Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 43
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Иосиф иашьцәа Вениамин дрыманы Египетҟа ицоит (1—14)

      • Иосиф еиҭа иашьцәа ибоит (15—23)

      • Иосиф иашьцәа акрырыцифоит (24—34)

Алагамҭа 43:2

Албаагақәа

  • *

    Ма «ачаԥшь».

Алагамҭа 43:11

Албаагақәа

  • *

    Ма «шәааҵәақәа».

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар.

Алагамҭа 43:12

Албаагақәа

  • *

    Ма «шәааҵәақәа».

Алагамҭа 43:18

Албаагақәа

  • *

    Ма «ҳааҵәақәа».

Алагамҭа 43:21

Албаагақәа

  • *

    Ма «ҳааҵәақәа».

  • *

    Ма «ҳааҵәақәа».

Алагамҭа 43:22

Албаагақәа

  • *

    Ма «ҳааҵәақәа».

Алагамҭа 43:23

Албаагақәа

  • *

    Ма «шәааҵәақәа».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 43:1–34

Алагамҭа

43 Ханаа́н иҟаз амлакра даара иӷәӷәан. 2 Египетынтәи иааргаз ачарыц* анынҵәа, раб ус реиҳәеит: «Еиҭа шәцаны афатә ҳзаашәхә». 3 Иуда ус иҳәеит: «Уи ауаҩ шәашьа дшәыцымкәа шәмаан ҳәа инақәырӷәӷәаны иҳаиҳәеит. 4 Ҳашьа дҳацҵаны душьҭыр, ҳцаны афатә ааҳхәоит. 5 Дҳацумҵар, ҳцаӡом, избанзар уи ауаҩ „шәашьа дшәыцымкәа шәмаан“ ҳәа ҳаиҳәеит». 6 Израиль иҳәеит: «Абри аҩыза арыцҳара сзақәшәыршәеи? Изиашәҳәеи уи ауаҩ даҽа иашьак дышшәымоу?» 7 Дара ирҳәеит: «Иара ҳазусҭцәоу еиликаар иҭахын, ҳауацәа рыӡбахә дазҵаауан: „Шәаб иԥсы ҭоума? Иҵегь аишьцәа шәымоума?“ ҳәа. Ҳаргьы аҭак иаҳҭон. Иабантәиҳдыруаз „шәашьа арахь дысзаажәга“ ҳәа шҳаиҳәоз».

8 Усҟан Иуда иаб Израиль диҳәо далагеит: «Аҷкәын дсыцҵа, ҳцаны афатә ааҳхәоит, уаргьы, ҳаргьы, ҳхәыҷқәагьы амла иаганы имԥсырц азы. 9 Аҷкәын снапы данҵа, дырхынҳәны дузаасымгар, сыԥсы ахьынӡаҭоу уҿаԥхьа ахара сыдзаауеит. 10 Ҳааццакызҭгьы, уажәшьҭа ҩынтә ҳцаны ҳаахьазаарын».

11 Усҟан раб Израиль ус реиҳәеит: «Ус анакәха абас ҟашәҵа: ари адгьыл злабеиоу зегьы шәсакьқәа* ирҭаҵаны, уи ауаҩ ҳамҭас изыжәга — маҷк абальзам*, маҷк ацха, афҩы хаа змоу аҷаб, аҵлацәа аҷаб, афисташкеи аминдальи. 12 Ҩынтә еиҳаны аԥара шьҭышәх, ирхынҳәны шәсакьқәа* ирҭарҵаз аԥарагьы жәга. Издыруада гхак рыхьзар. 13 Шәашьа даашьҭыхны уи ауаҩ иахь шәца. 14 Зегьзымчу Анцәа игәазҭеиҵааит шәрыцҳаишьарц, уа иаанхаз шәашьагьы Вениамингьы ауишьҭырц. Сара стәы сҳәозар, схәыҷқәа сцәыӡраны иҟазар, исцәыӡуеит!»

15 Аишьцәа аҳамҭақәеи ҩынтә еиҳаны аԥареи аашьҭырхын, Вениамин дрыманы Египетҟа идәықәлеит. Уа дара еиҭа Иосиф иахь инеит. 16 Иосиф Вениамин даниба, иҩны иахагылаз ус иеиҳәеит: «Арҭ ауаа сыҩныҟа инаг, нас ашьтәақәа шьны, афатә рхиа, избанзар шьыбжьон арҭ ауаа сара акрысыцырфоит». 17 Иаргьы Иосиф иажәа ҩбамтәӡакәа ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵан, урҭ ауаа Иосиф иҩныҟа игеит. 18 Урҭ Иосиф иҩнахьы ианырга, ишәан, ус рҳәеит: «Арҭ уаанӡа ҳсакьқәа* ирҭаз аԥара ауп ҳзыхдырҟьо. Уажәшьҭа дара ҳақәланы маҵуцәас ҳҟарҵоит, ҳҽадақәагьы ҳамырхуеит».

19 Дара Иосиф иҩны иахагылаз инаидгылан, ашә аԥхьа иацәажәара иалагеит. 20 Ус иарҳәеит: «Уаҳзыӡырҩы, ухаҵкы! Ҳара ара ҳаахьеит, афатә ааҳхәарц азы. 21 Аха ҳхынҳәны ҳанцоз амҩан ҳаԥхьарц азы џьара ҳахьаангылаз ҳсакьқәа* анааҳарт, дасу ҳсакьқәа* ҳԥарақәа шҭаз ҳбеит. Урҭ ҳархынҳәыр ҳҭахуп. 22 Ҳара иҵегь аԥара ҳаманы ҳааит, афатә ааҳхәарц азы. Ҳсакьқәа* аԥарақәа ҭазҵаз дҳаздырӡом». 23 Уи ауаҩ ус иҳәеит: «Акы шәацәымшәан. Сара усҟан шәԥарақәа соуит. Шәынцәеи шәаб Инцәеи иоуп шәсакьқәа* аԥара ҭазҵаз». Нас Симеон ддәылганы дриҭеит.

24 Уи ашьҭахь уи ауаҩ Иосиф иҩныҟа инеиган, ршьапқәа рыӡәӡәарц азы аӡы риҭеит, рҽадақәагьы рхәы риҭеит. 25 Дара ираҳаит шьыбжьон Иосиф акрырыцифарц шиҭаху, убри аҟынтә рҳамҭақәа дырмазеит. 26 Иосиф аҩныҟа даннеи, рҳамҭақәа ирҭан, ишьамхышгыланы иеихырхәеит. 27 Иара шәышԥаҟоу ҳәа дразҵаан, ус иҳәеит: «Зыӡбахә шәҳәоз ибыргу шәаб дышԥаҟоу? Иԥсы ҭоума?» 28 Дара ирҳәеит: «Ҳаб иԥсы ҭоуп, игәгьы бзиоуп». Нас иеихырхәеит.

29 Иан илхылҵыз иашьа Вениамин даниба, Иосиф ус дразҵааит: «Ари зыӡбахә сзеиҭашәҳәоз шәашьеиҵбы иоума?» — нас иациҵеит: «Анцәа дузылԥхааит, сыҷкәын!» 30 Иосиф иашьа даниба, илаӷырӡ изнымкылеит. Иаразнак ддәылҵын, аӡәгьы дахьыҟамыз ауадахь днеин, дқьызқьызуа аҵәыуара далагеит. 31 Нас иҿы иӡәӡәан, иҽааизиган, дара рахь дхынҳәит. «Афатә ақәыргылара шәалага», — ҳәагьы адҵа ҟаиҵеит. 32 Иара хазы изықәдыргылеит, иашьцәагьы хазы, иҩны акрызфоз египтаа рзгьы хазы, избанзар египтаа ауриацәа акрырыцфара хәымгароуп ҳәа рыԥхьаӡон.

33 Аишьцәа иаԥхьа идыртәеит. Аԥеиҳаб изин змаз аиҳабы иҭыԥ аҿы ддыртәеит, аиҵбы аиҵбы иҭыԥ аҿы ддыртәеит, аишьцәагьы иџьашьаны инеихәаԥшы-ааихәаԥшуан. 34 Иосиф иаԥхьа иқәыз афатә иашьцәа ириҭон, аха Вениамин урҭ раасҭа хәынтә еиҳаны ииҭон. Убас дара Иосиф идтәаланы рызхара рфон, иржәуан.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра