Аԥшьаша, ииуль 17
Аҩыза бзиа ианакәзаалакгьы абзиабара ааирԥшуеит, иара арыцҳара аныҟало азы ииз иашьоуп (Ажәам. 17:17).
Мариа, Иисус иан, Иегова игәҭакы налыгӡарц азы иара иҟынтә амч лҭахын. Амаалықь Гавриил иҟынтә лара еилылкааит хаҵа дшымцацызгьы лцәалтәымкәа дшыҟалоз. Мариа ахәыҷқәа рааӡараҿы аԥышәа лымаӡамызт, аха Мессиа иакәны иҟалоз ахәыҷы длааӡар акәын! Иара убас лара дызгараны иҟаз Иосиф диацәажәар акәын. Ишԥеизеиҭалҳәари лцәалтәымкәа дызлаҟалаз, ахаҵа дшылымбацызгьы? (Лука 1:26—33). Ишԥалоуи Мариа амч? Лара егьырҭ рҿы ацхыраара дашьҭан. Иаҳҳәап, Гавриил диҳәеит лыдҵа еиӷьны илеилиркаарц (Лука 1:34). Уи ашьҭахь хара имгакәа лара «иудатәи ашьхаҿы ишьҭаз ақалақь» аҟны инхоз лыуа Елизавета лахь дцеит. Елизавета Мариа длырҽхәеит, насгьы иираны иҟаз лԥа изкны иԥшьоу адоуҳа аԥааимбаражәа лнарҳәеит (Лука 1:39—45). Мариа илҳәеит Иегова «имчала аус дуқәа ҟаиҵеит» ҳәа (Лука 1:46—51). Гавриили Елизаветеи рыла Иегова Мариа дирӷәӷәеит. w23.10 14—15, абз. 10—12
Ахәаша, ииуль 18
[Иара] аҳцәас ҳҟа[иҵеит], Иаби Инцәеи изы ԥшьаҩцәас ҳҟа[иҵеит] (Аат. 1:6).
144 000-ҩык иԥшьоу адоуҳала иалху Христос иҵаҩцәа ажәҩан аҿы иара ԥшьаҩцәас амаҵ ицрулоит (Аат. 14:1). Урҭ адгьыл аҿы инхонаҵы Анцәа иԥшьоу адоуҳала иалихуеит, насгьы ԥацәас иҟаиҵоит. Иԥшьоу аҭыԥ иаанарԥшуеит Анцәеи дареи ирыбжьоу иҷыдоу аизыҟазаашьақәа (Рим. 8:15—17). Иԥшьаӡоу аҭыԥ иаанарԥшуеит Иегова дахьыҟоу ажәҩан. Иԥшьоу аҭыԥи Иԥшьаӡоу аҭыԥи ирыбжьоу «аԥарда» иаанарԥшуеит Иисус адгьыл аҿы даныҟаз имаз ацәеижь. Иара адгьыл аҿы дынхонаҵы ажәҩан ахь дызцаӡомызт. Аха ауаа ҿихырц азы ицәеижь кәырбанс ианнеига ашьҭахь, Иисус ажәҩан ахь дхалеит, насгьы иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы жәҩантәи аԥсҭазаарахь амҩа рзааиртит. Жәҩантәи рҳамҭа роурц азы даргьы ауаҩытәыҩсатә цәеижь аанрыжьроуп (Аур. 10:19, 20; 1 Кор. 15:50). w23.10 28, абз. 13
Асабша, ииуль 19
Аамҭа сызхаӡом Гедеон... [и]ӡбахә аҳәаразы (Аур. 11:32).
Ефремаа Гедеон ирџьара ианалага, иара хаала аҭак риҭеит (Аӡб. 8:1—3). Иара урҭ игәы рызԥымжәаӡеит. Иара аԥагьара аамырԥшӡакәа дырзыӡырҩит, насгьы ргәы ирҭынчит. Аҟәыӷара злоу аизара ахылаԥшыҩцәагьы Гедеон иҿыԥшуеит. Аӡәы ак анигәамԥхо дара изыӡырҩуеит, насгьы хаала аҭак ҟарҵоит (Иак. 3:13). Убас дара аизараҿы аҭынчра рыхьчоит. Гедеон мадианаа дахьыриааиз азы ирҽхәара ианалага, иара ахьӡ-аԥша ихахьы имгакәа, Иегова ирҽхәара далагеит (Аӡб. 8:22, 23). Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Гедеон иҿыԥшлар? Дара уск бзианы ирзалҵуазар, ахьӡ-аԥша Иегова ирҭалароуп (1 Кор. 4:6, 7). Иаҳҳәап, аӡәы аизара ахылаԥшҩы илоу арҵаратә ҟазаразы дирҽхәозар ауеит. Убасҟан аизара ахылаԥшҩы уи игәалаиршәар илшоит ҳара зегьы аҵара ҳзырҵо Анцәа Иажәеи иорганизациеи шракәу. Аизара ахылаԥшҩы «схы ӡырсымгаӡои?» ҳәа зны-зынла ихы дазҵаалар бзиоуп. w23.06 4, абз. 7, 8