Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 13
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Аврам Ханаанҟа дхынҳәуеит (1—4)

      • Лот Аврам иҟынтә хазы дцоит (5—13)

      • Анцәа Аврам дзықәиргәыӷуа ҽазнык иҳәоит (14—18)

Алагамҭа 13:8

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    5/2016, ад. 5—6

Алагамҭа 13:9

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    5/2016, ад. 5—6

Алагамҭа 13:10

Албаагақәа

  • *

    Иордан аԥшаҳәа аҟынтә Цоа́рынӡа ишьҭаз аҳабла.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 13:1–18

Алагамҭа

13 Аврам имаз зегь аашьҭихын, иԥҳәыси Лоти иманы Египетынтәи Неге́вҟа дцеит. 2 Аврам ирахә-ишәахә ԥхьаӡашьа рымамызт, ахьи араӡни рацәаны иман. 3 Иара ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк аҿы даангыло, Неге́вынтәи Вефи́льҟа дцон, Вефи́льи Га́ии рыбжьара иҟаз аҭыԥ аҿы днеиаанӡа, уаанӡа иқьала ахьгылаз, 4 насгьы акәырбаннагарҭа ахьиргылаз аҭыԥ аҿы. Уа Аврам Иегова ихьӡ ҳәаны диҳәеит.

5 Аврам ицыз Лотгьы ауасақәеи, арахәи, ақьалақәеи иман. 6 Рырахә-рышәахә даараӡа ирацәахеит азы адгьыл рзымхо иҟалеит, убри аҟынтә џьарак изеицынхаӡомызт. 7 Уи иахҟьаны Аврам ихьчацәеи Лот ихьчацәеи аимак-аиҿак рызцәырҵуа иалагеит. (Уи аамҭазы уи адгьыл аҿы ханаа́нааи ферезе́иааи нхон.) 8 Усҟан Аврам Лот ус иеиҳәеит: «Ҳара ҳаишьцәами, ҳаибаргәаалар иашаӡам, ҳахьчацәагьы акгьы еимарымклааит. 9 Абар уҿаԥхьа адгьыл зегь ахьышьҭоу. Суҳәоит, хазы уца. Арымарахь уцар, сара арыӷьарахь сцоит, арыӷьарахь уцар, сара арымарахь сцоит». 10 Лот днаԥшы-ааԥшын ибеит Цоа́рынӡа Иордантәи акаршәра* зегь Иегова ибаҳчеи Египети реиԥш ибзианы аӡы ишарԥсаҳәо. (Уи Иегова Содо́ми Гомо́рреи ықәигаанӡа акәын.) 11 Лот ихазы уи аҭыԥ зегь алихын, мрагыларахь деихеит. Убас дара еиҿыҵын, хаз-хазы анхара иалагеит. 12 Аврам Ханаа́н даанхеит, Лот Иордантәи акаршәрақәа рықалақьқәа рзааигәара анхара далагеит. Аҵыхәтәаны иара Содо́м азааигәара иқьала иргылеит. 13 Содо́м инхоз ауаа уаа хәымгақәан, Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟарҵон.

14 Лот хазы данца ашьҭахь Иегова Аврам ус иеиҳәеит: «Уаанаԥшы-ааԥшны абрантәи аладеи, аҩадеи, мрагыларахьи, мраҭашәарахьи уԥшы, 15 избанзар сара иубо адгьыл зегь иухылҵуеи уареи наӡаӡа ишәтәызарц азы ишәысҭоит. 16 Сара ухшара адгьыл аҿы иҟоу аԥслымӡ еиԥш исыррацәоит. Адгьыл аҿы иҟоу аԥслымӡ ауаҩы иԥхьаӡараҳа, иухылҵуагьы иԥхьаӡоит. 17 Уцаны, ари адгьыл ахы инаркны аҵыхәанӡа уалс, избанзар сара уи уара иусҭоит». 18 Аврам ақьалақәа рҿы дынхон. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Хевро́н иҟоу Ма́мретәи аҵла дуқәа рзааигәара анхара далагеит. Уа иара Иегова изы акәырбаннагарҭа иргылеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра