Есфирь
6 Уи ауха аҳ ицәа ҟьалан, дзыцәомызт. Убри аҟынтә аҭоурыхқәа рышәҟәы ааргарц адҵа ҟаиҵан, изаԥхьеит. 2 Уа ианын Мардохе́и аҳ ичынуаа Бигта́ни Тере́ши, агәашәхьчаҩцәа ҩыџьа, аҳ Ахашверо́ш дыршьырц шырҭахыз шиҳәаз. 3 Аҳ дҵааит: «Изыҟарҵеи уи азы Мардохе́и? Акыр ианаршьама?» Аҳ имаҵ зуаз ичынуаа ус рҳәеит: «Акгьы изыҟарымҵаӡеит».
4 Аҳ дҵааит: «Иҟада уажәы ашҭаҿы?» Уи аамҭазы аҳ ихан адәахьтәи ашҭаҿы Ама́н дгылан. Иара аҳ иахь дааит, иргылаз ашьаҟаҿы Мардохе́и дыкнарҳарц азы диацәажәарц. 5 Аҳ имаҵуцәа ус рҳәеит: «Ашҭаҿы Ама́н дгылоуп». Аҳ иҳәеит: «Даиааит арахь».
6 Ама́н данааи, аҳ ус диазҵааит: «Изыҟаҵатәуи аҳ хьӡи-ԥшеи зиҭар иҭаху ауаҩы?» Ама́н ус дхәыцит: «Сара саасҭа аҳ хьӡи-ԥшеи зиҭар иҭахыда?» 7 Убри аҟынтә иҳәеит: «Аҳ аӡәыр хьӡи-ԥшеи ииҭар иҭахызар, 8 аҳ ишәиҵо амаҭәа ааргааит, иара убас зхы арԥшӡагақәа рыла ирԥшӡоу аҳ дзықәтәоу аҽгьы ааргааит. 9 Амаҭәеи аҽи еицырдыруа аҭауадцәа руаӡәк ирҭааит, аҳ хьӡи-ԥшеи зиҭар иҭаху ауаҩы деилаҳәаны, аҽы дақәыртәаны, ақалақь ашҭа иқәсааит, рыбжьы ҭыганы абас ҳәо: „Абар аҳ хьӡи-ԥшеи зиҭар иҭаху ауаҩы изыҟарҵо!“» 10 Усҟан аҳ Ама́н ус иеиҳәеит: «Ирласны амаҭәа ганы, аҽгьы ганы, убри зегьы аҳҭынра агәашә аҿы итәоу ауриа Мардохе́и изыҟаҵа. Ишуҳәаз еиԥш иҟаҵа, акымзарак нумыжьын».
11 Ама́н амаҭәеи аҽи иган, Мардохе́и дааилеиҳәан, аҽы дақәыртәаны ақалақь ашҭа дықәсит, ибжьы ҭыганы абас ҳәо: «Абар аҳ хьӡи-ԥшеи зиҭар иҭаху ауаҩы изыҟарҵо!» 12 Уи ашьҭахь Мардохе́и аҳҭынра агәашә ахь дхынҳәит, Ама́н иакәзар, ихы хҩаны, игәы каҳаны, дыццакыццакуа аҩныҟа дцеит. 13 Ама́н дзықәшәаз иԥҳәыс Зере́ши иҩызцәеи ианырзеиҭеиҳәа, иабжьгаҩцәеи* иԥҳәыси ус иарҳәеит: «Зҿаԥхьа акаҳара уалагаз Мардохе́и дауриазар, уи узииааиӡом, хымԥада иҿаԥхьа укаҳауеит».
14 Урҭ анеицәажәоз аамҭазы аҳ ичынуаа ааин, Ама́н Есфи́рь илуз ачарахь дыргеит.