-
«Аҵыхәтәанынӡа бзиа ибон»«Усышьҭаланы уаала»
-
-
9 Иԥсра амш аҽны Иисус бзиа иибоз рдоуҳара арӷәӷәаразы угәы аҟынӡа инеиуаз аиҷаҳара ааирԥшит. Ухаҿы иааг Иисус ашьаҟаҿы дахькыду иузхымго ахьаа шимоу. Иара иԥсыԥ игарц азы ишьхәақәа дрықәгыланы иҽышьҭихыр акәын. Уи ахьаа ӷәӷәа изаанагоит, избанзар ицәеижь ахьанҭара иахҟьаны, ишьапқәа ирылоу аҵәымӷқәа рҟынтә ахәрақәа ԥыжәжәоит, насгьы ихәны иҟоу ибӷа ашьаҟа иадкьыслоит. Ажәак иҳәарц азы, иара имчқәа зегь еизигар акәын, избанзар уи еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы аԥсыԥ алага-ҩагара даара иуадаҩуп. Ус шакәызгьы, аҵыхәтәантәи иԥсыԥ лаишьҭаанӡа Иисус иҳәоит иан Мариа лахь абзиабара ӷәӷәа шимоу узырбоз ажәақәа. Ааигәа игылаз Мариеи апостол Иоанни аниба, Иисус ибжьы раҳаратәы иан илеиҳәеит: «Аԥҳәыс, уажәшьҭарнахыс ари быҷкәын иоуп!», нас Иоанн иеиҳәеит: «Уажәшьҭарнахыс ари уан лоуп!» (Иоанн 19:26, 27). Иисус идыруан изиашоу иапостол аматериалтә ҭагылазаашьаҿы адагьы, адоуҳатә ҭагылазаашьаҿгьы Мариа дышлеиҷаҳалоb.
-