Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 ноиабр ад. 22—27
  • «Уара Анцәа изы акыр иаԥсоу уаҩуп»!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Уара Анцәа изы акыр иаԥсоу уаҩуп»!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИИСУС АУАА РЫХӘ ШЫҲАРАКУ АИЛКААРА ДЫШРЫЦХРААУАЗ
  • ИЕГОВА ДЫШҲАХӘАԤШУА ҲХЫ АХӘАԤШРА ИҲАЦХРААУА
  • Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова игәы шәзыбылуеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иаҳдырҵозеи Иисус адгьыл аҿы ихигаз аҵыхәтәантәи 40 мшы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 ноиабр ад. 22—27

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 47

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

«Уара Анцәа изы акыр иаԥсоу уаҩуп»!

«Уара Анцәа изы акыр иаԥсоу уаҩуп» (ДАН. 9:23).

ЕИЛАҲКААУА

Ари астатиа акгьы иаԥсамшәа зхы збо ауаа Иегова изы рыхә шыҳараку днарбоит.

1, 2. Иҳацхраауазеи Анцәа изы ҳахә шыҳараку агәрагара?

ИЕГОВА имаҵзуҩцәа шьоукы акгьы иаԥсамшәа рхы рбоит. Иҟалап уи зыхҟьо иҽеимкәа иахьрызныҟәоз акәзар. Шәаргьы Иегова ибзиабара саԥсаӡам ҳәа шәгәы ианаанаго ыҟоума? Ус шәгәы иаанагозар, ишәыцхраауазеи Иегова дышшәыхәаԥшуа еиԥш шәхы ахәаԥшреи иара изы шаҟа шәыхә ҳараку аилкаареи?

2 Абиблиа шәанаԥхьо, уи Иегова ауаа дышрыхәаԥшуа шаҳнарбо гәашәҭала. Анцәа Иԥа Иисус ауаа пату рықәиҵон, насгьы қьиарала дрызныҟәон. Убас иара иаҳирбеит Иаби иареи даараӡа ҳахә ҳаракны ишыршьо, акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбозаргьы (Иоанн 5:19; Аур. 1:3). Ари астатиаҿы ҳара ҩ-зхәыцрак еилҳаргоит: 1) Иисус ауаа рыхә шыҳараку аилкаара дышрыцхраауаз, насгьы 2) Анцәа изы ҳахә шыҳараку ҳхы агәра аҳаргар шҳалшо (Агг. 2:7).

ИИСУС АУАА РЫХӘ ШЫҲАРАКУ АИЛКААРА ДЫШРЫЦХРААУАЗ

3. Дышԥарзыҟаз Иисус Галилеиа иатәыз, ацхыраара зҭахыз иара иахь инеиуаз ауаа?

3 Иисус Галилеиа ажәабжь аниҳәоз, ирацәаҩны ауаа изыӡырҩырц, насгьы рҽырхәышәтәырц азы иара иахь инеиуан. Иара ибон урҭ «ахьча дызмамыз, ахәрақәа зныз, аӡәгьы ииҭахымыз ауасақәа» ишреиԥшыз (Матф. 9:36; шәрыхәаԥш «Учебная Библия» аҿы иаагоу акомментариқәа). Адиннапхгаҩцәа урҭ ауаа атәамбаӡакәа ирыхәаԥшуан, «урҭ шәиуп» ҳәагьы рзырҳәон (Иоанн 7:47—49; шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы иаагоу акомментари). Аха Иисус иара иахь инеиуаз зегьы пату рықәиҵон. Иара урҭ аҵара дирҵаларц азы, насгьы ихәышәтәларц азы иаамҭа деигӡаӡомызт (Матф. 9:35). Уи адагьы, еиҳаны ауаа дрыцхраарц азы апостолцәа ажәабжь рҳәаларц ишьҭит, насгьы ачымазаҩцәа рыхәышәтәразы амч риҭеит (Матф. 10:5—8).

4. Иаҳнарҵозеи Иисус иатәарымбоз ауаа дшырзыҟаз?

