Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 ноиабр ад. 16—21
  • Иисус арыцҳашьара злоу Ҳаԥшьаҩ хада иоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус арыцҳашьара злоу Ҳаԥшьаҩ хада иоуп
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА БЗИА ИИБО ИԤА АДГЬЫЛ АХЬ ДААИТ
  • ИИСУС АУАА РЫЦҲАИШЬОИТ
  • ҲАԤШЬАҨ ХАДА ҲАИҾЫԤШУЕИТ
  • ҲАԤШЬАҨ ХАДА ДҲАЦХРААУЕИТ
  • Иҳаилнаркаауазеи аҿыхра Иеговеи Иисуси ирызкны?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иаҳдырҵозеи Иисус адгьыл аҿы ихигаз аҵыхәтәантәи 40 мшы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 ноиабр ад. 16—21

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 46

АШӘА 17 Исҭахуп!

Иисус арыцҳашьара злоу Ҳаԥшьаҩ хада иоуп

«Ҳара ҳаԥшьаҩ хада ҳаԥсыҽрақәа еилкааны ҳрыцҳаишьоит» (АУР. 4:15).

ЕИЛАҲКААУА

Иисус зегь иреиӷьу Аԥшьаҩ хада иоуп, избанзар иара ибзианы ҳаиликаауеит, ҳацхраарагьы дазхиоуп.

1, 2. а) Избан Иегова Иԥа адгьыл ахь дзааишьҭыз? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Ауриацәа 5:7—9).

2 000 ШЫҚӘСА раҟара аԥхьа Иегова бзиа иибо Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит. Изакәазы? Ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра риҭарц, насгьы Аҩсҭаа ирзааигаз аԥхасҭа ирҽеирц азы (Иоанн 3:16; 1 Иоанн 3:8). Уи адагьы, Анцәа иҭахын Иисус ауаа ибзианы еиликааларц. Уи ицхраауан арыцҳашьара злоу Аԥшьаҩ хада иакәны аҟалара. 29 шықәса ҳ. ҳ. азы иара уи ароль анагӡара далагеит.a

2 Шәааи ҳалацәажәап Иисус адгьыл аҿы дахьынхоз арыцҳашьара злоу Аԥшьаҩ хада ироль аҽазыҟаҵара ишицхрааз. Уи ҳагәнаҳақәеи ҳагхақәеи ирыхҟьаны Иегова иҩызахара ҳаԥсамшәа ҳгәы ианабогьы, иҳәара иҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 5:7—9.)

АНЦӘА БЗИА ИИБО ИԤА АДГЬЫЛ АХЬ ДААИТ

3, 4. Еиԥшымрас ирымази Иисус адгьыл аҿы данынхози ажәҩан аҿы данынхози?

3 Аӡәырҩы рыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа аныҟало ргәаԥхаӡом. Шәара шәыҩны, шәҭаацәа, насгьы шәҩызцәа ааншәыжьыр акәхазар, уи закәу жәдыруеит. Аха Иисус иԥсҭазаара аҽшаԥсахыз еиԥш зыԥсҭазаара аҽаԥсахыз аӡәгьы дыҟаӡам. Ажәҩан аҿы иара амаалықьцәа рыбжьара зегь иреиҳау аҭыԥ ааникылон. Иегова уи даара бзиа дибон. Иисус Иаб аус ахьициуаз агәырӷьара ду изаанагон (Аԥсал. 16:11; Ажәам. 8:30). Аха Филиппаа 2:7 аҿы ишану еиԥш, иара ауаа рыбжьара дынхаларц азы ажәҩан аҿы «имаз зегь мап ацәкны» адгьыл ахь дааит.

4 Иаҳгәалаҳаршәап иара убас Иисус адгьыл аҿы ииреи ихәыҷреи ирыдҳәалоу хҭысқәак. Иара ибеиамыз аҭаацәараҿы диит — уи убарҭоуп иҭаацәа иара дании ашьҭахь инаргаз акәырбан зеиԥшраз ала (Алев. 12:8; Лука 2:24). Згәыжәла цәгьаз аҳ Ирод ихәыҷыз Иисус дишьыр иҭахын. Иосифи Мариеи ахәыҷы дрыхьчарц азы ибналаны Египетҟа ицеит (Матф. 2:13, 15). Шаҟа еиԥшымзеи Иисус ажәҩан аҿы данынхози адгьыл аҿы данынхози!

5. Избан Иисус ауаа дахьрыланхоз арыцҳашьара злоу Аԥшьаҩ хада иакәны аҟалара ицхрааит ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

5 Адгьыл аҿы даныҟаз Иисус ауаа зықәшәоз агәаҟрақәа ибон. Иара идыруан иузааигәоу ауаҩы даныԥсуа закәу. Иаҳҳәап, иабԥса Иосиф дыԥсит. Иисус адгьыл аҿы амаҵ аниуаз ацәеилабаара змаз, илашәыз, изымныҟәоз, иара убас зхәыҷқәа ԥсыз ауаа дрықәшәон. Иара урҭ даараӡа ирыцҳаишьон (Матф. 9:2, 6; 15:30; 20:34; Марк 1:40, 41; Лука 7:13). Ҳәарада, иара ажәҩан аҿы даныҟазгьы, ауаа ргәаҟрақәа ибон. Аха адгьыл ахь данаа, ауаа еиҳа еиӷьны еиликаауа далагеит: рцәаныррақәа, рыгәҭыхақәа, рхьаа (Ис. 53:4). Уи адагьы, Иисус ихаҭагьы данааԥсоз, игәы анихьуаз, насгьы дангәырҩоз ыҟан.

Иисус ирацәаҩны ауаа идеизалеит. Дара ихәышәтәырц иҳәоит. Иисус арыцҳашьара аарԥшны иҽыларҟәны зықәрахь инеихьоу ачымазаҩ инапқәа икуеит.

Иисус гәык-ԥсыкала ауаа рыцҳаишьон. (Шәахәаԥш абзац 5.)


ИИСУС АУАА РЫЦҲАИШЬОИТ

6. Иҳаилнаркаауазеи Исаиа 42:3 иану Иисус изкны?

6 Иисус ирыцҳаз, гәымбылџьбарала изызныҟәоз ауаа рыцҳаишьон. Убас ала абиблиатә ԥааимбаражәа наигӡеит. Ауриатә Ҩырақәа рҿы ақәҿиара змоу, иӷәӷәоу ауаа лассы-лассы абаҳча ԥшӡақәеи аҵла дуқәеи ирҿырԥшуп (Аԥсал. 92:12; Ис. 61:3; Иер. 31:12). Иӷару, аӡәгьы ииҭахым ракәзар, џьаргьы иумыхәо ихжәаны иҟоу акалами аҿыцәаара иаҿу афҭили ирҿырԥшуп. (Шәаԥхьа Исаиа 42:3.) Иегова Исаиа ила ԥааимбаражәаны иҳәеит Иисус егьырҭ иатәарымбо ауаа шрыцҳаишьало.

7, 8. Ишԥанаигӡеи Иисус Исаиа иԥааимбаражәа?

7 Матфеи Иисус изкны абас иҩит: «Иара... ихжәаны иҟоу акалам ԥиҵәаӡом, аҿыцәаара иаҿу афҭилгьы ирцәаӡом» (Матф. 12:20). Убас иара иаҳирбеит Иисус Исаиа ииҩыз аԥааимбаражәа шынаигӡаз. Анцәа Иԥа ауаа иатәарымбоз, зыԥсҭазаара цәгьаз ауаа рзы ирацәаны аџьашьахәқәа ҟаиҵон. Иаҳҳәап, зны иара ацәеилабаара змаз ахаҵа дибеит. Ичымазара иахҟьаны уи ахаҵа ауаа рааигәара дызнеиӡомызт. Иара дыбзиахоит, насгьы иҭаацәеи иҩызцәеи ҿыц еицыҟалоит ҳәа дымгәыӷуазаргьы ҟаларын (Лука 5:12, 13). Даҽазны Иисус иахь идагәаз хаҵак днаргеит. Шәхаҿы иаажәг иара ауаа шеицәажәоз анибоз, арахь иара акгьы ахьизеилымкаауаз иахҟьаны ихы шибоз (Марк 7:32, 33). Иҟан даҽа уадаҩракгьы.

8 Иисус ихаан ауаҩы данычмазаҩыз, иҭаацәа ма ихаҭа агәнаҳа ҟаиҵеит ҳәа ргәы иаанагон (Иоанн 9:2). Ииашамыз уи агәаанагара иахҟьаны ичмазаҩыз ауаа даҽа гәырҩакгьы рзацлон. Аха Иисус ауаа ихәышәтәуан, насгьы Анцәа бзиа ишибоз агәра диргон. Уи ҳацхраауеит Иисус ҳаргьы дшаҳзыҟоу аилкаара.

9. Ишԥаҳдырбо Ауриацәа 4:15, 16 аҿы иану ажәақәа ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаԥшьаҩ хада инаӡам ауаа шрыцҳаишьо?

9 Шәаԥхьа Ауриацәа 4:15, 16. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иисус еснагь ҳашрыцҳаишьало. Изакәызеи арыцҳашьара? Уи аӡәы ицәаныррақәа анеилукаауа, насгьы ихьаа аницеиҩушо ауп. Арыцҳашьара ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит ауаҩы иҭыԥан ухы ргыланы ихьаа анухьаау. (Шәахәаԥш иара убас Павел уи абырзен ажәа Ауриацәа 10:34 аҿы ихы ишаирхәо.) Абиблиаҿы Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа рыӡбахә ҳанаԥхьо, ауаа ргәаҟрақәа игәаҵанӡа ишнеиуаз ҳбоит. Иара ауаа зихәышәтәуаз иаҭахуп ҳәа акәымкәа, урҭ бзиа иахьибоз, дрыцхраарцгьы ахьиҭахыз азоуп. Иаҳҳәап, Иисус ацәеилабаара змаз ахаҵа данихәышәтә, иааигәара дымнеиӡакәа дихәышәтәыр ауан, аха иара уи дилакьысит. Иҟалап уи ахаҵа аӡә димылакьысижьҭеи акыршықәса ҵуазҭгьы. Уажәшьҭа иаҳгәалаҳаршәап Иисус идагәаз ауаҩ иахь ақьиара шааирԥшыз. Уи ур-сыр ҳәа еилаз ауаа дрылганы дихәышәтәит. Даҳгәалаҳаршәап иара убас зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз, насгьы лаӷырӡыла Иисус ишьапы зыӡәӡәаз, нас лыхцәқәа рыла изырбаз аԥҳәыс. Иисус афарисеи уи аԥҳәыс датәамбаӡакәа дышлыхәаԥшуаз ангәеиҭа, лара длыдгылеит (Матф. 8:3; Марк 7:33; Лука 7:44). Иисус ахаан ичмазаҩыз ма агәнаҳа ҟазҵаз ауаа иатәамбаӡакәа дрыхәаԥшӡомызт. Иара иҭахын урҭ ауаа иара иахь инеиларц, бзиа ишибогьы реиҳәон. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иисус ҳаргьы убасҵәҟьа дшаҳзыҟоу.

ҲАԤШЬАҨ ХАДА ҲАИҾЫԤШУЕИТ

10. Излоубарҭоузеи зыла иамбо, насгьы злымҳа иамаҳауа ауаа ҳрыцхраар шаҳҭаху? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

10 Ҳара Иисус ҳаиҿыԥшлар ҳҭахуп, убри аҟынтә ауаа бзиа иаҳбоит, иагьрыцҳаҳшьоит (1 Пиотр 2:21; 3:8). Ҳара зыла иамбо, насгьы злымҳа иамаҳауа ауаа ҳзыхәышәтәӡом, аха Анцәа иҩызахара ҳрыцхраар ҳалшоит. Иаҳҳәап, ҳпубликациақәа 100 инареиҳаны абыжьҭыгарадатә бызшәала еиҭаҳгоит. Зыла иамбо ауаа рзы ҳлитература Браиль ишрифт ала 60 бызшәа инареиҳаны рыла еиҭаҳгоит, атифлокомментариақәа зцу авидеонҵамҭақәа — 100 бызшәак инареиҳаны рыла. Абри зегьы зыҟаҳҵо злымҳа иамаҳауа, насгьы зыла иамбо ауаа Иегова Иԥеи иареи рабадырреи рҩызахареи ҳрыцхраарц азоуп.

Асахьақәа реизга: 1) аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизараҿы абыжьҭыгарадатә бызшәала Аҳра ашәақәа рҳәоит; 2) илашәу аиаҳәшьа Браиль ишрифт ала икьыԥхьу Абиблиа даԥхьоит.

Ҳорганизациа Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла иҭнажьуеит

Армарахь: 100 инареиҳаны абыжьҭыгарадатә бызшәақәа.

Арӷьарахь: 60 бызшәа инареиҳаны рыла Браиль ишрифт ала икьыԥхьу апубликациақәа.

(Шәахәаԥш абзац 10.)


11. Излоубарҭоузеи Иегова иорганизациа еиуеиԥшым ауаа ишреиҷаҳауа? (Аусқәа 2:5—7, 33). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

11 Иегова иорганизациа еиуеиԥшым ауаа, урҭ ахьынхозаалакгьы, иреиҷаҳаларц азы ирацәаны аџьабаа абоит. Иаҳгәалаҳаршәап 33 шықәса ҳ. ҳ. азы Аҩынҩажәижәабатәи амш аҽны иҟалаз. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳа риҭеит аныҳәахь инеиз ауаа зегьы рхатәы бызшәала ажәабжь бзиа раҳарц азы. (Шәаԥхьа Аусқәа 2:5—7, 33.) Иахьа Иисус инапхгарала ҳорганизациа 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла Абиблиа шьаҭас измоу алитература ҭнажьуеит. Урҭ рҟынтә бызшәақәак рыла ицәажәо ауаа зынӡа имаҷҩуп. Иаҳҳәап, ҳара Аҩадатәи Америкеи Аладатәи Америкеи жәытәнатә аахыс инхоз ажәларқәа рзы 160 бызшәа инареиҳаны рыла алитература ҭҳажьуеит. Иара убас ҳпубликациақәа 20 цыган бызшәа инареиҳаны рыла иҟоуп. Урҭ абызшәақәа рыла ицәажәо зықьҩыла ауаа Иегова имаҵ аура иалагеит.

Асахьақәа реизга: 1) индиатәи аиаҳәшьа дыччачо лбызшәала иҟоу Абиблиа лгәыҵаҳәҳәаны илкуп; 2) ацыган иаҳәшьа лыԥҳа хәыҷи лареи аконгресс апрограмма иазыӡырҩуеит.

Армарахь: 160 бызшәа инареиҳаны рыла Аҩадатәи Америкеи Аладатәи Америкеи жәытәнатә аахыс инхоз ажәларқәа рбызшәақәа.

Арӷьарахь: 20 цыган бызшәақәа инареиҳаны.

(Шәахәаԥш абзац 11.)


12. Иҟанаҵои иҵегьы Иегова иорганизациа ауаа рзы?

12 Ишаҳбаз еиԥш, Иегова иорганизациа ауаа Абиблиа иану днарҵоит. Уи адагьы, аԥсабаратә рыцҳарақәа ирықәшәаз ирыцхраауеит. Зықьҩыла аишьцәеи аиҳәшьцәеи арыцҳара иақәшәаз хатәгәаԥхарала ирыцхраауеит. Иара убас ҳорганизациа абзоурала Анцәа ҳахьимҵахырхәаша аҭыԥқәа ҳамоуп. Изҭаху зегь уахь инеины Анцәа шаҟа бзиа ибо рбар рылшоит.

ҲАԤШЬАҨ ХАДА ДҲАЦХРААУЕИТ

13. Дышԥаҳаиҷаҳауеи Иисус?

13 Иисус дыхьчаҩ бзиоуп, иара иуасақәа зегьы рдоуҳатә гәабзиара деиҷаҳауеит (Иоанн 10:14; Еф. 4:7). Зны-зынла ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ихжәаны иҟоу акалам ма аҿыцәаара иаҿу афҭил ҳаиԥшхар ҳалшоит. Ачымазареи, ҳагхақәеи, иашьаки ҳареи ма иаҳәшьаки ҳареи иҳабжьалаз аилибамкаара иахҟьаны агәырӷьара ҳцәыӡыр ҟалоит. Ҳгәы убас икаҳар алшоит, иҳамоу агәыӷрагьы ҳхашҭыр ауеит. Аха ишәхашәмыршҭын: Иисус идыруеит ишәхыжәго ауадаҩрақәа, насгьы уи иахҟьаны шәхы шыжәбо. Арыцҳашьара шәыцхраара игәазҭанаҵоит. Иаҳҳәап, шәымч шәылӡааны шәаныҟоу, иара иԥшьоу адоуҳала шәирӷәӷәар илшоит (Иоанн 16:7; Тит 3:6). Иара убас Иисус аизара ахылаԥшыҩцәа ма шәеизара иатәу аӡә ила шәирӷәӷәар илшоит (Еф. 4:8).

14. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи, ҳагхақәеи ҳагәнаҳақәеи ирыхҟьаны ҳгәы каҳауазар?

14 Шәгәы каҳаны шәыҟазар, Иисус Шәыԥшьаҩ хада шиакәу шәгәалашәыршәа. Имаҵзура шәара шәзы иаанаго шәазхәыцла. Ишәхашәмыршҭын: Иегова Иисус адгьыл ахь дзааишьҭыз, ҳара ҳзы дыԥсырц азы мацара адагьы, инаӡам ауаа рыуадаҩрақәа еиҳа еиӷьны еиликааларц азгьы шакәу. Агхақәеи агәнаҳақәеи ҳгәы карыжьлар ауеит, аха Иисус «ацхыраара анаҳҭаххо аамҭазы» даҳмыцхраар иуӡом (Аур. 4:15, 16).

15. Ицхраазеи иашьак Иегова иахь ахынҳәра?

15 Иара убас Иисус Иегова ицәыӡыз иуасақәа рыԥшаареи урҭ аизарахь ианыхынҳәлак ргәы ашьҭыхреи дҳацхраауеит (Матф. 18:12, 13). Абар Сте́фаноb ихҭыс. Иара аизара далган, аха 12 шықәса рышьҭахь аизарахь дцарц иӡбеит. Стефано иҳәоит: «Сара сыԥхашьон, аха бзиа еибабоз сашьцәеи саҳәшьцәеи ахьыҟаз Иегова иҭаацәарахь схынҳәырц сҭахын. Аизара ахылаԥшыҩцәа ихааӡа исԥылеит. Зны-зынла схы ахара ахьадысҵоз азы сгәы каҳауан, насгьы Иегова сиҭахӡам ҳәа сгәы иаанагон. Аха аизара ахылаԥшыҩцәа агәра сдыргон Иеговеи Иисуси сгәы касыжьыр шырҭахым. Аизараҿы санышьақәдыргыла, аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы ихааӡа срыдыркылеит. Аамҭак ашьҭахь сыԥшәма Абиблиа аҵара далагеит. Уажәы ҳара Иегова имаҵ еицаҳуеит». Ҳәара аҭахума, бзиа ҳазбо Ҳаԥшьаҩ хада деигәырӷьоит аизараҿы зегьы зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа агәнаҳаҟаҵаҩцәа Иегова иахь ахынҳәра ишрыцхраауа ахьибо!

16. Избан арыцҳашьара злоу Аԥшьаҩ хада дахьшәымоу ахә зышәшьо?

16 Иисус адгьыл аҿы данынхоз, ауадаҩрақәа змаз ирацәаҩны ауаа дрыцхраауан. Иахьагьы ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит ацхыраара анаҳҭаху, уи шҳаиҭо. Иаарласны адунеи ҿыц ҟалоит. Иисус Анцәа изыӡырҩуа ауаа агәнаҳаи анамӡареи рҟынтә ахақәиҭра аиура дрыцхраауеит. Шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьозеи Иегова ҳара ҳахь абзиабареи арыцҳашьареи аарԥшны абриаҟара арыцҳашьара злоу Аԥшьаҩ хада дахьҳаиҭаз!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаицхрааи Иисус адгьыл аҿы дахьынхоз Аԥшьаҩ хада ироль аҽазыҟаҵара?

  • Ишԥанаигӡеи Иисус Исаиа 42:3 иану аԥааимбаражәа?

  • Дышԥаҳацхраауеи иахьа Ҳаԥшьаҩ хада?

АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы

a Аԥшьаҩ хада Иисус израильтәи аԥшьаҩ хадацәа дызлареиԥшым еилышәкаарц азы шәахәаԥш 2023 шықәса, октиабр мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Иегова иныҳәарҭаҿы имаҵ аура алшара ахьшәымоу ахә ҳаракны ишәшьала», адаҟьа 26, абзацқәа 7—9.

b Ахьӡ ԥсахуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра