Ақәҵра
6 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Уажәшьҭа сара иусырбоит афараон изызуа: снапы ӷәӷәала сыжәлар ауишьҭыртә еиԥш, ари адгьыл иалцангьы икеицартә еиԥш иҟасҵоит».
2 Анаҩс Анцәа Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара Иегова соуп. 3 Сара Авраами, Исааки, Иакови Зегьзымчу Анцәа ҳәа срызцәырҵхьан, аха сыхьӡ Иегова рзаасмыртӡацызт. 4 Дареи сареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭра бжьасҵеит, насгьы итәымуааны иахьыҟаз адгьыл Ханаа́н шрысҭо иақәсыргәыӷит. 5 Сара египтаа маҵуцәас иҟарҵаз израильаа ргәынқьбжьы саҳауеит, уи аиқәшаҳаҭрагьы сгәалашәоит.
6 Убри аҟынтә израильаа абас сызраҳә: „Сара Иегова соуп. Сара Египет шәалызгоит, египтаа рхәура шәҭызгоит. Сара атҟәара аҟынтә шәхы шәақәиҭыстәуеит, снапы неиҵыхны Египет ӷәӷәала иахьсырхәуеит, шәагьеиқәсырхоит. 7 Сыжәлар шәакәны шәҟасҵоит, Шәынцәагьы сакәзаауеит. Убасҟан еилышәкаауеит сара египтаа рхәура шәҭызго Шәынцәа Иегова шсакәу. 8 Сара Авраами, Исааки, Иакови сықәны ирысҭоит ҳәа исҳәаз адгьыл ахь шәназгоит. Уи адгьылгьы шәара ишәтәхарц ишәысҭоит. Сара Иегова соуп“».
9 Моисеи арҭ ажәақәа израильаа ирзеиҭеиҳәеит, аха дара изымӡырҩӡеит, избанзар аус хьанҭа иаргәаҟхьан, рыгәгьы каҳаны иҟан.
10 Иегова Моисеи иеиҳәеит: 11 «Египеттәи аҳ, афараон, иахь уцаны израильаа ауишьҭырц иаҳә». 12 Аха Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Израильаа сзыӡырҩӡом, афараон еиҳа дысзыӡырҩуама? Сара ацәажәара сцәыцәгьоуп». 13 Аха Иегова Моисеии Ааро́ни еиҭах иреиҳәеит израильааи египеттәи аҳ, афараони, ирарҳәашаз, израильаа Египет иалыргарц азы.
14 Абар абиԥарақәа рхадацәа. Израиль раԥхьа ихшаз Руви́м иԥацәа: Хано́х, Па́ллу, Хецро́н, Ха́рми. Арҭ Руви́м иҭаацәарақәа роуп.
15 Симеон иԥацәа: Иемуи́л, Иами́н, Ога́д, Иахи́н, Цоха́р, иара убас ханаантәи аԥҳәыс илыхшаз Сау́л. Арҭ Симеон иҭаацәарақәа роуп.
16 Абар Ле́ви иԥацәа рыхьӡқәа, рҭаацәарақәа рыла: Гершо́н, Каа́ф, Мера́ри. Ле́ви 137 шықәса ниҵит.
17 Гершо́н иԥацәа: Ли́внии Шиме́ии, рҭаацәарақәа рыла.
18 Каа́ф иԥацәа: Амра́м, Ицга́р, Хевро́н, Уззии́л. Каа́ф 133 шықәса ниҵит.
19 Мера́ри иԥацәа: Ма́хлии Му́шии.
Арҭ алевитцәа рыхьӡқәа роуп, рҭаацәарақәа рыла.
20 Амра́м иаб иаҳәшьа Иохаве́да ԥҳәысс дигеит. Лара илыхшеит Ааро́ни Моисеии. Амра́м 137 шықәса ниҵит.
21 Ицга́р иԥацәа: Коре́и, Нефе́г, Зи́хри.
22 Уззии́л иԥацәа: Мисаи́л, Елцафа́н, Си́три.
23 Ааро́н Нахшо́н иаҳәшьа, Аминада́в иԥҳа Елишéва ԥҳәысс дигеит. Лара илыхшеит Нада́ви, Авиу́ди, Елеаза́ри, Итама́ри.
24 Коре́и иԥацәа: Асси́р, Елка́на, Авиаса́ф. Арҭ Коре́и иԥацәа рҭаацәарақәа роуп.
25 Ааро́н иԥа Елеаза́р Путие́л иԥҳацәа руаӡәк ԥҳәысс дигеит. Лара Финее́с длыхшеит.
Арҭ алевитцәа рабиԥарақәа рхадацәа роуп, рҭаацәарақәа рыла.
26 Ари Ааро́ни Моисеии рабшьҭроуп. Иегова урҭ ус реиҳәеит: «Израильаа Египет аҟынтә аруаа реиԥш гәыԥ-гәыԥла еишьҭаргыланы иалыжәга». 27 Дара роуп — Моисеии Ааро́ни роуп — египеттәи аҳ афараон иацәажәоз, израильаа Египет иалыргарц азы.
28 Иегова Египет Моисеи даниацәажәоз аҽны 29 Иегова уи ус иеиҳәеит: «Сара Иегова соуп. Иуасҳәаз зегьы египеттәи аҳ афараон изеиҭаҳәа». 30 Усҟан Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Сара ацәажәара сцәыцәгьоуп, дысзыӡырҩуама сара афараон?»