Ақәҵра
38 Анаҩс иара ақәыцҵла* иалхны ирбылуа акәырбанқәа рзы акәырбаннагарҭа ҟаиҵеит. Акәырбаннагарҭа аганқәа еиҟаран: ауреи аҭбаареи хәба-хәба мышьхәылҵ иҟан, аҳаракыра — 3 мышьхәылҵк*. 2 Акәакьқәа рыԥшьбагь рҿы атәыҩақәа аиҭеит; урҭ акәырбаннагарҭа иахәҭакын. Анаҩс акәырбаннагарҭа бҩала ихиҟьеит. 3 Уи ашьҭахь акәырбаннагарҭа иатәыз амаҭәарқәа зегь ҟаиҵеит: аведрақәа, аҭәырӷәқәа*, алагьанқәа, авилкақәа, иара убас акәицқәа зҭарыԥсоз. Урҭ амаҭәарқәа зегьы абҩа иалхны иҟаиҵеит. 4 Анаҩс иара акәырбаннагарҭазы абҩа иалхны аихац ҟаиҵеит. Иара уи акәырбаннагарҭа аҵкар аҵаҟа агәҭа иақәыршәаны иеиҭеит. 5 Нас алабақәа рзы ԥшь-мацәазк рҭәаны иҟаиҵан, абҩа иалху аихац азааигәара ԥшь-кәакьк рҿы иеиҭеит. 6 Уи ашьҭахь ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаиҵан, бҩала ихиҟьеит. 7 Иара урҭ алабақәа акәырбаннагарҭа наҟ-ааҟ иамаз амацәазқәа ирыҵихит, инарга-ааргаларц азы. Иара уи аӷәқәа ирылхны аиашьык еиԥш иҟаиҵеит.
8 Анаҩс абҩа иалхны ачани уи зықәдыргылои ҟаиҵеит. Урҭ аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы амаҵ зуаз аҳәса рсаркьақәа ирылхны иҟаиҵеит*.
9 Нас ашҭа ҟаиҵеит. Ашҭа аладатәи аган иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыц ала иҟаҵоу ақәыршә ала ихикааит. Уи ақәыршә аура 100 мышьхәылҵк* иҟан. 10 Аладатәи аган азы абҩа иалху 20 шьаҟеи урҭ рзы акылҳара змоу абҩа иалху 20 шьаҭеи ҟаҵан. Ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи* араӡны иалхын. 11 Аҩадатәи аган азгьы 100 мышьхәылҵк иҟоу ақәыршә ҟаҵан. Иара убас иҟаҵан абҩа иалху 20 шьаҟеи урҭ рзы абҩа иалху 20 шьаҭеи. Ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи араӡны иалхын. 12 Мраҭашәаратәи аган азы 50 мышьхәылҵ* иҟоу ақәыршә ҟаҵан. Уи ақәыршә азы 10 шьаҟаки 10 шьаҭаки ҟаҵан. Ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи араӡны иалхын. 13 Мрагыларатәи аган ала, амра ахьгыло аган ала, ашҭа аҭбаара 50 мышьхәылҵ иҟан. 14 Ашҭа аҭаларҭа азганк аҿы ақәыршә 15 мышьхәылҵ* иҟан, уи 3 шьаҟаки 3 шьаҭаки ацын. 15 Егьи агангьы убас иҟан: ақәыршә 15 мышьхәылҵ иҟан, уи 3 шьаҟаки 3 шьаҭаки ацын. 16 Ашҭа иамаз ақәыршә иршаны иҟоу, ипоу ақәны рахәыц иалхын. 17 Ашьаҭақәа абҩа иалхын, ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи араӡны иалхын. Ашьаҟақәа рықәцәқәа раӡныла ихҟьан, ашҭа ашьаҟақәа зегьы араӡны иалху аибаркыгақәа рыман.
18 Ашҭа аҭаларҭаҿы иамаз аԥарда ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыци ирылхны иҟаҵан. Уи аура 20 мышьхәылҵ иҟан, аҳаракыра — ашҭа иамаз ақәыршә аҳаракыра еиԥш — 5 мышьхәылҵк* иҟан. 19 Агәашәқәа рзы абҩа иалхны 4 шьаҟаки 4 шьаҭаки ҟаҵан. Ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи араӡны иалхын, ашьаҟақәа рықәцәқәа раӡныла ихҟьан. 20 Иԥшьоу ақьалазы аҵәқәеи ашҭазы аҵәқәеи абҩа иалхын.
21 Моисеи иԥшьоу ақьала — аиқәшаҳаҭра* ақьала — аргыларазы рхы иадырхәоз амаҭәахәқәа зегьы рсиа шьақәдыргыларц адҵа ҟаиҵеит. Уи аус алевитцәа рнапы ианҵан, аԥшьаҩы Ааро́н иԥа Итама́р урҭ дырхылаԥшуан. 22 Иуда ишьҭра иатәу Хур иԥа У́ри иԥа Бецале́л Иегова Моисеи иеиҳәаз зегь ҟаиҵеит. 23 Уи дицын зус бзианы издыруа анапҟаза, иқәҵаны иӡахуа, исуа, Дан ишьҭра иатәу Ахисама́х иԥа Аголиа́в. Иара ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи ақәны цқьеи аус рыдиулон.
24 Иԥшьоу аҭыԥ аҿы инарыгӡоз аусқәа зегьы 29 таланти* 730 ше́кельи* ахьы агеит, иԥшьоу аше́кельқәа* рыла. Убриаҟара ахьоуп ирҟьо кәырбанк аҳасабала инагазгьы. 25 Ашәҟәы зҽанызҵаз ахацәа 100 талантки* 1 775 ше́кельи* араӡны наргеит, иԥшьоу аше́кельқәа рыла. 26 Ашәҟәы зҽанызҵаз 20 шықәса иреиҵам дарбанзаалак иԥшьоу аше́кельқәа рыла ше́кельбжак* ааигеит. Ашәҟәы зҽанызҵаз 603 550-ҩык ыҟан.
27 Аԥшьаҭыԥ азы ашьаҭақәеи аиҩкаагатә ԥардазы ашьаҭақәеи рҭарҭәаразы 100 талантк араӡны аҭаххеит. 100 шьаҭак 100 талантк агеит, шьаҭацыԥхьаӡа талантк-талантк. 28 Иара ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәа ҟаиҵарц азы, иара убас ашьаҟақәа рықәцәқәа раӡныла ихиҟьарц, насгьы урҭ еиԥишьырц азы 1 775 ше́кель араӡны иҭаххеит.
29 Ҳамҭас* инаргаз абҩа 70 таланти* 2 400 ше́кельи* ҟалеит. 30 Иара уи иалхны иҟаиҵеит аиқәшәара ақьала аҩналарҭазы ашьаҭақәеи, абҩа иалху акәырбаннагарҭеи, уи иацу абҩа иалху аихаци, акәырбаннагарҭа иатәу амаҭәарқәеи, 31 ашҭазы ашьаҭақәеи, ашҭа аҭаларҭазы ашьаҭақәеи, иԥшьоу ақьалазы аҵәқәеи, ашҭазы аҵәқәеи.