Ақәҵра
7 Аха Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара афараон изы Нцәаҵас уҟасҵоит*, уашьа Ааро́н иакәзар, ԥааимбарс дузыҟалоит. 2 Сара иуасҳәо зегьы Ааро́н иоуҳәалоит, иара афараон иеиҳәалоит, израильаа идгьыл аҟынтәгьы иоуишьҭуеит. 3 Сара афараон иаҿаршәны мап икыр зуеит, насгьы Египет аџьашьахәқәа рацәаны иҟасҵоит. 4 Афараон шәара дышәзыӡырҩӡом, усҟан египтаа сымч дсырбоит, ӷәӷәалагьы иахьсырхәуеит, убасала зхыԥхьаӡара рацәоу сыжәлар* израильаа Египет аҟынтә иалызгоит. 5 Снапы неиҵыхны израильаа египеттәи адгьыл ианалызгалак ашьҭахь, египтаа еилыркаауеит сара Иегова шсакәу». 6 Моисеии Ааро́ни Иегова ишреиҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит, урҭ убасҵәҟьа иагьыҟарҵеит. 7 Афараон ианиацәажәоз Моисеи 80 шықәса ихыҵуан, Ааро́н — 83 шықәса.
8 Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 9 «Афараон „аџьашьахәы ҟашәҵа“ ҳәа шәеиҳәар, Ааро́н „улабашьа аашьҭыхны афараон иаԥхьа икажь“ ҳәа иаҳәа. Усҟан алабашьа маҭ дуны иҟалоит». 10 Моисеии Ааро́ни афараон иҿы инеины, Иегова ишреиҳәаз еиԥшҵәҟьа зегь ҟарҵеит. Ааро́н афараон имаҵуцәеи иареи раԥхьа илабашьа анкаижь, уи маҭ дуны иҟалеит. 11 Аха афараон аҟәыӷацәеи амагиа знапы алакызи дрыԥхьеит, египеттәи аныхаԥааҩцәагьы амагиа рхы иархәаны убасҵәҟьа ҟарҵеит. 12 Дасу рлабашьақәа анкарыжь, имаҭ дуқәаны иҟалеит. Аха Ааро́н илабашьа урҭ рлабашьақәа лбаанадеит. 13 Ус шакәызгьы, афараон иаҿаршәны мап икит. Иегова ишиҳәахьаз еиԥш, урҭ дырзымӡырҩӡеит.
14 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Афараон иҽимԥсахӡеит, сыжәлар роушьҭра мап ацәикит. 15 Ашьжьымҭан афараон иахь уца. Иара аӡиас аҿы дҟалоит. Убраҟа уиԥыларц азы Нил аҟәараҿы угылаз. Имаҭхаз улабашьа аашьҭыхны, 16 афараон абас иаҳә: „Ауриацәа Рынцәа Иегова сааишьҭит, абас уасҳәарц азы: ‚Иоушьҭ сыжәлар, ацәҳәыраҿы сымаҵ руларц азы‘, аха уара иахьа уажәраанӡагьы усзымӡырҩӡацт. 17 Абас иҳәоит Иегова: ‚Абар сара Иегова шсакәу злоудыруа: Сара слабашьала Нил аӡы сҭасуеит, уи аӡгьы шьаны иҟалоит. 18 Нил аӡиас иҭоу аԥсыӡқәа зегь ԥсуеит, аӡиас афҩы ҵысуеит, египтаагьы уи аӡы рзымжәуа иҟалоит‘“».
19 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ааро́н абас сызиаҳә: „Улабашьа аашьҭыхны Египет аӡқәа рахь ирха: аӡиасқәа, аӡышьҭрақәа*, аӡмахқәа, аӡҵәахырҭақәа зегь рахь. Убасҟан урҭ шьаны иҟалоит“. Египет зегь аҿы ашьа ыҟазаауеит, аӡы зҭоу амҿтәы ҭрақәеи ахаҳәтә ҭрақәеи рҿгьы». 20 Моисеии Ааро́ни иаразнак Иегова ишиҳәаз еиԥш иҟарҵеит. Ааро́н илабашьа аашьҭихын, афараон имаҵуцәеи иареи ишырбоз Нил аӡы дҭасит. Убасҟан аӡиас зегь шьаны иҟалеит. 21 Нил иҭаз аԥсыӡқәа зегь ԥсит, аӡиас афҩы ҵысуа иалагеит. Египтаа уи аӡы рзыжәуамызт. Египет зегь шьала иҭәын.
22 Аха египеттәи аныхаԥааҩцәа амагиа рхы иархәаны, убасҵәҟьа ҟарҵеит. Убри аҟынтә афараон иаҿаршәны мап икит, Иегова ишиҳәахьаз еиԥш, Моисеии Ааро́ни дырзымӡырҩӡеит. 23 Афараон иҟалаз хьаас имкӡакәа аҩныҟа дхынҳәит. 24 Египтаа Нил аӡиас аҿы аӡыржәтә рыԥшаарц азы ажра иалагеит, избанзар уи аӡиас аҟынтә аӡы рзыжәуамызт. 25 Иегова Нил аӡы шьаны ианыҟаиҵа ашьҭахь бжьымш ҵит.