Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Иргәаирԥхозеи Иегова аҳәынҭқарцәа иаарласны?
Абар арыцҳара ду алагамҭа иазкны Аатра 17:16, 17 аҿы иану: «Иубаз жәа-тәыҩаки агыгшәыги акаҳԥы дырцәымӷхоит, дыхдырҵәоит, дыцәҳәы-ҟьантазӡа дынрыжьуеит, лжьы рфоит, нас амца далажьны дырбылуеит, избанзар Анцәа урҭ игәҭакы нарыгӡарц ргәаирԥхеит, урҭ еицырзеиԥшу рыгәҭакы... раҳра агыгшәыг иарҭарц». Уаанӡа ҳгәы иаанагон Иегова аҳәынҭқарцәа амцдинхаҵара ықәыргарц ргәаирԥхоит ҳәа.
Аха уажәшьҭа ари аԥааимбаражәа даҽакала еилаҳкаауеит. Иегова аҳәынҭқарцәа «раҳра агыгшәыг иарҭарц» ргәаирԥхоит. Арҭ ажәақәа шынаӡо еилаҳкаарц азы шәааи ҵаҟа иаагоу азҵаарақәа ҳарзааҭгылап.
Изусҭцәада ари аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәоу? «Акаҳԥы» — адунеи аҿы иҟоу амцдинхаҵарақәа зегь роуп. Урҭ «Вавилон Ду» ҳәагьы рызҳәоуп. «Иҟаԥшьы-уаркалеиуа агыгшәыг» — ООН ауп. Раԥхьаӡа акәны уи аорганизациа адунеи аҿы аҭынчра ыҟазарц азы 1919 шықәсазы еиҿкаан, Лига Нации ҳәагьы хьӡыс иаман (Аат. 17:3—5). «Жәа-тәыҩак» — агыгшәыг иадгыло аҳәынҭқаррақәа зегь роуп.
Ирзеилои акаҳԥи иҟаԥшьы-уаркалеиуа агыгшәыги? Акаҳԥы агыгшәыг дақәтәоуп, даҽакала иуҳәозар, уи дадгылоуп, илҭаху алырҟаҵарцгьы даҿуп.
Илыхьуеи акаҳԥы? Агыгшәыг иахагылоу жәа-тәыҩаки иареи «акаҳԥы дырцәымӷхоит». Дара лмал зегь лымырхуеит, лус цәгьақәагьы аадыртуеит. Уи ашьҭахь дара уи ахаан дыҟамызшәа дықәырхуеит. Убасала Иегова ииӡбаз нарыгӡоит (Аат. 17:1; 18:8). Убас амцдинхаҵарақәа зегьы рҵыхәтәа ааиуеит. Аха уи ҟалаанӡа, Анцәа аҳәынҭқарцәа ахаан иҟарымҵацыз ак дирҟаҵоит.
Ргәы зызҭеиҵозеи Иегова аҳәынҭқарцәа? Иара «рымчи рымчреи агыгшәыг [ҟаԥшь]», даҽакала иуҳәозар, ООН иарҭарц ргәаирԥхоит (Аат. 17:13). Уи иаанагоит рымчи рымчреи агыгшәыг иарҭарц рхаҭа ишырҭахымхо. Уи дзырҟаҵо Иегова иоуп (Ажәам. 21:1; иаҿшәырԥш Исаиа 44:28). Хәыҷы-хәыҷла аума рымчра агыгшәыг ишарҭало? Мап. Уи иаалырҟьаны иҟарҵар ҟалап. Агыгшәыг амчра ду анаиулак, Иегова ииӡбаз нанагӡоит — амцдинхаҵарақәа зегьы наӡаӡа иқәнагоит.
Ҳаззыԥшызар ҳахәҭоузеи аԥхьаҟа? Аҳәынҭқарцәа ООН еиҳа-еиҳа ишадгылало ажәабжьқәа рыла иаҳбоит ҳәа ҳазыԥшымзароуп. Избанзар Иегова аҳәынҭқарцәа рымчра агыгшәыг иаалырҟьаны иарҭарц ргәаирԥхар ҟалап. Уи аныҟалалак, арыцҳара уажәымзар-уажәы ишалаго ҳдыруазаауеит. Убри аҟынтә шәааи арҭ ахҭысқәа аналагалак иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳақәымхарц азы «ҳҷаԥшьалап, ҳахшыҩгьы аус аҳарулап»! (1 Фес. 5:6).