Ақәҵра
34 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Иусҭахьаз ахаҳә ҟьаԥсқәа иреиԥшны ҩ-хаҳәк цәны иҟаҵа. Сара урҭ иԥуҽыз ахаҳәқәа ирныз ажәақәа рнысҵоит. 2 Шьыжьынӡа уҽырхиа, ашьыжь ашьха Синаи ухаланы, ақәцәаҿы саԥхьа угыл. 3 Амала, аӡәгьы дуцны дхамлароуп, уара уда ари ашьхаҿы аӡәгьы дыҟамзароуп, аԥсасагьы ашьамаҟагьы ашьха азааигәара имҳәлароуп».
4 Моисеи иԥиҽыз ахаҳәқәа иреиԥшыз ҩ-хаҳәк ицәын, ашьыжь шаанӡа дгыланы, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш, ашьха Синаи дхалеит, инапаҿы ҩ-хаҳә ҟьаԥск икын. 5 Иегова аԥҭа далаланы дылбааит, нас Моисеи днаидгылан, Иегова ихьӡ илеиҳәеит. 6 Иегова Моисеи иаԥхьа диасын, абас иҳәеит: «Иегова, Иегова, згәы ҳалалу*, арыцҳашьареи ачҳареи злоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, бзиабарала* иҭәу Нцәоуп. 7 Иара зықьҩыла ауаа рахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааирԥшуеит, агхеи, ацәгьоуреи, агәнаҳаи ранаижьуеит, аха ахара зду иахьмырхәӡакәа иаанижьӡом. Абацәа рыгәнаҳазы аԥацәеи амоҭацәеи ахԥатәии аԥшьбатәии абиԥарақәа рҟынӡа иахьирхәуеит».
8 Моисеи иаразнак дшьамхышгылан, адгьыл аҟынӡа дхырхәеит. 9 Нас ус иҳәеит: «Иегова, усзыразызар, суҳәоит, Иегова, иуҳәо змаҳауа* ажәлар шҳакәугьы, уҳацны уаала. Иҳанажь ҳацәгьоуреи ҳагәнаҳаи, насгьы иутәу жәларны ҳҟаҵа». 10 Анцәа иҳәеит: «Сара шәареи сареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭра бжьасҵоит: ужәлар рҿаԥхьа сара адгьыл иқәынхо ажәларқәа ахаан ирымбац узыршанхо аусқәа ҟасҵоит. Усҟан шәызланхо ажәларқәа зегьы Иегова иусқәа рбоит, избанзар сара шәара шәзы узыршанхо* аусқәа ҟасҵоит.
11 Иахьа ишәыдысҵо зегьы нашәыгӡала. Сара аморе́иааи, ханаа́нааи, хе́ттааи, ферезе́иааи, хиве́иааи, иеву́сааи рыдгьыл аҟынтә иқәысцоит. 12 Шәахьцо адгьыл иқәынхои шәареи аиқәшаҳаҭра шәыбжьашәымҵан, акәымзар уи шәара шәзы ацәҟьа иаҩызахоит. 13 Ркәырбаннагарҭақәа рбганы ишьҭашәҵ, иԥшьоу ргәашьақәа ԥыххааса иқәышәҵа, иԥшьоу рышьаҟақәагьы* ԥҟаны икашәыжь. 14 Даҽа нцәак шәимҵамхырхәалан, избанзар Иегова иара заҵәык имҵахырхәалар зҭаху иеиԥш деицырдыруеит. Иара иара заҵәык имҵахырхәалар зҭаху Нцәоуп. 15 Уи адгьыл иқәынхои шәареи аиқәшаҳаҭра шәыбжьашәымҵан, акәымзар урҭ рынцәақәа ианрымҵахырхәало, насгьы акәырбанқәа анрызнаргало, аӡәы дшәыԥхьоит, шәаргьы уи инеигаз акәырбан шәфалоит. 16 Усҟан шәыҷкәынцәа рзы урҭ рыԥҳацәа жәгалоит. Урҭ рыԥҳацәа рынцәақәа ирымҵахырхәалоит, шәыҷкәынцәагьы уахь ииаргоит.
17 Ирҭәаны иҟаҵоу анцәахәқәа ҟашәымҵалан.
18 Арҵәыга злам ача аныҳәа азгәашәҭала. Сара ишшәасҳәаз еиԥш, арҵәыга злам ача шәфала. Бжьымш уи ҟашәҵала иазалху аамҭазы ави́в* амзазы, избанзар уи амзазы ауп Египет шәаналҵ.
19 Раԥхьа ииуа аԥацәа зегьы сара истәуп. Шәырахә рҟынтәгьы раԥхьа ииуа сара истәуп, ацә акәзаргьы, аҭыӷь акәзаргьы. 20 Раԥхьа ииуа аҽада уасала иҿышәхла. Иҿышәымхуазар, ахәдаџьал хыжәжәа. Раԥхьа ииуа шәыҷкәынцәагьы ҿышәхлароуп. Сара сахь аӡәгьы инапы ҭацәны дмааиааит.
21 Фымш аус жәула, абыжьбатәи амш азы шәыԥсы шәшьала*, ацәаӷәареи аҭагалареи ираамҭазаргьы.
22 Иазгәашәҭала Амчыбжьқәа рныҳәа, ачарыц иҿало раԥхьатәи аҽаҩра анҭажәгало. Ашықәс анҵәамҭазы Ҽаҩраҭагалара аныҳәа* азгәашәҭала.
23 Шықәсык ахь хынтә ахацәа зегьы Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ, израильаа Рынцәа Иегова, иахь инеилароуп. 24 Сара ажәларқәа рыдгьылқәа рҟынтә иқәысцоит, шәыдгьылқәа рҳәаақәагьы сырҭбаауеит. Шықәсык ахь хынтә Шәынцәа Иегова иахь шәанцало, аӡәымзар-аӡәгьы шәыдгьыл дақәларц далагаӡом.
25 Акәырбан ансызнажәго, ашьтәа ашьеи арҵәыга змоу ачеи еицнашәымган. Мшаԥныҳәазы инажәго акәырбан шьыжьынӡа иааншәмыжьлан.
26 Адгьыл ишәнаҭо раԥхьатәи аҽаҩра аҟынтә зегь иреиӷьу Шәынцәа Иегова иҩнахьы инажәгала.
Аӡыс ан ахш аҿы ишәымжәлан».
27 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Ианҵа абарҭ ажәақәа, избанзар уареи сареи ҳабжьареи Израильи сареи ҳабжьареи ибжьасҵо аиқәшаҳаҭра шьаҭас иамазаауа абарҭ ажәақәа роуп». 28 Моисеи Иегова иҿы 40 мши 40 ҵхи дыҟан. Уи аамҭа аҩныҵҟа иара акрагьифомызт, акрагьижәуамызт. Анцәа аиқәшаҳаҭра ажәақәа — жәа-ԥҟарак* — ахаҳә ҟьаԥсқәа ирниҵеит.
29 Моисеи ашьха Синаи аҟынтә дылбааит. Иара аԥҟарақәа зныз ҩ-хаҳә ҟьаԥск* икын. Моисеи издырӡомызт Анцәеи иареи реицәажәара ашьҭахь ихы-иҿы шылашоз. 30 Ааро́ни израильааи Моисеи ихы-иҿы шылашоз анырба, иааигәара анеира ишәеит.
31 Усҟан Моисеи урҭ дрыԥхьан, Ааро́ни ажәлар реиҳабацәеи иара иахь инеит, иаргьы рацәажәара далагеит. 32 Уи ашьҭахь израильаа зегьы иара иахь инеит. Иара Синаи ашьхаҿы Иегова иҟынтә иоуз амҩақәҵарақәа зегьы рзеиҭеиҳәеит. 33 Моисеи израильаа данрацәажәалак ашьҭахь еснагь ихы-иҿы қәыршәла иҵәахуан. 34 Иегова иахь даныҩналоз, диацәажәарц азы, ихы-иҿы ақәыршә ақәихуан. Иара ақьала дыҩныҵны, израильаа Анцәа иҟынтә иоуз амҩақәҵарақәа риҭон. 35 Израильаа ирбон Моисеи ихы-иҿы шылашоз; усҟан Моисеи еиҭах ихы-иҿы қәыршәла иҵәахуан, Анцәа диацәажәарц азы ақьала дыҩналаанӡагьы ихы-иҿы ааиртӡомызт.