Декабр
Ашәахьа, декабр 1
Аԥсцәа рыԥсы [ҭалоит] (Лука 20:37).
Имоума Иегова иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы амч? Ҳәарада! Иара «Зегьзымчу Анцәа» иоуп (Аат. 1:8). Иара иаӷацәа зегь дыриааиртә амч имоуп, аԥсраҵәҟьагьы ықәигар илшоит (1 Кор. 15:26). Иҟоуп Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵар шилшо шьақәзырӷәӷәо даҽа мзызкгьы — иара ахаангьы акгьы ихашҭӡом. Иара аеҵәақәа зегьы хьыӡҳәала идыруеит (Ис. 40:26). Иара убас иара иԥсхьоу игәалашәоит (Иов 14:13; Лука 20:38). Урҭ рыԥсы анҭеиҵало, дара ирызкны зегь игәалашәоит — рыԥшра, рҟазшьақәа, ирымаз аԥышәа, агәалашәарақәа, уҳәа убас иҵегьы. Ааи, ҳара агәра ҳгоит Иегова иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо, избанзар иара уи иҭахуп, насгьы уи азы амч имоуп. Ҳара уи ақәыргәыӷра агәра ҳгаларц азы даҽа мзызкгьы ҳамоуп. Иегова иԥсхьоу рыԥсы анҭеиҵоз ҟалахьеит. Абиблиатә аамҭақәа раан иара гәыкала имаҵ зуаз ахацәа, Иисусгьы урҭ днарылаҵаны, иԥсыз рыԥсы аҭаҵаразы амч риҭон. w23.04 9, абз. 7—9
Аҩаша, декабр 2
Шәажәақәа еснагь ихааз, аџьыкахыш рымаз (Кол. 4:6).
Иаҳҳәо апатуқәҵареи ақьиареи аарԥшны иаҳҳәозар, ауаа ҳзыӡырҩра еиҳа ирзымариахоит, насгьы ҳажәа ҿахырҵәалаӡом. Ҳәарада, аӡәы ажәа ҳамеикырц, ма ҳхаҵара дахыччарц иҭахызар, иацәажәара ҳааҟәыҵны ҳаиԥырҵны ҳцар ҳалшоит (Ажәам. 26:4). Аха ус еиԥш иҟоу ауаа рацәаҩӡам. Аӡырҩра иазхиоу еиҳа ирацәаҩызар ҟалап. Еилкаауп, аҟәымшәышәра ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Ажәа шәымазкуа, ма ишәықәнагаӡамкәа акритика шәзызуа ҭынч аҭак ишәҭарц азы Иегова шәиҳәала. Ишәхашәмыршҭлан, аҟәымшәышәра шәылазар, шәзацәажәо ауаҩи шәареи шәгәаанагарақәа еиқәымшәаргьы, уи ажәеимакрахь шәнанагартә алшәыршаӡом. Хаалеи патуқәҵаралеи аҭак ҟашәҵалар, ишәзыӡырҩуа ауаа рҟынтә шьоукы Абиблиа аганахьала ирымоу агәаанагара рыԥсахыр ауеит. «Еснагь шәазхиаз» зыгәра жәго «аӡбахә иазҵаауа аҭак [ры]ҭара», насгьы «уи хаала, ҳаҭырқәҵарала иҟашәҵала» (1 Пиотр 3:15). Шәааи аҟәымшәышәра ҳалаҳааӡалап, избанзар уи иӷәӷәоу уаҩны ҳҟанаҵоит! w23.09 19, абз. 18, 19
Ахаша, декабр 3
Ишәшәышәҵа... ачҳара (Кол. 3:12).
Шәааи ауаҩы ачҳара шилоу узырбо ԥшь-ганк ҳрылацәажәап. Актәи, ачҳара злоу ауаҩы агәыԥжәара иҽеиҭаӡом. Иара игәы ԥыржәарц ианашьҭоугьы, астресс анимоугьы агәҭынчра ирӡӡом, насгьы ишьа иуӡом (Ақәҵ. 34:6). Аҩбатәи, ачҳара злоу ауаҩы акы азыԥшышьа идыруеит. Уск иара дшазыԥшыз еиԥш акәымкәа, еиҳаны аамҭа аҭаххазар, иара дгәамҵӡом, иԥсахгьы еибакӡом (Матф. 18:26, 27). Ахԥатәи, ачҳара злоу ауаҩы дыццакы-ццакуа акгьы ҟаиҵаӡом. Ачҳара злоу ауаҩы ихадоу дҵак аниоулак, уи дымхәыцӡакәа ахьышәҭҳәа далагаӡом, насгьы уи дыццакы-ццакуа иҟаиҵаӡом. Иара зегьы ибзианы дазхәыцны еиҿикаарц азы шаҟа аҭаху аамҭа азалихуеит. Анаҩс адҵа анагӡара шаҟа аҭаху аамҭа азикуеит. Аԥшьбатәи, ачҳара злоу ауаҩы дымгәамҵӡакәа ауадаҩрақәа рыхгара иҽазишәоит. Иара иԥсҭазаараҿы иҟоу абзиарақәа гәеиҭоит, насгьы агәырӷьара мырӡкәа ауадаҩрақәа рыхгара иҽазишәоит (Кол. 1:11). Ҳара, ақьырсианцәа, иаҳҭахуп ачҳара злоу ауаҩы егьырҭ ауаа дызларылукаауа еиқәыҳаԥхьаӡаз ԥшь-ганк ҳалазарц. w23.08 20—21, абз. 3—6
Аԥшьаша, декабр 4
Агәқәа ҭызҵаауа Иегова иоуп (Ажәам. 17:3).
Ҳара асимволтә ҵакы змоу ҳгәы ҳахьчалароуп, избанзар Иегова уи иҭаҵәаху зегь идыруеит. Ус анакәха, иара ауаа ирымбогьы ибоит. Анцәа ҳзеиԥшраҵәҟьоу идыруеит. Иара игәаԥхоит аԥсҭазаара узҭо аҟәыӷарала, даҽакала иуҳәозар, иара иҟәыӷарала ҳахшыҩ анҳарҭәуа (Иоанн 4:14). Убри азоуп Аҩсҭааи уи идунеии рышҳам аҟынтә, даҽакала иуҳәозар, ицқьам ахымҩаԥгашьеи амцҵарақәеи рҟынтә ҳгәы зыҳахьчо (1 Иоанн 5:18, 19). Ҳара Иегова ҳаизааигәахацыԥхьаӡа иара иахь ҳабзиабареи ҳпатуқәҵареи еиҳагьы еизҳауеит. Ҳара жәҩантәи Ҳаб игәы иҳархьыр ҳҭахӡам. Убри азоуп агәнаҳа азхәыцраҵәҟьагьы заҳҭахым. Хорватиа инхо аиаҳәшьа Марта аламысдарахь дназгар алшоз ахыхра дақәшәеит. Лара илҩит: «Уи аминуҭ азы еилыкка ахәыцра сцәыуадаҩын. Иҽеимыз агәаҳәара убриаҟара иӷәӷәан, уи аҿагылара сылымшозшәа збон. Аха Иегова иҿаԥхьа исымаз ашәара сеиқәнархеит». Ишԥалыцхрааи Марта Анцәа иҿаԥхьа илымаз ашәара? Лара иҽеимыз агәаҳәара лҽалҭазҭгьы, уи иаанагар алшоз алҵшәақәа дрызхәыцуан. Ари ҳара ҳзы ҿырԥш бзиоуп. w23.06 20—21, абз. 3, 4
Ахәаша, декабр 5
«Ажәларқәа еилыркаауеит сара Иегова шсакәу, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, — шәара шәыла сшыԥшьоу андсырбо» (Иез. 36:23).
Иисус идыруан Иегова гәҭакыс имоу ихьӡ аԥшьареи, иазырҳәаз амц аҟынтә арыцқьареи шакәу. Убри азоуп Арҵаҩ Ду иҵаҩцәа Анцәа абас иҳәаларц зыдирҵоз: «Ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаб, ҳаҭыр ду ақәзааит уара ухьӡ» (Матф. 6:9). Иисус еиликаауан Иегова ихьӡ аԥшьара ашамҭақәа зегьы рҿаԥхьа иқәгылоу зегь раасҭа ихадоу аимактә зҵаара шакәу. Уи азҵаара аӡбаразы амаалықьцәеи ауааи рҟынтә Иисус иаасҭа еиҳаны иҟазҵаз аӡәгьы дыҟаӡам. Ус шакәугьы, иарбан хароу Иисус идырҵаз? Анцәа дирџьоит ҳәа! Иаб иԥшьоу ихьӡ ирџьоит ҳәа ахара идырҵеит, арахь уи зегь раасҭа ицәымӷыз гәнаҳан. Убри азы акәзар ҟалап Иисус дыкны дыргаанӡа сааҭқәак шагыз «даараӡа игәы [зихьуаз]» (Лука 22:41—44). w24.02 11, абз. 11
Асабша, декабр 6
Аҩны ҟәыӷарала еиҿкаахоит (Ажәам. 24:3).
Ақьырсианцәа рҭынхацәа раасҭа Иеговеи Иисуси бзиа ирбалароуп (Матф. 10:37). Аха уи иаанагаӡом Анцәеи Христоси ҳаргәырӷьоит ҳәа ҳҭаацәа каҳажьроуп ҳәа. Анцәеи Христоси ргәы ҳақәшәаларц азы, ҳҭаацәара рҿаԥхьа иҳаду аҭакԥхықәрақәа еиҳагьы еиӷьны инаҳагӡалароуп (1 Тим. 5:4, 8). Уи ҳара анасыԥ ҳнаҭоит. Избанзар Иегова аҭаацәа анасыԥ рзаазго аформула риҭеит: хаҵеи-ԥҳәыси бзиа еибабалароуп, насгьы пату еиқәырҵалароуп, аҭаацәа — рхәыҷқәа бзиа ирбалароуп, ирааӡалароуп, ахәыҷқәа — рҭаацәа ирзыӡырҩлароуп (Еф. 5:33; 6:1, 4). Ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи, Абиблиа иану иҟәыӷоу алабжьарақәа рыгәра жәгала. Шәемоциақәеи, шәкультураҿы иҟоу аҵасқәеи, аҭаацәарақәа ирылабжьо аекспертцәеи шәрықәымгәыӷлан. Ҳорганизациа аҟынтә иҳауа аматериал шәхы иашәырхәала. Уа абиблиатә принципқәа ҳхы ишаҳархәалаша иазкны алабжьара бзиақәа аагоуп. w23.08 28, абз. 6, 7
Амҽыша, декабр 7
Уахгьы-ҽынгьы убжьы ныҵакны уи уаԥхьала, иану зегьы ак агмыжькәа уацныҟәаларц азы. Убасҟан умҩаҿы уманшәалахоит, насгьы иҟауҵо зегь аҿы аҟәыӷара уцзаауеит (Иис. Н. 1:8).
Аӡӷаб данхәыҷу илҵо дандухо илыцхраауеит. Иаҳҳәап, ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи ҵала. Культурақәак рҿы аҳәса аԥхьашьеи аҩышьеи рзымдыруазаргьы егьаурым ҳәа рыԥхьаӡоит. Аха ақьырсианцәа зегьы аԥхьашьеи аҩышьеи рдыруазар бзиоуп (1 Тим. 4:13). Убри аҟынтә, уи бзымариамзаргьы, ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи ҵала. Ишԥабыхәо уи аԥсҭазаараҿы? Аусура аԥшаара бзымариахоит, еиҳа еиӷьны Анцәа Иажәа аҭҵаареи егьырҭ уи аҿы рыцхраареи былшоит. Аха зегь раасҭа ихадоу, Абиблиа бахьаԥхьало, насгьы уи инарҵауланы бахьазхәыцло абзоурала Иеговеи бареи шәеиҩызара бырӷәӷәоит (1 Тим. 4:15). w23.12 20, абз. 10, 11
Ашәахьа, декабр 8
Иегова идыруеит изиашоу ауаа аԥышәарақәа раан ишеиқәирхаша (2 Пиотр 2:9).
Иегова шәхызхыр алшо аҿагылара дшәыцхрааларц шәиҳәала. Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы аџьабаа ҳбалароуп. Аҩсҭаа ҳамҩақәиҟьарц азы иҟаимҵо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Иаҳҳәап, иара ҳхәыцшьа ԥхасҭеитәырц азы иҟьашьу агәырҿыхагақәа ихы иаирхәоит. Ус еиԥш иҟоу агәырҿыхагақәа иҟьашьу ахәыцрақәа ҳазцәырыргар алшоит. Урҭ ахәыцрақәа ҳгәаҭа бжьырхуеит, насгьы агәнаҳа ӷәӷәа ҳдырҟаҵар ауеит (Марк 7:21—23; Иак. 1:14, 15). Ҳхызхыр алшо акы ҳаҿагылар ҳҭахызар, Иегова ицхыраара ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Иисус иҵаҩцәа Анцәа ишиҳәалатәу аныдирҵоз, иҳәеит: «Ҳхызхуа ҳҽаҳамҭарц уҳацхраа, Аҩсҭаа ҳаицәыхьча» (Матф. 6:13). Иегова ҳацхраара дазхиоуп, аха уи азы иара ҳиҳәалароуп. Уи адагьы, ҳаҳәарақәа инарықәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалароуп. w23.05 6—7, абз. 15—17
Аҩаша, декабр 9
Хԥаны еикәыршоу ашаха лассы иԥҵәом (Еккл. 4:12).
Хаҵеи-ԥҳәыси жәҩантәи Раби дареи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны иршьозар, иара урҭ ириҭо алабжьарақәа гәыкала рхы иадырхәоит. Уи рыцхраауеит рыбзиабара зырхьшәашәар алшо ауадаҩрақәа рыхгара. Иара убас зхаҵара ӷәӷәоу ауаа Иегова иҿыԥшреи иара илоу аҟазшьақәа реизырҳареи рҽазыршәоит. Дара ақьиареи ачҳареи раарԥшра, насгьы гәыҭбаарала рыгхақәа ранеибажьра рҽазыршәоит (Еф. 4:32—5:1). Ус еиԥш иҟоу аҭаацәараҿы, абзиабара еиҳа-еиҳа еизҳалоит. 25 шықәса инареиҳаны аҭаацәара иалоу Лена илҳәоит: «Зхаҵара ӷәӷәоу ауаҩы бзиа ибареи пату иқәҵареи еиҳа имариоуп». Ҳахәаԥшып библиатә ҿырԥштәык. Иегова иираны иҟаз Мессиа изы аҭаацәа аналихуаз, Давид ишьҭра иатәыз зегь рҟынтә Иосифи Мариеи алихит. Избан? Урҭ рҩыџьагьы Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа ӷәӷәан. Анцәа идыруан урҭ рҭаацәалазаараҿы иара иахь абзиабара зегь раасҭа ишхадазаауа. w23.05 20—21, абз. 3, 4
Ахаша, декабр 10
Шәыбжьара напхгара ҟазҵо шәырзыӡырҩла (Аур. 13:17).
Аизара Ахада, Иисус Христос, днаӡоуп. Аха анапхгара злаҳаиҭо инаӡам ауаа рыла ауп. Ҳара урҭ рзыӡырҩра ҳцәыцәгьазар ауеит, еиҳарак иаҳгәамԥхо ак ҟаҳҵарц ҳарҳәозар. Апостол Пиотр зны ус еиԥш иҟаз аҭагылазаашьа дақәшәахьан. Амаалықь иеиҳәеит Моисеи изакәан ала ицқьам ҳәа иԥхьаӡоу аԥстәқәа ржьы ифарц. Пиотр мап икит, знык акәымкәа, хынтәгьы! (Аус. 10:9—16). Избан? Избанзар иҿыцыз уи анапхгара заҭахыз изеилкааӡомызт. Апостол Павел иакәзар, аҳәатәхаҵара ааирԥшит Иерусалим иҟаз аизара ахылаԥшыҩцәа ианиарҳәа ԥшьҩык ахацәа дрыцны аныҳәарҭахь дцаны азакәан ишаҳәоз еиԥш иҽирыцқьарц. Усҟан зегьы ирбарҭахон Павел азакәан дшықәныҟәо. Иара идыруан ақьырсианцәа уаҳа Моисеи изакәан иқәныҟәалар шакәмыз, насгьы ииашам ҳәа акгьы шыҟаимҵоз. Аха «адырҩаҽны Павел урҭ ахацәа иманы дцан, азакәан ишаҳәоз еиԥш иҽирыцқьеит» (Аус. 21:23, 24, 26). Иара аизара ахылаԥшыҩцәа иарҳәаз ҟаиҵеит, уи аизара еиднакылеит (Рим. 14:19, 21). w23.10 10, абз. 15, 16
Аԥшьаша, декабр 11
Иегова иҩызахара зылшо, иара ицәшәо роуп (Аԥсал. 25:14).
Шәара ахаан ишәҳәаӡом аиҩызцәа еицәшәалароуп ҳәа. Аха Иегова иҩызахара зҭаху иара ицәшәалароуп. Ҳара Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа шықәса ҵуазаалакгьы, иҿаԥхьа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара ҳамазароуп. Аха иаанагозеи Анцәа ицәшәара? Анцәа иҿаԥхьа ииашоу ашәара змоу ауаҩы, Анцәа бзиа дибоит, насгьы реиҩызара бжьызхыр алшо ак ҟаиҵар иҭахӡам. Иисус убас еиԥш иҟаз ашәара акәын имаз. Абиблиаҿы иануп иара «Анцәа дицәшәон» ҳәа (Аур. 5:7). Уи ицәа дҭазырӡыӡоз ашәара акәӡамызт (Ис. 11:2, 3). Иисус гәыкала Иегова бзиа дибон, насгьы зегь рыла дизыӡырҩлар иҭахын (Иоанн 14:21, 31). Убас еиԥш ҳаргьы Иегова гәыкала пату иқәаҳҵоит, избанзар иара абзиабареи, аҟәыӷареи, аиашареи злоу, насгьы амч змоу Нцәоуп. Ҳара иаҳдыруеит Иегова бзиа ҳшибо, насгьы ҳанымҩақәиҵо ҳхы шымҩаԥаҳго иара изы ишхадоу. Ҳара Иегова ма игәы иҳархьуеит, ма дҳаргәырӷьоит (Аԥсал. 78:41; Ажәам. 27:11). w23.06 14, абз. 1, 2; 15, абз. 5
Ахәаша, декабр 12
Даныӷәӷәаха, дԥагьахеит. Уи иара дҭанархеит. Иара... Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵеит (2 Аш. 26:16).
Аҳ Уззиа даныӷәӷәаха, насгьы ақәҿиара аниоу, уи зегь зыбзоурахаз Иегова шиакәыз ихашҭит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳаԥсҭазаараҿгьы ҳмаҵзураҿгьы бзиарас иҳамоу зегьы Иегова шиакәу иҳазҭаз. Ҳақәҿиарақәа рхыҽхәара аҭыԥан, аҽхәаԥхьыӡ Иегова иахь иҳархалароуп (1 Кор. 4:7). Ҳара ахынраалара аарԥшны еилаҳкаауазароуп ҳшынаӡам, агхақәагьы шҳахьуа. 60 шықәса ирҭысхьоу иашьак иҳәоит: «Сара сандыриашо сымгәааларц, насгьы сгәы касмыжьларц азы схы аус адызулеит. Зны-зынла гаӡарақәакгьы ҟасҵоит. Сара сандыриашо алабжьарақәа сыдкыланы ԥхьаҟа сцоит, избанзар сара еилыскаауеит уи аҽеиӷьтәра ишсыцхраауа». Ҳара Иегова ҳаизыӡырҩуазар, насгьы ҳхы ҳараҳамкуазар, анасыԥҵәҟьа ҳамазаауеит (Ажәам. 22:4). w23.09 10, абз. 10, 11
Асабша, декабр 13
Шәара ачҳара шәҭахуп, Анцәа ииҭаху анынашәыгӡалак, шәызқәыргәыӷу шәоурц азы (Аур. 10:36).
Раԥхьатәи ақьырсианцәа ачҳара рҭахын. Ауаа зегь зықәшәо ауадаҩрақәа рыдагьы, дара егьырҭ аԥышәарақәагьы ирықәшәон. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәон — иудеиатәи адиннапхгаҩцәеи римтәи аруааи рганахьала адагьы, рыуацәа рганахьалагьы (Матф. 10:21). Аизараҿы акәзар, акзаара еилазгоз аҵабырг иацәхьаҵыз рҵарақәеи дареи рнырра иаҿагылалар акәын (Аус. 20:29, 30). Арҭ ауадаҩрақәа зегьы рҿы урҭ ақьырсианцәа ачҳара аадырԥшуан (Аат. 2:3). Ирыцхраауази дара? Урҭ Иов иеиԥш ачҳара аазырԥшуаз Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа ирызхәыцуан (Иак. 5:10, 11). Иара убас дара Анцәа амч риҭарц иҳәон (Аус. 4:29—31). Уи адагьы, урҭ ақьырсианцәа ирхадыршҭӡомызт, зегь рхыргар, Иегова дшырзылԥхоз (Аус. 5:41). Ҳаргьы зегь ҳхаҳгар ҳалшоит, Абиблиеи ҳлитературеи рҿы зыӡбахә ҳәоу ачҳара аазырԥшуаз Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа есымша ҳрызхәыцуазар. w23.07 3, абз. 5, 6
Амҽыша, декабр 14
Шәыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳреи иара ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аусқәеи зегь раасҭа ихадаз, усҟан Анцәа шәзызгәаҟуа зегь шәиҭоит (Матф. 6:33).
Иеговеи Иисуси ахаан ҳаанрыжьӡом. Апостол Пиотр Иисус дсыздырӡом ҳәа аниҳәа ашьҭахь, ихадоу аӡбара идикылар акәын: Христос даанижьуоу, анаҩсгьы ишьҭа дхыланы дцалоу. Иисус дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова диҳәон Пиотр ихаҵара мԥсыҽхарц азы. Иисус Пиотр иеиҳәеит иара изы Анцәа дышиҳәоз, насгьы иҳәеит ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр иашьцәа ргәы арӷәӷәара шилшо агәра шиго (Лука 22:31, 32). Пиотр арҭ ажәақәа анигәалашәоз ҿыц имч ҭалозҭгьы ҟаларын. Ҳаргьы уи аҩыза алхра ҟаҵатәыс иҳаур, Иегова абзиабара аазырԥшуа ахьчацәа рыла дҳацхраауеит. Дара Иегова даанҳмыжьырц иҳацхраауеит (Еф. 4:8, 11). Иегова Пиотри егьырҭ апостолцәеи рҭахрақәа дреиҷаҳауан. Убас еиԥш ҳаргьы ҳҭахрақәа дреиҷаҳалоит, имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылалар. w23.09 24—25, абз. 14, 15
Ашәахьа, декабр 15
Арыцҳа иахь ақьиара аазырԥшуа Иегова иирԥсахуеит, убри азы Иара уи диқәныҳәоит (Ажәам. 19:17).
Иегова ҳус қьиақәа, зынӡа имаҷзаргьы, урҭ гәеиҭоит. Иара уи зыхә ҳараку кәырбанны, даҽакала иуҳәозар, иара ирхынҳәыр акәу уалны иԥхьаӡоит. Аизара ацхырааҩыс, ма аизара ахылаԥшҩыс уаҳа амаҵ умуазар, Иегова уеизгьы иубаз аџьабааи аус бзиақәа рыҟаҵара угәазҭазҵоз абзиабареи ахаан ихашҭӡом (1 Кор. 15:58). Иара убас Иегова абзиабара аарԥшра ушаҟәымҵуа ибоит. Иегова иҭахуп ҳара зегьы иара иахь, насгьы егьырҭ рахь ҳабзиабара еизҳарҳаларц. Анцәа Иажәа ҳаԥхьалар, ҳзыԥхьо ҳазхәыцлар, насгьы Иегова лассы-лассы ҳиҳәалар, иара иахь ҳабзиабара ӷәӷәахоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхраалар, урҭ рахь ҳабзиабара еизҳалоит. Усҟан Иеговеи ҳдоуҳатә ҭаацәареи еиҳагьы ҳарзааигәахоит, ҳаиҩызарагьы наӡаӡа иҟазаауеит! w23.07 10, абз. 11; 11, абз. 13; 13, абз. 18
Аҩаша, декабр 16
Дасу иара иеидара даҵоуп (Гал. 6:5).
Ақьырсиан игәабзиара дшеиҷаҳало ихаҭа иӡбароуп. Абиблиаҿы аҽыхәышәтәра иазкны закәанқәак роуп иану, иаҳҳәап, ашьа ҳҽацәаҳахьчалар, насгьы аспиритизм ааигәа ҳамнеилар шҳахәҭоу (Аус. 15:20; Гал. 5:19, 20). Егьыс — ауаҩы ихатә алхра ҟаиҵоит. Ҳара иалаҳхыз ахәышәтәышьа иашоуп ҳәа ҳаԥхьаӡозаргьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҟарҵо алхра пату ақәаҳҵалароуп. Абарҭ азхәыцрақәа шәхашәмыршҭлан: 1) Анцәа Иаҳра мацара ауп ачымазарақәа зегь ықәызго (Ис. 33:24); 2) ақьырсиан иҭагылазаашьаҿы иара изы зегь иреиӷьу ахәышәтәышьа алихуеит (Рим. 14:5); 3) егьырҭ ҳармықәыӡбалароуп, ма рхаҵара зырԥсыҽыр алшо ак ҟаҳамҵалароуп (Рим. 14:13); 4) ақьырсианцәа абзиабара аадырԥшуеит, дара рзы аизараҿы акзаара еиҳа ихадоуп рхатә алхра аҟаҵаразы ирымоу ахақәиҭра аасҭа (Рим. 14:15, 19, 20). w23.07 24, абз. 15
Ахаша, декабр 17
Иназореира амшқәа раан иара Иегова изы дыԥшьоуп (Ахыԥхь. 6:8).
Рыхә ҳаракны ишәшьома Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа? Агәра ганы ҳаҟоуп ишышәшьо! Иегова гәыкала бзиа дызбоз ауаа жәытәнатә аахыс иҟан (Аԥсал. 104:33, 34). Имаҵ руларц азы дара мап зцәыркуаз рацәан. Ажәытә Израиль инхоз аназореицәа, ма акы иазкыз, рзгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Аназореицәа Иегова ҷыдала имаҵ ауразы ак мап ацәызкуаз, агәацԥыҳәара злаз израильаа ракәын. Моисеи изакәан излаҳәоз ала, ахаҵа ма аԥҳәыс аамҭак аҩныҵҟа аназореи иаҳасабала дшынхало Иегова ҷыдала ажәа ирҭар рылшон (Ахыԥхь. 6:1, 2). Ауаҩы ус еиԥш иҟоу ажәа Иегова ианииҭоз, егьырҭ израильаа зыҟаҵара уалс ирыдмыз шыҟаиҵало аанарԥшуан. Избан аӡәы дназореихарц зиӡбоз? Ауаҩы уи игәазҭазҵоз Иегова иахь имаз абзиабара ӷәӷәеи иҳамҭақәа рзы иааирԥшуаз аџьшьареи ракәзар ҟаларын (Ҩынтә. 6:5; 16:17). w24.02 14, абз. 1, 2
Аԥшьаша, декабр 18
Иегова... бзиа узбо, уԥҟарақәа ирықәныҟәо зегь гәыкала бзиа избо уоуп (Дан. 9:4).
«Гәыкала аҟазаара», ма «гәыкала иҟоу абзиабара» ҳәа Абиблиаҿы еиҭагоу ауриатә ажәа аӡәы угәы шизыбылуа аанарԥшуеит. Ус еиԥш иҟоу абзиабара Анцәа иҩызцәа рахь иааирԥшуеит. Иара убас Абиблиаҿы ари ажәа уԥылоит Анцәа имаҵзуҩцәа дара-дара рыбжьара иаадырԥшуа абзиабара аӡбахә анаҳәо (2 Сам. 9:6, 7). Аамҭа цацыԥхьаӡа гәыкала иҟоу ҳабзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалар алшоит. Даниил иҿырԥшы уи шьақәнарӷәӷәоит. Даниил Иегова гәыкала дшизыҟаз ԥызшәоз аҭагылазаашьақәа иԥсҭазаараҿы зныкымкәа дрықәшәахьан. 90 шықәса дырҭысхьан еиԥш зегь раасҭа иуадаҩыз аԥышәарақәа руак дақәшәеит. Аҳ имаҵуцәа Даниил дырцәымӷын, уи зымаҵ иуаз Анцәагьы пату иқәырҵаӡомызт. Убри аҟынтә Даниил дшыршьшаз рхәыцит. Дара аҳ закәанк инапы аҵеиҩыртә иҟарҵеит, уи Даниил гәыкала дыззыҟаз дызусҭаз аанарԥшуан: Анцәа иакәзу, аҳ иакәзу. Уи азакәан инақәыршәаны зықәрахь инеихьаз аԥааимбар 30 мшы рыҩныҵҟа Иегова димыҳәалар акәын. Убас иара аҳ гәыкала дшизыҟаз ааирԥшуан, аԥсрагьы дацәцон. Аха Даниил уи адҵа ақәныҟәара мап ацәикит (Дан. 6:12—15, 20—22). w23.08 4—5, абз. 10—12
Ахәаша, декабр 19
Еишьцәаҵас бзиа шәеибабала анаҩсгьы (Аур. 13:7).
Иегова иҭахуп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбаларц. Дара ҳгәы ҳзырхьыз акы рҳәазаргьы, уи цасҳәа иҟарҵеит ҳәа ҳамхәыцлароуп (Ажәам. 12:18). Ҳара агәра ҳгозароуп ҳашьцәа ииашаны рхы мҩаԥыргалар шырҭаху, аха зны-зынла уи рзалҵӡом. Анцәа имаҵзуҩцәа шынаӡамгьы бзиа ибоит, урҭ агхақәа аныҟарҵо мап рцәикӡом. Абиблиаҿы иануп: «Иара... игәынамӡара аамҭалоуп» (Аԥсал. 103:9). Ҳаргьы жәҩантәи Ҳаб ҳаиҿыԥшны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгхақәа ранаҳажьлароуп (Еф. 4:32—5:1). Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ҳарӷәӷәалароуп. Наҟ-наҟ ашьҭашәарыцарақәа еиҳагьы рыҽдырцәгьар ҟалоит. Ҳхаҵаразы абахҭа ҳҭашәаргьы алшоит. Усҟан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыда ԥсыхәа ҳауӡом (Ажәам. 17:17). w24.03 15—16, абз. 6, 7
Асабша, декабр 20
Ауаҩы ишьаҿақәа ахырхарҭа рызҭо Иегова иоуп (Ажәам. 20:24).
Абиблиаҿы Анцәа гәыкала изыҟаз иқәыԥшыз имаҵзуҩцәа рыӡбахә ануп. Урҭ Анцәа изааигәан, аԥсҭазаара бзиагьы нырҵит. Урҭ руаӡәк Давид иакәын. Иара данқәыԥшыз инаркны Иегова диҩызахахьан. Ԥыҭрак ашьҭахь Анцәа гәыкала изыҟаз аҳ иакәны дҟалеит. Ҳәарада, иара аамҭа-аамҭала агхақәа ҟаиҵон (1 Аҳ. 3:6; 9:4, 5; 14:8). Шәара Давид иԥсҭазаареи имаҵзуреи еиҳа инарҵауланы иҭышәҵаар, еиҳагьы Иегова имаҵ аура шәҭаххоит. Иара убас шәара ишәылшоит Марк, мамзаргьы Тимофеи рҿырԥшқәа ҭышәҵаар. Шәара еилышәкаауеит дара анқәыԥшыз Иегова имаҵ аура ишалагаз, насгьы рыԥсы ахьынӡаҭаз гәыкала ишизыҟаз. Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, шәыԥсҭазаара зеиԥшрахо зхьыԥшу уажәы ишәыдышәкыло аӡбарақәа роуп. Шәара шәхы акәымкәа Иегова шәиқәгәыӷуазар, иара шәымҩақәиҵалоит. Шәара анасыԥҵәҟьа шәымазаауеит. Ишәхашәмыршҭлан: Иегова иара изы иҟашәҵо зегь ахә ҳаракны ишьоит. Ҳаԥсҭазаара бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб, Иегова, имаҵ аура азкра аасҭа еиӷьу акрыҟоума?! w23.09 13, абз. 18, 19
Амҽыша, декабр 21
Гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла (Кол. 3:13).
Апостол Павел ибзианы идыруан аишьцәеи аиҳәшьцәеи шынаӡам. Иаҳҳәап, данқьырсианха, раԥхьа аизараҿы игәра рымгаӡеит (Аус. 9:26). Ԥыҭрак ашьҭахь шьоукы ихьӡ бжьырхырц азы уҳәан-сҳәан изырҳәо иалагеит (2 Кор. 10:10). Павел ибон аизара ахылаԥшҩы ииашаӡамкәа ихы шымҩаԥигоз, уи егьырҭ рхаҵара иаԥырхагахар алшон (Гал. 2:11, 12). Уи адагьы, иҩызцәа бзиақәа руаӡәк, Марк, Павел ӷәӷәала игәы иирхьит (Аус. 15:37, 38). Арҭ аҭагылазаашьақәа зегьы рҿы Павел иӡбар ауан уаҳа урҭ рымԥан дықәлаӡом ҳәа. Аха иара урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟазшьа бзиақәа рбара иҽазишәон, насгьы гәыкала Иегова имаҵ шиуц иуан. Ицхраазеи иара? Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ибон. Абзиабара ирыгу акәымкәа, бзиарас ирылоу агәаҭара игәазҭанаҵон. Иара убас уи аҟазшьа ицхраауан иахьатәи ажәеинраалаҿы иану алабжьара ақәныҟәара. w24.03 15, абз. 4, 5
Ашәахьа, декабр 22
Иҳақәиҭу имаҵуҩы аимак-аиҿак иҽацәихьчалароуп, зегьы рзы дҟәымшәышәзароуп (2 Тим. 2:24).
Абиблиаҿы аҟәымшәышәра злаз ауаа рацәаҩны рыӡбахә ануп. Исаак урҭ дыруаӡәкуп. Иара филистимаа рықалақь Герар азааигәара анхара даналага, иҵашьыцуаз игәылацәа иаб имаҵуцәа иржыз аҵеџьқәа анышә рҭарыԥсеит. Исаак урҭ ажәа рымакра даламгаӡеит. Иара даҽаџьара диасын, уаҟа аҵеџь ҿыцқәа ижит (Аҟаз. 26:12—18). Аха филистимаа уи аӡгьы ҳара иаҳтәуп ҳәа иаақәгылеит. Усҟангьы Исаак аҭынчра ааирԥшит (Аҟаз. 26:19—25). Ицхраазеи Исаак аҟәымшәышәра аарԥшра, филистимаа иара ажәа имакра шырҭахызгьы? Иҭаацәа Авраами Сарреи рҿырԥшы. Иара ибон иаб ауадаҩрақәа ҭынч ишиӡбоз, насгьы «аҭынчреи аҟәымшәышәреи» злаз иан лҿырԥшы гәеиҭон (1 Пиотр 3:4—6; Аҟаз. 21:22—34). w23.09 15, абз. 4
Аҩаша, декабр 23
Сара уи сгәы иҭаскит, иагьынасыгӡоит (Ис. 46:11).
Иегова иалихыз аамҭазы зегь раԥхьаӡа иишаз Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит. Иисус уи Аҳра аӡбахә ауаа ирзеиҭеиҳәон, насгьы агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ҳҿихырц азы иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Убри ала Анцәа ибзиабара дуӡӡа ааԥшит. Анаҩс Иегова Иисус Анцәа Иаҳраҿы Аҳас дҟаларц азы иԥсы ҭеиҵеит. Тема хадас иамоузеи Абиблиа? Иегова ихьӡ шҳаракхо. Уи ҟалоит Христос дызхагылоу Аҳра ацхыраарала адгьыл азы имоу игәҭакы анынаигӡалак. Иегова игәҭакы аҽаԥсахӡом. Анцәа агәра ҳиргоит ииҳәаз зегь шынаигӡо (Ис. 46:10; Аур. 6:17, 18). Адгьыл џьанаҭхоит, Адами Евеи ирхылҵыз ауаа иашақәа наӡахоит, насгьы наӡаӡа аԥсҭазаара иалагәырӷьалоит (Аԥсал. 22:26). Аха Анцәа гәҭакыс имоу еиҳагьы еиҳауп. Иегова ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы иҟоу имаҵзуҩцәа аӡәк иеиԥш еидикылоит. Дара зегьы Хыхь иҟоу Анцәа Ду имчра ҳаҭыр ақәырҵалоит, насгьы гәыкала имаҵ рулоит (Еф. 1:8—11). Иегова игәҭакы шынаигӡо ҳаназхәыцуа, уи даараӡа ҳгәы шьҭнахуеит! w23.10 20, абз. 7, 8
Ахаша, декабр 24
«Шәыҽшәырӷәӷәа...» «Избанзар сара сшәыцуп», — иҳәоит ар реиҳабы Иегова (Агг. 2:4).
Ауриацәа Вавилонынтәи Иерусалимҟа ианыхынҳә ашьҭахь хара имгакәа ауадаҩрақәа ирықәшәеит. Урҭ рҭаацәарақәа рныҟәгаразы аԥара рызхаӡомызт. Персиатәи аимпериаҿы аилаҩынтрақәа ыҟан. Уи адагьы, иаарыкәыршаны инхоз ажәларқәа дара рцәымӷын. Уи иахҟьаны шьоукы зегь раасҭа ихадаз аус — аныҳәарҭа аргылара — рыԥсҭазаараҿы аԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара рцәыцәгьан. Убри аҟынтә Иегова ҩыџьа аԥааимбарцәа, Аггеии Захариеи, ижәлар ирзынаишьҭит. Дара ажәлар ргәазҭарҵар акәын Иегова изы аџьабаа абара. Аԥааимбарцәа уи рылшеит (Агг. 1:1; Зах. 1:1). Аха 50 шықәса раҟара анҵы ауриацәа дырҩегь агәацԥыҳәара рцәыӡит. Усҟан азакәан ахҩылаараҿы аԥышәа змаз Ездра Вавилонынтәи Иерусалимҟа дааит. Иара ажәлар ргәы шьҭихит, насгьы Иегова имаҵ аура рыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара дрыцхрааит (Езд. 7:1, 6). Аггеии Захариеи рыцхыраарала израильаа Иегова иқәгәыӷра иаҟәымҵӡеит, иаарыкәыршаны иҟаз ажәларқәа ҭаха шрырымҭозгьы. Урҭ аԥааимбарцәа ирҳәаз ҳаргьы иҳацхраауеит, ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы (Ажәам. 22:19). w23.11 14—15, абз. 2, 3
Аԥшьаша, декабр 25
Ишәшәышәҵа абзиабара, избанзар уи еиԥш ауаа еидызкыло ак ыҟам (Кол. 3:14).
Ишԥаҳалшо абзиабара аус аҿы аарԥшра? Азнеишьақәа руак — уи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра ауп. Ҳгәы рыцҳашьарала иҳарҭәуазар, ҳара-ҳара ҳгәы шьҭибахлоит (1 Фес. 4:18). Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳабзиабара мыхьшәашәарц азы? Егьырҭ рыгхақәа ранаҳажьлароуп, уи мариамзаргьы. Избан иахьа еиҳараӡак бзиа ҳаибабалар зҳахәҭоу? Иазгәашәҭ апостол Пиотр мзызс иааигаз: «Иаарласны зегьы рҵыхәтәа ԥҵәоит». Убри аҟынтә иара ақьырсианцәа ргәазҭеиҵеит: «Гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала» (1 Пиотр 4:7, 8). Ҳара ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәаныҵәҟьа ҳанхоит. Ҳаззыԥшызар ҳалшозеи? Иисус заа иҳәеит: «Сыхьӡ азы ажәларқәа зегьы шәырцәымыӷхоит» (Матф. 24:9). Ауаа ҳахьырцәымӷу ҳхаҳгарц азы акзаара ҳмырӡроуп. Убасҟан Аҩсҭаа ҳаиирсырц шиҭахугьы, уи изалҵӡом, избанзар абзиабара ҳаиднакылоит (Флп. 2:1, 2). w23.11 13, абз. 18, 19
Ахәаша, декабр 26
Ҳара — Анцәа аус ицызуа ҳауп (1 Кор. 3:9).
Анцәа Иажәа иану аҵабырг амч ду амоуп. Ҳара Иегова изку аҵабырг ауаа ианыдҳарҵо, Аҩсҭаа имц иахҟьаны рыла ихылаз аш хыҵуеит, насгьы дара Ҳанцәа зеиԥшыҟам иҟазшьақәа рбо иалагоит. Уи џьоумшьар залшом. Дара Иегова шаҟа амч ду имоу анеилыркаауа, ргәы хыҭхыҭуеит (Ис. 40:26). Иара еснагь аиашара шааирԥшуа рбоит (Ҩынтә. 32:4). Иара убас ҳәаа змам иҟәыӷара иҿырҵаауеит (Ис. 55:9; Рим. 11:33). Уи адагьы, Анцәа дшыбзиабароу ахьеилыркаауа, ргәы арҭынчуеит (1 Иоанн 4:8). Дара Иегова ианизааигәахо, наӡаӡа анхаразы агәыӷра роуеит. Шаҟа ҳаҭыр дуузеи иҳаҭәашьоу — Иегова аус ицура, насгьы ауаа иҩызахара рыцхраара! (1 Кор. 3:5). w24.02 12, абз. 15
Асабша, декабр 27
Ажәа иумҭар еиҳа еиӷьуп, иҭаны иноумыгӡар аасҭа (Еккл. 5:5).
Шәара Абиблиа аҵара шәаҿызар, ма Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы ишәызҳауазар, шәазхәыцуама аҽӡаахра? Ари зеиԥшыҟам хықәкуп! Аха зны Иегова шәҽизышәкроуп. Иҽшԥеизикуеи ауаҩы Иегова? Уи азы Иегова лымкаала шәиҳәоит, насгьы ажәа ишәҭоит уажәшьҭа иара заҵәык имаҵ шыжәуло, иара убас игәҭакы анагӡара шәыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ишхадахо. Даҽакала иуҳәозар, шәара Иегова иашәҳәоит гәык-ԥсыкала бзиа дшыжәбало, шәыԥси шәыхшыҩи иара ишизышәкуа, шәымч-шәылшара иара изы шәшамеигӡало (Марк 12:30). Ауаҩы Иегова иҽшизикыз здыруа Иеговеи иареи заҵәык роуп. Аха аӡы иҽанӡааихуа, ауаа рҿаԥхьа иҽӡааихуеит. Убри алагьы идирбоит Анцәа иҽшизикыз. Анцәа зҽизызкыз аӡә иеиԥш шәара Анцәа ишәҭаз ажәа шәазиашазар ауп. Иегова уи дазыԥшуп (Еккл. 5:4). w24.03 2, абз. 2; 3, абз. 5
Амҽыша, декабр 28
Дасу ихы бзиа ишибо еиԥш иԥҳәыс бзиа дибалааит, аԥҳәыс лакәзар, лхаҵа гәыкала пату иқәылҵалааит (Еф. 5:33).
