Аӡбаҩцәа
13 Израильаа еиҭах Иегова ицәымӷу аҟаҵара иалагеит, убри аҟынтә Иегова урҭ 40 шықәса ҳәа филисти́маа ириҭеит.
2 Уи аамҭазы Цо́ра дынхон Дан ишьҭра иатәыз Мано́и зыхьӡыз хаҵак. Иԥҳәыс ахшара длоуӡомызт, лара ахәыҷқәа лымаӡамызт. 3 Ҽнак зны Иегова имаалықь длызцәырҵын, ус леиҳәеит: «Бара ахшара дбоуӡом, ахәыҷқәагьы бымаӡам, аха бцәабтәымкәа бҟалоит, аԥагьы дбоуеит. 4 Уаҳа аҩи иџьбароу арыжәтәқәеи бымжәлан, ицқьам ҳәагьы акгьы бымфалан. 5 Бара бцәабтәымкәа бҟалоит, аԥагьы дбоуеит. Иара ихцәы химҵәалароуп, избанзар данилак инаркны Анцәа иназореи иакәхоит. Иара израильаа филисти́маа рҟынтә еиқәирхалоит».
6 Уи аԥҳәыс лхаҵа иахь дцан, ус иалҳәеит: «Сара Анцәа иуаҩы дысзааит. Уи Анцәа имаалықь диеиԥшын, иԥшра-исахьа угәы архыҭхыҭуан. Сара уабатәиу ҳәа симазҵааӡеит, иаргьы ихьӡ имҳәаӡеит. 7 Иара ус сеиҳәеит: „Бара бцәабтәымкәа бҟалоит, аԥагьы дбоуеит. Уаҳа аҩи иџьбароу арыжәтәқәеи бымжәлан, ицқьам ҳәагьы акгьы бымфалан, избанзар иара данилак инаркны дыԥсаанӡа Анцәа иназореи иакәзаауеит“».
8 Мано́и Иегова иҳәара далагеит: «Суҳәоит, Иегова, иааушьҭыз ауаҩы еиҭах даҳзаaиааит, иираны иҟоу ахәыҷгьы дшаҳааӡаша ҳаиҳәааит». 9 Анцәа ду Мано́и ииҳәаз иаҳаит, Анцәа имаалықьгьы даҽазнык аԥҳәыс лахь днеит. Усҟан лара адәаҿы дыҟан, лхаҵа Мано́и лааигәара дыҟаӡамызт. 10 Аԥҳәыс дыҩны лхаҵа иахь дцан, ус иалҳәеит: «Исзааихьаз ауаҩы еиҭах дааит».
11 Мано́и иԥҳәыс длыцны уи ауаҩ иахь днеин, диазҵааит: «Уара уоума сыԥҳәыс илацәажәоз?» — «Ааи, сара соуп», — иҳәеит уи. 12 Мано́и ус иҳәеит: «Уажәақәа наӡааит! Аха ахәыҷы иԥсҭазаашьахои, насгьы иҟаиҵалар акәхои?» 13 Иегова имаалықь Мано́и ус иеиҳәеит: «Уԥҳәыс иласҳәаз зегь ҟалҵароуп. 14 Лара аӡахәа иҿало акгьы лымфароуп, аҩи иџьбароу егьырҭ арыжәтәқәеи лымжәыроуп, ицқьам ҳәагьы акгьы лымфароуп. Иласҳәаз зегьы ҟалҵалааит».
15 Мано́и Иегова имаалықь ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, уаангыл, аӡыс узаҳшьуеит». 16 Иегова имаалықь Мано́и ус иеиҳәеит: «Саангыларгьы, исфаӡом. Иегова ирбылуа акәырбан изноугар уҭахызар, изнаг». Мано́и издырӡомызт уи Иегова имаалықь шиакәыз. 17 Мано́и Иегова имаалықь ус иеиҳәеит: «Иухьӡу ҳаҳә, уажәақәа анынаӡалак, пату уқәаҳҵарц азы». 18 Иегова имаалықь ус иҳәеит: «Изуҭахи сыхьӡ? Уи џьашьахәуп».
19 Мано́и аӡыси кәырбанс инарго ачеи аашьҭихын, ахаҳә аҿы Иегова кәырбанс изнеигеит. Иара* Мано́и иԥҳәыси иареи рҿаԥхьа узыршанхоз ак ҟаиҵеит. 20 Акәырбаннагарҭаҿы амца ибзианы ианеибак, Иегова имаалықь амцабз дагәылаланы ажәҩан ахь дхалеит. Мано́и иԥҳәыси иареи ари анырба, адгьыл ахь рыҽкарыжьит. 21 Иегова имаалықь Мано́и иԥҳәыси иареи уаҳа дрызцәырымҵӡеит. Мано́и еиликааит уи Иегова имаалықь шиакәыз. 22 Мано́и иԥҳәыс ус леиҳәеит: «Бареи сареи ҳаԥсуеит, избанзар Анцәа даҳбеит». 23 Аха лара ус лҳәеит: «Иегова ҳаишьыр иҭахызҭгьы, изнаҳгаз ирбылуа акәырбани кәырбанс инарго ачеи идикыларымызт, иаҳирбазгьы ҳирбарымызт, иҳаиҳәазгьы ҳаиҳәарымызт».
24 Уи аԥҳәыс аԥа длоуит, Самсонгьы ихьӡылҵеит. Аҷкәын изҳауан, Иеговагьы уи дизылԥхон. 25 Ԥыҭрак ашьҭахь Самсон Иегова идоуҳа иоуит. Уи ҟалеит Маха́не-Дан, Цо́рои Ештао́ли рыбжьара.