Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 10
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Аӡбаҩцәа Толеи Иаири (1—5)

      • Израильаа Анцәа иҿагылоит, нас иахьхәуеит (6—16)

      • Аммонаа Израиль иақәлоит (17, 18)

Аӡбаҩцәа 10:6

Албаагақәа

  • *

    Ма «Сириеи».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 10:1–18

Аӡбаҩцәа

10 Авимеле́х данԥсы ашьҭахь Израиль еиқәырхаҩыс дҟалеит Иссаха́р ишьҭра иатәыз До́до иԥа Пу́а иԥа То́ла. Иара ефремтәи ашьхақәа рҿы Шами́р дынхон. 2 То́ла 23 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан, нас иара дыԥсит. Уи Шами́р анышә дарҭеит.

3 Уи ишьҭахь ӡбаҩыс дҟалеит Галаа́д иатәыз Иаи́р. Иара 22 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан. 4 Иаи́р 30-ҩык аԥацәа иман. Урҭ 30 ҽада ирықәтәан. Дара 30 қалақь рыман. Урҭ ақалақьқәа иахьа уажәраанӡагьы Хавво́т-Иаи́р ҳәа ирышьҭоуп. Урҭ ақалақьқәа Галаа́д иҟоуп. 5 Уи ашьҭахь Иаи́р дыԥсит. Иара Камо́н анышә дарҭеит.

6 Израильаа еиҭах Иегова ицәымӷу аҟаҵара иалагеит. Дара Ваа́лқәеи Аста́ртақәеи рымаҵ руан, иара убас Ара́ми*, Сидони, Моа́ви рынцәахәқәеи аммо́нааи филисти́мааи рынцәахәқәеи рымаҵ руан. Дара Иегова даанрыжьит, имаҵ аурагьы иаҟәыҵит. 7 Иегова израильаа игәы рзыԥжәеит, убри аҟынтә урҭ филисти́мааи аммо́нааи ириҭеит. 8 Уи ашықәс азы урҭ израильаа ԥсгаха рырҭомызт, рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа идыргәаҟуан. Дара 18 шықәса Иордан нырцә иҟаз аморе́иаа рыдгьыл Галаа́д аҿы инхоз израильаа дыргәаҟуан. 9 Уи азмырхаӡакәа, аммо́наа Иудеи, Вениамини, Ефреми рабиԥарақәа ирабашьларц азы Иордан ируан. Израильаа рыԥсҭазаара даараӡа ицәгьан. 10 Убасҟан дара ӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова ацхырааразы иҳәара иалагеит. Дара ирҳәон: «Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵеит, избанзар уара, Ҳанцәа, уааныжьны, Ваа́лқәа рымаҵ аура ҳалагеит».

11 Иегова израильаа ус реиҳәеит: «Сара Египет шәалызгеит, шәагьеиқәсырхеит аморе́иааи, аммо́нааи, филисти́мааи, 12 сидо́нааи, амали́кааи, мадиа́нааи рҟынтә. Урҭ ԥсгаха аншәырымҭоз, шәандыргәаҟуаз, ацхырааразгьы шәансыҳәоз, сара шәеиқәсырхон. 13 Аха шәара шәааҳәны егьырҭ анцәақәа рымаҵ аура шәалагеит, убри аҟынтә уаҳа шәеиқәсырхалаӡом. 14 Шәцаны иалшәхқәаз анцәақәа ацхырааразы шәрыҳәала. Дара шәеиқәдырхалааит». 15 Аха израильаа Иегова ус иарҳәеит: «Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵеит, иуҭаху ҳазу. Амала, ҳуҳәоит, абыржәы ҳаиқәырха». 16 Дара атәым нцәақәа ықәырган, Иегова имаҵ аура иалагеит. Убри аҟынтә иара урҭ шгәаҟуаз уаҳа дзахәаԥшӡомызт.

17 Ԥыҭрак ашьҭахь аммо́наа ар еизырган, Галаа́д рлагер дыргылеит, израильаагьы еизан, рлагер Ми́цпа идыргылеит. 18 Галаа́д инхоз ажәлари аҭауадцәеи ус рҳәеит: «Ҳаԥхьа игыланы аммо́наа рабашьра ицо Галаа́д инхо зегьы дырхагылазаауеит».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра