Ақәҵра
24 Анаҩс Анцәа Моисеи ус иеиҳәеит: «Ааро́ни, Нада́ви, Авиу́ди, 70-ҩык Израиль аиҳабацәеи уманы Иегова иахь шәхал, нас инахараны шәнагыланы шәиеихырхәа. 2 Моисеи Иегова иааигәара днеиааит, аха егьырҭ мнеиааит, ажәларгьы Моисеи ицны ихамлааит».
3 Моисеи даан, Иегова иажәақәеи изакәанқәеи зегь ажәлар ирзеиҭеиҳәеит, ажәларгьы еицҿакны абас рҳәеит: «Ҳара Иегова ииҳәаз зегь ҟаҳҵоит». 4 Моисеи Иегова иажәақәа зегь ашәҟәы ианиҵеит. Нас ашьыжь шаанӡа дҩагылан, ашьха ашьапаҿы акәырбаннагарҭа иргылеит, насгьы израильтәи ахылҵшьҭрақәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны 12 шьаҟа аирсит. 5 Уи ашьҭахь израильаа рҟынтә аҿар алихит, урҭ Иегова ирбылуа акәырбанқәа изнаргеит, аҭынчратә кәырбан аҳасабала ацәқәагьы изнаргеит. 6 Анаҩс Моисеи ашьтәақәа ршьа абжак агәыблаақәа ирниҭәалеит, иаанхаз ашьа акәырбаннагарҭа иақәирԥҟҟеит. 7 Уи ашьҭахь аиқәшаҳаҭра ашәҟәы аашьҭихын, ажәлар дырзаԥхьеит. Ажәлар ус рҳәеит: «Ҳара Иегова ииҳәаз зегь ҟаҳҵоит, ҳагьизыӡырҩлоит». 8 Усҟан Моисеи ашьа иган, ажәлар ирықәирԥҟҟеит, иагьиҳәеит: «Ари Иегова арҭ ажәақәа инарықәыршәаны иареи шәареи ишәыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра ашьа ауп».
9 Моисеии, Ааро́ни, Нада́ви, Авиу́ди, 70-ҩык Израиль аиҳабацәеи ашьха ихалеит, 10 израильаа Рынцәагьы дырбеит. Ишьапқәа ахьықәгылаз ажәҩан еиԥш ицқьаӡа иҟоу асапфир иалху адашьма иеиԥшын. 11 Иара израильаа иатәыз урҭ ахацәа ԥырхага римҭаӡеит, дара аԥхыӡ аҿы еиԥш Анцәа ду дырбон, акрырфон, акрыржәуан.
12 Уи ашьҭахь Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара сахь ашьхахь ухал, ара уагьаангыл. Сара сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи знысҵо ахаҳә ҟьаԥсқәа усҭоит, ажәлар рымҩақәҵаразы». 13 Моисеи имаҵуҩы Иисус Нави́ни иареи рҽааиқәдыршәан идәықәлеит, нас Моисеи Анцәа ду ишьхахь дхалеит. 14 Иара ажәлар реиҳабацәа ус реиҳәеит: «Ҳхынҳәаанӡа абра шәыԥшыз. Ааро́ни Ху́ри ара иаанхоит. Уск ӡбатәыс ишәоур, дара шәрыдҵаал». 15 Моисеи ԥҭала ихҩаз ашьхахь дхалеит.
16 Иегова ихьӡ-иԥша Синаи ашьхаҿы иҟан, фымш уи ашьха ԥҭала ихҩан. Абыжьбатәи амш азы Анцәа Моисеи аԥҭа аҟынтә диԥхьеит. 17 Израильаа рзы Иегова ихьӡ-иԥша ашьха ақәцә иацралаз амца ду иаҩызан. 18 Моисеи аԥҭа дагәылаланы ашьха дхалеит. Иара 40 мши 40 ҵхи уа дыҟан.