Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 28
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Исаак Иаков Паддан-Арамҟа дишьҭуеит (1—9)

      • Иаков Вефиль аԥхыӡ ибоит (10—22)

        • Анцәа Иаков иҿаԥхьа иқәыргәыӷра еиҭашьақәирӷәӷәоит (13—15)

Алагамҭа 28:19

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «Анцәа иҩны».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 28:1–22

Алагамҭа

28 Убри аҟынтә Исаак Иаков диԥхьан, диқәныҳәеит, нас ус иеиҳәеит: «Ханаа́наа рыԥҳацәа рҟынтә аӡәгьы ԥҳәысс думган. 2 Уца Падда́н-Ара́мҟа, уабду Вафуи́л иҩнаҭахьы унеины, уаншьа Лава́н иԥҳацәа рҟынтә аӡә ԥҳәысс дга. 3 Зегьзымчу Анцәа дузылԥхоит, ахшара рацәаны иуиҭоит, ажәлар ду ухылҵуеит. 4 Иара иухылҵуагьы уаргьы дышәзылԥхоит, Авраам дшизылԥхаз еиԥш. Анцәа Авраам ииҭаз уажәы узқәынхо адгьыл уара иутәхоит».

5 Абас наиаҳәаны, Исаак Иаков ддәықәиҵеит. Иаков Падда́н-Ара́м инхоз Лава́н иахь амҩа дықәлеит. Лава́н Вафуи́л иԥа иакәын. Вафуи́л дараме́ин. Лава́н Иакови Иса́ви ран Реве́кка лашьа иакәын.

6 Иса́в еиликааит Исаак Иаков диқәныҳәаны, ԥҳәыс дааигарц азы Падда́н-Ара́мҟа дшишьҭыз, диқәныҳәангьы абас шиҳәаз: «Ханаа́наа рыԥҳацәа рҟынтә аӡәгьы ԥҳәысс думган», — 7 насгьы Иаков иани иаби дырзыӡырҩны Падда́н-Ара́мҟа дышцаз. 8 Усҟан Иса́в еиликааит иаб Исаак ханаа́наа рыӡӷабцәа шигәамԥхо. 9 Убри аҟынтә Иса́в Измаил иахь дцаны, имаз аҳәсақәа рнаҩсгьы Авраам иԥа Измаил иԥҳа Махала́т ԥҳәысс дигеит. Лара Наваио́ф иаҳәшьа лакәын.

10 Иаков Бее́р-Ше́вантәи Хара́нҟа иҿынеихеит. 11 Аамҭак ашьҭахь дыԥхьарц азы ҭыԥк аҿы даангылеит, избанзар амра ҭашәахьан. Ахаҳә ихы инаҵеиҵан, дыцәарц дышьҭалеит. 12 Дахьынаиаз аԥхыӡ ибоит: адгьыл аҿы амардуан гылоуп, ақәцә ажәҩан аҟынӡа инаӡоит, уи амардуан ала Анцәа имаалықьцәа халоит, илбаауеит. 13 Уи аханы Иегова дибеит, иара абас иҳәон:

«Сара Иегова, уаб Авраам Инцәа, Исаак Инцәа соуп. Уахьықәиоу адгьыл иухылҵқәои уареи ишәысҭоит. 14 Иухылҵуа адгьыл иқәу аԥслымӡ еиԥш ирацәахоит. Уара уҽырҭбааны мраҭашәареи, мрагылареи, аладеи, аҩадеи ықәурҭәаауеит, иухылҵуеи уареи рыла адгьыл иқәу ажәларқәа зегьы сырзылԥхоит. 15 Уахьцалакгьы еснагь сухылаԥшлоит, ари адгьыл ахь усырхынҳәуеит. Иуасҳәаз насыгӡаанӡа суцзаауеит, уаансыжьӡом».

16 Иаков данааԥш ус иҳәеит: «Ииашаҵәҟьаны, ара Иегова дыҟазаап, сара иагьсыздырӡомызт». 17 Дшәан, ус иациҵеит: «Изакә ҭыԥ ԥшьоузеи! Ари хымԥада Анцәа иҩноуп, ажәҩан агәашә ауп». 18 Ашьыжь шаанӡа Иаков дҩагылан, ихы иаҵаз ахаҳә абаҟа еиԥш иргылан, ахәша ақәиҭәеит. 19 Убри азы иара уи аҭыԥ Вефи́ль* ахьӡиҵеит, уаанӡа уи ақалақь Луз ахьӡын.

20 Нас Иаков аҿаҭахьа иқәиҵан, абас иҳәеит: «Анцәа саанмыжькәа анаҩсгьы дсыцзаауазар, сымҩаҿы дысхылаԥшлозар, исфашеи исшәысҵашеи сиҭалозар, 21 сеибга-сеизҩыда саб иҩнахьы сзыхынҳәуазар, Иегова Сынцәа шиакәу сирбоит. 22 Абаҟа еиԥш исыргылаз ари ахаҳә Анцәа иҩны акәхоит, исуҭо зегь аҟынтә ажәабатәи ахәҭа усҭоит».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра