Ақәҵра
26 Иԥшьоу ақьалазы 10 қәыршәк ҟаҵа. Урҭ ақәыршәқәа иршаны иҟоу ақәны рахәыци, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи рыла исны иҟаҵатәуп. Ақәыршәқәа рҿы ахерувимцәа рсахьа қәҵаны ианҵатәуп. 2 Ақәыршә аура 28 мышьхәылҵ иҟазароуп, аҭбаара — 4 мышьхәылҵк*. Ақәыршәқәа зегьы еиҟаразароуп. 3 Хә-қәыршәк еиԥшьны қәыршәк ҟаҵа, даҽа хә-қәыршәк еиԥшьны даҽа қәыршәк ҟаҵа. 4 Аҩқәыршәк рыҵкарқәа рҿы арахәыц иаҵәа иалхны аиқәҳәаларҭақәа ҟаҵа, урҭ ақәыршәқәа реиԥшьразы. 5 Қәыршәк аҵкар аҿы 50 еиқәҳәаларҭа аҭ, егьи ақәыршә аҵкар аҿгьы 50 еиқәҳәаларҭа аҭ, урҭ ахьеиԥшьхо аҭыԥ аҿы аиқәҳәаларҭақәа еиҿаԥшуа иҟаларц азы. 6 Ахьы иалхны 50 еибаркыга ҟаҵаны ақәыршәқәа еиԥшьы, иԥшьоу ақьала акны иҟаларц азы.
7 Иԥшьоу ақьалазы еиҭа 11 қәыршә ҟаҵа. Урҭ аџьмахәы иалху аласа иалхзароуп. 8 Ақәыршә аура 30 мышьхәылҵ иҟазароуп, аҭбаара — 4 мышьхәылҵк*. Урҭ 11 қәыршә еиҟаразароуп. 9 5 қәыршәк еиԥшьны иҟаҵа, анаҩс 6 қәыршәк еиԥшьы, афбатәи ақәыршә ақьала аԥхьатәи аганаҿы ҩынтә ирҽны иҟаҵа. 10 Аиԥшьырҭаҿы, аҵыхәтәантәи ақәыршә аҵкар аҿы, 50 еиқәҳәаларҭа ҟаҵа, егьи ақәыршә аҵкар аҿгьы 50 еиқәҳәаларҭа ҟаҵа. 11 Абҩа иалхны 50 еибаркыга ҟаҵа, нас аиқәҳәаларҭақәа ирҭаршәны ақәыршәқәа еиԥшьы, урҭ акны иҟаларц азы. 12 Ақәыршә иаанхо ахәҭа ақьала ашьҭахьтәи аган аҿы ихыҳәҳәалааит. Иара урыла ақәны иалху ақәыршә аасҭа қәыршәбжак еиҳахоит. 13 Уи ақәыршә ақәны иалху ақәыршә аасҭа ганцыԥхьаӡа мышьхәылҵк* иҭбаазаауеит. Уи иԥшьоу ақьала аганқәа рҿы ихыҳәҳәалааит, ақьала хнаҩаларц азы.
14 Иара убас ҟаԥшьыла ишәу аҭыӷь ацәа иалхны ақәыршә ҟаҵа, нас атиулень ацәа иалхны даҽа қәыршәк ҟаҵаны, хыхь иақәыршә.
15 Иԥшьоу ақьала аганқәа рзы ақәыцҵла* иалхны арамақәа ҟаҵа, нас ршьапқәа ирықәыргыл. 16 Рамак аҳаракыра 10 мышьхәылҵк иҟазароуп, аҭбаара — мышьхәылҵки бжаки*. 17 Арамақәа зегьы еивагыланы ицо ҩба-ҩба ҵәы рылыҳәҳәозароуп. Иԥшьоу ақьала арамақәа зегьы убас иҟаҵа. 18 Иԥшьоу ақьала аладатәи аган азы 20 рама ҟаҵа.
19 Урҭ арамақәа рзы араӡны иалхны, акылҳарақәа аҭаны 40 шьаҭа ҟаҵа. Ҩ-ҵәык змоу арама ҩ-шьаҭак ирҭагылазаауеит, убасала арамақәа зегьы ҩба-ҩба шьаҭа рымазаауеит. 20 Иԥшьоу ақьала егьи аган азгьы — аҩадатәи аган азы — иҟаҵа 20 рамеи 21 араӡны иалху 40 шьаҭеи. Ҩ-шьаҭак рамак азы, убас рамацыԥхьаӡа ҩба-ҩба шьаҭа. 22 Иԥшьоу ақьала ашьҭахьтәи аган азы — мраҭашәаратәи аган азы — 6 рамак ҟаҵа. 23 Иԥшьоу ақьала ашьҭахьтәи аган аҿы акәакьқәа рзы ҵыргәас иҟало ҩ-рамак ҟаҵа. 24 Урҭ арамақәа хыхь актәи амацәаз аҿы еидыло ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылазароуп. Аҩрамакгьы убас иҟазароуп. Урҭ арамақәа акәакьқәа рзы ҵыргәас иҟазаауеит. 25 Иааизакны 8 рамаки араӡны иалху 16 шьаҭеи ыҟазароуп. Ҩ-шьаҭак рамак азы, убас рамацыԥхьаӡа ҩба-ҩба шьаҭа.
26 Ақәыцҵла иалхны арамақәа рзы алабақәа ҟаҵа: иԥшьоу ақьала ганк азы 5 лабак, 27 егьи аган азы 5 лабак, ашьҭахьтәи аган азгьы —мраҭашәаратәи аган азы — 5 лабак. 28 Агәҭантәи алаба арамақәа рыгәҭа шыҟоу ицозар ауп, ахы инаркны аҵыхәанӡа.
29 Арамақәа хьыла ихҟьа, насгьы ахьтәы мацәазқәа рыдҟаҵал алабақәа рзы, алабақәагьы хьыла ихҟьа. 30 Иԥшьоу ақьала ашьхаҿы иусырбаз иеиԥшны иҟоуҵароуп.
31 Ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи иршаны иҟоу ақәны рахәыци ирылхны аиҩкаагатә ԥарда ҟаҵа. Аԥарда ахерувимцәа рсахьа қәҵаны ианҵатәуп. 32 Аԥарда ақәыцҵла иалху хьыла ихҟьоу ԥшь-шьаҟак рҿы икнаҳ. Урҭ рзы аҿарԥақәа ахьы иалхзароуп. Ашьаҟақәа араӡны иалху ԥшь-шьаҭак ирықәгылазароуп. 33 Аԥарда аибаркыгақәа рыҵаҟа икнаҳ, нас аиқәшаҳаҭра аковчег аԥарда ашьҭахь иргыл. Аԥарда Иԥшьоу аҭыԥи Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥи еиҩнакаалоит. 34 Аиқәшаҳаҭра аковчег ахҩа ахаҵаны, Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ аҿы иргыл.
35 Аԥарда аԥхьа* астол ргыл, астол аҿаԥхьа — иԥшьоу ақьала аладатәи аган аҿы — алашарбага ргыл. Астол аҩадатәи аган аҿы иргыл. 36 Ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи иршаны иҟоу ақәны рахәыци ирылхны даҽа ԥардак ҟаҵа, нас инаганы ақьала аҩналарҭаҿы икнаҳ. 37 Аԥардазы ақәыцҵла иалхны 5 шьаҟак ҟаҵаны, хьыла ихҟьа. Урҭ рзы аҿарԥақәа ахьы иалхзароуп. Ашьаҟақәа рзы абҩа иалхны 5 шьаҭак ҟаҵа.