Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 24
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Исаак изы аԥҳәыс дшырыԥшаауа (1—58)

      • Ревеккеи Исааки реиқәшәара (59—67)

Алагамҭа 24:22

Албаагақәа

  • *

    5,7 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

  • *

    114 г.

Алагамҭа 24:32

Албаагақәа

  • *

    Иҟалап зыӡбахә цо Лава́н иакәзар.

Алагамҭа 24:40

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сызцу».

Алагамҭа 24:49

Албаагақәа

  • *

    Ма «гәыбылрала иҭәу абзиабара».

Алагамҭа 24:50

Албаагақәа

  • *

    Ма «Ҳара ацәгьагьы ҳазҳәом, абзиагьы ҳазҳәом».

Алагамҭа 24:59

Албаагақәа

  • *

    Уажәшьҭа лмаҵуҩ лакәын.

Алагамҭа 24:60

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зқьыла амириадақәа».

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ргәашәқәа».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
  • 44
  • 45
  • 46
  • 47
  • 48
  • 49
  • 50
  • 51
  • 52
  • 53
  • 54
  • 55
  • 56
  • 57
  • 58
  • 59
  • 60
  • 61
  • 62
  • 63
  • 64
  • 65
  • 66
  • 67
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 24:1–67

Алагамҭа

24 Авраам ақәра ду ниҵит, Иеговагьы уи зегь рыла дизылԥхеит. 2 Авраам иҩнаҭаҿы зегь иреиҳабыз, имазара зегь иахагылаз имаҵуҩы ус иеиҳәеит: «Унапы суаҭәа иаҵаҵаны, 3 ажәҩан Анцәа, адгьыл Анцәа Иегова, ила уқәны ажәа сыҭ сыҷкәын сызланхо ханаа́наа рыԥҳацәа рҟынтә аԥҳәыс дшизааумго. 4 Сыуацәа ахьынхо сыдгьыл ахь уцаны, сыҷкәын Исаак убрантәи аԥҳәыс дизаага».

5 Аха имаҵуҩы ус иҳәеит: «Аӡӷаб ари адгьыл ахь аара лҭахымхар? Усҟан уԥа уахьынтәиааз адгьыл ахь дызгароума?» 6 Авраам иҳәеит: «Мамоу, сыҷкәын уахь думган. 7 Саб иҩнаҭеи сыуацәа рыдгьыли нсыжьырц сазҳәаз ажәҩан Анцәа Иегова дансацәажәоз, „ари адгьыл иухылҵуа ирысҭоит“ ҳәа дықәны ажәа сиҭеит. Иара иуцхраауа амаалықь дааишьҭуеит, уаргьы сыҷкәын уантәи аԥҳәыс дизааугоит. 8 Аха аӡӷаб дуцны аара лҭахымхар, иуҳәаз ажәа анагӡара уалны иудӡам. Амала сыҷкәын уахь думган». 9 Усҟан Авраам имаҵуҩы инапы иԥшәма иуаҭәа инаҵеиҵан, дқәит.

10 Нас Авраам имаҵуҩы 10 махҽки еиуеиԥшым аҳамҭақәеи иманы, Месопотамиаҟа ихы рханы ақалақь Нахо́рҟа ддәықәлеит. 11 Иара имахҽқәа ақалақь ааигәара иҟаз аӡы зҭаз аҵеџь ааигәара иааникылеит. Усҟан хәылбыҽхан, аҳәса аӡаагара ианцоз акәын. 12 Иара Анцәа диҳәеит: «Иегова, сыԥшәма Авраам Инцәа, суҳәоит, сыԥшәма иахь гәыбылрала иҭәу убзиабара аарԥшны, сыҳәара урҳа. 13 Сара аӡыхь аԥхьа сгылоуп, ақалақь аҟынтә аӡӷабцәа аӡаагара иаауеит. 14 „Быԥҳал аҟынтә аӡы сыржә“ ҳәа засҳәо, „ижә, умахҽқәагьы идсыржәуеит“ ҳәа сазҳәо аӡӷаб умаҵуҩы Исаак изы иалухыз лакәхааит. Убас сара еилыскаауеит сыԥшәма иахь гәыбылрала иҭәу абзиабара шааурԥшыз».

15 Иажәа ҳәаны далгаанӡа, ақалақь аҟынтә Авраам иашьа Нахо́р иԥҳәыс Ми́лка лԥа Вафуи́л иԥҳа Реве́кка аԥҳал лыжәҩахыр иқәыргыланы даацәырҵит. 16 Аӡӷаб даараӡа дыԥшӡан, ахаҵагьы макьана длымбаӡацызт. Лара аӡахьы дылбаан, лыԥҳал рҭәны дхалеит. 17 Авраам имаҵуҩы дыҩны дналыдгылан: «Сбыҳәоит, ҿамҩак аӡы сыржә», — ҳәа леиҳәеит. 18 Аӡӷаб илҳәеит: «Ижә, ухаҵкы», — нас ирласны лыԥҳал лыжәҩахыр иаақәылхын, аӡы илыржәит. 19 Аӡы анилыржә ашьҭахь ус лҳәеит: «Сара умахҽқәа рзгьы аӡы аазгалоит рызхара ржәаанӡа». 20 Лыԥҳал иҭаз иаразнак арахә аӡы ахьынтәиржәуаз аӡыржәга инҭалҭәан, аҵеџь ахь дыҩны дцо-даауа, амахҽқәа рзы аӡаагара далагеит. 21 Лара уи даҿнаҵы, илаԥш лхымгакәа, дџьашьо длыхәаԥшуан, убри аамҭазгьы еиликаар иҭахын Иегова имҩа дазылыԥхоу-дазылымԥхоу.

22 Амахҽқәа рызхара аныржә, Авраам имаҵуҩы аӡӷаб ше́кельбжак* иҟаз аԥынҵа иарҭо ахьтәы мацәази 10 ше́кельк* иҟаз ахьтәы напхаҵақәа ҩбеи лиҭеит. 23 Нас дҵааит: «Бзыԥҳада, сыӡӷаб? Баб иҩнаҿы ҳахьаангылаша аҭыԥ ҟалару?» 24 Лара илҳәеит: «Сара Ми́лкеи Нахо́ри рыҷкәын Вафуи́л иԥҳа соуп», — 25 иагьацылҵеит: «Ҳара аҭәагьы ҳамоуп, арахә ирфашагьы ҳамоуп, шәахьыцәаша аҭыԥгьы ҳамоуп». 26 Авраам имаҵуҩы дшьамхышгылан, Иегова диеихырхәан, 27 ус иҳәеит: «Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит Иегова, сыԥшәма Авраам Инцәа. Иара сыԥшәма иахь гәыбылрала иҭәу абзиабара аарԥшра даҟәыҵӡом, иажәагьы еснагь инаигӡоит. Иегова сыԥшәма иашьцәа рыҩныҟа сааигеит».

28 Аӡӷаб дыҩны дцан, лан зегь лзеиҭалҳәеит, егьырҭгьы ирзеиҭалҳәеит. 29 Реве́кка Лава́н зыхьӡыз аиашьа длыман. Иара аӡыхь азааигәара игылаз ауаҩ иахь дыццакны иҿынеихеит, 30 избанзар Реве́кка лԥынҵа иамаз амацәази лнапы иахаз ахьи ибеит, насгьы иаҳаит иаҳәшьа: «Абри ауаҩ абасгьы-абасгьы сеиҳәеит», — ҳәа шылҳәоз. Убри аҟынтә Лава́н амахҽқәа зманы аӡыхь азааигәара игылаз иахь иҿынеихеит. 31 Лава́н ус иҳәеит: «Уаала, Иегова дыззылԥхаз. Узгылои ара? Сара аҩны сырмазеит, умахҽқәа рзгьы аҭыԥ сырхиеит». 32 Уи ашьҭахь Авраам имаҵуҩы аҩны дыҩналеит. Иара* амахҽқәа аидара рықәихит, аҭәеи ирфашеи рзааигеит, нас ицызи иареи ршьапқәа рыӡәӡәарц азы аӡы рызнеигеит. 33 Иифаша анимҵадыргыла: «Сыззааз сымҳәакәа аҿаҵа сфом», — иҳәеит. «Иҳәа!» — иҳәеит Лава́н.

34 Иаргьы аиҭаҳәара далагеит: «Сара Авраам имаҵуҩ соуп. 35 Иегова сыԥшәма меигӡарахда дизылԥхеит, иара амазара ду ииҭеит — ауасақәеи, ажәқәеи, араӡни, ахьи, имаҵ зуа ахацәеи аҳәсеи, амахҽқәеи, аҽадақәеи. 36 Сыԥшәма иԥҳәыс Сарра лықәрахь даннеи, сыԥшәма иҟынтә аԥа длоуит, иара уи имоу зегь ииҭоит. 37 Сыԥшәма „зыдгьыл аҿы сынхо ханаа́наа рыԥҳацәа рҟынтә сыҷкәын аԥҳәыс дизааумган“ ҳәа сеиҳәан, сырқәны ажәа сымихит, 38 насгьы иҳәеит: „Саб иҩнахьы, сҭынхацәа рахь уцаны, убрантәи сыҷкәын аԥҳәыс дизаага“. 39 Сара сыԥшәма сиазҵааит: „Аӡӷаб сыцаара лҭахымхар?“ 40 Усҟан иара ус сеиҳәеит: „Зымаҵ зуа* Иегова амаалықь дуциҵоит, иара умҩа дазылԥхоит, уаргьы саб иҩнаҭа иатәу, сҭаацәара иатәу аӡӷаб сыҷкәын ԥҳәысс дизугоит. 41 Исуҭаз ажәа анагӡара уалны иудӡам, сҭынхацәа рҿы уаннеилак аӡӷаб дурымҭар. Усҟан иуҳәаз ажәа анагӡара уалны иудлаӡом“.

42 Иахьа аӡыхь ахь санааи, абас сҳәеит: „Иегова, сыԥшәма Авраам Инцәа, сымҩа уазылԥхозар, сара ишысҳәо иҟалааит. 43 Сара аӡыхь азааигәара сгылоуп. ‚Быԥҳал аҟынтә аӡы сыржә‘, — ҳәа засҳәо, — 44 ‚ижә, умахҽқәагьы идсыржәуеит‘, — ҳәа сазҳәо аӡӷаб сыԥшәма иҷкәын изы Иегова иалихыз лакәхааит“.

45 Сажәа ҳәаны салгаанӡа, Реве́кка аԥҳал лыжәҩахыр иқәыргыланы даацәырҵит. Лара аӡахьы дылбаан, лыԥҳал арҭәра далагеит. Сара слыҳәеит: „Сбыҳәоит, ҿамҩак аӡы сыржә“. 46 Лара ирласны лыԥҳал лыжәҩахыр иаақәылхын: „Ижә, сара умахҽқәа рзгьы аӡы аазгалоит рызхара ржәаанӡа“, — ҳәа салҳәеит. Сара сызхара зжәит, смахҽқәагьы рызхара длыржәит. 47 Нас бзыԥҳада ҳәа слазҵааит. Лара илҳәеит: „Сара Ми́лкеи Нахо́ри рыҷкәын Вафуи́л иԥҳа соуп“. Усҟан сара лԥынҵа амацәаз асҭеит, анапхаҵақәагьы лнапы иахасҵеит. 48 Нас сшьамхышгыланы Иегова сиеихырхәеит, сыԥшәма Авраам Инцәа Иегова дсырҽхәеит, избанзар иара сыԥшәма иҷкәын изы иашьа иԥҳа ԥҳәысс дызгарц азы арахь сааигеит. 49 Уажәшьҭа сыԥшәма иахь ақьиареи* азиашареи аашәырԥшыр шәҭахызар, исашәҳәа, ишәҭахымзаргьы исашәҳәа, иҟасҵаша здыруазарц азы».

50 Лава́ни Вафуи́ли ус рҳәеит: «Ари Иегова иус ауп. Ҳара ааигьы ҳазҳәом, мапгьы ҳазҳәом*. 51 Абар Реве́кка дахьыҟоу, думаны уца. Лара уԥшәма иҷкәын иԥҳәыс лакәхааит, Иегова ишиҳәаз еиԥш». 52 Авраам имаҵуҩы уи аниаҳа, Иегова иҿаԥхьа дшьамхышгыланы дхырхәан, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит. 53 Нас Авраам имаҵуҩы араӡнымаҭәеи ахьымаҭәеи, амаҭәеи аацәыриган, Реве́кка ҳамҭас илиҭеит. Иара убас лашьеи лани зыхә ҳаракыз аҳамҭақәа риҭеит. 54 Уи ашьҭахь ицызи иареи акрырфан-акрыржәын, ауха уа иаангылеит.

Ашьыжь ус реиҳәеит: «Сдәықәышәҵа сыԥшәма иахь». 55 Аха Реве́кка лашьеи лани ус рҳәеит: «Аӡӷаб даҽа жәамш ирыдымхаргьы ҳара ҳҿы дыҟаз, нас дцап». 56 Иара ус реиҳәеит: «Сыншәмырхан, избанзар Иегова сымҩа дазылԥхеит. Сдәықәышәҵа сыԥшәма иахь». 57 Усҟан ус рҳәеит: «Шәааи лара дааганы ҳлазҵаап». 58 Реве́кка данаарга, ус илазҵааит: «Ари ауаҩ бицны бцома?» — «Сцоит», — лҳәеит лара.

59 Дара раҳәшьа Реве́кка гәыԥҳәыхшла дзааӡаз* аԥҳәыс длыцҵаны ддәықәырҵеит, Авраам имаҵуҩгьы ицыз ауаа ицҵаны ддәықәырҵеит. 60 Раҳәшьа илықәныҳәан, ус рҳәеит: «Реве́кка, ибхылҵуа рацәахааит, миллионҩыла* иҟалааит, ибхылҵқәо зцәымӷу рықалақьқәа* ртәыртәааит». 61 Усҟан Реве́кка лымаҵ зуаз аҳәсеи лареи амахҽқәа ирықәтәан, Авраам имаҵуҩы ишьҭаланы идәықәлеит. Убас иара Реве́кка диманы амҩа дықәлеит.

62 Ҽнак зны Исаак Бее́р-Лаха́и-Ро́и иаакәыршаны иҟаз аҭыԥқәа рҟынтә дхынҳәит, избанзар Неге́в адгьыл аҿы дынхон. 63 Амра аҭашәамҭазы иара адәахьы ддәылҵит даахәыцырц азы. Данынаԥш, амахҽқәа шаауаз ибеит. 64 Реве́кка Исаак данылба, иаразнак амахҽ дақәҵын, 65 Авраам имаҵуҩы диазҵааит: «Дызусҭада адәы иқәланы иааиуа?» Иара иҳәеит: «Ари сыԥшәма иоуп». Усҟан лара акасы лхалыршәит. 66 Авраам имаҵуҩы иҟаиҵаз зегьы Исаак изеиҭеиҳәеит. 67 Уи ашьҭахь Исаак Реве́кка иан Сарра лқьалахь днеигеит. Убасала Реве́кка иԥҳәыс лакәхеит. Исаак уи бзиа дибеит, убас иан данԥсы ашьҭахь игәы иҟажеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра