Сентиабр
Ашәахьа, сентиабр 1
Амра ангыло еиԥш, алашара ҳхаирԥхоит (Лука 1:78).
Анцәа Иисус амч ииҭеит ауаа рыуадаҩрақәа зегь иӡбарц. Иисус аџьашьахәқәа аныҟаиҵоз ишьақәирӷәӷәеит ҳхала иаҳзымыӡбо ауадаҩрақәа зегь иӡбар шилшо. Иаҳҳәап, иара амч имоуп ауаатәыҩса рыуадаҩрақәа зегь зыхҟьо ирҭынхаз агәнаҳа аҟынтә рхы иақәиҭитәырц. Иара убас Иисус агәнаҳа алҵшәақәагьы ықәигоит, иаҳҳәап, ачымазарақәеи аԥсреи (Матф. 9:1—6; Рим. 5:12, 18, 19). Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа ишьақәдырӷәӷәеит иара еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу ауаа рыхәшәтәра шилшо, иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵаргьы шилшо (Матф. 4:23; Иоанн 11:43, 44). Уи адагьы, иара илшоит афырҭын ӷәӷәақәа ааникылалар, насгьы адемонцәа идыргәаҟуа ауаа урҭ рхицалар (Марк 4:37—39; Лука 8:2). Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи Иегова Иԥа абри аҩыза амч шииҭаз ахьаҳдыруа! Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегьы Иаҳра абзоурала ишынаӡо. Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа иаҳдырбоит жәҩантәи Аҳра Аҳ иаҳасабала иара аԥхьаҟа иҟаиҵо. w23.04 3, абз. 5—7
Аҩаша, сентиабр 2
Адоуҳа зегь аанартуеит, Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоугьы (1 Кор. 2:10).
Аизара ду аҿы амаҵ жәуазар, зны-зынла шәнапы рызгәамҭар алшоит. Усҟан иҟалап уаҳа снапы шьҭысхӡом ҳәа шәыӡбазар. Аха шәгәы кашәмыжьын. Ирацәаны аҭакқәа шәырхиар шәылшоит. Усҟан ахцәажәара алагамҭазы ишәмазҵааргьы, анаҩстәи абзацқәа реилыргараан ишәазҵаар ауеит. «Ахьчаратә бааш» шәҽаназыҟашәҵо, абзацқәеи астатиа атемеи шеидҳәалоу шәазхәыцла. Усҟан астатиа аилыргараан ишәҳәаша рацәаны ишәоуеит. Уи адагьы, шәара ишәылшоит иҵаулоу аҵабыргқәа рыӡбахә ахьану абзацқәа ибзианы шәҽырзыҟашәҵар, избанзар ус еиԥш иҟоу абзацқәа реилыргара мариаӡам, насгьы аҭак ҟазҵар зҭаху еиҳа имаҷхар алшоит. Аха иҟашәҵар шәылшозеи, ишәзымҵааижьҭеи ҩба-хԥа еизара цахьазар? Анаҩстәи аизараан аизара алагаанӡа ахцәажәара мҩаԥызгало аиашьа шәнаидгыланы, зҭак ҟашәҵар шәҭаху азҵаара иашәҳәа. w23.04 21—22, абз. 9, 10
Ахаша, сентиабр 3
Иосиф... Иегова имаалықь ишиеиҳәаз еиԥш, иԥҳәыс иҩныҟа дигеит (Матф. 1:24).
Иосиф гәыкала Иегова инапхгара дықәныҟәон, убри аҟынтә ибзиоу аҭаацәара ахада иакәхеит. Абиблиаҿы иануп иара аҭаацәара ахада иаҳасабала Анцәа иҟынтә анапхгара аниоуаз атәы ахьаҳәо х-хҭыск. Урҭ рыхҭагылазаашьак рҿы иара иаразнак Анцәа ииҳәоз ҟаиҵон, уи иԥсҭазаараҿы аԥсахра дуқәа ишрыдҳәалазгьы (Матф. 1:20; 2:13—15, 19—21). Анцәа имҩақәҵарақәа дахьырзыӡырҩуаз абзоурала Иосиф Мариа дихьчон, длыцхраауан, насгьы дылхылаԥшуан. Уи азы Мариа еиҳагьы бзиа дылбозҭгьы, насгьы пату иқәылҵозҭгьы ҟаларын. Ҳаҭыр зқәу аҭаацәара ахадацәа, ишԥашәылшо Иосиф шәиҿыԥшлар? Шәҭаацәара ишахылаԥшлатәу иазку Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа шәыԥшаала. Шәыԥсҭазаараҿы аԥсахра дуқәа ҟаҵатәхаргьы, урҭ алабжьарақәа шәхы иашәырхәала. Убас ала шәхатә ҩыза лахь абзиабара аашәырԥшуеит, шәҭаацәалазаарагьы шәырӷәӷәоит. 20 шықәса инареиҳаны аҭаацәара иалоу Вануа́ту иатәу иаҳәшьак илҳәоит: «Сыԥшәма Иегова инапхгара ԥшааны, уи ақәныҟәара иҽшазишәо анызбо, еиҳагьы пату иқәысҵоит. Усҟан сара акгьы сацәшәаӡом, насгьы идикылаз аӡбарақәа шиашоу агәра ганы сыҟоуп». w23.05 21, абз. 5
Аԥшьаша, сентиабр 4
Уа идуу амҩа ҟалоит, ааи, Иԥшьоу ҳәа ззырҳәо амҩа (Ис. 35:8).
Вавилонынтәи ихынҳәыз израильаа Рынцәа изы «иԥшьоу жәларны» иҟалар акәын (Ҩынтә. 7:6). Ҳәара аҭахума, уи иаанагаӡомызт рыԥсҭазаараҿы акгьы рыԥсахыр рыхәҭаӡамызт ҳәа. Вавилон ииз ауриацәа реиҳараҩык вавилонаа ирымаз ҵасқәак рҿырҵаазар ҟалап. Ауриацәа раԥхьаӡа акәны Израильҟа ианыхынҳә ашьҭахь ажәашықәсақәа анҵы анапхгаҩы Неемиа ианеиликаа Израиль ииз ахәыҷқәа шьоукы ауриа бызшәала ишымцәажәоз, уи игәы ԥнажәеит (Ҩынтә. 6:6, 7; Неем. 13:23, 24). Ирылшозма урҭ аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи Иегова бзиа дбаны имаҵ рулар, Анцәа Иажәа злаҩыз абызшәа рзеилымкаауазҭгьы? (Езд. 10:3, 44). Ус анакәха, урҭ ауриацәа аԥсахра дуқәа ҟарҵар акәын. Аха ииашоу амҵахырхәара хәыҷы-хәыҷла аиҭашьақәыргылара иахьаҿыз Израиль уи аҟаҵара еиҳа имариан (Неем. 8:8, 9). w23.05 15, абз. 6, 7
Ахәаша, сентиабр 5
Иегова икаҳауа зегь дрыцхраауеит, насгьы ихәаз зегь шьҭихуеит (Аԥсал. 145:14).
Ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара анҳамоугьы, уи анҳамам ҳхы аус адаҳулозаргьы, зны-зынла ҳманшәаламхар ауеит. Иаҳҳәап, ҳҭагылазаашьақәа рҽахьырыԥсахыз иахҟьаны ҳхықәкы анагӡаразы аамҭа ҳмоур ауеит (Еккл. 9:11, албаага). Иара убас ҳгәы казыжьуа, насгьы ҳамч ҳалызхуа ауадаҩра ҳақәшәар алшоит (Ажәам. 24:10). Уи адагьы, ҳанамӡара иахҟьаны ҳхықәкы анагӡара иаҳԥырхагахар алшо агхақәа ҟаҳҵар ауеит (Рим. 7:23). Мамзаргьы ҳааԥсазар алшоит (Матф. 26:43). Иҟаҳҵар ҳалшозеи, ҳхықәкы анагӡараҿы ҳманшәаламхазар? Ишәхашәмыршҭлан, шәманшәаламхазар, уи иаанагаӡом акгьы шәзалҵӡом ҳәа. Абиблиаҿы иануп ҳхықәкқәа рынагӡараҿы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәало. Аха иара убас уа иануп урҭ ауадаҩрақәа рыхгара шҳалшо. Шәаныманшәаламхогьы ԥхьаҟа шәцозар, Иегова иргәырӷьара шышәҭаху аашәырԥшуеит. Шаҟа деигәырӷьозеи Иегова шәхықәкы анагӡара шәшашьҭоу анибо! w23.05 30, абз. 14, 15
Асабша, сентиабр 6
Анцәа иԥсаса аҿырԥш бзиа дшәырбала (1 Пиотр 5:3).
Иқәыԥшу аиашьа апионертә маҵзура еиуеиԥшым ауаа рацәажәашьа инарҵоит. Иара убас уи аԥара ииашаны аныхшьа инарҵоит (Флп. 4:11—13). Ицхырааҩу пионерс амаҵ уулар, уи апионертә маҵзура алагара иуцхраауеит. Аӡәырҩы убриала ауп излалагаз. Нас дара апионертә маҵзурахьы ииасит. Уи иҿыцу алшарақәа рзаанартит, иаҳҳәап, аргыларатә программа аҽалархәра ма Вефиль аҿы амаҵ аура. Аишьцәа зегьы аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара агәаҳәара рымазароуп. Уи азы дара Абиблиа иану аҭахрақәа ирықәшәалароуп. Абиблиа ус еиԥш иҟоу ахықәкы ықәзыргыло ахацәа ибзианы ирыхцәажәоит (1 Тим. 3:1). Раԥхьа аиашьа аамҭак аҩныҵҟа аизара ацхырааҩыс амаҵ иуроуп. Аизара ацхырааҩцәа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбараҿы ирацәаны аџьабаа рбоит. Аизара ахылаԥшыҩцәагьы, аизара ацхырааҩцәагьы аԥагьара аамырԥшӡакәа Иегова иуасақәа иреиҷаҳауеит, насгьы ажәабжьҳәаратә ус гәацԥыҳәарала рҽаладырхәуеит. w23.12 27—28, абз. 14—16
Амҽыша, сентиабр 7
Дышқәыԥшызгьы, иабацәа раб Давид Инцәа имаҵ аура далагеит (2 Аш. 34:3).
Иосиа 16 шықәса анихыҵуаз Иегова еиӷьны деиликаарц, игәы иахәогьы ҟаиҵаларц иҭаххеит. Аха иқәыԥшыз аҳ иԥсҭазаара хьаада-баада имҩасӡомызт. Ажәлар реиҳараҩык амцнцәахәқәа ирымҵахырхәон. Аидолқәа рымҵахырхәара аҟәихырц азы, иара аамҭа мгаӡакәа ак ҟаиҵар акәын. Иосиа зеиԥшыҟамыз агәымшәара ааирԥшит. Иара 20 шықәса ихымҵӡацызт атәыла аидолқәа рҟынтә арыцқьара даналага (2 Аш. 34:1, 2). Иқәыԥшу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, шәара Иосиа шәиҿыԥшны Иегова еиӷьны деилышәкаалар шәылшоит. Убасҟан шәыԥсҭазаара Анцәа изышәкырц шәҭаххоит. Ишԥаԥсахуеи уи шәыԥсҭазаара? Лу́ка зыхьӡу аиашьа 14 шықәса анихыҵуаз аӡы иҽӡааихит. Иара иҳәеит: «Иахьарнахыс Иегова имаҵ аура сара сзы зегь раасҭа ихадазаауеит. Сара исҭахуп есымша Иегова дсыргәырӷьалар» (Марк 12:30). Шәаргьы убас еиԥш иҟоу ахықәкы ықәшәыргылар, ԥхьаҟатәи шәыԥсҭазааразы шәгәы ҭынчзар алшоит! w23.09 11, абз. 12, 13
Ашәахьа, сентиабр 8
Шәыбжьара аџьабаа збо, Иҳақәиҭу имаҵ аураҿы напхгара шәзызуа... пату рықәышәҵала (1 Фес. 5:12).
Апостол Павел фессалоникаа асаламшәҟәы анырзиҩуаз уа иҟаз аизара шықәсыкгьы ахыҵӡомызт. Иҟалап уатәи аизара ахылаԥшыҩцәа аԥышәа рымамызҭгьы, агхақәагьы рыхьуазҭгьы. Аха уеизгьы дара пату рықәҵалатәын. Арыцҳара ду ааигәахоит, убри аҟынтә аԥхьаҟа еиҳагьы ихадахар ауеит аизара ахылаԥшыҩцәа иҳарҭо алабжьарақәа рзыӡырҩра. Иҟалап анапхгаратә хеилаки ҳареи ма афилиали ҳареи аимадара ҳмоур. Убри аҟынтә даараӡа ихадоуп уажәнатә аизара ахылаԥшыҩцәа бзиа рбашьеи пату рықәҵашьеи ҳҵалар! Шәааи иҟалалакгьы аҟәышра ааҳарԥшлап, насгьы аизара ахылаԥшыҩцәа ирыгу акәымкәа, Иегова Христос ила гәыкала иҟоу урҭ ахацәа шымҩақәиҵо ҳхы азаҳашьҭлап. Ахыхьчага аруаҩ ихы шахьчоз еиԥш, агәыӷра ҳхәыцшьа ахьчоит. Ҳара еилаҳкаауеит ари адунеи иаҳнаҭар алшо аҟынтә иаԥсоу ҳәа акгьы шыҟам (Флп. 3:8). Агәыӷра ҳацхраауеит иҟалалакгьы агәҭынчра ахьчара. w23.06 11—12, абз. 11, 12
Аҩаша, сентиабр 9
Ихшыҩдоу аԥҳәыс лыбжьы цәгьоуп. Леилкаара маҷуп (Ажәам. 9:13).
«Ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара заҳауа ауаа ирыӡбароуп: лааԥхьара рыдыркылару, мап лцәыркру. Ҳара иламысдароу ахымҩаԥгашьа аҽацәыхьчаразы ихадоу амзызқәа ҳамоуп. «Ихшыҩдоу аԥҳәыс» илҳәоит: «Иӷьычу аӡқәа хаауп» (Ажәам. 9:17). Изакәызеи «иӷьычу аӡқәа»? Абиблиаҿы хаҵеи-ԥҳәыси рыбжьара асексуалтә еизыҟазаашьақәа аӡы цқьа иаҿырԥшуп (Ажәам. 5:15—18). Закәанла аҭаацәара еицалоу ахаҵеи аԥҳәыси ус еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа ирылагәырӷьалар рылшоит, урҭ цқьазар, насгьы апатуқәҵара рныԥшуазар. Уи «иӷьычу аӡқәа», даҽакала иуҳәозар, аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара асекс иеиԥшӡам. Абжьааԥны ус еиԥш иҟоу аус ҟьашьқәа ауаа иӡаны, аӷьычцәа реиԥш, аӡәгьы еилимкаартә еиԥш иҟарҵоит. Уи азы акгьы ҳахьӡом ҳәа згәы иаанаго ауаа «иӷьычу аӡқәа» ихаау ак еиԥш ирбоит. Шаҟа иҩашьозеи дара! Иегова зегь ибоит. Ауаҩы Анцәа игәы аниирхьуа аасҭа еицәоу акгьы ыҟаӡам. Уи «хаарас» ҳәа акгьы изаанагаӡом (1 Кор. 6:9, 10). w23.06 22, абз. 7—9
Ахаша, сентиабр 10
Исҭахымкәа иҟасҵозаргьы, иҟасҵалароуп, избанзар Анцәа уи дҵас исиҭеит (1 Кор. 9:17).
Иҟашәҵар шәылшозеи Анцәа иҳәара иҟаҵатәу ак еиԥш шәахәаԥшуа шәалагазар, Анцәа имаҵ аурагьы уалны ишәыду ак еиԥш иҟалазар? Иегова уаҳа иԥшьоу адоуҳа шәиҭаӡом ҳәа шәымхәыцлан. Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә ҳцәаныррақәа лассы-лассы рҽырыԥсахуеит. Агәацԥыҳәара шәыцәмаҷхазар, апостол Павел иҿырԥштәы шәазхәыц. Иара зегь рыла Иисус иҿыԥшра дшашьҭазгьы, идыруан зны-зынла агәацԥыҳәара ицәмаҷхар шалшоз. Павел дазхиан имаҵзура анагӡара, агәацԥыҳәара аницәмаҷызгьы. Шәаргьы инаӡам шәцәаныррақәа шәхы шымҩаԥыжәгалаша шәыҵарҳәалар жәымун. Шәцәаныррақәа зеиԥшразаалакгьы, ииашаны шәхы мҩаԥыжәгала. Хәыҷы-хәыҷла шәцәаныррақәагьы рҽырыԥсахуеит (1 Кор. 9:16). w24.03 11—12, абз. 12, 13
Аԥшьаша, сентиабр 11
Урҭ аишьцәа бзиа ишыжәбо дшәырба (2 Кор. 8:24).
Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас ишьҭаҳхлар, бзиа ишаҳбо дҳарбоит (2 Кор. 6:11—13). Ҳара ҳаизарақәа рҿы иҟазар алшоит еиуеиԥшым акультурақәа рҟынтә, насгьы зҟазшьақәа еиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Даараӡа ихадоуп урҭ рҟазшьа бзиақәа ҳхы рзаҳашьҭлар. Убасҟан дара рахь ҳабзиабара еиҳагьы еизҳалоит. Ҳара Иегова ихәаԥшышьала егьырҭ рыхәаԥшра ҳҽаназаҳшәо, урҭ бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит. Абзиабара аарԥшра еиҳараӡак ихадахоит арыцҳара ду аан. Ҳашԥаихьчо Иегова уи аналагалак? Абар Анцәа имаҵзуҩцәа иҟарҵалар рыхәҭаз мидо-персиатәи ар ажәытәтәи Вавилон ианақәла: «Шәца, сыжәлар, аҩныҵҟатәи ауадақәа шәрыҩналаны ашә ашәыркы. Шәҽышәҵәах аамҭа кьаҿк иалагӡаны, агәыԥжәара ииасаанӡа» (Ис. 26:20). Арҭ ажәақәа ҳара, арыцҳара ду ашәхымс илагылоу, ҳахьгьы иаҵанакуазар ҟалап. w23.07 6—7, абз. 14—16
Ахәаша, сентиабр 12
Адунеи аҭагылазаашьа аҽыԥсахра иаҿуп (1 Кор. 7:31).
Ҳара зҳәатәы иазмырго ауаа реиԥш ҳардыруазар ҳахәҭоуп. Шәхы шәазҵаа: «Сырдыруама сара зҳәатәы иазмырго ауаҩ тата иеиԥш? Мамзаргьы еснагь зҳәатәы иазырго, иџьбароу, ахаан згәаанагара зымԥсахуа ауаҩ иеиԥш сырдыруоу? Иаҭыԥзар, егьырҭ ирҳәо сазыӡырҩны, ирҭаху сазхәыцуоу?» Ҳара ҳҳәатәы иаҳмыргозар, еиҳа-еиҳа Иеговеи Иисуси ҳреиԥшхалоит. Аҟәышра аарԥшра иаанагоит аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа урҭ рыҽрықәыршәара. Аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа, ҳаззыԥшымыз ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит. Иаҳҳәап, агәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ҳазцәырҵыр ауеит. Ҳахьынхо атәылаҿы афинанстә ҭагылазаашьеи аполитикеи рҽанырыԥсахуа еиҳаны ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит (Еккл. 9:11). Ҳмаҵзура хкы аҽанаԥсахуагьы, уи ҳара ҳзы ԥышәараны иҟалар алшоит. Иҿыцу аҭагылазаашьақәа рыҽрықәыршәара ԥшь-шьаҿак ҳацхраауеит: 1) шәҭагылазаашьа шәхы аншәырнаала, 2) ԥхьаҟа шәыԥшла, 3) ибзиоу шәхы азышәышьҭла, насгьы 4) егьырҭ шәрыцхраала. w23.07 21—22, абз. 7, 8
Асабша, сентиабр 13
Уара Анцәа изы акыр иаԥсоу уаҩуп (Дан. 9:23).
Даниил зынӡа данқәыԥшыз иқалақь гәакьа далганы ихараз Вавилонҟа дытҟәаны дыргеит. Уа иара иаразнак дгәарҭеит. Зегьы ирбарҭан Даниил грак змамыз, иԥшӡаз, еицырдыруаз аҭаацәара иалҵыз арԥыс шиакәыз. Убри аҟынтә вавилонаа Даниил аҳ иаҳҭынраҿы аҭыԥ ду дазыҟарҵо иалагеит (Дан. 1:3, 4, 6; 1 Сам. 16:7). Иегова иқәыԥшыз Даниил бзиа дзибоз гәыкала иргәырӷьара ахьиҭахыз азы акәын. Шәазхәыц: Даниил 20 шықәса раҟара акәызҭгьы ҟаларын ихыҵуаз, Иегова ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа гәыкала имаҵ зуаз Ноии Иови дырхыԥхьаӡаланы иӡбахә аниҳәа (Аҟаз. 5:32; 6:9, 10; Иов 42:16, 17; Иез. 14:14). Иегова аԥсҭазаараҿы акыр збахьаз акыршықәса нызҵыз Даниил иқәыԥшра аамҭақәа раахыс бзиа дибон (Дан. 10:11, 19). w23.08 2, абз. 1, 2
Амҽыша, сентиабр 14
Аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи... еилышәкаа[ла] (Еф. 3:18).
Аҩны аахәара шәгәы ианҭоу, уи аҩны жәбар, ибзианы шәахәаԥшыр шәҭаххоит. Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы ианҭаҳҵаауа, убасҵәҟьа ҟаҳҵоит. Шәара уи шәыццакы-ццакуа шәаԥхьар, «иԥшьоу Анцәа иажәа аҟынтә имариоу аҵабыргқәа» мацара роуп еилышәкаауа (Аур. 5:12). Ҳара аҩны анааҳхәо еиԥш, «аҩныҵҟа» ҳаҩналаны акәама-ҵамарақәа бзианы игәаҳҭароуп. Абиблиа ахәҭақәа злеидҳәалоу гәаҳҭалар, уи ибзианы аҭҵаара иҳацхраауеит. Зыгәра жәго аҵабыргқәа реилкаара адагьы, урҭ рыгәра зыжәго аилкаарагьы шәашьҭаз. Абиблиа ибзианы еилаҳкааларц азы, уи инарҵауланы иҭаҳҵаалароуп. Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәазҭеиҵон Анцәа Иажәа инарҵауланы иҭырҵааларц, — уи «аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи ибзианы еилы[ркаарц]» азы. Убасҟан дара рхаҵара ӷәӷәахон, рышьаҭагьы ӷәӷәазаауан (Еф. 3:14—19). Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп. w23.10 18, абз. 1—3
Ашәахьа, сентиабр 15
Иегова ихьӡала ицәажәоз аԥааимбарцәа шәырҿыԥшла. Дара ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рхыргон (Иак. 5:10).
Абиблиаҿы ачҳара аазырԥшуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ҳәоуп. Ишәылшома урҭ еиҳа еиӷьны рабадырра хықәкыс иқәшәыргылар? Иаҳҳәап, Давид. Иегова Давид Израиль аҳас даналих, уи зынӡа дқәыԥшын. Аха иара аҳра ҭыԥ иоуаанӡа акыр шықәса дыԥшыр акәхеит. Симеони Аннеи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Мессиа иаара иазыԥшнаҵы гәыкала Иегова имаҵ руан (Лука 2:25, 36—38). Гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаа рҭоурыхқәа анҭышәҵаауа, шәхы абарҭ азҵаарақәа ашәҭала: «Ицхраазеи ари ауаҩы ачҳара аарԥшра? Иарбан хәарҭоу уи изаанагаз? Ишԥасылшо сара уи иҿыԥшра?» Ачҳара аазмырԥшыз ауаа рҭоурыхқәагьы ишәдырҵар алшо рацәоуп (1 Сам. 13:8—14). Шәхы шәазҵаа: «Иԥырхагахазеи ари ауаҩы ачҳара аарԥшра? Иалҵшәахазеи уи?» w23.08 25, абз. 15
Аҩаша, сентиабр 16
Ҳара угәра ҳгеит, иаҳдыруеит Анцәа иааишьҭыз Иԥшьоу шуакәу (Иоанн 6:69).
Апостол Пиотр гәыкала иҟаз уаҩын. Иара Иисус ишьҭа дхыланы дцон, акы дааннакылартәгьы дыҟамызт. Пиотр Иисус гәыкала дшизыҟаз еиҳараӡак иааԥшит Иисус иҵаҩцәа ирзеилымкааз ак аниҳәа (Иоанн 6:68). Урҭ рҟынтә аӡәырҩы Иисус иажәақәа ҵакыс ирымаз иҳәаанӡа дааныжьны ицеит. Аха Пиотр ус ҟаимҵаӡеит. Иара ибзианы еиликаауан «[Иисус] [и]ажәақәа... наӡаӡатәи аԥсҭазаара» шурҭо. Иисус идыруан Пиотри егьырҭ апостолцәеи дшаанрыжьуа. Аха агәра ганы иҳәеит ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр доуҳала дшыӷәӷәахо, насгьы гәыкала Анцәа имаҵ шиуло (Лука 22:31, 32). Иисус еиликаауан: «Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп» (Марк 14:38). Убри аҟынтә Пиотр Иисус дсыздырӡом ҳәа аниҳәа ашьҭахьгьы, Иисус Пиотр игәы ихымшәаӡеит. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь Пиотр иахь даннеи, уи ихала дыҟазҭгьы ҟаларын (Марк 16:7; Лука 24:34; 1 Кор. 15:5). Ҳәарада, зыгха иахьхәыз Пиотр уи даараӡа дарӷәӷәеит. w23.09 22, абз. 9, 10
Ахаша, сентиабр 17
Насыԥ рымоуп зыгхақәа занажьу, зыгәнаҳақәа зхыху ауаа (Рим. 4:7).
Ауаҩы Анцәа дхеиҵозар, Анцәа уи игәнаҳақәа ианаижьуеит, мамзаргьы урҭ хиҩоит, насгьы уаҳа ахаан урҭ игәалаиршәаӡом (Аԥсал. 32:1, 2). Анцәа ус еиԥш иҟоу ауаҩы ахаҵара ахьимоу азы акгьы зхарам уаҩ иашаны диԥхьаӡоит. Авраам, Давид, насгьы Анцәа гәыкала имаҵ зуаз егьырҭ ауаа уаа иашақәаны ишыԥхьаӡазгьы, урҭ наӡаӡамызт, насгьы агәнаҳа иаҵан. Аха урҭ ахаҵара ахьрымаз абзоурала Анцәа иҿаԥхьа вба рымамызт, еиҳараӡак Анцәа игәра зымгоз ауаа ирыҿурԥшуазар (Еф. 2:12). Апостол Павел иажәақәа еилыкка иудырбоит: Анцәа уиҩызахарц уҭахызар, ахаҵара умазароуп. Авраамгьы Давидгьы ахаҵара рымазар акәын. Ҳаргьы уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам. w23.12 3, абз. 6, 7
Аԥшьаша, сентиабр 18
Еснагь Анцәа дҳарҽхәалап, ихьӡ ауаа ирылаҳҳәалап, убасала, ҳҿы иҭыҵуа ажәақәа рыла, акәырбан изнаҳгалап (Аур. 13:15).
Иахьа ақьырсианцәа зегьы рхы иамеигӡаӡакәа Иегова ак иҭаразы зеиԥшыҟам алшара рымоуп. Уи Аҳра аус иақәҳарӡуа аамҭеи, амчи, аԥареи ракәзар ауеит. Ҳара Иегова зегьы иреиӷьу иаҳҭалар, имҵахырхәаразы иҳамоу алшара ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит. Апостол Павел ахаан иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоу еиқәиԥхьаӡеит (Аур. 10:22—25). Уахь иаҵанакуеит Анцәа иҳәара, ажәабжь аҳәара, аизарақәа рҭаара, насгьы агәышьҭибахра. Иегова имш «еиҳа-еиҳа иааигәахоит азы, шәааи уи зегьы еиҳагьы ҳгәы-ҳаԥсы ақәкны иҟаҳҵалап». Ашәҟәы Аатра аҵыхәтәантәи ахәҭаҿы Иегова имаалықь ҩынтә абас иҳәеит: «Анцәа уиеихырхәа!» (Аат. 19:10; 22:9). Амаалықь арҭ ажәақәа ҩынтә иахьиҳәаз иаанарԥшуеит урҭ рзыӡырҩра шаҟа ихадоу. Шәааи Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа ду иазку иҵаулоу аҵабыргқәа ҳхаҳмыршҭлап, насгьы Ҳанцәа ҳимҵахырхәаларц азы иҳамоу зеиԥшыҟам алшара ахә ҳаракны иаҳшьалап! w23.10 29, абз. 17, 18
Ахәаша, сентиабр 19
Бзиа ҳаибабалап (1 Иоанн 4:7).
Ҳара зегьы «бзиа ҳаибабалар» ҳҭахуп. Аха Иисус ҳгәыҳҽаниҵеит «ауаа реиҳараҩык абзиабара рцәыӡуеит» ҳәа (Матф. 24:12). Иисус ауаа реиҳараҩык рыӡбахә аниҳәоз, иҵаҩцәа ракәӡамызт зыӡбахә имаз. Аха уеизгьы ҳара ҳгәаҳҽанызароуп ари адунеи аҿы иҟоу ауаа реиԥш ҳахьшәашәаны, ҳхы мацара ҳазхәыцуа ҳҟамларц азы. Убри аҟынтә шәааи ҳазхәыцып аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабара шаҟа иӷәӷәоу аилкаара иҳацхраауа? Ҳабзиабара шаҟа иӷәӷәоу аилкааразы алшарақәа руак — уи ҳзықәшәо еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ҳхы шымҩаԥаҳго азхәыцра ауп (2 Кор. 8:8). Иаҳҳәап, апостол Пиотр иҩит: «Зегь раԥхьаӡа иргыланы, гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала, избанзар абзиабара аазырԥшуа еснагь анажьра дазхиоуп» (1 Пиотр 4:8). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи агхақәа анрыхьуа ма ҳгәы анҳдырхьуа ҳхы шымҩаԥаҳго урҭ шаҟа бзиа иаҳбо аанарԥшуеит. w23.11 10, абз. 12, 13
Асабша, сентиабр 20
Бзиа шәеибабала (Иоанн 13:34).
Ҳара Иисус «аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала» ҳәа иҳаиҭаз аԥҟара ҳақәныҟәоит ҳәа ҳазҳәаӡом, аизараҿы аӡәык-ҩыџьак мацара ракәзар бзиа иаҳбо. Ҳәарада, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы еиҳа ҳгәы иақәшәозар ауеит. Иисусгьы иҵаҩцәа шьоукы еиҳа игәы иақәшәон (Иоанн 13:23; 20:2). Аха апостол Пиотр иаҳгәалаиршәоит аизараҿы зегьы аишьцәа реиԥш бзиа иаҳбалар шҳахәҭоу. Усҟан зегьы бзиа иахьеибабо ҭаацәара дук еиԥш ҳҟалоит (1 Пиотр 2:17). Пиотр «гәык-ԥсыкала бзиа [ҳаибабаларц]» ҳгәазҭеиҵеит (1 Пиотр 1:22). Уи иаанагоит ҳгәы иҵегьы иаартны, бзиа збара мариамгьы бзиа рбара. Иаҳҳәап, аӡәы ҳгәы ҳирхьзар, иаразнак аҭак иаҳҭарц ҳҭаххар ауеит. Аха Пиотр Иисус иҟынтә идыруан Иегова уи аҩыза ахымҩаԥгашьа шигәамԥхо (Иоанн 18:10, 11). Иара иҩит: «Ацәгьа шәзызуа ацәгьа изышәымун, иакәым шәзызҳәо иакәым изышәымҳәалан. Анцәа шәзалихыз ауаа шәныҳәаларц азоуп» (1 Пиотр 3:9). Абзиабара ӷәӷәа шәыцхраауеит ақьиареи азҿлымҳареи аарԥшра. w23.09 28—29, абз. 9—11
Амҽыша, сентиабр 21
Аҳәса... рышьцыларақәа ирыцклаԥшлароуп, насгьы зегь рыла Анцәа гәыкала ишизыҟоу аадырԥшлароуп (1 Тим. 3:11).
Шаҟа ирласны ирызҳауазеи ахәыҷқәа! Урҭ ирызҳаларц азы акгьы ҟарҵаӡом. Аха доуҳала аизҳара ус имариам (1 Кор. 13:11; Аур. 6:1). Доуҳала ҳаизҳарц азы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәазароуп. Иара убас ҳара иԥшьоу адоуҳа ҳҭахуп ақьырсиантә ҟазшьақәеи аԥсҭазаараҿы иҳахәаша адыррақәеи реизырҳаразы, насгьы аԥхьаҟа иҳаур алшо аҭакԥхықәрақәа ҳҽырзыҟаҳҵарц азы (Ажәам. 1:5). Иегова дишеит ахаҵа, дишеит аԥҳәыс (Аҟаз. 1:27). Еилкаауп урҭ ԥшрала ишеиԥшым. Аха дара злеиԥшым ԥшрала мацара акәӡам. Иегова урҭ ириҭаз адҵақәагьы еиԥшӡам. Урҭ нарыгӡаларц азы, дара иахәҭоу аҟазшьақәеи адыррақәеи рымазароуп (Аҟаз. 2:18). w23.12 18, абз. 1, 2
Ашәахьа, сентиабр 22
Ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала, Аби, Аԥеи... рыхьӡала аӡы иӡаашәхла (Матф. 28:19).
Иҭахызма Иисус ауаа Иаб ихьӡ рҳәаларц? Ҳәарада! Иҟалап усҟантәи аамҭазы иҟаз адиннапхгаҩцәа шьоукы ргәы иаанагозҭгьы Анцәа ихьӡ даара иԥшьоуп аҟынтә, уи уҳәалар ҟалаӡом ҳәа. Аха Иисус ус еиԥш иҟаз аҵасқәа Иаб ихьӡ арҽхәара иԥырхагахар иуӡомызт. Ишәгәалашәыршәа герасаа рҳаблаҿы адемонцәа идыргәаҟуаз ахаҵа урҭ анихица иҟалаз. Ауаа шәан, Иисус наҟ дцарц иарҳәеит, иара ус иагьыҟаиҵеит (Марк 5:16, 17). Аха иара иҭахын уи аҳаблаҿы Иегова ихьӡ раҳарц. Убри аҟынтә иихәышәтәыз ахаҵа иҭынхацәа иҟалаз зегь рзеиҭеиҳәарц иеиҳәеит. Аха уи ҟазҵаз Иисус иакәымкәа, Иегова шиакәу иҳәар акәын (Марк 5:19). Иахьагьы Иисус иҭахуп Иаб ихьӡ ауаа ираҳарц! (Матф. 24:14; 28:20). Ажәабжьҳәараҿы Анцәа ихьӡ анаҳҳәо, Ҳаҳ, Иисус, дҳаргәырӷьоит. w24.02 10, абз. 10
Аҩаша, сентиабр 23
Сыхьӡ азы иухугаз рацәоуп (Аат. 2:3).
Ари адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ицәгьахоит. Аха Иегова иорганизациаҿы ҳара агәҭынчра ҳамоуп. Анцәа аӡәк иеиԥш иҟоу адунеизегьтәи аиашьара ҳаиҭеит (Аԥсал. 133:1). Иара убас иара ҳҭаацәара аҩныҵҟа ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара дҳацхраауеит (Еф. 5:33—6:1). Уи адагьы, агәҭынчра ҳаурц азы иҟаҳҵаша ҳаиҳәоит. Аха Иегова имаҵ аура анымариамгьы ыҟоуп. Зны-зынла аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳгәы ҳзырхьуа ак рҳәоит ма иҟарҵоит. Мамзаргьы ҳхаҭа иҟаҳҵо агхақәа ирыхҟьаны ҳгәы каҳауеит, еиҳараӡак ус зныкымкәа-ҩынтәымкәа иҳахьуазар. Ҳара Иегова имаҵ аура ҳаҟәымҵроуп: 1) аиашьа ҳаниргәаауа ма аиаҳәшьа, 2) ҳхатә ҩыза ҳгәы анкаижьуа, мамзаргьы 3) ҳхы ҳгәы анахшәо. w24.03 14, абз. 1, 2
Ахаша, сентиабр 24
Ҳхаҵара ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап (Флп. 3:16).
Аамҭа-аамҭала змаҵзура зырҭбааз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыӡбахә шәаҳалоит. Иҟалап дара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол иахысзар, мамзаргьы ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь ииасзар. Шәаргьы уи шәылшозар, ԥхьаҟа шәеиха! Иегова имаҵзуҩцәа еснагь еиҳаны аҟаҵаразы алшарақәа ирышьҭоуп (Аус. 16:9). Аха уажәы шәҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны еиҳаны аҟаҵара шәылымшозар? Акгьы шәаԥсаӡам ҳәа шәымхәыцлан. Ақьырсиантә мҩа шәанымҵын (Матф. 10:22). Шәҭагылазаашьа иахьынӡашәылнаршо Иегова имаҵ жәула. Уи шәыцхраауеит анаҩсгьы Христос ишьҭанеира (Аԥсал. 26:1). w24.03 10, абз. 11
Аԥшьаша, сентиабр 25
Иара гәык-ԥсыкала ҳус цәгьақәа ҳанаижьит (Кол. 2:13).
Жәҩантәи Ҳаб зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа рыгәнаҳақәа шранаижьуа иақәиргәыӷуеит (Аԥсал. 86:5). Убри аҟынтә гәыкала ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, Иегова игәра ҳгар ҳалшоит: иара ишәанасыжьит ҳәа иҳәазар, иҳанаижьҵәҟьеит. Ишәхашәмыршҭлан Иегова ишәылымшо дшазыԥшым. Иара дыззыԥшу шәымч зықәхо ауп. Иегова игәы иахәоит ишәылшо зегь аныҟашәҵо, уи маҷзаргьы. Иара убас шәазхәыц Иегова изы зхы иамеигӡакәа аџьабаа збоз ақьырсианцәа рҿырԥшы. Иаҳҳәап, Павел. Иара акыршықәса гәыкала Иегова имаҵ иуан, илшоз зегь ҟаиҵон. Иара еиуеиԥшым аҭыԥқәа дырҭааит, аизарақәа рацәаны еиҿикааит. Аха зны-зынла иҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахуан, шаҟа иҭахызгьы ажәабжь изҳәаӡомызт. Иаанагозма уи Иегова дизыразӡамызт ҳәа? Ҳәарада, мап. Павел илшоз зегь ҟаиҵон, Иеговагьы дизылԥхон (Аус. 28:30, 31). Ҳҭагылазаашьақәагьы рҽырыԥсахлар алшоит. Иахьа Иегова изы ирацәаны иҟаҳҵозар ауеит, уаҵәы — уи ҳалымшар ҟалоит. Аха ихадоу уи акәӡам. Иегова изы ихадоу иҟаҳҵо зыҟаҳҵо ауп. w24.03 27, абз. 7, 9
Ахәаша, сентиабр 26
Ашьжьымҭан... [Иисус] аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥ ахь дцан, Анцәа иҳәара далагеит (Марк 1:35).
Иисус Анцәа ишиҳәалатәу аҿырԥшы иҵаҩцәа ирзынижьит. Иара адгьыл аҿы амаҵ аниуаз лассы-лассы Иегова диҳәон. Уи азы аамҭа алихлар акәын, избанзар иааигәара есымша ауаа рацәан, ихазы минуҭк анимамызгьы ыҟан (Марк 6:31, 45, 46). Иисус ҭынч Анцәа диҳәарц азы шьыжьымҭан шаанӡа дгылон. Ҳара иаҳдыруеит зны иара ихадоу аӡбара идикыларц азы аухантәарак Анцәа дышиҳәоз (Лука 6:12, 13). Иԥсра уахык шагызгьы иара зныкымкәа Анцәа диҳәон, избанзар адгьыл аҿы дыҟанаҵы ихигахьаз аԥышәарақәа рҟынтә зегь раасҭа иуадаҩыз аԥышәара ихигар акәын (Матф. 26:39, 42, 44). Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵоит егьа аус ҳамазаргьы, Анцәа иҳәаразы аамҭа алаҳхлар шҳахәҭоу. Иҟалап уи азы ҳаграфик аҿы аамҭа алхтәхар. Иаҳҳәап, еиҳа заа ҳгылалар ҳалшоит, мамзаргьы абжьааԥны еиԥш акәымкәа, ҳацәара аамҭа маҷк инаскьаҳгар ҳалшоит. Убас Иегова иҳарбоит иҷыдоу уи аҳамҭа ахә ҳаракны ишаҳшьо. w23.05 3, абз. 4, 5
Асабша, сентиабр 27
Анцәа иԥшьоу идоуҳала бзиа ҳшибо ааирԥшуеит (Рим. 5:5).
Шәрызхәыц «бзиа ҳшибо ааирԥшуеит» ҳәа хыхь иаагоу ажәеинраалаҿы иҳәоу ажәақәа. Абар еилыркаагатә усумҭак аҿы уи ишахцәажәо: иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа рыгәқәа рахь абзиабара «арҩаш еиԥш идәықәлеит». Шаҟа ибзианы иаадырԥшуазеи арҭ ажәақәа Иегова иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа абык иаҳасабала бзиа ишибо! Дара Анцәа бзиа ишибо рдыруеит (Иуда 1). Абар апостол Иоанн урҭ рцәаныррақәа дышрыхцәажәаз: «Шәахәаԥш Ҳаб ибзиабара ҳара ҳахь шаҟа иӷәӷәоу — иара ихәыҷқәа ҳакәны ҳҟалартә алшара ҳаиҭеит» (1 Иоанн 3:1). Аха Иегова иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа мацара роума бзиа иибо? Мап. Ҳара зегьы бзиа ҳшибо ҳаилзыркаауа ашьақәырӷәӷәарақәа ҳамоуп. Зегь раасҭа ишьақәзырӷәӷәои Анцәа бзиа ҳшибо? Аҿыхра. Уи еиҳау акрыҟоума? (Иоанн 3:16; Рим. 5:8). w24.01 28, абз. 9, 10
Амҽыша, сентиабр 28
Ацхырааразы сануҳәалак, саӷацәа бналоит. Агәра ганы сыҟоуп: Анцәа сара дсыдгылоуп (Аԥсал. 56:9).
Хыхь иаагоу ажәеинраала иаҳнарбоит Давид ашәара аиааира ицхраауаз. Иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, Иегова аԥхьаҟа иара изы иҟаиҵо дазхәыцуан. Давид идыруан ианаамҭоу Иегова дшеиқәирхо, избанзар иара Израиль анаҩстәи аҳас дшалихыз иҳәахьан (1 Сам. 16:1, 13). Давид агәра ганы дыҟан: Иегова ак иҳәазар, уи намӡакәа инхаӡом. Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова ҳара зегьы? Иара ауадаҩрақәа зегь ҳарцәихьчалоит ҳәа ҳазыԥшӡам. Аха ҳара иаҳдыруеит, адунеи ҿыц аҿы Иегова иахьа ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь шықәиго (Ис. 25:7—9). Ҳазшаз амч имоуп иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы, ҳчымазарақәа рҟынтә ҳахәышәтәразы, аемоциатә чымазарақәагьы уахь иналаҵаны, насгьы ҳаӷацәа рықәгаразы (1 Иоанн 4:4). w24.01 6, абз. 12, 13
Ашәахьа, сентиабр 29
Насыԥ имоуп зыцәгьоура зхыху, зыгәнаҳа занажьу ауаҩы (Аԥсал. 32:1).
Анцәа шәыҽшизышәкыз, насгьы аӡы шәыҽшӡаашәхыз шәазхәыцла. Избан шәара арҭ ашьаҿақәа зыҟашәҵаз? Избанзар Иегова иган аанышәкылар шәҭахын. Ишәгәалашәыршәа аҵабырг шеилышәкааз. Шәара Иегова изку ииашоу адыррақәа шәоуит, насгьы жәҩантәи Шәаб бзиа ибареи пату иқәҵареи шәалагеит. Шәара ахаҵара еизшәырҳаит, насгьы шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәит. Иара убас шәгәы ишәыҵанаҳәеит уаанӡатәи шәыԥсҭазаара ааныжьны, Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара. Анцәа шәыгәнаҳақәа шшәанаижьыз анеилышәкаа, агәҭынчра шәоуит (Аԥсал. 32:2). Шәара ақьырсиантә еизарақәа рахь аныҟәареи, еилышәкааз зеиԥшыҟам аҵабырг аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәареи шәалагеит. Уи ашьҭахь шәыԥсҭазаара Анцәа изышәкит, аӡгьы шәыҽӡаашәхит. Уажәшьҭа шәара аԥсҭазаарахь уназго амҩа шәануп, уи ааныжьра шәыгәгьы иҭаӡам (Матф. 7:13, 14). Шәҽырӷәӷәаны Иегова иган аҿы шәгылаз, гәыкала бзиа дыжәбала, насгьы иара иҟынтә ишәоуа амҩақәҵарақәа еснагь лакҩакрада шәрықәныҟәала. w23.07 17, абз. 14; 19, абз. 19
Аҩаша, сентиабр 30
Анцәа еснагь иажәа наигӡоит азы, ишәызхымго аԥышәара шәақәшәартә алиршаӡом. Аԥышәара шәақәшәаргьы, уи ахгара дшәыцхраауеит (1 Кор. 10:13).
Иегова шәҽанизышәкуаз еснагь игәы иахәо шыҟашәҵало ажәа шишәҭаз шәазхәыцлар, уи шәхызхыр алшо аҿагылара ишәыцхраауеит. Иаҳҳәап, шәалагома аҭаацәара иалоу аӡәы шәхы игәарԥхара? Ҳәарада, мап! Шәара уи аҩыза ахымҩаԥгашьа мап ацәышәкхьеит. Уи шәара шәахьчоит. Иҽеим агәаҳәарақәа анеизурҳалак иаанаго ахьаа шәаргәаҟлаӡом. Шаҟа шәеигәырӷьалозеи агәнаҳаҟаҵаҩцәа рымҩа шәахьанымлаз! (Ажәам. 4:14, 15). Шәазхәыц Иисус иҿырԥшы. Иара еснагь Иаб иргәырӷьара дашьҭан. Иисус иҿырԥшы шәыцхраауеит шәҽыззышәкыз Анцәа игәы изырхьыр алшо акы иаразнак мап ацәкра (Матф. 4:10; Иоанн 8:29). Аԥышәарақәеи ахыхрақәеи Иисус ишьҭа ҳхыланы ацара шаҳҭаху аарԥшразы алшара ҳарҭоит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова уи аҿы дышшәыцхраауа. w24.03 9—10, абз. 8—10