара ахаангьы иҟалаӡом». Уи аҩыза аԥсҭазаара ҵакыдахоит, агәырӷьарагьы узаанагалаӡом.

15. Иаҳнарҵозеи аҳ Соломон иҿырԥшы?

15 Даҳгәалаҳаршәап аҳ Соломон. Иара афатә хаа ифон, амузыка ԥшӡа дазыӡырҩуан зыхә ҳаракыз амаҭәақәагьы ааихәон. Ажәакала, қьаф иуан. Аха уи агәырӷьара изаанамгаӡеит. Иара иҳәеит: «Ала иабо азхаӡом, алымҳагьы азхара ҟалаӡом» (Еккл. 1:8; 2:1—11). Шьоукы ргәы ианаагоит аԥара умазар, иуҭаху зегь ааухәалар улшоит, агәырӷьарагьы умазаауеит ҳәа. Аха уи ус акәӡам.

16. Избан егьырҭ рзы ак аныҟаҳҵо агәырӷьара зҳауа? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

16 Иҟаҵатәузеи иҵегьы агәырӷьара ҳаурц азы? Иисус иҳәеит: «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп» (Аус. 20:35). Але́кос зыхьӡу аизара ахылаԥшҩык иҳәоит: «Сара егьырҭ рзы ак ҟасҵоит, уи имаҷу ак акәзаргьы. Уи схы акәымкәа, егьырҭ рызхәыцра исыцхраауеит, агәырӷьарагьы снаҭоит». Иҟашәҵар шәылшозеи шәара егьырҭ рзы? Аӡәы илахь шеиқәу жәбазар, шәиацәажәа. Иҟалап имоу ауадаҩра шәзымыӡбар, аха шәизыӡырҩыр, насгьы дшеилышәкааз анибалак, уи игәы шьҭнахуеит. Игәалашәыршәа иуадаҩра Иегова инапы ианиҵар шилшо (Аԥсал. 55:22; 68:19). Агәра ишәырга Анцәа дшаанимыжьуа (Аԥсал. 37:28; Ис. 59:1). Усла шәицхраа, иаҳҳәап, ихәы ҟашәҵа ма ҳауак еицышәфарц џьара шәеицца. Ажәабжьҳәара шәицца. Ауаа Анцәа иӡбахә анырзеиҭаҳҳәо, уи ҳаргьы амч ҳнаҭоит. Иегова ихы шәаирхәартә алшара ишәҭ. Егьырҭ ҳанрыцхраауа ҳхаҭагьы агәырӷьара ҳауеит! (Ажәам. 11:25).

Асахьақәа реизга: 1) аиаҳәшьа акафе аҿы лхала дтәоуп, лҭел аҿгьы акы дахәаԥшуеит; лааигәара иаалхәаз зҭоу апакетқәа рацәаны игылоуп; 2) уи аиаҳәшьа зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа лахь сасра дцеит, ашәҭқәа ҳамҭасгьы илызналгеит, дгәырӷьаҵәагьы дыҟоуп.

Шәара шәзыргәырӷьо мацара азхәыцра акәымкәа, егьырҭ шшәыргәырӷьалаша шәазхәыцла. (Шәахәаԥш абзац 16.)d


17. Иҟаҵалатәузеи агәырӷьара ҳамазарц азы? (Аԥсалом 43:4).

17 Агәырӷьараҵәҟьа ҳамазарц азы жәҩантәи Ҳаби ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалароуп. Абиблиаҿы Иегова «агәырӷьара [у]зҭо» ҳәа иӡбахә ҳәоуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 43:4.) Иегова ҩызас данҳамоу, ауадаҩрақәа ҳрыцәшәаӡом, агәырӷьарагьы ҳцәыӡӡом! (Аԥсал. 144:15).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан Иеговеи Иисуси зегь раасҭа агәырӷьара зрымоу?

  • Иҳамызхыр алшозеи агәырӷьара?

  • Иҟаҵатәузеи агәырӷьара ҳцәыӡзар, уи ҿыц иҳаурц азы?

АШӘА 155 Инымҵәо ҳгәырӷьара

a Шәахәаԥш арамка «Агәырӷьара Иегова иҿы ишәыԥшаала».

b Иаҳҳәап, шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу 2023 шықәсазы иҭыҵыз Анапхгаратә хеилак аҟынтә аацҳара № 5 аҿы иҟоу Кристенсен Денниси Иринеи ринтервиу.

c Шәахәаԥш 2008 шықәса, ииуль 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) аҿы иану астатиа «Ставь разумные цели и сохраняй радость».

d АСАХЬАҚӘА РҾЫ. Иқәыԥшу аиаҳәшьа лхазы ирацәаны амаҭәақәа аалхәеит. Аха лара еиҳа агәырӷьара лоуит зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа лахь лгәы шьҭылхырц азы даннеи, ашәҭқәагьы ҳамҭас ианлылҭа ашьҭахь.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра