Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иҟарҵалар рыхәҭоузеи хаҵеи-ԥҳәыси, насыԥ рымазарц азы?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Ауадаҩрақәа ахьыҟам аҭаацәарақәа ыҟаӡам. Убри аҟынтә хаҵеи-ԥҳәыси урҭ ауадаҩрақәа риааиразы еснагь еицхыраалароуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Аҭаацәалазаара шырӷәӷәатәу» (5:44)

      • Иаҳзырбозеи арҭ хаҵеи-ԥҳәыси хәыҷы-хәыҷла еицәыхарахо ишалагаз?

      • Иҟарҵазеи дара, рҭаацәара дырӷәӷәарц азы?

      Шәаԥхьа 1 Коринфаа 10:24, насгьы Колоссаа 3:13. Ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьалак, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Иӷәӷәахар шԥалшо шәҭаацәара, ари алабжьара шәхы иашәырхәар?

      Абиблиаҿы иануп аӡәи-аӡәи пату еиқәаҳҵалар шҳахәҭоу. Уи иаанагоит жәа хаала ҳаицәажәалар, насгьы егьырҭ ргәаанагара пату ақәаҳҵалар шҳахәҭоу. Шәаԥхьа Римаа 12:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Ииашоума раԥхьа апатуқәҵара аазырԥшыр зыхәҭоу шәхатә ҩыза иоуп ҳәа ахәыцра? Избан ус шәгәы изаанаго?

  • Аизараҿы аҭынчра шәыманы, аӡәк иеиԥш шәыҟаз
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 3. Иҟашәҵар шәыхәҭоузеи, аизараҿы аӡәи шәареи шәҳәоу еиқәымшәозар?

      Ҳара зегьы ҭаацәарак ҳауп, аха уеизгьы инаӡам уаауп. Зны-зынла ҳгәы кеибажьыр ма ҳаибаргәаар алшоит. Убри аҟынтә Абиблиаҿы иануп: «Гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла... Иегова гәык-ԥсыкала ишшәанаижьыз еиԥш, шәаргьы егьырҭ иранашәыжьла». (Шәаԥхьа Колоссаа 3:13.) Ҳара есыҽны Иегова игәы иҳархьуеит, аха иара ҳанажьра даҟәыҵӡом. Убри аҟынтә иара иҭахуп ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иранаҳажьларц. Аӡәы дышшәыргәааз еилышәкаазар, шәеинааларц азы раԥхьа шәара ашьаҿа ҟашәҵа. (Шәаԥхьа Матфеи 5:23, 24.)b

  • Аизараҿы аҭынчра шәыманы, аӡәк иеиԥш шәыҟаз
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 5. Гәыкала ишәанеибажьла, насгьы аимак-аиҿакқәа рҭыԥ иқәышәҵала

      Иегова ахаан ҳҿаԥхьа ак ихараны дҟалаӡом, убри аҟынтә ианаҳажьуа ҳәагьы акгьы ҟалаӡом, аха иара уеизгьы еснагь ҳанажьра дазхиоуп. Шәаԥхьа Аԥсалом 86:5, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иҳаилнаркаауазеи ари ажәеинраала Иегова ишҳанаижьуа иазкны?

      • Ахә шәшьома шәара Иегова иахьшәанаижьуа? Избан?

      • Ианбамариам ауааи ҳареи ҳабжьара аҭынчра ахьчара?

      Ишԥашәылшо Иегова шәиҿыԥшны, аизараҿы акзаара ахьчара? Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 19:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Иҟашәҵар шәылшозеи, аӡә данышәзымычҳауа, ма шәаниргәаауа?

      Зны-зынла аӡәы игәы иҳархьыр ҳалшоит. Иҟашәҵар шәылшозеи усҟан? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Егьырҭи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа анҳамоу, азылԥхарақәа ҳауеит» (6:01)

      • Иҟалҵазеи ари аиаҳәшьа, егьи аиаҳәшьеи лареи рыбжьара аҭынчра лыхьчарц азы?

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра