-
Пиотр гәыкала Анцәа имаҵ иуан — уи шәаргьы ишәылшоит!Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | сентиабр
-
-
1. Ииҳәазеи Пиотр џьашьахәыла ирацәаны аԥсыӡ шикыз аниба?
ПИОТР аухантәарак аԥсыӡкра даҿын, аха акгьы изымкӡеит. Уи збаз Иисус Пиотр абас иеиҳәеит: «Аӡиа агәахьы шәнаскьаны, акаҭа ҭашәыжь» (Лука 5:4). Пиотр уи ак алҵып ҳәа дыҟамызт. Аха Иисус дизыӡырҩны, иеиҳәаз ҟаиҵеит. Акаҭақәа убриаҟара иҭәит, аԥсыӡ азымкын, аԥыжәжәара иалагеит! Пиотри егьырҭ аԥсыӡкыҩцәеи рыбла ишабоз аџьашьахәы шыҟалаз анеилыркаа, уи даара иаршанхеит. Нас Пиотр иҳәеит: «Сааныжь, Исықәиҭу, сабоуҭаху, сара агәнаҳа иаҵоу уаҩуп» (Лука 5:6—9). Иҟалап иара Иисус иааигәара аҟазаара даԥсаӡам ҳәа игәы иаанагозҭгьы.
2. Избан Пиотр иҿырԥшы ҳалацәажәар зхәарҭоу?
2 Пиотр «агәнаҳа иаҵоу уаҩуп» ҳәа ихазы ианиҳәа диашан. Абиблиа аҟынтә ҳара иаҳдыруеит, иара зны-зынла ииҳәоз, насгьы иҟаиҵоз ԥыҭрак ашьҭахь дшахьхәуаз. Пиотр иеиԥш зныкыр шәхы жәбахьоума? Иҟалап шәара грак ааншәыжьырц, ма ԥсыҽрак шәаиааирц азы акыраамҭа аџьабаа жәбозар. Ус акәзар, Пиотр иҿырԥшы шәгәы акамыжьра ишәыцхраауеит. Избан уи агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо? Шәазхәыц: Иегова Пиотр игхақәа рыӡбахә Абиблиаҿы ианимҵаргьы ауан, аха ҳара урҭ ҳдыруазар бзиоуп ҳәа иԥхьаӡеит (2 Тим. 3:16, 17). Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Пиотр аграқәа змаз, насгьы ашәара злаз, ҳара иҳаиԥшыз ауаҩ шиакәыз. Ҳара иаҳдыруеит Иегова иара иҟынтә анаӡара дшазыԥшымыз. Уи ҳара ҳҟынтәгьы дазыԥшӡам. Иегова иҭахуп ҳара ҳгәы каҳмыжьларц, насгьы ҳагхақәа имаҵ аура иаҳԥырхагахартә рылҳмыршаларц.
-
-
Пиотр гәыкала Анцәа имаҵ иуан — уи шәаргьы ишәылшоит!Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | сентиабр
-
-
Шәхы шԥажәбарыз Пиотр иҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы? (Шәахәаԥш абзац 4.)
4. Лука 5:5—10 иану инақәыршәаны, ихы дышԥахцәажәеи Пиотр, насгьы Иисус Пиотр зыгәра ииргазеи?
4 Абиблиаҿы ианӡам Пиотр «агәнаҳа иаҵоу уаҩуп» ҳәа ихы изазиҳәаз, насгьы иарбан гәнаҳақәоу зыӡбахә имаз. (Шәаԥхьа Лука 5:5—10.) Иҟалап, иара агха ӷәӷәақәа ҟаиҵазар. Иисус ибон Пиотр дышшәоз. Иҟалап, уи зыхҟьоз Пиотр ихы дахьақәымгәыӷуаз акәызҭгьы. Аха Иисус иара убас идыруан Пиотр Анцәа гәыкала дшизыҟоу даанхар шилшоз. Убри аҟынтә аԥхарра аҵаҵаны иҵаҩы абас иеиҳәеит: «Умшәан». Иҳақәиҭу иажәақәа Пиотр иахь агәрагара рныԥшуан. Урҭ ажәақәа Пиотр иԥсҭазаара рыԥсахит. Ԥыҭрак ашьҭахь иашьа Андреии иареи аԥсыӡкра ааныжьны, Мессиа ишьҭанеицәа ракәны иҟалеит. Уи азы Иегова урҭ меигӡарахда дырзылԥхеит (Марк 1:16—18).
-