Ақәҵра
27 Ақәыцҵла* иалхны акәырбаннагарҭа ҟаҵа. Уи ауреи аҭбаареи хәба-хәба мышьхәылҵ иҟазароуп. Акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы еиҟаразароуп, аҳаракыра 3 мышьхәылҵк иҟазароуп*. 2 Акәакьқәа рыԥшьбагьы рҿы атәыҩақәа аҭ, урҭ акәырбаннагарҭа иахәҭакзароуп, анаҩс бҩала ихҟьа. 3 Акәырбаннагарҭа ахәа* аҭгаразы аведрақәа ҟаҵа. Иҟаҵа аҭәырӷәқәа*, алагьанқәа, авилкақәа, иара убас акәицқәа зҭарыԥсо. Акәырбаннагарҭа иатәу зегьы абҩа иалхны иҟаҵа. 4 Абҩа иалхны акәырбаннагарҭазы аихац ҟаҵа. Акәырбаннагарҭа акәакьқәа рыԥшьбагьы рҿы абҩа иалху ԥшь-мацәазк аҭ. 5 Абҩа иалху аихац акәырбаннагарҭа аҵкар аҵаҟа агәҭа иақәыршәаны иаҭ. 6 Ақәыцҵла иалхны акәырбаннагарҭазы алабақәа ҟаҵа, нас бҩала ихҟьа. 7 Акәырбаннагарҭа анеиҭарго алабақәа наҟ-ааҟ иҟалартә еиԥш амацәазқәа ирыҵх. 8 Акәырбаннагарҭа аиашьык иеиԥшны иҟаҵа. Уи ашьхаҿы ишусырбаз еиԥш, аӷәқәа ирылхны иҟаҵазароуп.
9 Иԥшьоу ақьала иаакәыршаны ашҭа ҟаҵа. Ашҭа аладатәи аган иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыц ала иҟаҵоу ақәыршә ала ихкаазароуп. Уи аган 100 мышьхәылҵк* иҟазароуп. 10 Аладатәи аган азы абҩа иалху 20 шьаҟеи, урҭ рзы акылҳара змоу абҩа иалху 20 шьаҭеи ҟаҵатәуп. Ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи* араӡны иалхзароуп. 11 Аҩадатәи аган азгьы 100 мышьхәылҵк иҟоу ақәыршә ҟаҵатәуп, иара убас иҟаҵатәуп абҩа иалху 20 шьаҟеи, урҭ рзы абҩа иалху 20 шьаҭеи, ашьаҟақәа рзы араӡны иалху аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи. 12 Мраҭашәаратәи аган аҿы, ашҭа аҭбаара инақәыршәаны, 50 мышьхәылҵ* иҟоу ақәыршә ҟаҵатәуп. Уи ақәыршә азы 10 шьаҟаки 10 шьаҭаки ҟаҵатәуп. 13 Мрагыларатәи аган ала, амра ахьгыло аган ала, ашҭа аҭбаара 50 мышьхәылҵ иҟазароуп. 14 Ашҭа аҭаларҭа азганк аҿы ақәыршә 15 мышьхәылҵ* иҟазароуп, уи 3 шьаҟаки 3 шьаҭаки ацзароуп. 15 Егьи агангьы убас иҟазароуп: ақәыршә 15 мышьхәылҵ иҟазароуп, 3 шьаҟаки 3 шьаҭаки ацзароуп.
16 Ашҭа аҭаларҭа 20 мышьхәылҵ* иҟоу аԥарда аҭ. Уи аԥарда ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыци ирылхны иҟаҵа. Уи 4 шьаҟаки 4 шьаҭаки ацзароуп. 17 Ашҭа иаакәыршаны ицо ашьаҭақәа зегьы араӡны иалху аибаркыгақәеи аҿарԥақәеи рымазароуп. Рышьаҭақәа абҩа иалхзароуп. 18 Ашҭа аура 100 мышьхәылҵк иҟазароуп, аҭбаара 50 мышьхәылҵ. Иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыц иалху ақәыршә аҳаракыра 5 мышьхәылҵк* иҟазароуп. Ашьаҭақәа абҩа иалхзароуп. 19 Иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ ауразы рхы иадырхәо зегьы, ақьалазы аҵәқәеи ашҭазы аҵәқәеи, абҩа иалхзароуп.
20 Израильаа ираҳә алашарбагазы зегь иреиӷьу амаслинахәша узнаргаларц, алашарбага еснагь иаркызарц азы. 21 Ааро́н иԥацәеи иареи аиқәшәара ақьалаҿы аиқәшаҳаҭра* аковчег ахьыҟоу икнаҳау аиҩкаагатә ԥарда аҿаԥхьа, Иегова иҿаԥхьа, ахәылбыҽха инаркны шьыжьынӡа алашарбага аркызарц иахылаԥшлоит. Ари израильаа рабиԥарақәа зегьы зықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп.