Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 35
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Иаков атәымнцәақәа ықәигоит (1—4)

      • Иаков Вефильҟа дхынҳәуеит (5—15)

      • Вениамин иира; Рахиль дыԥсуеит (16—20)

      • Израиль 12 иԥацәа (21—26)

      • Исаак дыԥсуеит (27—29)

Алагамҭа 35:7

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «Вефи́ль Анцәа».

Алагамҭа 35:8

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «аҵәыуара аџь».

Алагамҭа 35:18

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «агәырҩа аԥа».

  • *

    Иаанагоит «арӷьанапы аԥа», даҽакала иуҳәозар, бзиа избо сԥа.

Алагамҭа 35:29

Албаагақәа

  • *

    Аԥсра убас ирԥшӡаны иазырҳәон.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 35:1–29

Алагамҭа

35 Уи ашьҭахь Анцәа Иаков ус иеиҳәеит: «Вефи́льҟа уцаны, убра анхара уалага. Убраҟа уашьа Иса́в уицәыбналаны уанцоз, иузцәырҵыз Анцәа ду изы акәырбаннагарҭа ҟаҵа».

2 Усҟан Иаков иҩнаҭа иатәызи ицызи ус реиҳәеит: «Атәымнцәақәа ҳәа акыр шәымазар, иқәыжәга, шәҽышәрыцқьа, шәымаҭәа шәыԥсах. 3 Нас Вефи́льҟа ҳцоит. Уа сара арыцҳара санақәшәаз аҽны сыҳәара заҳаз, сахьцалакгьы исыцыз Анцәа ду изы акәырбаннагарҭа сыргылоит». 4 Дара Иаков ирымаз атәымнцәахәқәа зегьы ирҭеит, рлымҳареиқәагьы рлымҳа иамхны ирҭеит, иара урҭ Шехе́м азааигәара аҵла ду ашьапаҿы ижит.

5 Амҩа ианықәлоз, Анцәа ааигәа-сигәа иҟаз ақалақьқәа рҿы инхоз ауаа ашәара ӷәӷәа рызцәыригеит, убри аҟынтә дара Иаков иԥацәа ирышьҭамлаӡеит. 6 Убас Иаков ицыз ауаа иманы Ханаа́н иҟаз Луз днеит, даҽакала иуҳәозар, Вефи́ль. 7 Уа иара акәырбаннагарҭа иргылан, уи аҭыԥ Ел-Вефи́ль* ахьӡиҵеит, избанзар убраҟа ауп иашьа дицәыбналаны данцоз Анцәа ду дахьизцәырҵыз. 8 Аамҭак ашьҭахь Реве́кка гәыԥҳәыхшла дзааӡоз лмаҵуҩԥҳәыс Дево́ра дыԥсит. Лара Вефи́ль иҟаз ахәы ашьапаҿы аџь аҵаҟа анышә дарҭеит. Убри аҟынтә Иаков уи аџь Алло́н-Баку́т* ахьӡиҵеит.

9 Иаков Падда́н-Ара́мынтәи данаауаз, Анцәа еиҭа дизцәырҵын дизылԥхеит. 10 Анцәа ус иеиҳәеит: «Уара Иаков ухьӡуп. Уажәшьҭа Иаков акәымкәа, Израиль ухьӡхоит». Убас иара Израиль ихьӡиҵеит. 11 Анцәа анаҩс иҳәеит: «Сара Зегьзымчу Анцәа соуп. Сара иухылҵуа сыррацәоит, ажәларқәа ухылҵуеит, ажәлар рацәа, аҳцәагьы ухылҵуеит. 12 Авраами Исааки ирысҭаз адгьыл иухылҵуеи уареи ишәысҭоит». 13 Нас Анцәа Иаков диԥырҵны дцеит.

14 Иаков Анцәа дахьиацәажәоз хаҳәла абаҟа ҟаиҵан, аҩи ахәшеи ақәиҭәеит. 15 Иаков Анцәа дахьиацәажәоз уи аҭыԥ анаҩсгьы Вефи́ль ҳәа дашьҭан.

16 Нас дара Вефи́льынтәи ицеит. Ефра́фанӡа акыр шыбжьаз Рахиль ахшараиура далагеит, даараӡагьы дгәаҟит. 17 Дгәаҟуа ахшараиура данаҿыз аамҭазы илыцхраауаз аԥҳәыс ус лҳәеит: «Бымшәан, даҽа ԥак дбоуеит». 18 Рахиль лыԥсҭазаара анҿыцәаауаз, аԥсхыхра данаҿыз аамҭазы, лыҷкәын Бен-О́ни* ихьӡылҵеит, аха иаб Вениамин* ихьӡиҵеит. 19 Рахиль данԥсы, Ефра́фаҟа, даҽакала иуҳәозар, Вифлеемҟа ицоз амҩаҿы анышә дарҭеит. 20 Иаков Рахиль дахьижыз аҭыԥ аҿы ахаҳә шьҭеиҵеит, уи ахаҳә Рахиль дахьжу аҭыԥ аҿы иахьа уажәраанӡа иҟоуп.

21 Уи ашьҭахь Израиль имҩа иациҵан, абааш Еде́р анаҩс иқьала иргылеит. 22 Израиль уи адгьыл аҿы данынхоз, Руви́м иаб Ва́лла зыхьӡыз иҳәса руаӡәк длыцышьҭалеит. Израиль уи еиликааит.

Иаков 12-ҩык аԥацәа иман. 23 Лиа лԥацәа: Иаков иԥеиҳаб Руви́м, нас Симеон, Ле́ви, Иуда, Иссаха́р, Завуло́н. 24 Рахиль лԥацәа: Иосиф, Вениамин. 25 Рахиль лмаҵуҩԥҳәыс Ва́лла лԥацәа: Дан, Неффали́м. 26 Лиа лмаҵуҩԥҳәыс Зе́лфа лԥацәа: Гад, Аси́р. Арҭ Иаков Падда́н-Ара́м иоуз иԥацәа роуп.

27 Убас Иаков уаанӡа Авраами Исааки ахьынхоз Кириа́т-Арба́, даҽакала иуҳәозар, Хевро́н азааигәара иҟаз Ма́мре инхоз иаб Исаак иахь дааит. 28 Исаак 180 шықәса ниҵит. 29 Иара ақәра ду ниҵит, иԥсҭазаара гәахәарала иҭәын, нас ижәлар иҽрыдикылеит*. Нас иԥацәа Иса́ви Иакови анышә дарҭеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра