-
Иара агәшаҭара аарԥшышьа иҵеитШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
8 Ниневиаа рнапхгаҩгьы Иона иажәабжь иақәҿиҭит. Анцәа иахь ашәара данамҿханак, иара итәарҭа ҭыԥ аҟынтә дҩагылан, ишәыз аҳ иқәнагаз иԥшӡаз ишәҵатәы ишәыхны, ижәлар реиԥш иџьаџьаз аџьабарамаҭәа ишәиҵеит, насгьы «аццышә дылатәеит». Ицхырааҩцәеи иареи ачгара иазкыз аусԥҟа аԥырҵеит, уи аҳәынҭқарра зегь аҵанакыртә ишьақәырӷәӷәан, насгьы ақалақь анхацәа зегьы уи иқәныҟәон. Аҳ адҵа ҟаиҵеит ауаа иџьаџьоу аџьабарамаҭәа ршәырҵарц, аԥстәқәагьы уи рхадырԥарцb. Иара хынрааларыла еиликааит ижәлар ацәгьареи ақәымчреи рыҟаҵаразы ахара шрыду, насгьы агәыӷра ааирԥшит Анцәа агәрыцҳашьара шааирԥшуа дара шахьхәыз ибар. Аҳ иҳәеит: «Издыруада Анцәа иаша... еилашуа игәыԥжәара ааникылар, ҳара ҳҭамхарц азы?» (Иона 3:6—9).
-
-
Иара агәшаҭара аарԥшышьа иҵеитШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
b Уи уамашәа иубартә иҟоуп, аха урҭ рҩызцәа аҵасқәа ажәытә аамҭақәа раан иҟан. Абырзен ҭоурыхҭҵааҩ Геродот излеиҳәоз ала, ажәытәан инхоз аџьамцәа еицырдыруаз ар рԥыза данырҵәыуоз аџьабаратә қьабзқәа мҩаԥыргон, аҩнатә ԥстәқәагьы уа иалахәын.
-