Есфирь
5 Ахымш рыҽны Есфи́рь аҳкәажә лымаҭәа лышәҵаны, аҳҭынра аҭаларҭа аԥхьа аҩныҵҟатәи ашҭаҿы днеины дгылеит, аҳ иакәзар, ихан аҩналарҭахь иҿы рханы иаҳраҭыԥ аҿы дтәан. 2 Аҳ аҳкәажә Есфи́рь ашҭаҿы даниба, лбара деигәырӷьан, иикыз ихьтәы лабашьа лара лахь ирххеит. Есфи́рьгьы днеин, илабашьа ахы далакьысит.
3 Аҳ длазҵааит: «Акыр ҟалама, аҳкәажә Есфи́рь? Акыр бҭахума? Саҳра абжа баҳәаргьы, ибыҭахоит!» 4 Есфи́рь илҳәеит: «Аҳ игәы иаҭаххозар, Ама́н диманы иахьа изсырхиаз ачарахь днеиааит». 5 Усҟан аҳ имаҵуцәа адҵа риҭеит: «Ама́н ирласны уааи ҳәа изынашәыцҳа, Есфи́рь ишылҳәаз еиԥш иҟаҳҵарц азы». Нас аҳ Ама́ни иареи Есфи́рь илырхиаз ачарахь ицеит.
6 Ачараҿы аҩы анрыдыргалоз аамҭазы аҳ Есфи́рь ус длазҵааит: «Аҳәарас иҟабҵои? Быҳәара нагӡахоит! Быззыҳәои? Саҳра абжа баҳәаргьы, ибысҭоит!» 7 Есфи́рь илҳәеит: «Аҳәарас иҟасҵо абри ауп: 8 аҳ иразра саԥсазар, сыҳәарагьы анагӡара дазхиазар, аҳ Ама́ни иареи уаҵәы изуа ачарахь инеиааит. Сара сыззыҳәарц исҭаху уаҵәы исҳәоит».
9 Уи аҽны Ама́н дгәырӷьаҵәа, игәы ҭгәырӷьаауа ачара аҟынтә дцеит. Аха аҳҭынра агәашә аҿы Мардохе́и даниба, ианиба уи дшихамҵгылаз, дшицәымшәаз, иԥсахы еибакит. 10 Аха Ама́н иҽникылан, аҩныҟа дцеит. Нас иҩызцәеи иԥҳәыс Зере́ши ааргарц азы адҵа ҟаиҵеит. 11 Иара имал ду алаҽхәара далагеит, ирацәаҩны аԥацәа ахьимоугьы дахыҽхәон, аҳ иҭауадцәеи имаҵуцәеи зегьы дахьырхаиргылаз аҽхәара даҿын.
12 Ама́н иациҵеит: «Уимоу, аҳкәажә Есфи́рь илуа ачарахь аҳи сареи ҳауп иаалыԥхьаз, уаҵәгьы аҳи сареи лара лахь ааԥхьара ҳамоуп. 13 Аха ауриа Мардохе́и аҳҭынра агәашә аҿы дыштәоу анызбо, сгәырӷьара ныҵаба ицоит». 14 Усҟан иԥҳәыс Зере́ши иҩызцәеи ус иарҳәеит: «50 мышьхәылҵ* иҟоу ашьаҟа дыргыларц адҵа ҟаҵа. Ашьыжь аҳ уиҳәа, уи ашьаҟаҿы Мардохе́и дыкнарҳарц. Нас аҳ уицны ҭынч ачарахь уца». Ама́н иаҳаз игәаԥхан, ашьаҟа дыргыларц адҵа ҟаиҵеит.