Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 25
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Авраам еиҭа ԥҳәыс дигоит (1—6)

      • Авраам дыԥсуеит (7—11)

      • Измаил иԥацәа (12—18)

      • Иакови Исави риира (19—26)

      • Исав аԥеиҳаб изин иҭиуеит (27—34)

Алагамҭа 25:8

Албаагақәа

  • *

    Аԥсра убас ирԥшӡаны иазырҳәон.

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2016, ад. 12

Алагамҭа 25:18

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «рашьцәа ирабашьуа инхон».

Алагамҭа 25:20

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аиҭага «Адунеи ҿыц», ад. 428

Алагамҭа 25:25

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «ахәы зқәу».

Алагамҭа 25:26

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «ашьхәа иамҵасуа; даҽаӡәы иҭыԥ аанызкыло».

Алагамҭа 25:30

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иҟаԥшьу, абри иҟаԥшьу».

  • *

    Ма «амла сыԥсит».

  • *

    Иаанагоит «аҟаԥшь».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 25:1–34

Алагамҭа

25 Авраам еиҭа ԥҳәыс дигеит. Уи Хетту́ра лыхьӡын. 2 Лара Авраам иҟынтә илыхшеит Зимра́н, Иокша́н, Меда́н, Мадиа́н, Ишба́к, Шуа́х.

3 Иокша́н Ше́веи Деда́ни ихылҵит.

Деда́н иԥацәа: Ашури́м, Летуши́м, Леиуми́м.

4 Мадиа́н иԥацәа: Е́фа, Ефе́р, Хано́х, Ави́да, Елда́га.

Арҭ зегьы Хетту́ра лԥацәа роуп.

5 Ԥыҭрак ашьҭахь Авраам имаз зегьы Исаак ииҭеит. 6 Егьырҭ иҳәсақәа ирхылҵыз иԥацәа ракәзар, аҳамҭақәа рыҭаны, иԥсы анҭаз иҷкәын Исаак иҿыҵны хазы инхаларц азы мрагыларатәи адгьылқәа рахь ишьҭит. 7 Авраам 175 шықәса дынхон. 8 Авраам ақәра ду ниҵит, иԥсҭазаара гәахәарыла иҭәын, нас ижәлар иҽрыдикылеит*. 9 Иԥацәа Исааки Измаили раб Ма́мре азааигәара, хе́ттаа иреиуаз Цоха́р иԥа Ефро́н идгьыл аҿы иҟаз аҳаԥы Махпе́ла аҿы анышә дарҭеит, 10 Авраам хе́ттаа рҿы иааихәаз адгьыл аҿы. Иара Сарра лывараҿы анышә дарҭеит. 11 Авраам данԥсы ашьҭахьгьы Анцәа Исаак дизылԥхон. Исаак Бее́р-Лаха́и-Ро́и азааигәара дынхон.

12 Абар Сарра лмаҵуҩԥҳәыс, Египет иатәыз Ага́рь, лҟынтә Авраам иоуз иԥа Измаил иҭоурых.

13 Измаил ихылҵқәаз ирыхьӡын: раԥхьа ииз Наваио́ф, нас Кеда́р, Адбее́л, Мивса́м, 14 Ми́шма, Ду́ма, Ма́сса, 15 Хада́д, Те́ма, Иету́р, Нафи́ш, Ке́дма. 16 Абарҭ Измаил иԥацәеи 12 биԥара рхадацәеи роуп. Ақьалақәа ргыланы иахьынхоз аҭыԥқәагьы, аҭӡамцқәа ргыланы иахьынхоз аҭыԥқәагьы убас рыхьӡын. 17 Измаил 137 шықәса ниҵит. Данԥсы, ижәлар иҽрыдикылеит. 18 Иара ихылҵқәаз Египет иацәыхарамкәа Шур азааигәара иҟаз Хави́ла инаркны Ассирианӡа ақьалақәа рҿы инхон. Дара рашьцәа рааигәара анхара иалагеит*.

19 Абар Авраам иԥа Исаак иҭоурых.

Авраам дихылҵит Исаак. 20 Исаак Реве́кка ԥҳәысс данигоз 40 шықәса ихыҵуан. Реве́кка Падда́н-Ара́м иатәыз араме́иаа иреиуаз Вафуи́л иԥҳа лакәын, араме́и Лава́н иаҳәшьа. 21 Исаак дӷьаҵәыӷьаҵәуа иԥҳәыс лзы Иегова диҳәон, избанзар лара ахшара длоуӡомызт. Иегова уи иҳәара иаҳан, Реве́кка лцәалтәымкәа дҟалеит. 22 Лымгәарҭа иҭаз лԥацәа аиқәԥара иалаган, ус лҳәеит: «Абас иҟалозар, иалысхи аԥсҭазаара?» Нас лара Иегова уи зыхҟьои ҳәа диазҵааит. 23 Иегова ус леиҳәеит: «Бара бымгәа ҩ-жәларык ҭоуп, ҩ-жәларык бхылҵуеит. Жәларык егьи аасҭа иӷәӷәахоит, аиҳабы аиҵбы имаҵ иулоит».

24 Лыхшараиура аамҭа анааи, ҩыџьа еицлоуит. 25 Раԥхьа иҭыҵыз дҟаԥшьӡа, аласамаҭәа ишәызшәа ахәы иқәыссы дыҟан, убри аҟынтә Иса́в* ихьӡырҵеит. 26 Нас Иса́в ишьхәа кны иашьа дҭыҵит, убри аҟынтә уи Иаков* ихьӡырҵеит. Реве́кка урҭ анлоуз Исаак 60 шықәса ихыҵуан.

27 Аҷкәынцәа ирызҳаит. Иса́в дшәарыцаҩ бзиахеит, еснагь адәы дықәын. Иаков ақьалақәа рҿы дыҟан. Иара вба змамыз уаҩ иашан. 28 Исаак Иса́в бзиа дибон, избанзар ашәарахжьы иҿеиҵон, Реве́кка Иаков бзиа дылбон. 29 Зны Иса́в шәарыцарантәи дкараха данаа, Иаков асуԥ аҟаҵара даҿын. 30 Иса́в Иаков ус иеиҳәеит: «Уалга, ирласны исыҭ иҟауҵо асуԥ ҟаԥшь*. Сымчқәа сылӡааит!*» (Убри азы иара Едо́м* ихьӡырҵеит.) 31 Иаков иҳәеит: «Раԥхьа аԥеиҳаб изин сыраахә!» — 32 «Абыржәыҵәҟьа ҿаҵак аасымфар сыԥсуеит! — иҳәеит Иса́в. — Иалысхи, нас, аԥеиҳаб имоу азин?» 33 Иаков иҳәеит: «Уқәны ажәа сыҭ!» Иаргьы дқәын, аԥеиҳаб имаз азин Иаков иааирхәеит. 34 Усҟан Иаков Иса́в ачеи ачечевица суԥи ииҭеит. Иара изхара анифа, дгыланы дцеит. Убас Иса́в аԥеиҳаб иеиԥш имаз азин пату изақәымҵаӡеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра