Ноиабр
Асабша, ноиабр 1
Ахәыҷқәеи асабицәеи ухьӡ ҳараркуеит (Матф. 21:16).
Шәара ахәыҷқәа шәымазар, рықәра ишаҵанакуа еиԥш аҭакқәа рҽырзыҟарҵарц шәрыцхраа. Зны-зынла аизараҿы имариам атемақәа ирылацәажәоит. Иаҳҳәап, аҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа, мамзаргьы ахымҩаԥгашьа цқьа иадҳәалоу азҵаарақәа. Аха ус еиԥш иҟоу астатиақәа рҿгьы ахәыҷқәа зҭак ҟарҵар рылшо акы-ҩба зҵаара ыҟоуп. Уи адагьы, шәхәыҷқәа иреилшәыркаа рнапы шьҭырхцыԥхьаӡа ишырзымҵаало. Убас шәхәыҷқәа азыҟашәҵар, дара ракәымкәа даҽаӡәы иазҵаар, ргәы каҳаӡом (1 Тим. 6:18). Ҳара зегьы иҳалшоит Иегова дҳаразкуа, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара зырӷәӷәо, угәы шьҭызхуа аҭакқәа рырхиара (Ажәам. 25:11). Зны-зынла ҳхатә ԥышәа аҟынтә ак еиҭаҳҳәар ҳалшоит, аха мыцхәы ҳхы ҳахымцәажәалар бзиоуп (Ажәам. 27:2; 2 Кор. 10:18). Еиҳа еиӷьуп Иеговеи, иара Иажәеи, ижәлари ҳхы рзыҳашьҭлар (Аат. 4:11). w23.04 24—25, абз. 17, 18
Амҽыша, ноиабр 2
Шәааи, егьырҭ реиԥш ҳмыцәалап, уи аҭыԥан ҳҷаԥшьалап, ҳахшыҩгьы аус аҳарулап (1 Фес. 5:6).
Ҳлахҿыхзарц, насгьы аҟәышра ааҳарԥшларц азы абзиабара ҳалазароуп (Матф. 22:37—39). Анцәа иахь иҳамоу абзиабара ҳацхраауеит ҳзықәшәо еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ҳармыхәаԥшӡакәа ачҳара аарԥшны анаҩсгьы ажәабжь аҳәара (2 Тим. 1:7, 8). Ҳхаҵара ҳацеиҩызымшо ауаа бзиа иаҳбоит аҟынтә ажәабжьҳәара ҳаҟәыҵӡом. Уи ажәабжь ҭеллагьы, асаламшәҟәқәа рылагьы иаҳҳәоит. Ҳара ҳгәыӷуеит мышкызны иаҳзааигәоу ауаа Анцәа имаҵ аура иалагап ҳәа (Иез. 18:27, 28). Аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы иаҳзааигәоу роуп. Ҳара урҭ рахь абзиабара ааҳарԥшуеит Павел илабжьара ҳанықәныҟәо. Иара иҳәеит: «Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла, шәеибарӷәӷәала» (1 Фес. 5:11). Аибашьцәа еивагыланы еибашьуан, насгьы аӡәы ацхыраара иҭаххар, ицхраара иазхиан. Ҳаргьы ҳгәы шьҭибахуеит, ҳаибарӷәӷәоит. Ҳара ахаан идырны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы дҳархьӡом, мамзаргьы аӡәы цәгьарак ҳзиузар, ҳшьа ҳауӡом (1 Фес. 5:13, 15). Иара убас ҳара абзиабара ааҳарԥшуеит напхгара ҳзызуа аишьцәа пату рықәаҳҵозар (1 Фес. 5:12). w23.06 9, абз. 6; 11, абз. 10, 11
Ашәахьа, ноиабр 3
[Иегова] ак иҳәазар, ииҳәаз шԥаҟаимҵо? (Ахыԥхь. 23:19).
Ҳхаҵара арӷәӷәаразы актәи ашьаҿа — уи аҿыхра азхәыцра ауп. Аҿыхра агәра ҳнаргоит Анцәа ҳзықәиргәыӷыз хымԥада ишыҟаиҵо. Ҳара инарҵауланы ҳазхәыцлароуп Иегова Иԥа даашьҭны ҳазҿихыз, насгьы уи иара изы шаҟа имариамыз. Уи зеиԥшыҟам адунеи аҿы наӡаӡа ҳшынхало ала Анцәа иҳаиҭаз ажәа шынаигӡо еиҳагьы агәра ҳнаргоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иҟаиҵазеи Иегова ҳҿихырц азы? Иара раԥхьаӡа иишаз, бзиа иибоз, ҩыза бзианы изыҟаз Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит ауаҩ иеиԥш дирц азы. Адгьыл аҿы данынхоз Иисус еиуеиԥшым ауадаҩрақәа дрықәшәон. Иара ихигаз рацәоуп, насгьы дгәаҟны дыԥсит. Шаҟа иҳаракузеи Иегова иаҳхишәааз ахә! Бзиа ҳазбо Ҳанцәа ахаан иалиршарымызт Иԥа дыԥсыртә, уи аамҭала акәызҭгьы ахәарҭа ахьаҳзаанагоз (Иоанн 3:16; 1 Пиотр 1:18, 19). Иегова абас иҳараку ахә ҳхишәаазар, адунеи ҿыц аҿы наӡаӡа хымԥада ҳанирхоит. w23.04 27, абз. 8, 9
Аҩаша, ноиабр 4
Аԥсра, иабаҟоу ушҳамқәа? (Ос. 13:14).
Иҭахума Иегова иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц? Ҳәарада, иҭахуп! Иара Абиблиа зыҩуаз ахацәа аӡәырҩы уи ақәыргәыӷра аӡбахә анырҵарц ргәазҭеиҵеит (Ис. 26:19; Аат. 20:11—13). Иегова ииҳәо еснагь инаигӡоит (Иис. Н. 23:14). Иара даараӡа иҭахуп иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц. Ишәгәалашәыршәа Иов иажәақәа. Иара агәра ганы дыҟан дыԥсыргьы, Иегова дшыгәхьааиго, насгьы иԥсы ҭеиҵарц шиҭаххо (Иов 14:14, 15). Убас еиԥш Иегова иҭахуп иԥсхьоу имаҵзуҩцәа зегь агәабзиареи анасыԥи рыманы ҿыц инхаларц. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи Иегова изку аиаша аилкаара алшара рмоуӡакәа иԥсыз миллиардҩыла ауаа рзы? Абзиабара злоу Ҳанцәа урҭгьы рыԥсы ҭеиҵарц иҭахуп (Аус. 24:15). Иара иҭахуп урҭ иҩызахареи наӡаӡа анхареи алшара роурц (Иоанн 3:16). w23.04 9, абз. 5, 6
Ахаша, ноиабр 5
Анцәа ибзоурала ҳара амч ҳауеит (Аԥсал. 108:13).
Ишԥаҳалшо ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иазку ҳгәыӷра арӷәӷәара? Иаҳҳәап, шәара адгьыл аҿы наӡаӡа анхара шәақәгәыӷуазар, џьанаҭ дгьыл зеиԥшрахо иазкны Абиблиа иану шәаԥхьала (Ис. 25:8; 32:16—18). Уа шәыҟоушәа шәхаҿы иаажәгала. Иҳамоу агәыӷра еснагь ҳазхәыцлар, ҳзықәшәо агәаҟрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ ирласны ииасуа, имариоу ак еиԥш ҳрыхәаԥшлоит (2 Кор. 4:17). Иегова ари агәыӷра шәиҭеит шәыӷәӷәазарц азы. Уи иара иҟынтә амч шәоуларц азы иаҭахыз зегь ҟаиҵахьеит. Убри аҟынтә иҟашәҵалар шәылшозеи иуадаҩу дҵак анагӡаразы, ԥышәарак ахгаразы, ма агәырӷьара амырӡразы? Гәык-ԥсыкала Иегова шәиҳәала, насгьы шәхатә ҭҵаара анымҩаԥыжәго инапхгара шәашьҭаз. Шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи ишәыдыргало ацхыраара мап ацәышәымклан. Адунеи ҿыц аҿы шәыҟоушәа лассы-лассы шәхаҿы иаажәгала. Убасҟан «амч ду змоу Анцәа дшәыцхраа[уеит], ачҳареи агәырӷьареи аарԥшны, зегь ахгаразы амч шәиҭ[оит]» (Кол. 1:11). w23.10 17, абз. 19, 20
Аԥшьаша, ноиабр 6
Зегьы рзы иҭабуп ҳәа иашәҳәала (1 Фес. 5:18).
Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәалаша амзызқәа рацәаны иҳамоуп. Шәааи иҳамоу зегьы рзы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалап, избанзар урҭ зегьы иара иҟынтә ауп (Иак. 1:17). Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит ҳахьынхо адгьыл аԥшӡареи егьырҭ иџьашьахәу ашамҭақәеи рзы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар. Иара убас аԥсҭазаара ахьҳаиҭаз азы, ҳҭаацәаразы, ҳҩызцәа рзы, насгьы иҳамоу агәыӷразы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар ауеит. Уи адагьы, иара иҩызахара алшара ахьҳамоу азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар хадоуп. Иегова хаҭала ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәар ҳҭаху ҳазхәыцлар хадоуп. Иҟалап уи азы аџьабаа батәхар, избанзар ари адунеи аҿы лассы-лассы ауаа ирҭаху мацароуп изышьҭоу. Аӡәырҩы рхахьгьы иааиӡом ирымоу азы ҭабуп ҳәалатәуп ҳәа. Ҳара уи аҩыза ахәыцшьа рҿаҳҵаар, ҳаҳәарақәа Анцәа иҳаиҭарц иаҳҭаху мацара ирызкызаауеит. Ус ҳмыхьырц азы, Иегова иаҳзыҟаиҵо зегь ахә ҳаракны иаҳшьалароуп, насгьы уи азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп (Лука 6:45). w23.05 4, абз. 8, 9
Ахәаша, ноиабр 7
Исиҭару-исимҭару ҳәа дымхәыцӡакәа, ишиоуа агәра ганы диҳәалааит (Иак. 1:6).
Бзиа ҳазбо Ҳаб агәаҟрақәа ҳашрықәшәо анибо, уи игәы инархьуеит (Ис. 63:9). Аха иара ҳзықәшәо аԥышәарақәа зегьы ҳарцәихьчаӡом, зны-зынла урҭ аӡиасқәа ма амца ишаҩызоугьы (Ис. 43:2). Аха иара ажәа ҳаиҭоит ҳшаанимыжьуа, насгьы урҭ ҳашрылиго. Анцәа иареи ҳареи ҳаиҩызара аӡәы даԥырхагахар ма акы аԥырхагахар иуӡом. Уи адагьы, урҭ аԥышәарақәа ҳхаҳгарц азы Иегова иԥшьоу идоуҳа ӷәӷәа ҳаиҭоит (Лука 11:13; Флп. 4:13). Ус анакәха, ауадаҩрақәа ҳахганы гәыкала Анцәа ҳшизыҟоу ҳаанхарц азы еснагь иаҭаху зегь ҳамазаауеит. Иегова игәра ҳгалар иҭахуп (Аур. 11:6). Зны-зынла аԥышәарақәа иҳазхымго акы еиԥш ҳрыхәаԥшлар алшоит. Усҟан абас ҳхәыцуеит: «Араҟа Иеговагьы акгьы илшаӡом». Аха Абиблиа агәра ҳнаргоит Анцәа ҳицзар, иҳалымшо ҳәа акгьы шыҟам (Аԥсал. 18:29). Убри аҟынтә алакҩакра шәаламгакәа, Иегова шәиҳәала, насгьы шәыҳәара аҭак шыҟаиҵо агәра ганы шәыҟаз (Иак. 1:6, 7). w23.11 22, абз. 8, 9
Асабша, ноиабр 8
[Абзиабара] — ижжаӡа иаку мцоуп, Иах имцабз ауп. Аӡ дуқәа абзиабара дырцәаӡом, аӡиасқәагьы хыҵны уи рызгаӡом (Ашәа 8:6, 7).