Ауадаҩра змам аҭаацәарақәа ыҟаӡам. Абиблиа иаартны иаҳәоит аҭаацәара иалало рыԥсҭазаараҿы «ауадаҩра ҿыцқәа цәырҵуеит» ҳәа (1 Кор. 7:28). Избан? Избанзар ахаҵагьы аԥҳәысгьы наӡаӡам, дасу ихатә ҟазшьеи иҷыдарақәеи имоуп. Хаҵеи-ԥҳәыси ркультуреи рааӡашьеи еиԥшымзар ауеит, аӡәы игәаԥхо даҽаӡәы игәамԥхозар алшоит. Аамҭак ашьҭахь еибагаанӡа ирымбоз аҟазшьақәа цәырҵыр ҟалоит. Уи ахьшәашәара рыбжьанаҵар ауеит. Дасу ирыгу шыҟоу еилкааны ауадаҩра аӡбара аҭыԥан, зегьы рхатә ҩыза ихарарҵалар ҟалоит. Ауадаҩра ӡбашьас иамоу хазы анхара, мамзаргьы аилыҵра ауп ҳәа ргәы иаанагаргьы алшоит. Аха ирынаҭома уи еиҳа анасыԥ? Мап. Иегова хаҵеи-ԥҳәыси аҭаацәара пату ақәырҵалар иҭахуп, аицынхара рцәыцәгьазаргьы. w24.03 16, абз. 8; 17, абз. 11
Ашәахьа, декабр 29
Ҳара уи агәыӷра шҳамаҵәҟьоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (Рим. 5:5).
Анцәа шәҽанизышәк, насгьы аӡы шәҽанӡаашәх ашьҭахь, Иегова изку адыррақәеи иара иахь шәыбзиабареи еизҳауан. Уи адагьы, џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа шәынхалар шшәылшо иазку агәыӷра шынаӡо ала шәыгәрагара еиҳагьы иӷәӷәахон (Аур. 5:13—6:1). Иҟалап Римаа 5:2—4 аҿы зыӡбахә ану шәхаҭа иԥышәшәазар. Шәара еиуеиԥшым ауадаҩрақәа шәыман, аха урҭ шәыриааицыԥхьаӡа Анцәа дышшәыргәырӷьо жәбон. Шәара ижәдыруеит Анцәа бзиа шәшибо, убри аҟынтә агәра ганы шәыҟоуп шәзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо. Уажәы шәара шәгәыӷра ашьаҭа шыӷәӷәоу агәра агаразы еиҳагьы амзызқәа шәымоуп. Уи уаанӡа аасҭа еиҳагьы ахә ҳаракны ишәшьоит. Шәгәыӷра шынаӡаҵәҟьо агәра ганы шәыҟоуп, убри аҟынтә уи шәыԥсҭазаара зегь ианыԥшуеит: шәҭынхацәа шәшырзыҟоу, ишәыдышәкыло аӡбарақәа, насгьы шәаамҭа шәхы ишашәырхәо. Анцәа данҳаргәырӷьо ҳгәыӷра ӷәӷәахоит. Апостол Павел иажәақәагьы агәра ҳдыргоит уи хымԥада ишынаӡо (Рим. 15:13). w23.12 12—13, абз. 16—19
Аҩаша, декабр 30
[Иегова] шәзықәгәыӷыртә иҟоу иоуп (Ис. 33:6).
Зны-зынла аԥышәара ӷәӷәақәа ҳшьара ҳақәдырҟьоит. Ҳара ахаан иҳамҳәарыз, иҟаҳамҵарыз ҳҳәар ма иҟаҳҵар ауеит. Ацәқәырԥақәа анеисуа аӷба шаҟьо еиԥш, ҳемоциақәа ҳарҟьалар алшоит. Дышԥаҳацхраауеи Иегова, ҳцәаныррақәа ацәқәырԥақәа ианырҩызоу? Иара дышҳавагыло, насгьы агәҭынчра шҳаиҭо ҳақәиргәыӷуеит. Аӷба афырҭын ианақәшәо, ацәқәырԥақәа уи ӷәӷәала ирҟьоит. Аӷба мааҳәырц азы аҵаҿы наҟ-ааҟ астабилизаторқәа арҭоит. Уи абзоурала ацәқәырԥақәа аӷба уиаҟара ирызҟьаӡом, насгьы аӷба иҭоу ауаа акгьы иацәшәаӡом. Аӷба амшын ихыланы ианцо, астабилизаторқәа еиҳагьы еиӷьны аус руеит. Убас еиԥшҵәҟьа, иуадаҩу аамҭақәа раан ҳаанымгылаӡакәа ԥхьаҟа ҳцозар, Иегова агәҭынчра ҳаиҭоит. w24.01 22, абз. 7, 8
Ахаша, декабр 31
Анцәа сиқәгәыӷуеит, сшәаӡом (Аԥсал. 56:4).
Шәаншәо шәхы шәазҵаа: «Иҟаиҵахьои Иегова?» Шәрызхәыц ишамҭақәа. Иаҳҳәап, аԥсаатәқәеи ашәҭқәеи. Иегова урҭ иара иеиԥшны ишимшазгьы, имҵахырхәалартә алшара шрымамгьы, урҭ дреиҷаҳауеит. Ус акәзар, шәара еиҳагьы дшәеиҷаҳауеит (Матф. 6:25—32). Уи шәазхәыцлар, Иегова иахь шәыгәрагара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Иара убас шәазхәыц имаҵзуҩцәа дышреиҷаҳауа. Абиблиатә аамҭақәа раан инхоз, ма иахьа инхо ахацәеи аҳәсеи рыӡбахә ҭышәҵаар шәылшоит. Уи адагьы, Иегова хаҭала шәара шәзы иҟаиҵаз шәхашәмыршҭлан. Дышԥашәыцхрааи аҵабырг аилкаара? (Иоанн 6:44). Ишԥаҟаиҵо шәыҳәарақәа рҭак? (1 Иоанн 5:14). Ишԥаиуи шәыԥсҭазаара аҵакы Иисус Христос иԥсхҭынҵара абзоурала, насгьы ишԥашәзаанаго уи агәырӷьара? (Еф. 1:7; Аур. 4:14—16). w24.01 3, абз. 6; 7, абз. 17