Ашәарҭара иҭагылоу аҳәса рзы ацхыраара
«МИЛЛИОНҨЫЛА аҳәсеи аӡӷабцәеи адунеи ахьынӡанаӡааӡо ақәымчра иақәшәоит. Шәара шәақәшәахьома? Еилышәкаа Анцәа аҳәса дшырзыҟоу, урҭ зықәшәо хьаас ишимоу, насгьы уи аганахьала иҟаиҵарц игәы иҭоу».
Арҭ ажәақәа рыла асаит jw.org аҿы иҟоу «Аҳәса акгьы иацәымшәалар рылшоит. Избан? Абиблиа иаҳәо» захьӡу астатиа алагоит. Астатиа анҵәамҭаҿы иаагоу азхьарԥш уақәыӷәӷәар, уи астатиа PDF форматла ихыуҩылаар улшоит, нас икьыԥхьны буклет ҳасабала иурҽыр ауеит. Еиду Аштатқәа рҿы инхо Сте́иси зыхьӡу аиаҳәшьа убас ҟалҵеит. Лара илҳәоит: «Ҳаизара иатәу атерриториаҿы гәымбылџьбарала изызныҟәо аҳәса рзы ацентр ыҟоуп. Иаҳәшьаки сареи уи абуклет екземплиарқәак уи ацентр ахь иаҳгеит».
Ацентр аҿы аус зуа ԥҳәыск ҳаҳәшьцәа уа инхоз аҳәса рзы иҵегьы абуклетқәа наргарц дрыҳәеит. Убри аҟынтә ҳаҳәшьцәа 40 буклети асаит jw.org ахь ухьазырԥшуа 30 бӷьыци рыманы уахь ицеит. Ацентр аҿы администраторс аус зуа аԥҳәыс Иегова ишаҳаҭцәа урҭ аҳәса Абиблиа аҵара шымҩаԥысуа ддырбарц лҭаххеит.
Стеисии даҽа ҩыџьа аиҳәшьцәеи ус еиԥш иҟоу даҽа центрк ахьгьы ицеит. Уа хә-буклетк рырҭеит, иҵегь рызнаргарцгьы ирыҳәеит. Ацентр аҿы аус зуаз ԥҳәыск илҳәеит — «Ари аинформациа хәарҭоуп. Ҳара уи даара иҳахәоит». Аиҳәшьцәа уахь даҽазны ианнеи, Абиблиа аҵара шымҩаԥысуа еилыркаар зҭахыз ԥыҭҩык аҳәса рзыԥшын. Урҭ рҟынтә ҩыџьа иааиуа аԥсшьара мшқәа рзы Иегова ишаҳаҭцәа рзал аҿы имҩаԥысуа аизарахь ицарц шырҭаху рҳәеит.
Стеиси илҳәоит: «Абуклет абриаҟара аинтерес рызцәырнагоит ҳәа ҳгәы иаанагаӡомызт. Уи абуклет ацхыраарала агәымбылџьбарара иақәшәаз аҳәса Анцәа Иаҳра аӡбахә рзеиҭаҳәара еиҳа имариоуп. Аҳәса абуклет иану шыргәаԥхаз анаҳба, даараӡа ҳгәырӷьеит. Ҳгәы иаанагоит Иегова ус еиԥш иҟоу ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәаразы иаҳбо аџьабаа дазылԥхалоит ҳәа».