Ақәҵра
1 Абар зҭаацәа зманы, Иаков ицны Египетҟа иааз Израиль иԥацәа рыхьӡқәа: 2 Руви́м, Симеон, Ле́ви, Иуда, 3 Иссаха́р, Завуло́н, Вениамин, 4 Дан, Неффали́м, Гад, Аси́р. 5 Иаков ихылҵқәаз 70-ҩык ыҟан, Иосиф иакәзар, Египетҟа днанагахьан. 6 Ԥыҭрак ашьҭахь Иосиф дыԥсит, иԥсит иашьцәа зегьы, иара убас уи абиԥара зегьы. 7 Израильаа ахшара рацәаны ирхылҵуан, рхыԥхьаӡарагьы еизҳауан. Дара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, рхыԥхьаӡара иацлон, убри аҟынтә уи адгьыл зегь дырҭәит.
8 Аамҭак ашьҭахь Египет Иосиф дыззымдыруаз аҳ ҿыц дахагылеит. 9 Иара ижәлар ус реиҳәеит: «Израильаа ҳара ҳаасҭа еиҳауп, ҳара ҳаасҭагьы иӷәӷәоуп. 10 Шәааи ак ҳхәыцып, мамзар урҭ еиҳагьы еиҳахоит. Аибашьра алагар, ҳаӷацәа ирыдгыланы иҳабашьыр ҟалоит, ҳадгьылгьы ааныжьны иқәҵны ицоит».
11 Египтаа израильаа аус хьанҭала идыргәаҟларц азы ахылаԥшыҩцәа рхадыргылеит. Израильаа афараон изы афатәқәа ахьырҵәахуаз ақалақьқәа дыргылеит — Пито́ми Раамсе́си. 12 Аха урҭ шаҟа идыргәаҟуаз аҟара убриаҟара рхыԥхьаӡара иацлон, убриаҟарагьы адгьыл ықәдырҭәаауан. Убри аҟынтә египтаа урҭ еиҳагьы ирыцәшәо иалагеит. 13 Аҵыхәтәаны египтаа израильаа маҵуцәас иҟарҵеит, рыцҳашьарак аамырԥшӡакәагьы ирызныҟәон. 14 Дара урҭ аџьамыӷәа цәгьа иҭадыргылеит: ақьырмытқәеи анышәаԥшь иалхны аршьышьи ддырҟаҵон, амхқәа рҿгьы аус ддыруан. Египтаа израильаа аус хьанҭақәа дырҟаҵо идыргәаҟуан.
15 Аамҭак ашьҭахь египеттәи аҳ ахшара зауаз аҳәса ирыцхраауаз ауриа ҳәсақәа Ши́фреи Пу́еи дрыԥхьан, 16 ус реиҳәеит: «Ахшараиура аан ауриа ҳәсақәа шәанрыцхраауа, ииуа дыҷкәынзар, дышәшьы, дыӡӷабзар, дааншәыжь». 17 Аха урҭ аҳәса Анцәа ду ицәшәон, убри аҟынтә египеттәи аҳ ирыдиҵаз ҟарҵаӡомызт, аҷкәынцәа ршьӡомызт. 18 Ԥыҭрак ашьҭахь египеттәи аҳ урҭ ауриа ҳәсақәа дрыԥхьан, ус реиҳәеит: «Изышәымшьуеи аҷкәынцәа?» 19 Дара афараон ус иарҳәеит: «Ауриа ҳәсақәа египеттәи аҳәса иреиԥшӡам. Дара ӷәӷәоуп, агәабзиара рымоуп, ҳара ҳнеиаанӡа ахшара роуеит».
20 Убри азы Анцәа урҭ ҩыџьа аҳәса абзиара рзыҟаиҵон. Израильтәи ажәлар еиҳа-еиҳа еизҳауан, еиҳагьы иӷәӷәахон. 21 Урҭ аҳәса Анцәа ду иахьицәшәоз азы ԥыҭрак ашьҭахь дырзылԥхеит — ахшара риҭеит. 22 Убасҟан афараон ижәлар абас рыдиҵеит: «Ауриацәа ирыхшо аҷкәынцәа зегь аӡиас Нил иалашәыжьла, аӡӷабцәа шәрыламкьыслан, иааншәыжьла».