Шаҟа иԥшӡаны аӡбахә ҳәоузеи абзиабараҵәҟьа! Арҭ ажәақәа аҭаацәара иалоу хаҵеи-ԥҳәыси агәра днаргоит: шәара ишәыбжьоу абзиабара наӡаӡа иҟазар алшоит. Бзиа еибабалома хаҵеи-ԥҳәыси рыԥсы ахьынӡаҭоу? Уи дара роуп изыӡбо. Иааҳгап ҿырԥштәык. Амца ахаан имыцәар ауеит, аха уи азы есымша амҿы ақәҵалатәуп. Уи аӡәгьы иҟаимҵалар, хәыҷы-хәыҷла амца ыцәоит. Убас еиԥшҵәҟьа хаҵеи-ԥҳәыси рыбзиабара наӡаӡа иӷәӷәазар ауеит, аха уи азы дара реизыҟазаашьақәа дырӷәӷәалароуп. Зны-зынла хаҵеи-ԥҳәыси шеицәыхьшәашәо гәарҭозар ауеит. Уи аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа, агәамбзиара, мамзаргьы ахәыҷқәа рааӡара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирыхҟьозар алшоит. Убри аҟынтә, «Иах имцабз» жжаӡа иакызарц азы, ахаҵагьы аԥҳәысгьы ирылшо зегь ҟарҵалароуп, Иеговеи дареи ирыбжьоу аиҩызара дырӷәӷәаларц азы. w23.05 20, абз. 1—3
Амҽыша, ноиабр 9
Умшәан (Дан. 10:19).
Иҟаҵалатәузеи агәымшәара ҳаурц азы? Ҳҭаацәа агәымшәара ааҳарԥшларц ҳгәазҭарҵалар ауеит, аха уи аҟазшьа дара рҟынтә ҳара ҳахь шьҭрала ииасӡом. Ҳара иҿыцу ак шаҳҵо еиԥш агәымшәара аарԥшышьа ҳҵалароуп. Иҿыцу ак уҵарц азы арҵаҩы иҟаиҵо бзианы уахәаԥшлароуп, насгьы иҟаиҵо ҟауҵалароуп. Агәымшәара аарԥшышьа ҳҵарц азы егьырҭ уи аҟазшьа шаадырԥшуа гәаҳҭалароуп, насгьы ҳарҿыԥшлароуп. Даниил иеиԥш, ҳаргьы Анцәа Иажәа бзианы иаҳдыруазароуп. Иара убас ҳара Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалароуп, уи азы лассы-лассы ҳиҳәалароуп, ҳгәы иҵхогьы аартны изеиҭаҳҳәалароуп. Уи адагьы, ҳара Иегова игәра ҳгалароуп, насгьы еснагь дышҳацхраауа ала агәыҩбара ҳамамзароуп. Убасҟан ҳхаҵара ԥызшәо акы ҳақәшәар, агәымшәара аарԥшра ҳалшоит. Агәымшәара змоу ауаа лассы-лассы пату рықәырҵоит. Иара убас ҳара агәымшәара ахьааҳарԥшуа абзоурала гәыкала иҟоу ауаа Иегова иабадырра ҳрыцхраар ҳалшоит. Убри аҟынтә ҳара ари аҟазшьа бзиа аизырҳаразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп. w23.08 2, абз. 2; 4, абз. 8, 9
Ашәахьа, ноиабр 10
Зегь гәашәҭала, ииашоу-ииашаму еилышәкаала (1 Фес. 5:21).
«Игәашәҭала» ҳәа ара еиҭагоу абырзен ажәа зыхә ҳараку аметаллқәа реиҩдыраара аӡбахә ианалацәажәоз рхы иадырхәон. Ус анакәха, ҳара иҳаҳауеи ҳзыԥхьои ииашоу-ииашаму гәаҳҭалароуп. Иаарласны ҳара ҳзы уи еиҳагьы ихадахоит, избанзар арыцҳара ду ааигәахара иаҿуп. Ауаа ирҳәо иаразнак агәра агара аҭыԥан, ҳара аҟәышра ааҳарԥшлароуп. Ҳара ҳзыԥхьои, иҳаҳауеи, Абиблиа иаҳәои, Иегова иорганизациа иҳанаҳәои еиҿҳарԥшлароуп. Убасҟан адемонцәа рыпропаганда ҳажьаӡом (Ажәам. 14:15; 1 Тим. 4:1). Анцәа ижәлар арыцҳара ду рхыргоит. Хаҭала ҳара ҳтәы ҳҳәозар, уаҵәы иаҳзыԥшу ҳаздырӡом (Иак. 4:14). Аха Армагеддон ааиаанӡа ҳаԥсыргьы, агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу ҳаанхар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ишҳауа. Шәааи зеиԥшыҟам ҳгәыӷра ҳазхәыцлап, насгьы Иегова имш ҳҽазыҟаҳҵап! w23.06 13, абз. 15, 16
Аҩаша, ноиабр 11
Игәҭакы имаҵзуҩцәа, иԥааимбарцәа, ирзааи[ртуеит] (Ам. 3:7).
Ҳара иҳаздырӡом абиблиатә ԥааимбаражәақәак шынаӡо (Дан. 12:8, 9). Аха ҳара ԥааимбаражәак аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилымкаауазар, уи наӡаӡом ҳәа аанагаӡом. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп иаҳдыруазар ҳахәҭоу Иегова ианаамҭоу ишаҳзааиртуа, избанзар иара еснагь убас ауп ишыҟаиҵоз. Иааиуеит аамҭа «Абар аҭынчра! Ашәарҭара ыҟаӡам!» ҳәа ауаа ианрыларҳәо (1 Фес. 5:3). Нас адунеизегьтәи аполитикатә напхгаҩцәа амцдинхаҵара иақәланы иқәыргоит (Аат. 17:16, 17). Уи ашьҭахь дара Анцәа имаҵзуҩцәа ирықәлоит (Иез. 38:18, 19). Нас аибашьра Армагеддон алагоит (Аат. 16:14, 16). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит арҭ ахҭысқәа иаарласны ишыҟало. Уи аамҭа ааиаанӡа, шәааи абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭаҳҵаалап, насгьы егьырҭ урҭ рҵакы аилкаара ҳрыцхраалап. Убри ала бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб иахь аџьшьара ааҳарԥшуеит. w23.08 13, абз. 19, 20
Ахаша, ноиабр 12
Бзиа ҳаибабалап, избанзар абзиабара Анцәа иитәу акоуп (1 Иоанн 4:7).
