Иԥшьоу адоуҳа абзоурала ишәырҳаз акзаара шәыхьчала
АПОСТОЛ ПАВЕЛ Ефес инхоз ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон: «Абзиабара аарԥшуа ишәыгу-ишәыбзоу шәанеибажьла, ҭынч шәеицынхала, иԥшьоу адоуҳа абзоурала ишәырҳаз акзаара шәыхьчарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала» (Еф. 4:2, 3).
Иҳабжьоу акзаара «иԥшьоу адоуҳа абзоурала», даҽакала иуҳәозар, Анцәа имчала ауп излаҳамоу. Аха Павел ишиҳәаз еиԥш, акзаара хьчалатәуп. Изыхәҭада уи ахьчара? Акзаара ахьчаразы аҭакԥхықәра ақьырсианцәа зегьы иҳадуп.
Иааҳгап аҿырԥштәы. Аӡәы амашьына ҿыц ҳамҭас ишәиҭеит. Изыхәҭада уи бжьымсырц азы ахылаԥшра? Еилкаауп амашьына шәахьахыламԥшуаз азы ибжьысзар, уи ҳамҭас ишәызҭаз акгьы ихараӡам.
Ақьырсиантә акзаара иазкынгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Уи Анцәа иҳамҭа ауп, аха ҳара зегьы уи ҳахьчаларц азы ак ҟаҳҵалароуп. Убри аҟынтә аизараҿы аӡәи ҳареи ҳгәы нибархазар, абас ҳхы ҳазҵаароуп: «Исылшо зегь ҟасҵома аизараҿы акзаара сыхьчарц азы?»
АКЗААРА ШӘЫХЬЧАЛАРЦ АЗЫ «ИШӘЫЛШО ЗЕГЬ ҞАШӘҴАЛА»
Апостол Павел ишиҳәаз еиԥш, акзаара ахьчара анымариамгьы ыҟоуп — еиҳарак аизара аҟынтә аӡәы ҳгәы ҳирхьзар. Иацәажәатәума ҳгәы ҳзырхьыз ауаҩы, иҳабжьалаз аилибамкаара ҳаӡбарц азы? Уи анаҭахымгьы ыҟоуп. Шәхы шәазҵаа: «Сгәы нзырхаз сиацәажәар, уи аҭагылазаашьа еиӷьнатәуоу-еицәанатәуоу?» Зны-зынла зегь ҳхаршҭны ауаҩы ианаҳажьыр, еиҳа иҟәыӷарахоит (Ажәам. 19:11; Марк 11:25).
Шәхы шәазҵаа: «Сгәы нзырхаз сиацәажәар, уи аҭагылазаашьа еиӷьнатәуоу-еицәанатәуоу?»
Павел иҩит: «Абзиабара аарԥшуа ишәыгу-ишәыбзоу шәанеибажьла» (Еф. 4:2). Еилыркаагатә шәҟәык аҿы иануп арҭ ажәақәа ауаа шыҟоу еиԥш ишәыдышәкылала ҳәагьы еиҭоугар шалшо. Ус анакәха, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳара ҳаиԥш агхақәа шрыхьуа ҳхаҳмыршҭлароуп. Ҳара зегьы «цәаҩа ҿыцла» аҽеилаҳәара ҳҽазаҳшәоит (Еф. 4:23, 24). Аха уи инагӡаны аӡәгьы изалҵӡом (Рим. 3:23). Убри ҳазхәыцлар, егьырҭ ранажьреи акзаара ахьчареи еиҳа иаҳзымариахоит.
Ауаа рыгхақәа ранажьны ҳгәалақәа ҳхаршҭшьа ҳҵар, аизараҿы акзаара ыҟазаауеит. Павел Ефесаа 4:3 аҿы ихы иаирхәаз абырзен ажәа иаанагоит «аибаркыра». Колоссаа 2:19 аҿы уи ажәа «аидҳәалагақәа» ҳәа еиҭагоуп. Аидҳәалагақәа абаҩқәа аки-аки еидыркылоит. Убас еиԥшҵәҟьа аҭынчра ҳашьҭазар, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара ааҳарԥшуазар, зны-зынла ак ҳгәамԥхозаргьы, дареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазаауеит.
Убри аҟынтә аизара иатәу аӡәы ичҳара шәцәыцәгьазар, шәгәы шәирхьуазар, ма шәиргәаауазар, ииашамкәа иҟаиҵо мацара агәаҭара аҭыԥан, иара иахь аилкаара аашәырԥшла (Кол. 3:12). Ҳара зегьы ҳнаӡаӡам, иҟалап зны-зынла шәаргьы аӡәы игәы ишәырхьуазар. Убри шәхашәмыршҭлар, аизараҿы акзаара ыҟазарц азы аџьабаа абара еиҳа ишәзымариахоит.