Иона
1 Иегова Амитта́и иԥа Ио́на* ус иеиҳәеит: 2 «Уца ақалақь ду Нине́виаҟа, ирылаҳәа уа инхо шықәызго, избанзар рус цәгьақәа здыруеит».
3 Аха Ио́на Иегова дицәыбналаны Тарши́шҟа дцарц иӡбеит. Иара Ио́ппиаҟа дцан, Тарши́шҟа ицоз аӷба иԥшааит. Имҩақьыра ишәан, аӷба дақәтәеит, Иегова дицәыбналаны Тарши́шҟа дцарц азы.
4 Усҟан Иегова амшын аҿы аԥша ӷәӷәа аирсит, ацәқәырԥақәагьы шьҭыҵит, аӷба ԥыххааса ицарц ак аагымхеит. 5 Амшынуаа даараӡа ишәеит, дасу рынцәахәқәа ацхырааразы ирыҳәо иалагеит, аӷба ласхарц азгьы аидара амшын иаларыжьуа иалагеит. Ио́на иакәзар, ҵаҟа дылбаахьан, дҭаҳәахаагьы дыцәан. 6 Акаԥдан иара иахь днеин, ус иеиҳәеит: «Узыцәои? Угыл. Унцәа уиҳәа. Иудыруеи Анцәа ду ҳрыцҳашьаны ҳҭаимырхар».
7 Амшынуаа ус еибырҳәеит: «Шәааи аҵәы ҭаҳаԥсап*, ари арыцҳара зыхҟьаз дызусҭоугьы еилаҳкаап». Аҵәы анҭарыԥса, Ио́на иқәшәеит. 8 Дара иазҵааит: «Уара умшала аума ари арыцҳара ҳзақәшәаз? Уабатәиу? Занааҭс иумои? Уабанхо, узыжәларда?»
9 Ио́на иҳәеит: «Сара сауриоуп, сара амшыни адгьыли зшаз ажәҩан Анцәа Иегова симҵахырхәоит*».
10 Амшынуаа еиҳагьы ишәан: «Иҟауҵеи?» — ҳәа иазҵааит. (Ио́на иреиҳәахьан Иегова дшицәыбналаз.) 11 Амшын еиҳа-еиҳа аҽарцәгьон, убри аҟынтә дара ус иазҵааит: «Иузаҳаури, амшын еиқәтәарц азы?» 12 Иара иҳәеит: «Амшын салашәыжь, убасҟан иара еиқәтәоит. Сара издыруеит ари афырҭын бааԥс сымшала шәшақәшәаз». 13 Амшынуаа уеизгьы аӷба аҟәара аҟынӡа иҳазнагандаз ҳәа ишрымчыз ажәҩақәа ирыҵыршьуан, аха ирызнамгаӡеит, избанзар амшын еиҳа-еиҳа аҽарцәгьон.
14 Усҟан дара иӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова иҳәара иалагеит: «Иегова, ҳуҳәоит, ари ауаҩ имшала ҳҭаумырхан, акгьы зхарам иԥсра ҳара иаҳхараумҵан, избанзар, Иегова, уара уоуп ус изҭаххаз». 15 Нас Ио́на даашьҭырхын, амшын даларыжьит, иаргьы ааиқәтәеит. 16 Амшынуаа Иегова иҿаԥхьа аҳаҭыр зныԥшуа ашәара рызцәырҵит. Дара Иегова акәырбан изнаргеит, аҿаҭахьагьы рықәырҵеит.
17 Иегова аԥсыӡ ду ааишьҭын, Ио́на дылбаанадеит. Иара хаха-хымш аԥсыӡ амгәа дҭан.