Апостол Павел ахаҵареи, агәыӷреи, абзиабареи рыӡбахә аниҳәоз, абас иҳәеит: «Еиҳа ихадоу — абзиабара ауп» (1 Кор. 13:13). Избан иара ус зиҳәаз? Аԥхьаҟа Анцәа адунеи ҿыц иазкны иҳаиҭаз ақәыргәыӷрақәа рыгәра ҳгалар акәхаӡом, избанзар ҳгәыӷрақәа зегь наӡоит. Аха Иеговеи ауааи рахь иҳамоу абзиабара џьаргьы ицаӡом. Уимоу, уи наӡаӡа еиҳа-еиҳа еизҳалоит. Иара убас абзиабара — уи ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа егьырҭ ауаа изларылукаауа ҟазшьоуп. Иисус иапостолцәа иреиҳәеит: «Шәыбжьара абзиабара ҟалар, зегьы ирдыруеит сҵаҩцәа шшәакәу» (Иоанн 13:35). Иара убас абзиабара акзаара иацхраауеит. Павел иҩит абзиабара ҳшеиднакыло (Кол. 3:14). Апостол Иоанн иашьцәеи иаҳәшьцәеи абас рзиҩит: «Анцәа бзиа дызбо иашьагьы бзиа дибалароуп» (1 Иоанн 4:21). Ҳара бзиа ҳаибабозар, Анцәа бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит. w23.11 8, абз. 1, 3
Аԥшьаша, ноиабр 13
Шәааи наҟ икаҳажьып еидарас ҳазҵоу зегьы (Аур. 12:1).
Абиблиаҿы ақьырсиантә ԥсҭазаара аиԥхныҩлара иаҿырԥшуп. Аиԥхныҩлара иалахәу қәҿиарала амҩа ианысны афиниш иахысыр, ҳамҭас наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит (2 Тим. 4:7, 8). Ҳара ҳтемп иагҳмырхарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп, избанзар афиниш уажә еиԥш ахаан иааигәамхацт. Апостол Павел уи аиԥхныҩлараҿы аиааира агара иҳацхраауа иҳәеит. Иара иҩит: «Шәааи наҟ икаҳажьып еидарас ҳазҵоу зегьы... насгьы ҳгәы камыжькәа, ачҳара аарԥшны, ҳаԥхьа ишьҭоу амҩа ҳаныланы ҳаҩлап». Павел ииҳәарц ииҭахыз имцхәу аидара каҳажьырц ауп. Ус ҟаҳамҵар, ирласны ҳзыҩӡом, ҳамчгьы ҳалӡаауеит. Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳармыхәаԥшӡакәа афиниш аҟынӡа ҳнеирц азы, аамҭа мгаӡакәа иаҳԥырхагоу еилаҳкаароуп, насгьы уи каҳажьроуп. Аха убри аамҭазгьы ҳазҵазар ҳахәҭоу аидара каҳажьыр ҳҭахӡам. Избанзар усҟан, инықәырԥшны иуҳәозар, аиԥхныҩлара ҳалырцар ауеит (2 Тим. 2:5). w23.08 26, абз. 1, 2
Ахәаша, ноиабр 14
Шәара шәзырԥшӡаша ауаҩы иибо ак акәымзароуп (1 Пиотр 3:3).
Аҟәышра ҳацхраауеит егьырҭ ргәаанагара пату ақәҵара. Иаҳҳәап, аиҳәшьцәа шьоукы аҽшәра бзиа ирбоит, егьырҭ бзиа ирбаӡом. Ақьырсианцәа шьоукы арыжәтә ажәра ргәаԥхоит (ҳәарада, иахмырҟьацәакәа), егьырҭ зынӡа ирымжәларц рыӡбеит. Ақьырсианцәа зегьы ргәы бзиазарц рҭахуп, аха аҽыхәышәтәразы еиԥшым аметодқәа алырхуеит. Ҳара аҽыхәышәтәразы иалаҳхыз аметод мацара иашоуп ҳәа ҳаԥхьаӡозар, насгьы уи егьырҭ ирыдаҳцалозар, урҭ зыхҟьашо хаҳәны ҳҟалар, насгьы аизараҿы акзаара ҳарӡыр ауеит (1 Кор. 8:9; 10:23, 24). Иаҳҳәап, Иегова ҳаҽшеилаҳҳәалаша иазкны аԥҟарақәа шьақәиргылаӡом. Уи аҭыԥан апринципқәа ҳаиҭоит. Ҳара, Анцәа имаҵзуҩцәа ишрыхәҭоу еиԥш, аҟәышра аарԥшны, «ламысла-патула, ииашаны ихәыцуа реиԥш» ҳҽеилаҳҳәалароуп (1 Тим. 2:9, 10). Ҳара иаҳҭахӡам зегьы ҳара иҳахәаԥшлартә еиԥш ҳҽеилаҳҳәалар. Абиблиатә принципқәа аизара ахылаԥшыҩцәагьы ирыцхраауеит аҽеилаҳәашьеи ахцәыҟаҵашьеи рганахьала рхатә ԥҟарақәа рышьақәмыргылара. w23.07 23—24, абз. 13, 14
Асабша, ноиабр 15
Ибзианы шәысзыӡырҩла, убасҟан афатә бзиа шәфалоит, илыԥшааху афатә хкқәа рыла шәчалоит (Ис. 55:2).
Иегова иаҳирбоит насыԥла иҭәу аԥсҭазаара ҳамазарц азы иҟаҵалатәу. Зыбжьы цәгьоу «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара здызкыло ауаа рыԥсҭазаара «ихаау», иҵәаху ргәаҳәарақәа рынагӡара ауп изызку. Аха аԥхьаҟа ирзыԥшу анышәынҭра ауп (Ажәам. 9:13, 17, 18). Шаҟа иреиԥшымзеи урҭ «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҟынтә ааԥхьара здызкыло ауаа! (Ажәам. 9:1). Ҳара Иегова бзиа иибо бзиа абашьеи ицәымӷу ацәымӷшьеи ҳҵоит (Аԥсал. 97:10). Иара убас ҳара даараӡа иаҳгәаԥхоит «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» ахь асасцәа рааԥхьара. Ҳара ақалақь иҳараку аҭыԥқәа рҟынтә ауаа абас рылаҳҳәошәа иаҩызоуп: «Аԥышәа змам арахь дааиааит». Ҳаргьы уи ааԥхьара здызкыло ауаагьы уи ахаан ҳахьхәӡом: иахьагьы аԥхьаҟагьы. Ҳара иҳалшоит наӡаӡа анхареи есымша аҟәыӷара амҩала ацареи! (Ажәам. 9:3, 4, 6). w23.06 24, абз. 17, 18
Амҽыша, ноиабр 16
Ачҳара змоу иӷәӷәоу иаасҭа деиӷьуп, аҽынкылара змоугьы ақалақь згаз иаасҭа (Ажәам. 16:32).
Шәхы шԥажәбо, аус шәыцызуа ма аҵара шәыцызҵо ауаҩы шәхаҵара иазкны азҵаара шәиҭазар? Шәгәы ахыҭхыҭра иалагома? Аӡәырҩы уи аҩыза ҳақәшәахьеит. Аха урҭ рҩызцәа азҵаарақәа ирыцәшәалатәӡам, избанзар урҭ ауаҩы зыгәра иго аилкаара иҳацхраауеит. Убасҟан ауаҩы ажәабжь бзиа изеиҭаҳәара еиҳа иаҳзымариахоит. Аха ауаа зны-зынла ҳара иахьҳақәшаҳаҭым ма ажәа ҳамаркыр ахьырҭаху азы азҵаарақәа ҳарҭоит. Лассы-лассы уи зыхҟьо Иегова ишаҳаҭцәа ирызку ииашам аинформациа агәра ахьыргаз ауп (Аус. 28:22). Уи адагьы, Абиблиаҿы заа иҳәан «аҵыхәтәантәи амшқәа раан» ауаа нышәара зқәым шракәхо, ргәыжәлагьы шыцәгьахо (2 Тим. 3:1, 3). Иҟалап шәара абас шәгәы иаанагозар: «Ишԥасылшо аҭынчреи апатуқәҵареи аасырԥшлар, аӡәы схаҵара аганахьала ажәа сымеикырц азы азҵаарақәа сиҭозар?» Шәара ишәыцхраар алшоит аҟәымшәышәра, даҽакала иуҳәозар, ататара еиԥш иҟоу зыхә ҳараку аҟазшьа. Аҟәымшәышәра злоу ауаҩы аимак-аиҿак даларгалар анырҭаху, ма иаалырҟьаны азҵаара анирҭо аҽынкылашьа идыруеит. w23.09 14, абз. 1, 2
Ашәахьа, ноиабр 17
Урҭ адгьыл зегь аҿы ҭауадцәас иҟауҵоит (Аԥсал. 45:16).
Ҳара ҳзыхьчо алабжьарақәа аамҭа-аамҭала иҳауеит. Иаҳҳәап, Иегова иорганизациа ҳгәаҳҽаннаҵоит аԥара бзиа абареи Анцәа изакәан аилагарахь ҳназгар алшо аусқәеи ҳҽырцәыҳахьчаларц (Ис. 48:17, 18; 1 Тим. 6:9, 10). Ҳәара аҭахума, Иегова арыцҳара ду аангьы Зқьышықәсатәи анапхгара аангьы ауаа рыла анапхгара ҳаиҭалоит. Ҳарзыӡырҩлома имҩақәҵарақәа? Уи ҳзымариахоит, уажәнатә Иегова ҳаизыӡырҩуазар. Убри аҟынтә шәааи еснагь инапхгара ҳақәныҟәалап, аҭакԥхықәра зду ахацәа рыла иҳаиҭо анапхгарагьы уахь иналаҵаны (Ис. 32:1, 2; Аур. 13:17). Избанзар ҳара Ҳамҩақәҵаҩ, Иегова, игәра агаразы амзызқәа ҳамоуп. Иара адоуҳатә шәарҭарақәа рҟынтә ҳихьчоит, насгьы ҳхықәкахьы — адунеи ҿыц аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь — ҳаигоит. w24.02 25, абз. 17, 18
Аҩаша, ноиабр 18
Ҳзыԥсам ақьиара абзоурала шәара шәеиқәхеит (Еф. 2:5).
Апостол Павел Анцәа имаҵзура агәахәара изаанагон. Аха иара имаҷымкәа ауадаҩрақәагьы дрықәшәон. Лассы-лассы иара ихараны ныҟәара дцон. Усҟантәи аамҭазы амҩа анылара иахьа еиԥш имариаӡамызт. Амҩа данықәыз Павел лассы-лассы ашәарҭарақәа дрықәшәон, иаҳҳәап, «аӡиасқәа рҿы», насгьы «арҳәцәа ирыхҟьаны». Иара убас аҵабырг аӷацәа зныкымкәа дрыпҟахьан (2 Кор. 11:23—27). Аишьцәагьы иҟаиҵоз пату анақәрымҵоз ыҟан, уи гәыкала дрыцхраарц шиҭахызгьы (2 Кор. 10:10; Флп. 4:15). Ицхраауази Павел игәы акамыжьра? Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә, насгьы ихатә ԥышәала иара Иегова дзеиԥшроу еиликааит. Павел еиликааит Анцәа уи бзиа дшибоз (Рим. 8:38, 39; Еф. 2:4, 5). Иара ихаҭагьы Иегова даараӡа бзиа дибеит. Уи ихы дамеигӡакәа «иԥшьоу рымаҵ уа» Анцәа бзиа дшибоз ааирԥшуан (Аур. 6:10). w23.07 9, абз. 5, 6
Ахаша, ноиабр 19
Напхгара [шә]зызуа аиҳабыра [шәырзыӡырҩла] (Рим. 13:1).
Абиблиаҿы аҳәынҭқарцәа «напхгара ҳзызуа аиҳабыра» ҳәа рызҳәоуп. Аӡәырҩы еилыркаауеит урҭ рыда ԥсыхәа шыҟам, насгьы уахьынхо атәылаҿы иҟоу азакәанқәа ишрықәныҟәалатәу. Аха закәанқәак иашаӡам, ма урҭ рықәныҟәара цәгьоуп ҳәа рыԥхьаӡозар, — ирықәныҟәаӡом. Абиблиаҿы иануп ауаҩытәыҩсатә напхгарақәа ауаа агәаҟрақәа шырзаанаго, урҭ Аҩсҭаа анапхгара шриҭо, насгьы иаарласны ишықәгахо (Аԥсал. 110:5, 6; Еккл. 8:9; Лука 4:5, 6). Аха уи адагьы уа иануп аиҳабыра ҳарҿагылозар, Анцәа ҳаиҿагылоит ҳәа. Иегова аҳәынҭқарцәа аамҭак иалагӡаны напхгара руларц алшара риҭеит. Иара иҭахуп ҳара урҭ ҳарзыӡырҩларц. Убри аҟынтә ҳара «дасу иитәу [иаҳҭалароуп]», ашәахтәқәеи, аҳаҭырқәҵареи, аҳәатәхаҵареи уахь иналаҵаны (Рим. 13:1—7). Ҳара ҳгәы иаанагозар алшоит закәанк маншәалаӡам, иашаӡам, ма уи анагӡара ухнарҵәоит ҳәа. Аха ҳара Иегова ҳаизыӡырҩуеит, иара иҳәеит анапхгаҩцәа ҳарзыӡырҩларц, урҭ иҳарҳәо иара изакәанқәа ирҿамгылозар (Аус. 5:29). w23.10 8, абз. 9, 10
Аԥшьаша, ноиабр 20
Самсон Иегова идоуҳа иоуит (Аӡб. 15:14).
Самсон диит филистимаа Анцәа ижәлар ҭаха анрырымҭоз аамҭазы (Аӡб. 13:1). Згәыжәла цәгьаз урҭ ауаа израильаа ӷәӷәала идыргәаҟуан. Иегова Самсон иҷыдоу адҵазы — Израиль филистимаа рҟынтә еиқәирхарц азы — далихит (Аӡб. 13:5). Самсон уи наигӡарц азы Иегова диқәгәыӷлар акәын. Зны филистимаа Самсон дыркырц азы Лехиҟа (иҟалап уи Иудеиа акәызҭгьы иахьыҟаз) иааит. Иудеиаа филистимаа ирыцәшәон, убри аҟынтә рыжәлар иреиуаз Самсон раӷацәа дрырҭарц рыӡбеит. Дара иҿыцыз ҩ-шахак рыла иӷәӷәаны дҿаҳәаны филистимаа рахь дыргеит (Аӡб. 15:9—13). Аха Самсон Иегова идоуҳа иоун, ашахақәа ԥиҵәеит. Уи ашьҭахь иара аҽада ацламҳәа иԥшаан уи ала 1 000-ҩык филистимаа ишьит! (Аӡб. 15:14—16). w23.09 2—3, абз. 3, 4
Ахәаша, ноиабр 21
Уи Иҳақәиҭу Христос Иисус изкны Анцәа имоу наӡаӡатәи агәҭакы иақәшәоит (Еф. 3:11).
Иегова адгьыли ауааи рганахьала имоу «наӡаӡатәи [и]гәҭакы» хәыҷы-хәыҷла иаҳзааиртуан. Анцәа хәыҷы-хәыҷла Абиблиа ала ауаа игәҭакы рзааиртуан. Уадаҩрас ицәырҵуазаалакгьы, Иегова еснагь игәҭакы наӡартә иҟаиҵоит (Ажәам. 16:4). Иара игәы иҭеикыз ахаан аӡәгьы дзаԥырхагахаӡом. Хықәкыс имоузеи Иегова, насгьы иарбан ԥсахрақәоу иҟаиҵар акәхаз уи наигӡарц азы? Анцәа раԥхьатәи ауаа дара рзы имаз агәҭакы рзааиртит. Иара ус реиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала, напхгара рышәҭала... адгьыл иқәу зыԥсы ҭоу зегьы» (Аҟаз. 1:28). Адами Евеи Анцәа ианиҿагыла, ирхылҵыз ауаа зегьы агәнаҳа рҭынхеит. Аха Иегова уи игәҭакы анагӡара иԥырхагамхаӡеит. Иара раԥхьатәи ихықәкы наигӡарц азы даҽа знеишьак ихы иаирхәеит. Анцәа иаразнак иӡбеит ажәҩан аҿы Аҳра шышьақәиргыло, уи ауааи адгьыли рзы имаз игәҭакы нанагӡоит (Матф. 25:34). w23.10 19—20, абз. 6, 7
Асабша, ноиабр 22
Иегова дысмыцхраауазҭгьы, шьҭа сырхашҭхьазаарын (Аԥсал. 94:17).
Иегова гәыкала имаҵ аура ҳаргьы дҳацхраауеит. Уи мариамзар алшоит, еиҳараӡак иҳалоу ԥсыҽрақәак уажәы-уажә рхы цәырыргозар. Зны-зынла ҳгәы иаанагалар ауеит апостол Пиотр илаз аԥсыҽрақәа раасҭа ҳара иҳалоу аԥсыҽрақәа рҿагылара еиҳа ицәгьоуп ҳәа. Аха Иегова ҳгәы каҳмыжьырц азы амч ҳаиҭоит (Аԥсал. 94:18, 19). Иаҳҳәап, иашьак Иегова имаҵ аура далагаанӡа дгомосексуалистын. Иара шьаҭанкыла иҽиԥсахит, аха уеизгьы зны-зынла иҽеим агәаҳәарақәа изцәырҵуан. Ицхраази иара игәы акамыжьра? Уи аиашьа иҳәеит Иегова идоуҳа ада акгьы шилымшоз: «Сара еилыскааит иара ицхыраарала аҵабырг амҩала ацара шсылшо... ...Иегова имаҵ аура азин сиҭеит, насгьы исылоу аԥсыҽрақәа дырмыхәаԥшӡакәа еснагь дсыцхраауеит». w23.09 23, абз. 12
Амҽыша, ноиабр 23
Ахынраалареи Иегова иҿаԥхьа ашәареи абарақьаҭреи, ахьӡи-аԥшеи, аԥсҭазаареи урҭоит (Ажәам. 22:4).
Аџьабаа мбаӡакәа доуҳала иӷәӷәоу уаҩны узыҟалаӡом. Иқәыԥшу аишьцәа, шәара иҿырԥшыгоу ахацәа шәырҿыԥшлароуп, Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа шәҵалароуп, узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны шәыҟазароуп, аԥсҭазаараҿы иухәо адыррақәа еизшәырҳалароуп, насгьы аԥхьаҟа ишәзыԥшу аҭакԥхықәрақәа шәҽырзыҟашәҵалароуп. Уара шаҟа ус узыԥшу уаназхәыцуа, ашәара узцәырҵыр алшоит. Аха акы уацәымшәан! Иегова дышуцхраало ажәа уиҭоит (Ис. 41:10, 13). Уеизара аҟынтә аишьцәагьы аиҳәшьцәагьы уааигәа иҟазаауеит, урҭ рыцхыраара уақәгәыӷлар ауеит. Иегова иҭахуп уара доуҳала иӷәӷәоу ақьырсиан уакәны уҟаларц. Иара идыруеит убасҟан уԥсҭазаара еиҳа агәырӷьареи аинтереси шаҵазаауа. Иқәыԥшу ҳашьцәа, ҳара даара, даара бзиа шәаҳбоит! Доуҳала аизҳара шәҽазышәшәала, убасҟан Иегова иҟынтә аҳамҭа шәмоур ауӡом. w23.12 29, абз. 19, 20
Ашәахьа, ноиабр 24
Аӡә игха [шә]хы [азышәмышьҭлан] (Ажәам. 19:11).
Шәхаҿы иаажәг шәҩызцәеи шәареи шәеиқәшәазшәа. Аамҭа бзианы ишәхыжәгоит, насгьы апатреҭ еицҭышәхырц шәҭаххоит. Актәи апатреҭ ҽеимхар ауеит ҳәа даҽа ҩбагьы ҭышәхуеит. Уажәшьҭа шәара х-патреҭк шәымоуп. Аха нас игәашәҭоит руак аҿы иашьак уиаҟара иҽеимкәа дшалҵыз. Убри аҟынтә шәара уи анышәхуеит, избанзар егьырҭ ҩ-патреҭк рҿы шәыззегьы, уи аиашьагь дналаҵаны, ибзианы шәалҵит. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аамҭа рыцыхгара ҳгәаԥхоит. Аха ҳхы шԥамҩаԥаҳго, аӡәы ҳгәы ҳзырхьуа ак иҳәар ма иҟаиҵар? Ишәылшома иҽеимхаз апатреҭ шанышәхыз еиԥш уи шәхашәыршҭыр? (Еф. 4:32). Ҳашьа ма ҳаҳәшьа уиаҟара иӷәӷәам рыгхақәа ҳгәалашәараҿы ааныжьра аҭахӡам, избанзар уи ауаҩы идҳәалоу ибзиоу агәалашәарақәа рацәаны иҳамоуп. Убарҭ рыхә ҳаракны иаҳшьалар ҳҭахуп! w23.11 12, абз. 16, 17
Аҩаша, ноиабр 25
Аҳәса ишахәҭоу еиԥш... рҽеиларҳәалар[оуп]. Дара рҽызладырԥшӡалаша... гәыкала Анцәа изиашоу аҳәса ишрықәнагоу еиԥш аус бзиақәа рыла ауп (1 Тим. 2:9, 10).
Ара Павел ихы иаирхәаз абырзен ажәақәа иаадырԥшуеит аиҳәшьцәа ақьырсиан ҳәсақәа ишрыхәҭоу еиԥш рҽеиларҳәалар шакәу, насгьы егьырҭ рцәаныррақәа ирызхәыцлар шрыхәҭоу. Акыр иаҳзаԥсоу аиҳәшьцәа, шәара ари алабжьара шәахьықәныҟәо азы шәҳарҽхәар ҳҭахуп. Ақьырсиан ҳәсақәа ирылазар акәу зыхә ҳараку даҽа ҟазшьак — уи аҟәышра ауп. Иҟәышу ауаа ацәгьеи-абзиеи реиҩдыраашьа рдыруеит. Даҳгәалаҳаршәап Авигеиа. Лыԥшәма идикылаз ииашамыз аӡбара рҭаацәара зегь ықәнаххьан. Авигеиа аамҭа мгакәа уи аус аҭыԥ иқәылҵеит. Илылаз аҟәышра ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархеит (1 Сам. 25:14—23, 32—35). Уи адагьы, ари аҟазшьа ианцәажәатәу, насгьы ианҿымҭтәу аилкаара иҳацхраауеит. Иара убас аҟәышра ҳацхраауеит ауаҩы ушԥаҟоу ҳәа ҳаниазҵаауа, ҳус злам аламцәажәара (1 Фес. 4:11). w23.12 20, абз. 8, 9
Ахаша, ноиабр 26
Ҳара ҳгәырӷьалоит, избанзар Анцәа аҳаҭыр ҳаҭәеишьоит ҳәа ҳгәыӷуеит (Рим. 5:2).
Апостол Павел арҭ ажәақәа Рим инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит. Урҭ Иеговеи Иисуси рыӡбахә анеилыркаа рыгәра ргеит, насгьы иқьырсианцәахеит. Дара ахаҵара ахьаадырԥшыз азы Анцәа урҭ уаа иашақәаны иԥхьаӡеит, насгьы иԥшьоу идоуҳала иалихит (Рим. 5:1). Убас дара Анцәа изықәиргәыӷыз шроуа агәра ргеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Павел Ефес инхоз доуҳала иалхыз ақьырсианцәа ирзиҩит Анцәа ириҭаз агәыӷра аӡбахә — иԥшьоу рзы ирхианы иҟоу амазара ду шроуа (Еф. 1:18). Колосс инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит дара рзы ирхианы иҟоу ажәҩан аҿы ишроуа (Кол. 1:4, 5). Ус акәзар, иарбан гәыӷроу доуҳала иалху ақьырсианцәа ирымоу? Дара наӡаӡа ажәҩан аҿы инхаларц азы рыԥсы ҭалоит, насгьы уа Христос аҳра ицрулоит (1 Фес. 4:13—17; Аат. 20:6). w23.12 9, абз. 4, 5
Аԥшьаша, ноиабр 27
Ауаҩы изеилымкаауа Анцәа иҭынчра... шәгәи шәыхшыҩи ахьчоит (Флп. 4:7).
Уи ажәеинраалаҿы иҳәоуп Анцәа иҭынчра «[ҳ]гәи [ҳ]ахшыҩи ахьчоит» ҳәа. «Ахьчара» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа аибашьцәа рхы иадырхәоз терминуп. Уи рхы иадырхәон ақалақь зыхьчоз асолдатцәа рыӡбахә анырҳәоз. Ус еиԥш иҟаз ақалақь аҿы инхоз ауаа ибзианы ишырыхьчоз рдыруан аҟынтә, ргәы рҭынчны ицәан. Убас еиԥшҵәҟьа Анцәа иҭынчра ҳгәи ҳахшыҩи анахьчо, акгьы ҳацәшәаӡом (Аԥсал. 4:8). Ҳҭагылазаашьа иаразнак еиӷьымхаргьы, агәҭынчра ҳауеит. Иаҳҳәап, аԥааимбар Самуил иан Аннагьы уи аҩыза ахҭыс дақәшәеит (1 Сам. 1:16—18). Агәҭынчра анҳамоу ииашаны ахәыцреи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылареи еиҳа иаҳзымариоуп. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳара? Шәгәы ак аныҵхо ацхыраара шәашьҭал. Ишԥашәылшо уи ҟашәҵар? Анцәа ишәиҭо аҭынчра шәоуаанӡа Анцәа шәиҳәала (Лука 11:9; 1 Фес. 5:17). Шәара даара иуадаҩу ҭагылазаашьак шәақәшәазар, шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала. Убасҟан шәгәи шәыхшыҩи зыхьчо Иегова иҭынчра шшәиҭо шәымбар ауӡом (Рим. 12:12). w24.01 21, абз. 5, 6
Ахәаша, ноиабр 28
Ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаб, ҳаҭыр ду ақәзааит уара ухьӡ (Матф. 6:9).
Иисус цәгьала ддыргәаҟуан, дладырҟәуан, насгьы амц изырҳәон. Аха иара Иаб ихьӡ иԥшьарц азы уи зегь ихигеит. Иара Иаб еснагь дизыӡырҩуан, дызцәыԥхашьаша ҳәа акгьы шимамгьы идыруан (Аур. 12:2). Иара убас Иисус еиликаауан иуадаҩыз уи аамҭазы иҿагыло Аҩсҭаа шиакәыз (Лука 22:2—4; 23:33, 34). Уи аӷа дгәыӷуан Иисус Анцәа даанижьуеит ҳәа. Аха агха ихьит! Иисус ишьақәирӷәӷәеит Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу, насгьы иӷәӷәоу аԥышәарақәа раангьы Анцәа изиашаны иаанхо амаҵзуҩцәа еснагь ишимазаало! Ишәҭахума шәара напхгара зуа Шәаҳ дшәыргәырӷьалар? Анаҩсгьы ауаа Ҳанцәа иабашәырдырла. Убас Иегова ихьӡ шәырҽхәалоит, насгьы Иисус ишьҭа шәхыланы шәышцо аашәырԥшлоит (1 Пиотр 2:21). Иисус иеиԥш, шәаргьы Иегова дшәыргәырӷьоит, Анцәа иаӷа, Аҩсҭаа, дшымцҳәаҩугьы шьақәшәырӷәӷәоит! w24.02 11—12, абз. 11—13
Асабша, ноиабр 29
Исҭои Иегова исзыҟаиҵаз абзиарақәа зегьы рзы? (Аԥсал. 116:12).
Аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩныҵҟа миллионҩык инареиҳаны аӡы рыҽӡаархит, насгьы Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалеит. Ауаҩы иԥсҭазаара Иегова ианизикуа, Иисус Христос иҵаҩ иакәны дҟаларц, насгьы Анцәа игәҭакы анагӡара иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадахарц иӡбоит. Иарбан ҭакԥхықәроу Анцәа зҽизызкуа ауаҩы идло? Иисус иҳәеит: «Исышьҭаланы ацара зҭаху, ихы мап ацәикааит» (Матф. 16:24). Иегова зҽизызкыз ауаҩы Анцәа игәҭакы иаҿагыло зегь мап ацәикроуп (2 Кор. 5:14, 15). Ус анакәха, иара «агәаҳәара ҟьашьқәа» мап рцәикроуп, иаҳҳәап, асексуалтә ламысдара (Гал. 5:19—21; 1 Кор. 6:18). Идырцәгьома ас еиԥш иҟоу азакәанқәа шәыԥсҭазаара? Иегова бзиа дыжәбозар, насгьы изакәанқәа шәшырыхьчо агәра ганы шәыҟазар, идырцәгьаӡом (Аԥсал. 119:97; Ис. 48:17, 18). w24.03 2, абз. 1; 3, абз. 4
Амҽыша, ноиабр 30
Сара сузыразуп (Лука 3:22).
Иегова дыззыразу иԥшьоу идоуҳа риҭоит (Матф. 12:18). Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Иаасырԥшуама сара иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа?» Иаҳҳәап, игәашәҭома шәара раԥхьа аҵабырг анеилышәкааз аасҭа уажәы ачҳара аарԥшра еиҳа ишышәзымариоу? Иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа шаҟа еиӷьны иааҳарԥшуа аҟара, убриаҟарагьы Иегова дшаҳзыразу ҳбалоит. Иегова Иисус иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны дыззыразу рыгәнаҳақәа ранаижьуеит (1 Тим. 2:5, 6). Аха иҟашәҵар шәылшозеи Иисус иԥсы ҳахҭынҵаны ҳашҿихыз агәра шыжәгогьы, аӡы шәыҽшӡаашәххьоугьы, Иегова дшышәзыразу шәгәы агәра агара аҭахымзар? Ишәхашәмыршҭлан: зны-зынла ҳцәаныррақәа ҳаржьалар ауеит, аха Иегова ахаангьы ҳаижьаӡом, уи еснагь игәра ҳгалар ҳалшоит. Иара аҿыхра агәра зго уаа иашақәаны иԥхьаӡоит, дшырзылԥхалогьы ажәа риҭоит (Аԥсал. 5:12; Рим. 3:26). w24.03 30, абз. 15; 31, абз. 17