4 Иисус изыӡырҩуаз ауаа рыбжьара иатәарымбоз ыҟан. Аха Иисус урҭ патуқәҵаралеи қьиаралеи дырзыҟан. Убас иара иааирԥшит Иаби иареи рзы урҭ шаҟа рыхә ҳараку. Шәара Иегова имаҵ жәуазар, аха иара изы шәыхә шыҳараку агәра агара шәцәыцәгьазар, ишәгәалашәыршәа Иисус иара иҿы аҵара ҵара зҭахыз егьырҭ иатәарымбоз ауаа шаҟа пату рықәиҵоз. Уи Иегова изы шаҟа шәыхә ҳараку аилкаара ишәыцхраауеит.

5. Иаҳдыруазеи Иисус Галилеиа иибаз аԥҳәыс илызкны?

5 Иисус ауаа Анцәа Иажәа аныдирҵоз ауаа рацәа анидизалоз мацара акәӡамызт, урҭ хаҭа-хаҭалагьы дрызҿлымҳан. Иаҳҳәап, Галилеиа даныҟаз иара 12 шықәса ишьабоз аԥҳәыс дибеит (Марк 5:25). Моисеи изакәан ала лара дыцқьаӡам ҳәа дыԥхьаӡан, илылакьысуазгьы дыцқьаӡам ҳәа дыԥхьаӡахон. Уи иахҟьаны лара уиаҟара аӡәгьы димацәажәозҭгьы ҟаларын. Еиҳараӡак лымацара дыҟан. Уи адагьы, егьырҭ дрыцны Анцәа димҵахырхәаларц азы асинагогахь, насгьы аныҳәақәа рахь дызцаӡомызт (Алев. 15:19, 25). Лчымазара дахьаргәаҟуаз адагьы, лхы заҵәны илбон, лыгәгьы каҳауан. Ҳәараҭахума, лара аӡәгьы диҭахымшәа, аӡәгьы бзиа димбошәа лхы лбон (Марк 5:26).

6. Иҟалҵазеи ачымазара иаргәаҟуаз аԥҳәыс дыбзиахарц азы?

6 Цәгьала игәаҟуаз уи аԥҳәыс Иисус дихәышәтәырц лҭахын. Аха лара уи иаартны иалымҳәаӡеит. Избан? Иҟалап лчымазара аӡбахә аҳәара дыԥхашьозҭгьы, мамзаргьы дшыцқьамыз ауаа ахьыҟаз дахьнеиз азы, Иисус длацәҳар ҳәа дшәозҭгьы. Убри аҟынтә уи аԥҳәыс Иисус имаҭәа заҵәык дахькьысыр, дшыбзиахо агәра ганы имаҭәа дахькьысит (Марк 5:27, 28). Анцәа уи аԥҳәыс ахаҵара ахьаалырԥшыз азы дылзылԥхеит — лара дыбзиахеит. Иисус исылакьысда ҳәа данҵаа, уи лара шлакәыз мӡаӡакәа илҳәеит. Иахиҳәааи уи Иисус?

7. Ишԥааирԥши Иисус ақьиареи апатуқәҵареи ӷәӷәала ичмазҩыз аԥҳәыс лахь? (Марк 5:34).

7 Иисус уи аԥҳәыс лахь ақьиареи апатуқәҵареи ааирԥшит. Иара ибон лара дшәаԥырҳаԥуа, дҵысҵысуа дышгылаз (Марк 5:33). Убри аҟынтә хаала длацәажәеит. Иисус уи «сыӡӷаб» ҳәагьы лзиҳәеит. Уи ажәа апатуқәҵара адагьы аԥхарреи ахаареи аҵан. (Шәаԥхьа Марк 5:34.) Иҟалап ус зыҟаиҵаз уи аԥҳәыс дышшәоз ахьибоз азы акәзар. Шәхаҿы иаажәг Иисус хаала данлацәажәа ашьҭахь шаҟа дгәырӷьаз, лыгәгьы шаҟа иҭынчхаз! Иара ус ҟаимҵазҭгьы лчымазара аҟынтә дшыхәышәтәхозгьы, лгәы хьанҭаӡа дцон, лыхгьы ахара адылҵалон. Иисус уи аԥҳәыс Иегова бзиа дшибоз, зыхә ҳаракыз иԥҳа леиԥш дшылзыҟазгьы лирбеит.

8. Иарбан уадаҩрақәоу Бразилиа инхо иаҳәшьак илымаз?

8 Иахьагьы Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы ргәамбзиара иахҟьаны аӡәгьы иҭахымшәа рхы рбоит. Абар Бразилиа инхо пионерс амаҵ зуа Мариаa лыхҭыс. Лара ларма напи лыҩшьапыкгьи лымаӡамкәа диит. Мариа илҳәоит: «Ашкол аҿы есымша исхыччон. Сҭаацәара иатәызҵәҟьагьы шысзыҟаз иахҟьаны акгьы саԥсамшәа схы збон».

9. Илыцхрааи Мариа Иегова дышлыхәаԥшуа еиԥш лхы ахәаԥшра?

9 Аҽшԥаԥсахи Мариа лыԥсҭазаара? Лара Иегова имаҵ аура даналага, аишьцәеи аиҳәшьцәеи лыцхраауан, лыгәгьы шьҭырхуан. Дара Иегова дышлыхәаԥшуа еиԥш лхы ахәаԥшра илыцхрааит. Мариа илҳәоит: «Бзиарак сзыҟазҵаз зегьы рыӡбахә анысҵарц азы, сыблокнот абӷьыцқәагьы азхом. Сара урҭ исзыҟарҵо даараӡа ахә ҳаракны исшьоит. Иегова зеиԥшыҟам адоуҳатә ҭаацәара сиҭеит». Аишьцәеи аиҳәшьцәеи Мариа илыцхрааит Иегова лыхә шишьо еиԥш лхы ахә ашьара.

10. Иарбан уадаҩрақәоу Мариа Магдалина илымаз? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

10 Ҳахәаԥшып Иисус даҽа ԥҳәыскгьы дышлыцхрааз, уи Мариа Магдалина лакәын. Лара быжьҩык адемонцәа лхаԥан! (Лука 8:2). Уи иахҟьаны уамашәа лхы мҩаԥылгозҭгьы ауан, ауаагьы лыцәшәаны лааигәара имнеиуазҭгьы ҟаларын. Уи даараӡа даргәаҟуан. Лара даараӡа дшәозҭгьы ҟаларын, иара убас аӡәгьы бзиа дибаӡом, илыцхраауа ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам ҳәагьы дхәыцуазар алшон. Иисус Мариа дзыргәаҟуаз адемонцәа лхицеит. Уи ашьҭахь лара гәыкала изыҟаз иҵаҩцәа дырхыԥхьаӡалахеит. Дышԥалыцхрааи Иисус Мариа Магдалина иҵегьы Анцәа иҿаԥхьа лыхә шыҳаракыз аилкаара?

Асахьақәа реизга: 1) Иисус илашьцоу абжьаларҭа давсны дышцо адгьыл аҿы итәоу Мариа Магдалина дибоит; лара дааԥса-дкараха дыҟоуп; 2) Мариа Магдалина Иисус иҵаҩцәеи иареи дрыцуп; лхы-лҿы еихаччоит.

Ишԥалирбеи Иисус Мариа Магдалина Анцәа лыхә ҳаракны ишишьоз? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)


11. Ишԥалирбеи Иисус Мариа Магдалина Анцәа лыхә ҳаракны ишишьоз? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

11 Иисус иҵаҩцәа дрыцны еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ажәабжь аниҳәоз, Мариа Магдалинагьы дрыцны дцарц аҳаҭыр лаҭәеишьеитb. Уи абзоурала лара еиҭеиҳәоз азыӡырҩразы еиҳаны алшарақәа лоуит. Лара иԥсы анҭала аҽны раԥхьаӡа дызбаз дыруаӡәкын. Иисус Мариа иԥсы шҭалаз апостолцәа иралҳәарц адҵагьы лиҭеит. Ишаҳбо еиԥш Иисус еиуеиԥшым азнеишьақәа ихы иаирхәеит Иегова лыхә ҳаракны ишишьоз лирбарц азы (Иоанн 20:11—18).

12. Избан Лидиа абзиабара даԥсамшәа лхы зылбоз?

12 Иахьа аӡәырҩы ауаа Мариа Магдалина леиԥш акгьы иаԥсамшәа рхы рбоит. Испаниа инхо ҳаҳәшьа Лидиагьы убас лхы лбон. Лан лара лыла лцәалтәымкәа даныҟала, лыҽԥлыргарц лҭаххеит. Лидиа дхәыҷаахыс аӡәгьы диҭахымшәа лхы лбон, избанзар лан дылҭахӡамызт, ихжәангьы длацәажәон. Ҳаҳәшьа илҳәоит: «Схы здыруеижьҭеи, еиҳараӡак исҭахыз бзиа сырбалар, ҩызас сышьҭырхлар акәын. Аха убри аамҭазгьы уи саԥсаӡам ҳәа сгәы иаанагон, избанзар сан быбзиаӡам, бзиа иубаша бакәӡам ҳәа есымша исалҳәон».

13. Илыцхрааи Лидиа Иегова иҿаԥхьа лыхә шыҳараку аилкаара?

13 Лидиа Иегова данеилылкаа зегь аҽаԥсахит. Анцәа иҳәареи, Абиблиа аԥхьареи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи аԥхарра зҵо ражәақәеи, рус қьиақәеи Анцәа иҿаԥхьа лыхә шыҳараку аилкаара илыцхрааит. Лара илҳәоит: «Сыԥшәма шаҟа бзиа сибо есымша исеиҳәоит, насгьы шаҟа бзиара сылоу есымша исгәалаиршәоит. Сҩызцәагьы лассы-лассы сдырҽхәоит». Иҟоума шәеизараҿы Иегова ибзиабара иаԥсамшәа зхы збо аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Иҟашәҵар шәылшози дара рзы урҭ рыхә шаҟа иҳараку еилыркаарц азы?

ИЕГОВА ДЫШҲАХӘАԤШУА ҲХЫ АХӘАԤШРА ИҲАЦХРААУА

14. Ишԥаҳацхраауеи 1 Самуил 16:7 иану ажәақәа Иегова дышҳахәаԥшуа ҳхы ахәаԥшра? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Избан Иегова имаҵзуҩцәа рыхә ҳаракны изишьо?».)

14 Ишәхашәмыршҭлан ари адунеи аҿы ауаа шшәыхәаԥшуа Иегова дышшәыхәаԥшуа ишеиԥшым. (Шәаԥхьа 1 Самуил 16:7.) Ари адунеи аҿы ауаа зхәаԥшуа ауаҩы иҭеиҭыԥш зеиԥшроу, шаҟа аԥара ирҳауа, иарбан ҵароу имоу ауп. Аха Иегова дызхәаԥшуа зынӡа даҽакуп. Ҳаргьы ҳхы ззаҳашьҭлаша Иегова дызхәаԥшуа ауп (Ис. 55:8, 9). Абиблиаҿы зны-зынла акгьы иаԥсамшәа зхы збоз ауаа рыӡбахә ануп. Урҭ ируаӡәкын, иаҳҳәап, Ильиа, Ноеминь, насгьы Анна. Дара рыӡбахә шәанаԥхьо Иегова урҭ дшырзыҟаз гәашәҭала — шаҟа бзиа ибоз, насгьы шаҟа рыхә ҳаракны ишьоз. Иҳацхраауазеи иҵегьы Анцәа дышҳахәаԥшуа ҳхы ахәаԥшра? Иегова бзиа шәшибо, насгьы шәыхә шишьо анышәирбоз ахҭысқәа џьара ианышәҵала. Иара убас ҳпубликациақәа рҿы ииашаны ҳхы ҳшахәаԥшлаша иазку астатиақәа шәрыԥхьалаc.

Избан Иегова имаҵзуҩцәа рыхә ҳаракны изишьо?

Ауааи аԥстәқәеи аиԥшымра ӷәӷәа рымоуп. Ауаҩы Анцәа иӡбахә аилкаареи иҩызахареи илшоит (Алаг. 1:27; Аԥсал. 8:5; 25:14; Ис. 41:8). Убри мацарагьы ҳаназхәыцуа, ҳахә зыҳараку аилкаара еиҳа иаҳзымариахоит. Ҳара ҳаԥсҭазаара Анцәа ианизаҳкуа, насгьы изакәанқәа рыла ҳанынхо, иара иҿаԥхьа ҳахә еиҳагьы иҳаракхоит (Ис. 49:15).

15. Избан Иегова Даниил акыр иаԥсоу уаҩны дзиԥхьаӡоз? (Даниил 9:23).

15 Ишәхашәмыршҭлан Иегова гәыкала шәахьизыҟо азы шәыхә ҳаракны ишишьо. Ҽнак зны зықәрахь инеихьаз аԥааимбар Даниил ӷәӷәала игәы каҳаны дыҟан (Дан. 9:20, 21). Игәы шԥашьҭихи Иегова уи? Иара амаалықь Гавриил дизынаишьҭит. Уи Даниил иеиҳәеит Анцәа иҳәарақәа шиаҳаз, насгьы Анцәа иҿаԥхьа акыр дшаԥсоу игәалаиршәеит (Шәаԥхьа Даниил 9:23.) Избан Иегова Даниил акыр иаԥсоу уаҩны дзиԥхьаӡоз? Избанзар уи дуаҩ иашан, насгьы Анцәа гәыкала дизыҟан (Иез. 14:14). Даниил ихҭыс ҳгәы арҭынчларц азы Анцәа уи Иажәа ианылартә иҟаиҵеит (Рим. 15:4). Иегова шәыҳәарақәагьы иаҳауеит, иара убас ииашаны шәхы ахьымҩаԥыжәго азы, насгьы гәыкала шәахьизыҟо азы шәыхә ҳаракны ишьоит (Мих. 6:8, албаагақәа; Аур. 6:10).

16. Иҟаҵалатәузеи Иегова бзиа ҳазбо Ҳаб шиакәу ҳхаҳмыршҭларц азы?

16 Ишәхашәмыршҭлан Иегова даараӡа бзиа шәызбо Шәаб шиакәу. Анцәа дшәыцхраарц иҭахуп — иара дызшәацәҳаша акы аԥшаара дашьҭаӡам (Аԥсал. 130:3; Матф. 7:11; Лука 12:6, 7). Акгьы иаԥсамшәа зхы збо аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи ргәы арҭынчуеит. Ҳахәаԥшып Испаниа инхо Елиа́на лыхҭыс. Лыԥшәма акыршықәса рыҩныҵҟа длаирҟәуан, уи иахҟьаны аӡәгьы бзиа димбошәа, насгьы акгьы даԥсамшәа лхы лбон. Лара илҳәоит: «Акгьы саԥсаӡам, насгьы аӡәгьы сиҭахӡам ҳәа ахәыцрақәа ансызцәырҵуа, Иегова инапы санҵаны сышьҭихуашәа схаҿы иаазгоит. Уи бзиа сшибо, сагьшихьчо агәра снаргоит» (Аԥсал. 28:9). Абар Аладатәи Африка инхо аиаҳәшьа Ло́рен илҳәо: «Сара абас схәыцуеит: Иегова абзиабара аарԥшны иара иахь сааиԥхьеит. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа иара изааигәахара дсыцхраауеит, егьырҭ аҵара дсырҵаларцгьы аҳаҭыр саҭәеишьеит. Ус анакәха, иара акгьы саԥсаӡам ҳәа дхәыцӡом. Ари зегьы агәра снаргоит Иегова акгьы саԥсаӡам ҳәа шимԥхьаӡо, аха сыхә ҳаракны ишишьо» (Ос. 11:4).

17. Иҟаҵатәузеи Иегова дшаҳзыразу ала агәрагара еизҳарҳарц азы? (Аԥсалом 5:12). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Иегова дшышәзыразу агәраганы шәыҟаз. (Шәаԥхьа Аԥсалом 5:12.) Давид иҳәеит Иегова иразра изиашоу имаҵзуҩцәа аԥырак еиԥш ишахьчо. Убри аҟынтә акгьы шәаԥсаӡам ҳәа ахәыцрақәа аншәызцәырҵлак, Иегова дшышәзыразу, насгьы дышшәыцхраауа шәгәалашәыршәала, уи шәахьчалоит. Иҟаҵатәузеи уи аҩыза агәрагара аизырҳаразы? Анцәа Абиблиа ҳаиҭеит: уи ҳанаԥхьо иара дшаҳзыҟоу еилаҳкаауеит. Иара убас Анцәа аизара ахылаԥшыҩцәа рыла, ҳҩызцәа гәакьақәа рыла, насгьы егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла бзиа ҳшибо агәра ҳиргоит. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, урҭ ҳгәы шьҭызхуа ажәақәа анҳарҳәо?

Аиаҳәшьа ажәабжьҳәара илыццо аиаҳәшьа длыцны Иегова ишаҳаҭцәа рзал ддәылҵуеит. Егьи уи аиаҳәшьа лнапы аалыкәлыршеит. Аиаҳәшьа дԥышәарччоит.

Иегова дшаҳзыразу ахьаҳдыруа, акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳамбаларц иҳацхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 17.)


18. Ҳазыҟазар шԥаҳахәҭоу арҽхәара?

18 Гәыкала шәандырҽхәо, арҽхәара шәаԥсаӡам ҳәа шәгәы иаанамгалан, избанзар Иегова шәзырҽхәо ауаҩы ила дшышәзыразу шәырбара иҭахызар ауеит. Абар хыхь зыӡбахә ҳҳәаз Елиана илҳәо: «Сандырҽхәо, исарҳәо ажәа ҟәандақәа хәыҷы-хәыҷла рыгәра зго салагоит. Уи анысзалымҵуагьы ыҟоуп. Аха издыруеит урҭ ажәақәа рыгәрагара сҽаназысшәо, Иегова игәы шыҟасҵо». Иара убас Елиана абзиабара аазырԥшуа аизара ахылаԥшыҩцәа лгәы шьҭырхуеит. Уажәы лара пионерс амаҵ луеит, насгьы Вефиль дацхраауеит.

19. Избан Иегова изы ҳахә даараӡа ишыҳараку агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?

19 Иисус ақьиара аарԥшны иаҳгәалаиршәоит жәҩантәи Ҳаб даараӡа ҳахә ҳаракны ишишьо (Лука 12:24). Убри аҟынтә Иегова изы акгьы ҳаԥсаӡам ҳәа ҳхәыцларц азы амзызқәа ҳамаӡам. Шәааи уи ахаан иаҳхаҳмыршҭлап, насгьы Иегова егьырҭгьы рыхә ҳаракны ишишьо дҳарбалап!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Дышԥарыцхраауаз Иисус ауаа Анцәа иҿаԥхьа рыхә шыҳараку аилкаара?

  • Дышԥалыцхрааи Иисус ишьабоз аԥҳәыс?

  • Иҟаҵатәузеи Иегова дышҳахәаԥшуа еиԥш ҳхы ҳахәаԥшларц азы?

АШӘА 139 Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа

a Хьыӡқәак ԥсахуп.

b Мариа Магдалина Иисус ажәабжьҳәара дахьцоз ицыз аҳәса дреиуан. Урҭ аҳәса рԥара Иисус иапостолцәеи иареи ирыцхрааларц азы рхы иадырхәон (Матф. 27:55, 56; Лука 8:1—3).

c Иаҳҳәап, шәахәаԥш ашәҟәы «Приближайся к Иегове», 24-тәи ахы, иара убас ашәҟәы «Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа» аҿы иаагоу атема «Акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы анаҳбо».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра