Октиабр
Ахаша, октиабр 1
Жәҩанынтә аҟәыӷара... аӡырҩра иазхиоуп (Иак. 3:17).
Ишәцәыцәгьоума шәара аҳәатәхаҵара аарԥшра? Шәара шәымацара шәакәӡам уи зцәыцәгьоу. Иаҳҳәап, аҳ Давид Иегова даараӡа бзиа дибон. Аха иаргьы аҳәатәхаҵара аарԥшра анизымариамыз ыҟан. Убри аҟынтә иара абас Анцәа диҳәон: «Уара узыӡырҩра агәаҳәара сыҭ» (Аԥсал. 51:12). Избан ауаа аҳәатәхаҵара абас изырцәыцәгьоу? Актәи, ҳаниуа инаркны аҳәатәхамҵара ҳалоуп. Аҩбатәи, Аҩсҭаа ихаҭа Иегова дшиҿагылаз еиԥш, ҳаргьы Анцәа ҳаиҿагыларц азы илшо зегь ҟаиҵоит (2 Кор. 11:3). Ахԥатәи, ҳахьынхо адунеи аҳәатәхамҵара алаҽны иҟоуп (Еф. 2:2). Ҳара ииашам ҳгәаҳәарақәеи, Аҩсҭаа инырреи, идунеи анырреи ҳарҿагылалароуп, насгьы Иегова амчра зиҭази иареи ҳарзыӡырҩларц азы аџьабаа ҳбалароуп. w23.10 6, абз. 1
Аԥшьаша, октиабр 2
Уара уакәзар, аҩы бзиа уажәоуп ианцәыруго (Иоанн 2:10).
Иаҳнарҵозеи Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәы? Ҳара аԥагьара ҳаламзароуп. Иисус аӡы аҩы ахьалихыз дахыҽхәаӡомызт. Иара ахаангьы иқәҿиарақәа дырхыҽхәаӡомызт. Иисус аԥагьара илаӡамызт, насгьы еснагь ахьӡ-аԥша Иаб ииҭон (Иоанн 5:19, 30; 8:28). Ҳара Иисус иеиԥш аԥагьара ҳаламзар, ҳақәҿиарақәа ҳархыҽхәалаӡом. Шәааи ҳхы арҽхәара аҭыԥан, зымаҵ аура ҳаҭәашьоу Анцәа дҳарҽхәалап (Иер. 9:23, 24). Шәааи иара дзыԥсоу ахьӡ-аԥша иаҳҭалап. Акыр ҳалшарызма ҳара Иегова ицхыраара ада? (1 Кор. 1:26—31). Ҳара аԥагьара ҳаламзар, егьырҭ ирзыҟаҳҵо азы ҳдырҽхәалоит ҳәа ҳазыԥшлаӡом. Иегова иҟаҳҵо ахьибо, насгьы ахә ахьишьо ҳазхалоит. (Иаҿшәырԥш Матфеи 6:2—4; Аур. 13:16.) Ҳәара аҭахума, Иегова даараӡа деигәырӷьоит Иисус иеиԥш аԥагьара шҳалам анибо (1 Пиотр 5:6). w23.04 4, абз. 9; 5, абз. 11, 12
Ахәаша, октиабр 3
Шәхы мацара акәымкәа, егьырҭгьы шәрызхәыцла (Флп. 2:4).
Иԥшьоу адоуҳа абзоурала апостол Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵеит егьырҭ ирызхәыцларц. Ишԥаҳалшо аизараҿы ҳаныҟоу ари алабжьара ҳақәныҟәалар? Аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ахцәажәара рҽаладырхәлар шырҭаху ҳхаҳмыршҭуазар. Шәазхәыц: шәҩызцәа шәанрацәажәо аӡәгьы ажәа имҭаӡакәа есымша шәымацара шәцәажәома? Ҳәарада мап! Шәара ишәҭахуп даргьы цәажәаларц. Убас еиԥшҵәҟьа аизараҿы ирацәаҩны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҭак ҟарҵар ҳҭахуп. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы зегь иреиӷьу алшарақәа руак — зыгәра рго аӡбахә аҳәаразы алшара рыҭара ауп (1 Кор. 10:24). Аҭакқәа кьаҿны иҟашәҵала, усҟан еиҳаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахцәажәара рҽаладырхәыртә алшара роуеит. Аҭак кьаҿны ианыҟашәҵогьы ирацәаны азхәыцрақәа шәымҳәалан. Абзац иану зегь еиҭашәҳәар, егьырҭ ирҳәо роуӡом. w23.04 22—23, абз. 11—13
Асабша, октиабр 4
Зегь зыҟасҵо ажәабжь бзиа аҳаҭыр азоуп, уи ауаа ирзеиҭасҳәаларц азы (1 Кор. 9:23).
Ҳара егьырҭ ҳрыцхраалароуп. Иҟаҳҵалар ҳалшо аҟынтә зегьы иреиӷьу — уи Аҳра иазку агәырӷьажәабжь ауаа рылаҳәара ауп. Ҳара Аҳра иазку ажәабжь ззеиҭаҳҳәо ауаа рацәажәашьа ҳҽақәҳаршәалароуп. Ажәабжьҳәараҿы иаҳԥыло ауаа ргәаанагарақәеи, рхылҵшьҭреи, аԥсҭазаара ишахәаԥшуеи еиԥшӡам. Апостол Павел еиуеиԥшымыз ауаа рацәажәашьа дақәшәон, ҳара уи ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит. Иисус Павел «егьырҭ ажәларқәа рзы апостолс» далихит (Рим. 11:13). Павел уи адҵа бзианы инаигӡон. Иара ауриацәа рыдагьы абырзенцәеи, аҵара змаз ауааи, анхаҩцәеи, ачынуааи, аҳцәеи ажәабжь рзеиҭеиҳәон. Павел аҵабырг доусу игәаҵанӡа инеигарц азы зегьы рҟынӡа ихы неигон, зегьы иҽраҟареитәуан (1 Кор. 9:19—22). Иара ауаа ркультуреи, рааӡашьеи, рхаҵареи дрызхәыцны рацәажәашьа дақәшәон. Ҳаргьы ажәабжьҳәараҿы еиуеиԥшым ауаа ҳақәшәоит. Доусу иацәажәашьа ҳҵар, ҳмаҵзура алҵшәа бзиа аиуеит. w23.07 23, абз. 11, 12
Амҽыша, октиабр 5
Иҳақәиҭу имаҵуҩы аимак-аиҿак иҽацәихьчалароуп, зегьы рзы дҟәымшәышәзароуп (2 Тим. 2:24).
Аҟәымшәышәра — ауаҩы дшыӷәӷәоу аанарԥшуеит, уи ԥсыҽраӡам. Имариам аҭагылазаашьаҿы аҭынчра ааҳарԥшларц азы ҩныҵҟала ҳаӷәӷәазароуп. Аҟәымшәышәра — «иԥшьоу адоуҳа» еизнарҳауа аҟазшьақәа ируакуп (Гал. 5:22, 23). «Иҟәымшәышәу» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа зны-зынла рхы иадырхәоит и́рыбжьаз аҽы аӡбахә анырҳәо. Шәхаҿы иаажәг нкылашьа змамыз аҽы анырыбжьа ашьҭахь изеиԥшрахаз. Уи уажәшьҭа уаҩ ииҳәо аҳауеит, аха уаанӡа еиԥш амч ӷәӷәагьы алоуп. Убас ауп ауаагьы. Аҟәымшәышәра анҳалаҳааӡо ҳара еиҳагьы ҳаӷәӷәахоит. Аха уи ихадоу аҟазшьа еизҳарҳарц азы ҳааҟәымҵӡакәа аџьабаа абара мацара азхаӡом. Ҳара Анцәа иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц, насгьы аҟәымшәышәра аизырҳара дҳацхраарц ҳиҳәалароуп. Уи зылшаз рацәаҩуп. Ҳазҭахым ауаа ажәа анҳамаркуа Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы ататара аадырԥшуеит. Уи и́наԥшуа игәарымҭар ауӡом (2 Тим. 2:24, 25). w23.09 14, абз. 3
Ашәахьа, октиабр 6
Абри аҷкәын изоуп Анцәа сызиҳәоз, Иеговагьы сзызиҳәоз сиҭеит (1 Сам. 1:27).
Апостол Иоанн ибеит ажәҩан аҿы 24-ҩык аиҳабацәа Иегова дышдырҽхәоз. Дара ирҳәон иара «хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри [д]рыԥсоуп» ҳәа (Аат. 4:10, 11). Гәыкала Анцәа изыҟоу амаалықьцәагьы Иегова ирҽхәаразы амзызқәа рацәаны ирымоуп. Дара Иегова ажәҩан аҿы ицынхоит, убри аҟынтә ибзианы дырдыруеит. Урҭ Иегова иҟаиҵо рбоит. Уи ирҽхәара ргәазҭанаҵоит (Иов 38:4—7). Иара убас ҳаҳәарақәа рҿы Иегова дҳарҽхәалар хадоуп. Иаҳҳәап, изакәазы бзиа даҳбо, насгьы иара иҿы иаҳгәаԥхо иаҳҳәалар ауеит. Абиблиа шәанаԥхьо, насгьы уи анҭышәҵаауа, зегь раасҭа ишәгәаԥхо Иегова иҟазшьақәа алышәкаала (Иов 37:23; Рим. 11:33). Уи ашьҭахь шәцәаныррақәа Иегова изеиҭашәҳәала. Иара убас ҳара Иегова дҳарҽхәалар ҳалшоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи дахьҳацхраауа азы (1 Сам. 2:1, 2). w23.05 3—4, абз. 6, 7
Аҩаша, октиабр 7
Иегова имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгал[а] (Кол. 1:10).
1919 шықәсазы Анцәа ижәлар Вавилон ду аҟынтә ахақәиҭра роуит. Уи ашықәс азы «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» дцәырҵит — уи ианаамҭаз дцәырҵит, избанзар «Иԥшьоу амҩа» ианылаз гәыкала иҟаз ауаа ацхыраара рыҭатәын (Матф. 24:45—47; Ис. 35:8). Уи амаҵуҩи, уи дцәырҵаанӡа «Иԥшьоу амҩа» архиаразы аџьабаа збози рыбзоурала, уи амҩа ианылоз ауаа Иегова игәҭакы еиҳа еиӷьны еилыркаауан (Ажәам. 4:18). Иара убас дара Анцәа игәы иақәшәаларц азы рҽырыԥсахлар рылшон. Иҭахызма Иегова имаҵзуҩцәа иаразнак рҽырыԥсахырц? Мап, иара хәыҷы-хәыҷла ижәлар ирыцқьон. Шаҟа насыԥ ҳауазеи зегь рыла Анцәа игәы ҳанақәшәало! Амҩақәа ԥхасҭамхаларц азы урҭ ирхылаԥшлатәуп. Убас еиԥш 1919 шықәса раахыс «Иԥшьоу амҩа» аҿы излагаз аусурақәа аанымгылаӡацт. Избан? Ауаа Вавилон ду алҵра алшара роурц азы. w23.05 17, абз. 15; 19, абз. 16
Ахаша, октиабр 8
Ахаангьы уаансыжьӡом (Аур. 13:5).
Анапхгаратә хеилак хаҭала аҵара ддырҵоит Анапхгаратә хеилак еиуеиԥшым акомитетқәа рҿы цхырааҩцәас амаҵ зуа аишьцәа. Урҭ ацхырааҩцәа уажәнатә аҭакԥхықәра ду рыдуп, насгьы аорганизациаҿы еиуеиԥшым аусқәа нарыгӡоит. Дара доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь ианцалак, Христос иуасақәа ирхылаԥшларц азы ибзианы иазыҟаҵоуп. Арыцҳара ду анҵәамҭазы аҵыхәтәантәи доуҳала иалху ақьырсиан ажәҩан ахь данцалак, адгьыл аҿы ицқьоу амҵахырхәара акгьы ахьӡом. Иисус Христос инапхгара абзоурала ҳара анаҩсгьы Иегова имаҵ ҳаулоит. Ҳәарада, усҟан амилаҭқәа ркоалициа — Магог аҟынтә Гог — Анцәа ижәлар ирықәлоит, аха уи ақәылара кьаҿзаауеит, насгьы ақәҿиара аиуӡом (Иез. 38:18—20). Ҳара Иегова имаҵ аураҿы ҳтемп иагҳархаӡом. Иегова ҳәарада ҳаиқәирхоит! Апостол Иоанн ибеит «ԥхьаӡашьак змамыз» Христос егьырҭ иуасақәа, иара иаҳаит урҭ «арыцҳара ду иацәынхаз роуп» ҳәа (Аат. 7:9, 14). Ааи, Иегова хымԥада ҳаиқәирхоит! w24.02 5—6, абз. 13, 14
Аԥшьаша, октиабр 9
Амца иаҩызоу Анцәа идоуҳа шәмырцәан (1 Фес. 5:19).
Иҟаҳҵалар ҳалшозеи иԥшьоу адоуҳа ҳауларц азы? Ҳара иҳалшоит уи азы Анцәа ҳиҳәалар, Анцәа идоуҳала иҩыз Абиблиа ҭаҳҵаалар, насгьы Анцәа идоуҳа напхгара знаҭо иорганизациеи ҳареи аџьабаа еицаҳбалар. Уи иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа раарԥшра иҳацхраауеит (Гал. 5:22, 23). Анцәа уи зиҭо зхәыцшьеи зхымҩаԥгашьеи цқьоу ауаа мацара роуп. Иара идоуҳа ҳаиҭалаӡом ицқьам акы ҳазхәыцлар, насгьы иҽеим ахәыцрақәа ҳаҽраҳҭалар (1 Фес. 4:7, 8). Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы ҳара иара убас 1 Фессалоникаа 5:20 иану ажәақәа ҳрықәныҟәалароуп: «Аԥааимбаражәақәа тәамбашақә шәырзымнеилан». Ара «аԥааимбаражәақәа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу — уи Анцәа иԥшьоу идоуҳала иҳаиҳәо зегь ауп. Уахь иаҵанакуеит Иегова имши, иҷыдоу иахьатәи ҳаамҭеи ирызку ажәабжьқәагьы. Ҳара уи амш наскьаҳгаӡом, Армагеддон ааиаанӡа ҳҟалаӡом ҳәа ҳхәыцуа. Ҳара уи шааигәоу ҳхаҳаршҭӡом. Излоубарҭахозеи уи? Уи убарҭахоит ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгозар, насгьы адоуҳатә усқәа ҳамчқәа зегь рзаҳкуазар (2 Пиотр 3:11, 12). w23.06 12, абз. 13, 14
Ахәаша, октиабр 10
Иегова иахь иааурԥшуа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара ала ауп аҟәыӷара злалаго (Ажәам. 9:10).
Ақьырсианцәа раҳасабала иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара ҳелектронтә хархәагаҿы апорнографиатә сахьа цәырҵзар? Ҳара иаразнак уи асахьа ҳалаԥш аҟәаҳгароуп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳара ҳзы зегь раасҭа зыхә ҳараку Иеговеи ҳареи иҳабжьоу ҳаизыҟазаашьақәа шракәу. Сахьақәак порнографиоуп ҳәа иԥхьаӡамзаргьы, урҭ иҟьашьу агәаҳәарақәа узцәырыргозар ауеит. Избан ақьырсианцәа урҭ ирмыхәаԥшлар зрыхәҭоу? Избанзар ҳара иаҳҭахӡам агәнаҳахь ҳназго шьаҿа хәыҷыкгьы ҟаҳҵар, насгьы ҳгәаҿы ҳхатә ҩыза дҳаԥсахыр (Матф. 5:28, 29). Девид зыхьӡу Таиланд инхо аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Сара есымша абас схы сазҵаауеит: „Ари порнографиамзаргьы, игәаԥхома Иегова сара уи сахьахәаԥшуа?“ Уи ҟәыӷарала ахымҩаԥгара исыцхраауеит». Ҳара ҟәыӷарала ҳхы мҩаԥаҳгалар ҳалшоит Иегова игәы иҳархьыр ҳәа ҳшәалар. Ус еиԥш иҟоу апатуқәҵара зныԥшуа ашәаралоуп «аҟәыӷара злалаго», даҽакала иуҳәозар, аҟәыӷара аиуразы уи раԥхьатәи шьаҿоуп. w23.06 23, абз. 12, 13
Асабша, октиабр 11
Шәца, сыжәлар, аҩныҵҟатәи ауадақәа [шәрыҩнал] (Ис. 26:20).
«Аҩныҵҟатәи ауадақәа» рахь иаҵанакуазар алшоит ҳаизарақәа. Ҳдоуҳатә ҭаацәара рааигәара ҳҟалар, Иегова арыцҳара ду аан ҳихьчоит. Убри аҟынтә ҳара уажәнатә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ус баша рычҳара акәымкәа, бзиа рбара ҳҽазаҳшәалароуп. Уи ҳаԥсҭазаара еиқәнархоит! «Иегова имш ду» ауаатәыҩса зегьы рзы аамҭа цәгьахоит (Соф. 1:14, 15). Усҟан Иегова ишаҳаҭцәагьы ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Аха ҳара уажәнатә ҳҽазыҟаҳҵар, агәҭынчра ҳамазаауеит, егьырҭ рыцхраарагьы ҳалшоит. Ҳара иарбан уадаҩразаалакгьы ҳзықәшәо уи ачҳара аарԥшны иаҳхаҳгалоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи арыцҳара иақәшәар, урҭ рыцҳашьаны рыцхрааразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ҳара уажәнатә бзиа иаҳбо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи акы иаҳцәыхаранатәыртә алҳаршаӡом. Убасҟан Иегова агәаҟрақәеи агәырҩеи ахаан иахьыҟамло адунеи аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаиҭоит (Ис. 65:17). w23.07 7, абз. 16, 17
Амҽыша, октиабр 12
[Иегова] шәирӷәӷәоит, амч шәиҭоит, дшәыцхраауеит (1 Пиотр 5:10).
Абиблиаҿы ҳара аус џьашьахәқәа ҟазҵоз, Анцәа гәыкала имаҵ зуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ҳаԥхьоит. Аха урҭ рҟынтә зегь раасҭа иӷәӷәазгьы зны-зынла акгьы рылымшозшәа рбон. Иаҳҳәап, аҳ Давид зны-зынла ашьха еиԥш дыӷәӷәазшәа ибон, зны-зынла ашәара ӷәӷәа изцәырҵуан (Аԥсал. 30:7). Самсон Анцәа идоуҳа абзоурала зеиԥшыҟамыз амч шимазгьы, иара еиликаауан Иегова ицхыраарада уи амч шицәыӡуа, насгьы ауаа зегь реиԥш дшыҟало (Аӡб. 14:5, 6; 16:17). Гәыкала Анцәа имаҵ зуаз урҭ ауаа амч зрымаз Иегова уи ахьриҭоз азы акәын. Апостол Павелгьы еиликаауан Иегова имч ада ԥсыхәа шимамыз (2 Кор. 12:9, 10). Иаргьы агәамбзиара даргәаҟуан (Гал. 4:13, 14). Иара ииашаны ахымҩаԥгара аницәыцәгьазгьы ыҟан (Рим. 7:18, 19). Уи адагьы, зны-зынла аԥхьаҟа изыԥшыз ахьизымдыруаз азы, иҟаиҵара анизымдыруаз ыҟан (2 Кор. 1:8, 9). Аха ус еиԥш иҟаз аамҭақәа раан Иегова ацхыраара ииҭон. Уи абзоурала иара дзықәшәоз аԥышәарақәа зегьы рыхгара илшеит. w23.10 12, абз. 1, 2
Ашәахьа, октиабр 13
Иегова агәы дҭаԥшуеит (1 Сам. 16:7).
Акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбозар, Иегова ус дшаҳмыхәаԥшуа ҳгәалаҳаршәалар бзиоуп. Иара иоуп иареи ҳареи ҳаиҩызцәахарц ҳаазыԥхьаз (Иоанн 6:44). Иҟалап ҳара шаҟа абзиара ҳалоу ҳзымдыруазар. Аха Иегова ҳгәы ибоит (2 Аш. 6:30). Иегова абзиабара ҳаԥсаны ҳиԥхьаӡозар, ҳара игәра ҳгалар ҳалшоит, даҽакала ахәыцразы амзызқәа ҳамаӡам (1 Иоанн 3:19, 20). Шьоукы аҵабырг еилыркаанӡа иҟарҵаз агәнаҳақәа рзы уажәгьы рхы ахара адырҵоит (1 Пиотр 4:3). Гәыкала Анцәа имаҵ зуа ақьырсианцәагьы иҽеим агәаҳәарақәа рызцәырҵуеит. Ишәықәыӡбома шәара шәгәы? Ус анакәха, шәгәы арҭынчыр алшоит гәыкала Иегова имаҵ зуаз ақьырсианцәагьы урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа ахьрызцәырҵуаз. Ҿырԥштәыс дааҳгап апостол Павел. Игхақәа ирыхҟьаны иара акгьы даԥсамшәа ихы ибон, насгьы «агәаҟ, сара» ҳәа ихы иазиҳәон (Рим. 7:24). Ааи, Павел игәнаҳақәа дрыхьхәит, насгьы аӡы иҽӡааихит. Аха уеизгьы апостолцәа зегьы дреиҵоуп ҳәа иԥхьаӡон, «агәнаҳаҟаҵаҩцәа... зегь раԥхьа игылоу сара соуп» ҳәагьы иҳәон (1 Кор. 15:9; 1 Тим. 1:15). w24.03 27, абз. 5, 6
Аҩаша, октиабр 14
Иегова иҩны аанрыжьит (2 Аш. 24:18).
Иҟашәҵар шәылшозеи Иоас ихьыз шәмыхьырц азы? Анырра бзиа шәызҭо аҩызцәа алшәхла. Уи Иегова бзиа дызбо, насгьы игәы изырхьыр зҭахым роуп. Шәҩызцәа шәықәлацәамзаргьы алшоит. Ишәхашәмыршҭлан, Иоас иҩыза Иодаи иаасҭа акырӡа дшеиҵбыз. Шәҩызцәа зеиԥшроу еилышәкаарц азы шәхы шәазҵаа: «Исыцхраауама уи аиҩызара Иегова иахь схаҵара арӷәӷәара? Рҽазыршәома сҩызцәа Иегова изыӡырҩра, насгьы саргьы ус ҟасҵаларц сгәазҭарҵома? Иргәаԥхома дара Иегова иӡбахә аҳәареи адоуҳатә темақәа рылацәажәареи? Иубарҭоума дара Анцәа изакәанқәа пату шрықәырҵо? Урҭ исарҳәо исаҳарц исҭаху мацара аума? Мамзаргьы ианаҭаху сахьиашам аҳәара иацәымшәоу?» (Ажәам. 27:5, 6, 17). Ишыҟоу иаҳҳәап: шәҩызцәа Иегова бзиа дрымбозар, дареи шәареи ишәзеилоу ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аха шәҩызцәа Иегова бзиа дырбозар, урҭ ааншәмыжьын. Урҭ шәыманаҵы, акы шәацәымшәалар шәылшоит! (Ажәам. 13:20). w23.09 9, абз. 6, 7
Ахаша, октиабр 15
Сара Альфеи Омегеи соуп (Аат. 1:8).
Альфа — абырзен алфавит аҿы актәи нбануп, омега — аҵыхәтәантәи нбануп. Иегова «Альфеи Омегеи» ҳәа аниҳәо иаҳирбоит иара акы далагазар, аҵыхәтәанынӡа ишынаигӡо. Иегова Адами Евеи аниша, ус реиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала» (Аҟаз. 1:28). Убасҟан Иегова «Альфа» ҳәа иҳәеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Иара гәҭакыс имоу еилыкка иҳәеит: Адами Евеи ирхылҵуа аҳәатәхаҵара злоу инаӡоу ауаа адгьыл ықәдырҭәаауеит, џьанаҭны иагьыҟарҵоит. Уи аныҟалалак Иегова «Омега» ҳәа иҳәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Анцәа ажәҩани адгьыли аниша ашьҭахь уи шыҟалаҵәҟьо ажәа ҳаиҭеит. Убас ала Анцәа агәра ҳиргеит уи амш аҵыхәтәаны игәы иҭеикыз зегь шынаигӡо (Аҟаз. 2:1—3). w23.11 5, абз. 13, 14
Аԥшьаша, октиабр 16
Иегова изы амҩа шәрыцқьала! Ҳанцәа изы ацәҳәыра иалганы амҩа иаша шәырхиа (Ис. 40:3).
Вавилонынтәи Израильҟа игаз амҩа мариаӡамызт, насгьы ԥшьымзҟа уқәхон. Аха Иегова ижәлар ақәиргәыӷит амҩан акгьы шырԥырхагамхо. Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа Израильҟа ахынҳәра иазхиан, избанзар дара еилыркаауан иаанрыжьыр акәыз аасҭа, ироуаз акырӡа ишеиҳаз. Зегьы иреиҳаз аҳамҭа Иегова имҵахырхәара иадҳәалан. Вавилон Иегова иныҳәарҭа ыҟаӡамызт. Израильаа Моисеи изакәан ала инаргалар рыхәҭаз акәырбанқәа рнагаразы акәырбаннагарҭа рымаӡамызт. Аԥшьаҩцәа рмаҵзурагьы еиҿкааны иҟаӡамызт. Уи адагьы, Иегова ижәлар амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа ирыланхон — урҭ ахацәеи аҳәсеи Иеговагьы хьаас дыркӡамызт, инормақәагьы хьаас ирымаӡамызт. Убри аҟынтә Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәны, ииашоу амҵахырхәара анеиҭашьақәдыргылоз аамҭа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын. w23.05 14—15, абз. 3, 4
Ахәаша, октиабр 17
Алашара иатәу ахәыҷқәа реиԥш шәхы мҩаԥыжәгала (Еф. 5:8).
«Алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы иԥшьоу адоуҳа ҳҭахуп. Избан? Избанзар уи ада иҳалшаӡом ицқьам адунеи аҿы ҳацқьара ахьчара (1 Фес. 4:3—5, 7, 8). Иԥшьоу адоуҳа адунеи ахәыцшьа аҿагылара иҳацхраауеит, афилософиагьы уахь иналаҵаны. Иара убас иԥшьоу адоуҳа Анцәа ибзиоуп, ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аҟаҵара иҳацхраауеит (Еф. 5:9). Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы Иегова уи ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп. Иисус иҳәеит Иегова «иԥшьоу адоуҳа иаҳәо» ишриҭо (Лука 11:13). Иара убасгьы иԥшьоу адоуҳа ҳауеит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы ақьырсиантә еизараҿы Иегова данҳарҽхәо (Еф. 5:19, 20). Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала ҳара иҳалшоит ҳаԥсҭазаашьала Иегова дҳаргәырӷьалар. w24.03 23—24, абз. 13—15
Асабша, октиабр 18
Шәаҳәала — ишәоуеит, шәашьҭаз — ишәыԥшаауеит, шәасла — ишәзаадыртуеит (Лука 11:9).
Еиҳаны ачҳара аашәырԥшлар шәҭахума? Ус анакәха, Анцәа ачҳаразы шәиҳәала. Ачҳара иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа ируакуп (Гал. 5:22, 23). Ус анакәха, ҳамч мацарала уи аҟазшьа бзиа ҳзеизырҳаӡом. Ҭагылазаашьак аҿы ачҳара аарԥшра ҳцәыцәгьазар, Ҳаб иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәоит (Лука 11:13). Уи адагьы, ҳара Иегова ихәаԥшышьа ҳаурц азы ҳиҳәалар ҳалшоит. Анаҩс, Анцәа ҳаниҳәалак ашьҭахь, ачҳара ааҳарԥшларц азы есыҽны ҳхы аџьабаа адаҳбалалароуп. Ачҳаразы шаҟа Анцәа ҳиҳәо, насгьы уи аҟазшьа шаҟа иааҳарԥшуа аҟара, убриаҟара ибзианы иҳалаҳааӡоит. Убасала, ачҳара злоу уаҩны ҳҟалоит. Уи адагьы, Абиблиа иану аҿырԥштәқәа рызхәыцра ҳацхраар ауеит. Абиблиаҿы ачҳара аазырԥшуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ануп. Урҭ рыԥсҭазаара ҳазхәыцыр, иаҳҵо рацәоуп. w23.08 22—23, абз. 10, 11
Амҽыша, октиабр 19
Акаҭа ҭашәыжь (Лука 5:4).
Иисус апостол Пиотр иеилиркааит Иегова уи ахаан дшаанимыжьуа. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь, Пиотри егьырҭ апостолцәеи ирацәаны аԥсыӡ ркыртә иҟаиҵеит (Иоанн 21:4—6). Уи аџьашьахәы ҳәарада, Пиотр агәра инаргеит иҭахрақәа Иегова дреиҷаҳар шилшо. Иисус иҳәахьан: «Шәыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳр[а]... зегь раасҭа ихадаз». Анаҩс иҳәеит, ус ҟазҵо Иегова зда ԥсыхәа ыҟам зегь шриҭо. Иҟалап Пиотр урҭ ажәақәа игәалашәазар (Матф. 6:33). Убри аҟынтә Пиотр иԥсҭазаара аԥсыӡкра акәымкәа, Анцәа имаҵ аура иазикит. Иара 33 шықәса ҳ. ҳ. аан Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны агәымшәара аарԥшны, ажәахә иманы дықәгылеит, уи абзоурала зықьҩыла ауаа агәырӷьажәабжь рыдыркылеит (Аус. 2:14, 37—41). Уи ашьҭахь иара самариааи иауриамыз егьырҭ ауааи Христос иҵаҩцәаны аҟалара дрыцхрааит (Аус. 8:14—17; 10:44—48). Ишаҳбо еиԥш, Иегова еиуеиԥшым ауаа иеизарахь инеигарц азы зныкымкәа Пиотр ихы даирхәеит. w23.09 20, абз. 1; 23, абз. 11
Ашәахьа, октиабр 20
Избаз аԥхыӡ сзеиҭашәымҳәар, иаанагогьы сзеиҭашәымҳәар, маха-маха шәеимырхуеит (Дан. 2:5).
Вавилонаа Иерусалим анхдырбгала ашьҭахь ҩышықәса раҟара анҵы, аҳ Навуходоносор аԥхыӡ бааԥс ибеит, уа иара абаҟа дуӡӡа ибеит. Иара адырра ду змаз имаҵуцәа зегьы, Даниилгьы урҭ днарылаҵаны, иреиҳәеит иԥхыӡ еиҭарымҳәар, насгьы уи иаанаго рымҳәар, аԥсра шырзыԥшу (Дан. 2:3—5). Даниил аамҭа мгаӡакәа ак ҟаиҵар акәын, избанзар ирацәаҩны ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан. Убри аҟынтә Даниил аҳ иахь дцаны аԥхыӡ аҵакы аҳәаразы аамҭа ииҭарц диҳәеит (Дан. 2:16). Уи азы иара агәымшәареи ахаҵаре́и иҭахын, избанзар џьаргьы ианӡам Даниил уаанӡагьы аԥхыӡқәа рҵакы иҳәон ҳәа. Иара иҩызцәа дрыҳәеит ажәҩан Анцәа иҳәаларц, урҭ рыцҳашьаны уи амаӡа ааиртырц азы (Дан. 2:18). Иегова урҭ рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит. Анцәа ицхыраарала Даниил Навуходоносор иԥхыӡ еиҭеиҳәеит. Убас Даниил хҩык иҩызцәеи иареи аԥсра иацәцеит. w23.08 2, абз. 4
Аҩаша, октиабр 21
Аҵыхәтәанынӡа изычҳаз деиқәхоит (Матф. 24:13).
Ачҳара хәарҭас иаанаго шәазхәыцла. Ачҳара злоу ауаҩы анасыԥи агәҭынчреи имоуп. Ус анакәха, ачҳара анааҳарԥшуа ҳемоциатә, насгьы ҳцәеижьтә гәабзиара ҳахылаԥшуеит. Ҳара егьырҭ рахь ачҳара ааҳарԥшуазар, аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазаауеит. Аизараҿы акзаара ҳамазаауеит. Аӡәы ҳгәы ԥижәарц данашьҭоу ҳаԥсахы еибамкуазар, аҭагылазаашьа еицәаҳтәӡом (Аԥсал. 37:8, албаага; Ажәам. 14:29). Аха зегь раасҭа ихадоу — жәҩантәи Ҳаб еиҳагьы ҳиеиԥшхоит, ҳагьизааигәахоит. Ачҳара — зеиԥшыҟам ҟазшьоуп, уи иамырԥшӡо уаҩ дыҟаӡам. Ачҳара аарԥшра шымариамгьы, Иегова ицхыраарала уи еиҳа-еиҳа еиӷьны аарԥшра ҳалшоит. Ачҳара аарԥшны адунеи ҿыц ҳазыԥшнаҵы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит «Иегова ицәшәо, насгьы гәыкала иааирԥшуа абзиабара иақәгәыӷуа илаԥш» шырху (Аԥсал. 33:18). Шәааи ачҳара ҳшәаҳҵап, насгьы уи ахаан иаҳшәаҳамхлап! w23.08 22, абз. 7; 25, абз. 16, 17
Ахаша, октиабр 22
Усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵара... ԥсуп (Иак. 2:17).
Иаков иҳәоит ауаҩы ахаҵара сымоуп ҳәа иҳәалар шалшогьы, иусқәа иудырбо даҽакуп (Иак. 2:1—5, 9). Иаков иара убас иҳәоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы «ишәиҵаша иифаша» шимам збо, аха уи имыцхраауа ауаҩы иӡбахә. Иара ахаҵара сымоуп ҳәа шиҳәогьы, уи аусқәа рыла ишьақәирӷәӷәаӡом. Убри аҟынтә ихаҵара акгьы иаԥсаӡам (Иак. 2:14—16). Ахаҵара аусқәа рыла ишышьақәырӷәӷәалатәу ҳирбарц азы Иаков Раав ҿырԥштәыс дааигеит (Иак. 2:25, 26). Лара Иегова иӡбахә лаҳаит, насгьы уи израильаа дышрыцхраауа еилылкааит (Иис. Н. 2:9—11). Лара ахаҵара аус аҿы иаалырԥшит: зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылаз ҩыџьа израильтәи аԥшыхәцәа дрыцхрааит. Уи абзоурала Израиль иатәымыз инаӡамыз уи аԥҳәыс, Авраам иеиԥш дуаҩ иашаны дыԥхьаӡан. Раав иҟалҵаз иаҳнарҵоит ахаҵара аусқәа ацзар шахәҭоу. w23.12 5, абз. 12, 13
Аԥшьаша, октиабр 23
Аҵла адацқәа шыӷәӷәоу еиԥш шәыӷәӷәаз, аҩны ашьаҭа ӷәӷәа ишықәгылоу еиԥш шәыӷәӷәаӡа шәгылаз (Еф. 3:17).
Ақьырсианцәа раҳасабала ҳара Абиблиа хыхь-хыхь аҭҵаара мацара ҳазҳархаӡом. Ҳара иаҳҭахуп «Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоугьы» еилаҳкааларц. Ҳара иаҳдыруеит иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала уи шҳалшо (1 Кор. 2:9, 10). Шәара ишәгәаԥхо темак, ма зҵаарак алхны уи инарҵауланы иҭышәҵаар шәылшоит. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаара Иеговеи шәареи шәеиҩызара арӷәӷәоит. Иаҳҳәап, Анцәа ажәытәан имаҵзуҩцәа рахь абзиабара шааирԥшуаз, насгьы уи шәаргьы бзиа шәшибо шышьақәнарӷәӷәо ҭышәҵаар ауеит. Мамзаргьы абиблиатә аамҭақәа раан израильаа Анцәа имаҵ шыруази иахьа ақьырсианцәа имаҵ шыруеи злеиԥшу еиҿшәырԥшыр шәылшоит. Иара убас Иисус адгьыл аҿы даныҟаз инаӡаз аԥааимбаражәақәа ҭышәҵаар ауеит. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаара агәахәара ду узаанагоит. Шәара ишәылшоит «Индекс публикаций Сторожевой башни», мамзаргьы «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» шәхы иашәырхәар. Абиблиа инарҵауланы аҭҵаара шәыцхраауеит «Анцәа изку адыррагьы» аиура, шәхаҵарагьы арӷәӷәара (Ажәам. 2:4, 5). w23.10 18—19, абз. 3—5
Ахәаша, октиабр 24
Зегь раԥхьаӡа иргыланы, гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала, избанзар абзиабара аазырԥшуа еснагь анажьра дазхиоуп (1 Пиотр 4:8).
«Гәык-ԥсыкала» ҳәа еиҭагоу ажәа ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «аиҵыхра». Ажәеинраала аҩбатәи ахәҭаҿы иануп уи аҩыза абзиабара лҵшәас иаанаго, — уи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгәнаҳақәа хнаҩоит. Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: ҳара ҳаҩнапык рыла абзиабара ибзианы еиҵыҵуа аба еиԥш еиҳа-еиҳа еиҵаҳхуеит. Ҳара уи ҟаҳҵоит акык-ҩбак гәнаҳа акәымкәа, ирацәаны агәнаҳақәа хнаҩаанӡа. Аба шәытарак аҵәахыр алшоит, убас еиԥш абзиабарагьы егьырҭ рынамӡареи рыгхақәеи хнаҩар ауеит. Абзиабара ӷәӷәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгхақәа ранажьра ҳгәазҭанаҵоит, уи азы ирацәаны аџьабаа абара аҭаххаргьы (Кол. 3:13). Ҳара егьырҭ рыгхақәа ранаҳажьуазар, ҳабзиабара шыӷәӷәоу, насгьы Иегова иргәырӷьара шаҳҭаху ааҳарԥшуеит. w23.11 10-11, абз. 13—15
Асабша, октиабр 25
Шафан... уи аҳ дизаԥхьо далагеит (2 Аш. 34:18).
Аҳ Иосиа 26 шықәса анихыҵуаз аныҳәарҭа аиҭарҿыцра далагеит. Аусурақәа раан Иегова Моисеи ила ижәлар ириҭаз азакәан зныз ашәҟәы рыԥшааит. Аҳ азакәан ианыз ажәақәа аниаҳа, урҭ иаразнак рықәныҟәара далагеит (2 Аш. 34:14, 19—21). Ишәҭахума шәара Абиблиа есыҽны шәаԥхьалар? Абиблиа есыҽны аԥхьара шәалагахьазар, ишԥацо шәусқәа? Уи аԥхьара шәгәаԥхома? Ишәымоума хаҭала шәара ишәыцхраауа ажәеинраалақәа џьара ианҵаны? Иосиа 39 шықәса раҟара анихыҵуаз дҭазырхаз агха ҟаиҵеит. Иара Иегова игәаанагара еилымкааӡакәа ихаҭа ииӡбаз ҟаиҵеит (2 Аш. 35:20—25). Ари ҳара иаҳнарҵо рацәоуп. Шаҟа шықәса ҳхыҵуазаалакгьы, насгьы Абиблиа аҵара ҳаҿуижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы, есымша Иегова игәаанагара аилкаара ҳашьҭазароуп. Уи азы Анцәа анапхгара ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп, Иажәа ҭаҳҵаалароуп, насгьы аԥышәа змоу ақьырсианцәа рҿы алабжьара ҳашьҭазароуп. Убасҟан ҳара агха ӷәӷәақәа ҳҽырцәаҳахьчоит, насыԥгьы ҳамазаауеит (Иак. 1:25). w23.09 12, абз. 15, 16
Амҽыша, октиабр 26
Анцәа иԥагьоу драӷоуп, аха ахынраалара злоу рахь изыԥсам ақьиара ааирԥшуеит (Иак. 4:6).
Абиблиаҿы Иегова бзиа дызбоз, насгьы имаҵ зуаз ирацәаҩны аҳәса хазынақәа рыӡбахә ануп. Ҳара урҭ ирҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп. Дара рышьцыларақәа ирыцклаԥшуан, насгьы зегь рыла Анцәа гәыкала ишизыҟоу аадырԥшуан (1 Тим. 3:11). Уи адагьы, иқәыԥшу аиҳәшьцәа реизараҿы иҟоу доуҳала иӷәӷәоу аиҳәшьцәа ирҿыԥшлар рылшоит. Иқәыԥшу аиҳәшьцәа, шәызҿыԥшлар шәылшо доуҳала иӷәӷәоу аиҳәшьцәа жәдыруама? Игәашәҭ урҭ иаадырԥшуа аҟазшьа бзиақәа, насгьы шәара урҭ аашәырԥшлар шшәылшо шәазхәыц. Доуҳала ишәу ауаҩы илоу ахынраалара ала дудыруеит. Ахынраалара злоу аиаҳәшьа Иеговеи лареи, насгьы егьырҭ ауааи лареи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьоуп. Иаҳҳәап, Иегова бзиа дызбо аԥҳәыс ахынраалара аарԥшны, жәҩантәи Лаб ишьақәиргылаз ахадара апринцип дықәныҟәоит (1 Кор. 11:3). Ари апринцип аизараҿгьы аҭаацәараҿгьы аус ауеит. w23.12 18—19, абз. 3—5
Ашәахьа, октиабр 27
Ахацәа... рхы бзиа ишырбо еиԥш рыҳәса бзиа ирбалароуп (Еф. 5:28).
Иегова иҭахуп ахаҵа иԥҳәыс бзиа дибаларц, насгьы лҭахрақәа дреиҷаҳаларц. Уи адагьы, иԥҳәыс ҩыза гәакьаны дылзыҟалароуп, насгьы Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара длыцхраалароуп. Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа аҵареи, аҳәса пату рықәҵареи, узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны аҟалареи даараӡа ихадоуп. Уара аԥҳәыс данааугалак ашьҭахь, уԥшәмеи уареи ахәыҷқәа шәоур ауеит. Аб бзиа уакәны уҟаларц азы Иегова уиҿыԥшла (Еф. 6:4). Иегова Иԥа, Иисус, бзиа дшибо, насгьы игәы дшақәшәо иаҳәара дацәыԥхашьаӡомызт (Матф. 3:17). Уара ахшара уоур, ухәыҷқәа бзиа ишубо есымша ираҳәала. Урҭ иҟарҵо аус бзиақәа рзы ирҽхәала, уи имаҷу акакәзаргьы. Иегова иҿыԥшуа абацәа рхәыҷқәа доуҳала иӷәӷәоу уааны аҟалара ирыцхраауеит. Уи ароль уажәнатә уҽазыҟауҵар улшоит. Уҭаацәара иатәу, насгьы уеизара иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уреиҷаҳала. Урҭ бзиа ишубо, насгьы рыхә ҳаракны ишушьо раҳәашьа ҵала (Иоанн 15:9). w23.12 28—29, абз. 17, 18
Аҩаша, октиабр 28
[Иегова] шәзықәгәыӷыртә иҟоу иоуп (Ис. 33:6).
Ҳара гәыкала Иегова имаҵ ҳуеит, аха ауаа зегь реиԥш ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит, насгьы ҳачмазаҩхоит. Уи адагьы, Анцәа ижәлар зцәымӷу ауаа ҳҿагылалар, ма иҳашьҭашәарыцалар ауеит. Иегова ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ҳшырцәимыхьчогьы, дышҳацхраало агәра ҳиргоит (Ис. 41:10). Уи ицхыраарала ҳара иҳалшоит агәырӷьара амырӡра, ииашоу аӡбарақәа рыдкылара, насгьы аҭагылазаашьа даара ианыцәгьоугьы, анаҩсгьы гәыкала имаҵ аура. Иегова Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу «Анцәа иҭынчра» шҳаиҭо агәра ҳиргоит (Флп. 4:6, 7). Уи аҭынчрахь иаҵанакуеит Иеговеи ҳареи иҳабжьоу зыхә ҳараку аизыҟазаашьақәа рыбзоурала иҳамоу аҭынчра. Уи аҭынчра «ауаҩы изеилымкаауа» ауп, даҽакала иаҳҳәозар, уи ҳхаҿы иааҳгар алшо аасҭа акырӡа еиӷьуп. Шәӷьаҵәы-ӷәаҵәуа Иегова шәаниҳәа ашьҭахь зныкыр зеиԥшыҟам агәҭынчра шәоухьоума? Убри ауп «Анцәа иҭынчра». w24.01 20, абз. 2; 21, абз. 4
Ахаша, октиабр 29
Дырҽхәала Иегова, сгәы-сыԥсы! Исылоу зегь иԥшьоу ихьӡ арҽхәалааит (Аԥсал. 103:1).
Иегова бзиа дызбо гәыкала ихьӡ дырҽхәалар рҭахуп. Аҳ Давид еиликаауан Иегова ихьӡ арҽхәара Анцәа ихаҭа ирҽхәара шаанагоз. Ари ахьӡи Иегова Анцәа иаҳасабала имоу ахьӡ-аԥшеи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Убри аҟынтә ҳара ари ахьӡ анҳаҳауа, Ҳанцәа илоу зеиԥшыҟам аҟазшьақәеи иус џьашьахәқәеи иаразнак иаҳгәалашәоит. Давид Иаб ихьӡ пату ақәиҵон, насгьы гәык-ԥсыкала уи ирҽхәалар иҭахын. Алевитцәагьы уи аганахьала аҿырԥш бзиа ҳарҭеит. Аԥагьара зламыз урҭ ахацәа еилыркаауан Анцәа иԥшьоу ихьӡ ишақәнагоу еиԥш арҽхәаразы ажәақәагьы шырзымхоз (Неем. 9:5) Ҳәара аҭахума, абас ахынраалара аарԥшны гәыкала Иегова данҳарҽхәо, уи игәы ҟанаҵоит. w24.02 9, абз. 6
Аԥшьаша, октиабр 30
Шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап (Флп. 3:16).
Шәара шәымч зқәымхоз ахықәкы анагӡара шәылымшазар, Иегова акгьы шәаԥсаӡам ҳәа иԥхьаӡалаӡом (2 Кор. 8:12). Шәеихьӡарақәа шәхашәмыршҭлан. Абиблиаҿы иануп: «Анцәа диашоуп, убри аҟынтә... ижәбо [аџьабаа]... ихашҭӡом» (Аур. 6:10). Ус анакәха шәаргьы ақьырсиантә мҩа шәанылеижьҭеи иҟашәҵахьоу аихьӡарақәа шәхашәмыршҭлароуп. Иаҳҳәап, шәара Иегова шәиҩызахеит, иӡбахә егьырҭ ауаа рзеиҭаҳәара шәалагеит, мамзаргьы аӡы шәыҽӡаашәхит. Арҭ ахықәкқәа ықәыргыланы ишынашәыгӡаз еиԥш, анаҩсгьы убас ҟашәҵала. Иегова ицхыраарала шәдоуҳатә хықәкқәа рынагӡара шәылшоит. Иқәшәыргылаз адоуҳатә хықәкы анагӡаразы аџьабаа жәбонаҵы Иегова дышшәыцхраауа, насгьы дшышәзылԥхо гәашәҭала. Уи агәырӷьара шәзаанагалоит (2 Кор. 4:7). Шәгәы кашәмыжьыр, Иегова меигӡарахда дышәзылԥхоит (Гал. 6:9). w23.05 31, абз. 16—18
Ахәаша, октиабр 31
Саб бзиа шәзибо сара бзиа сахьыжәбо, насгьы Анцәа сшааишьҭыз агәра ахьыжәго азоуп (Иоанн 16:27).
Иегова игәаԥхоит имаҵзуҩцәа дшырзыразу, бзиа ишибо раҳәара. Абиблиаҿы ҩынтә иануп Иегова Иԥа абас шизиҳәаз: «Ари бзиа избо, сыззыразу Сԥа иоуп» (Матф. 3:17; 17:5). Ишәҭахума шәаргьы Иегова дшышәзыразу шәеиҳәар? Иахьа Иегова ажәҩан аҟынтә дҳацәажәаӡом, иара дызлаҳацәажәо Абиблиа ала ауп. Иегова дшаҳзыразу шиҳәо «ҳаҳар» ҳалшоит Аевангелиеқәа рҿы Иисус иажәақәа ҳанрыԥхьо. Иара еснагь Иаб ихы шимҩаԥигарыз еиԥш ауп ихы шымҩаԥигоз. Иисус иҵаҩцәа наӡаӡамызт, аха гәыкала Иегова имаҵ руан. Уи азы Иисус урҭ ирҽхәон, дшырзыразыз реиҳәон. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәоз ҳанаԥхьо, Иегова уи хаҭала ҳара иҳаиҳәозшәа ҳхаҿы иааҳгалар ҳалшоит (Иоанн 15:9, 15). Аԥышәарақәа ҳрықәшәазар, уи иаанагаӡом Иегова даҳзыразӡам ҳәа. Аԥышәарақәа алшара ҳарҭоит Иегова шаҟа бзиа даҳбо, шаҟа игәра ҳго аарԥшра (Иак. 1:12). Иара убас аԥышәарақәа раан Иегова еиҳа еиӷьны деилаҳкаар ҳалшоит. w24.03 28, абз. 10, 11