Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Неемиа 9
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Неемиа. Ахҳәаа

      • Ажәлар рыгәнаҳақәа аартны ирҳәоит (1—38)

        • Иегова анажьра иазхиоу Нцәоуп (17)

Неемиа 9:1

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар.

Неемиа 9:3

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амш аԥшьбатәи ахәҭа».

Неемиа 9:5

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2024, ад. 9—10

Неемиа 9:13

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҵабырг азакәанқәа».

Неемиа 9:16

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рыхәдаџьал дыркьакьеит».

Неемиа 9:17

Албаагақәа

  • *

    Ма «згәы ҭбаау».

  • *

    Ма «гәыбылрала иҭәу бзиабарала».

Неемиа 9:20

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «удоуҳа бзиа».

Неемиа 9:26

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «узакәан рышьҭахьҟа идыршәит».

Неемиа 9:34

Албаагақәа

  • *

    Ма «агәаларшәарақәеи».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Неемиа 9:1–38

Неемиа

9 Убри амза 24-тәи амш аҽны израильаа зегь еизеит. Дара аџьабарамаҭәа* рышәҵаны, асаба рықәыԥсаны ачгара иалагеит. 2 Израильаа рышьҭра иатәыз ауаа егьырҭ ауаа ирылҵны хазы игылеит. Дара иҟарҵаз агәнаҳақәеи рабацәеи рабдуцәеи иҟарҵаз агәнаҳақәеи аартны ирҳәон. 3 Дара х-сааҭк* игыланы Рынцәа Иегова изакәан ашәҟәы рыбжьы ҭыганы иаԥхьон, даҽа х-сааҭк — рыгәнаҳақәа аартны ирҳәон, насгьы Рынцәа Иегова иеихырхәон.

4 Иешу́а, Ба́ни, Кадмии́л, Шева́ниа, Бу́нни, Шере́виа, Ба́ни, Кена́ни алевитцәа рзы иҟаҵаз аӷәтәы қәгыларҭа иқәгыланы Рынцәа Иегова рыбжьы ҭыганы иҳәон. 5 Уи ашьҭахь алевитцәа Иешу́а, Кадмии́л, Ба́ни, Хаша́внеиа, Шере́виа, Го́диа, Шева́ниа, Пета́хиа ирҳәеит: «Шәгыланы Шәынцәа Иегова наӡаӡа дшәырҽхәала. Идырҽхәалааит ҽхәаԥхьыӡс, зылԥхарас иҟоу зегь иреиҳау, хьӡи-ԥшеи змоу ухьӡ ду.

6 Иегова, уара уҩыза Анцәа дыҟаӡам. Уара иушеит ажәҩани, ажәҩанқәа рыжәҩани уа иҟоу ар дуи, адгьыли уи иқәу зегьи, амшынқәеи урҭ ирҭоу зегьи. Уара зегь аԥсҭазаара руҭоит, жәҩантәи аргьы уара иуеихырхәоит. 7 Уара, Иегова, Аврам далызхыз, халдеиатәи Ур далганы ахьӡ Авраам изҭаз Анцәа ду уоуп. 8 Уара иубеит иара гәык-ԥсыкала дышузиашоу, убри аҟынтә иареи уареи шәыбжьара аиқәшаҳаҭра бжьоуҵеит, ихылҵуеи иареи ханаа́нааи, хе́ттаи, аморе́иааи, ферезе́иааи, иеву́сааи, гирга́шааи рыдгьыл руҭарц азы. Уара уажәа наугӡеит, избанзар уара аиашара улоуп.

9 Уара ҳабацәа рабацәа Египет ианыҟаз ргәаҟрақәа убеит, Амшын ҟаԥшь аҿы иҵәаа-ҵәаауа ацхыраара ианаҳәоз уаҳаит. 10 Уара афараон имаҵуцәеи, ижәлари, иареи ирықәнагоу иақәуршәарц азы узыршанхо аусқәеи аџьашьахәқәеи ҟауҵеит, избанзар иудыруан дара ҳабацәа рабацәа шдыргәаҟуаз. Уара ухьӡ зегьы идурдырит, уи иахьа уажәраанӡагьы ирдыруеит. 11 Уара урҭ рҿаԥхьа амшын еиҩушан, ибаз амшын аҵа иқәланы наҟ ииасит, ирышьҭаз ракәзар, игәрымуа амшын ахаҳә шаларыжьуа еиԥш амшын ҵаула иалаужьит. 12 Ҽынла уара урҭ аԥҭа шьаҟала иугон, уахынла — амца шьаҟала, убас ицараны излаҟаз рымҩа урлашон. 13 Уара ашьха Синаи ахь улбааны ажәҩан аҟынтә урацәажәон. Уара урҭ ииашоу аусԥҟақәеи, узықәгәыӷыртә иҟоу азакәанқәеи*, амҩақәҵара бзиақәеи, аԥҟарақәеи руҭеит. 14 Уара урҭ иԥшьоу асабша азгәарҭаларц роуҳәеит, умаҵзуҩы Моисеи ила аԥҟарақәеи, аусԥҟақәеи, азакәанқәеи руҭеит. 15 Амла ианакуаз, ажәҩан аҟынтә ача руҭеит, аӡба ианакуаз, ацаҟьа аҟынтә аӡы ааушьҭит, насгьы ишәысҭоит ҳәа уқәны изықәургәыӷыз адгьыл ахь ицарц роуҳәеит, дара иртәхарц азы.

16 Ҳабацәа рабацәа рҳәатәы иадыргон, иуҳәо рмаҳауа иҟалеит*, уԥҟарақәагьы рықәныҟәара иаҟәыҵит. 17 Дара аӡырҩра рҭахымхаӡеит, иҟауҵоз аус џьашьахәқәа ргәаламшәаӡеит, иуҳәо рмаҳауа иҟалеит, Египетҟа маҵуцәас ихынҳәырц азы ахада далырхит. Аха уара анажьра иазхиоу, згәы ҳалалу*, арыцҳашьареи ачҳареи злоу, бзиабарала* иҭәу Анцәа уоуп, убри аҟынтә уара урҭ каумыжьӡеит. 18 Дара аҳәыс абаҟа ҟаҵаны, „Ари Египет уалызгаз Унцәа иоуп“ рҳәон, убас зынӡа пату шуқәрымҵоз аадырԥшуан. 19 Аха уара уеизгьы арыцҳашьара ду ааурԥшын, урҭ ацәҳәыраҿы ианыҟаз икаумыжьӡеит, ҽынла аԥҭа шьаҟа рԥырҵӡомызт, амҩа днарбаларц азы, уахынла — амца шьаҟа, излацалаша амҩа днарбаларц азы. 20 Уара урҭ удоуҳа* руҭон, иҟәышхарц азы. Аманна рыгужьӡомызт, аӡба ианакуаз, аӡы руҭон. 21 Уара урҭ ацәҳәыраҿы 40 шықәса акрырҿоуҵон, акгьы рыгӡамызт, рымаҭәа хаӡомызт, ршьапқәагьы чӡомызт.

22 Уара урҭ аҳрақәеи ажәларқәеи руҭеит, адгьылқәа шаны ируҭеит. Дара иргеит хешбонтәи аҳ Сихо́н идгьыли башантәи аҳ Ог идгьыли. 23 Уара урҭ рыхшара ажәҩан икыду аеҵәақәа реиԥш иуррацәеит, нас рабацәа зықәургәыӷыз адгьыл ахь инаугеит. 24 Даргьы цан, уи адгьыл ргеит. Уара урҭ рҿаԥхьа уи адгьыл аҿы инхоз ханаа́наа уриааит, уи адгьыл аҳцәеи уа инхоз ажәларқәеи рнапаҿы иҟауҵеит, ирҭаху рзыруларц азы. 25 Дара хырӷәӷәарҭала ихьчаз ақалақьқәеи адгьыл ԥсылеи ргеит, иргеит бзиарас иҟоу зегь ахьыҩназ аҩнқәеи, аӡеизгарҭақәеи, аӡахәаҭрақәеи, амаслина баҳчақәеи, ашәыр зҿалоз аҵлақәеи рацәаны. Дара рызхара рфон, ирыцлон, гәыҭбаарала иҟауҵоз абзиарақәа ирылагәырӷьон.

26 Аха дара ҳәатәхамҵацәахеит, иуҿагылеит, узакәан иацәхьаҵит*, уара уахь ихынҳәырц ргәазҭазҵоз уԥааимбарцәа ршьит, зынӡа пату уқәырҵаӡомызт. 27 Уи азы уара урҭ изыргәаҟуаз аӷацәа ируҭеит. Арыцҳара ианақәшәа, ацхырааразы уҳәара иалагеит, уаргьы ажәҩан аҟынтә рыҳәара уаҳаит, насгьы арыцҳашьара ду аарԥшны аиқәырхаҩцәа руҭеит, раӷацәа рҟынтә ирыхьчаларц азы.

28 Аха ԥсеивгарак анроулак, еиҭа иуцәымӷыз аҟаҵара иалагон, нас уара урҭ изыргәаҟуаз аӷацәа ируҭон. Усҟан дара уара уахь ихынҳәны, ацхырааразы уҳәара иалагон, уаргьы ажәҩан аҟынтә рыҳәара уаҳауан, арыцҳашьара ду аарԥшны уааҟәымҵӡакәа еиқәурхон. 29 Уара урҭ узакәан ахь ахынҳәра ргәазҭоуҵон, аха дара рҳәатәы иадыргон, уԥҟарақәа рықәныҟәара рҭахӡамызт, агәнаҳа ҟарҵон, избанзар аԥсҭазаара узҭо уусԥҟақәа ирықәныҟәаӡомызт, урҭ аусԥҟақәа ирықәныҟәо иоуп аԥсҭазаара зауа. Дара уцәхьаҵуан, рҳәатәы иадыргон, иузыӡырҩӡомызт. 30 Уара урҭ шықәсы рацәала иучҳауан, удоуҳа зуҭоз уԥааимбарцәа рыла ргәырҽануҵон, аха дара аӡырҩра рҭахӡамызт. Аҵыхәтәаны уара урҭ егьырҭ ажәларқәа ируҭеит. 31 Аха уара арыцҳашьара ду ааурԥшын иқәумгаӡеит, икаумыжьӡеит, избанзар уара згәы ҳалалу, арыцҳашьара злоу Нцәоуп.

32 Уажәшьҭа, Ҳанцәа, амч ду змоу, апатуқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго, зеиқәшаҳаҭра еилазымго, гәыбылрала иҭәу абзиабара аазырԥшуа Анцәа ду, суҳәоит, ассириатәи аҳцәа рхаан аахыс ҳзықәшәоз, ҳаҳцәеи, ҳаҭауадцәеи, ҳаԥшьаҩцәеи, ҳԥааимбарцәеи, ҳабацәа рабацәеи, ужәлар зегь шынеибаркуи зықәшәоз ауадаҩрақәа маҷумшьан. 33 Ҳзықәшәоз зегьы уиашара аанарԥшуан, уара иуҳәоз наугӡон, ҳара агәнаҳа ҟаҳҵон. 34 Ҳаҳцәеи, ҳаҭауадцәеи, ҳаԥшьаҩцәеи, ҳабацәа рабацәеи узакәан иқәныҟәаӡомызт, уԥҟарақәеи ируҭоз агәҽанҵарақәеи* хьаас ирымаӡамызт. 35 Аҳцәа рхаан гәыҭбаарала ируҭоз аҳамҭақәа ианрылагәырӷьозгьы, ируҭаз иԥсылаз, иҭбааҭыцәыз адгьыл аҿы ианынхозгьы, умаҵ руӡомызт, рус цәгьақәа аанрыжьӡомызт. 36 Уажәшьҭа ҳара ҳмаҵуцәоуп. Ааи, ҳабацәа рабацәа ируҭаз адгьыл аҿы — зҽаҩра рфаларц, зыбзиарақәа ирылагәырӷьаларц ируҭаз адгьыл аҿы — ҳмаҵуцәоуп. 37 Уи адгьыл иаанашьҭуа аҽаҩра беиа зегьы ҳагәнаҳақәа ирыхҟьаны иаҳхаургылаз аҳцәа иргоит. Дара ишырҭаху рхы ҳадырхәоит, ҳарахәгьы ирҭаху рзыруеит, арыцҳара ду ҳҭагылоуп.

38 Убри азы ҳара напыла иҩу аҿаҭахьа шьҭаҳҵоит, ҳаҭауадцәеи, ҳлевитцәеи, ҳаԥшьаҩцәеи рымҳәырқәагьы ааҳархоит».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра