Ездра
8 Абар аҳ Артаксе́ркс аҳра аниуаз аамҭазы Вавилонынтәи исыцааз абиԥарақәа рхадацәеи биԥарала ишьақәгылоу рсиеи. 2 Финее́с иԥацәа рҟынтә: Гершо́м. Итама́р иԥацәа рҟынтә: Даниил. Давид иԥацәа рҟынтә: Хатту́ш. 3 Шеха́ниа иԥацәа рҟынтә, Паро́ш иԥацәа рҟынтә: Заха́риеи асиаҿы иаагоу 150-ҩык ахацәеи. 4 Паха́т-Моа́в иԥацәа рҟынтә: Зера́хиа иԥа Елиехоена́и, насгьы уи ицыз 200-ҩык ахацәа. 5 За́тту иԥацәа рҟынтә: Иахазии́л иԥа Шеха́ниа, насгьы уи ицыз 300-ҩык ахацәа. 6 Ади́н иԥацәа рҟынтә: Ионафа́н иԥа Еве́д, насгьы уи ицыз 50-ҩык ахацәа. 7 Ела́м иԥацәа рҟынтә: Ата́лиа иԥа Иеша́и, насгьы уи ицыз 70-ҩык ахацәа. 8 Шефа́тиа иԥацәа рҟынтә: Михаил иԥа Зева́диа, насгьы уи ицыз 80-ҩык ахацәа. 9 Иоа́в иԥацәа рҟынтә: Иехии́л иԥа А́вди, насгьы уи ицыз 218-ҩык ахацәа. 10 Ба́ни иԥацәа рҟынтә: Иоси́фиа иԥа Шеломи́т, насгьы уи ицыз 160-ҩык ахацәа. 11 Бева́и иԥацәа рҟынтә: Бева́и иԥа Заха́риа, насгьы уи ицыз 28-ҩык ахацәа. 12 Азга́д иԥацәа рҟынтә: Хакката́н иԥа Иохана́н, насгьы уи ицыз 110-ҩык ахацәа. 13 Аҵыхәтәаны ихынҳәыз Адоника́м иԥацәа рҟынтә: Елифеле́т, Иеие́л, Шема́иа, насгьы урҭ ирыцыз 60-ҩык ахацәа. 14 Бигва́и иԥацәа рҟынтә: Ута́и, Заббу́д, насгьы урҭ ирыцыз 70-ҩык ахацәа.
15 Сара урҭ Аха́ваҟа ицоз аӡиас аҿы еизызгеит. Уа ақьалақәа ҳаргылан, хымш ҳаангылеит. Ажәлари аԥшьаҩцәеи срылаланы иангәасҭа, левиткгьы дсымбеит. 16 Усҟан сара аиҳабацәа Елиезе́ри, Арие́ли, Шема́иеи, Елната́ни, Иари́ви, Елната́ни, Нафа́ни, Заха́риеи, Мешулла́ми арҵаҩцәа Иоиари́ви Елната́ни ааргарц ауаа сышьҭит. 17 Сара урҭ Каси́фиа ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы аиҳабы И́ддо иахь ицарц расҳәеит, Каси́фиа инхо, аныҳәарҭаҿы амаҵ зуа иашьцәеи иареи ирарҳәарц Анцәа иҩнаҿы амаҵ зуло амаҵзуҩцәа ааргарц. 18 Ҳанцәа дҳацын*, убри аҟынтә дара иаҳзааргеит Израиль иԥа Ле́ви имоҭа Ма́хли иԥацәа рҟынтә иҟәыӷаз ауаҩы Шере́виа иԥацәеи, иашьцәеи, иареи, урҭ 18-ҩык ыҟан, 19 Хаша́виеи Мера́ри ишьҭра иатәыз Иеша́ии, уи иашьцәеи, урҭ рыҷкәынцәеи — урҭ 20-ҩык ыҟан, 20 иара убас хьыӡҳәала еиқәыԥхьаӡаз 220-ҩык аныҳәарҭа амаҵуцәа. Урҭ Давид иҭауадцәеи иареи алевитцәа цхырааҩцәас ирырҭаз аныҳәарҭа амаҵуцәа рышьҭра иатәын.
21 Уа, Аха́ва аӡиас аҿы, сара зегьы ирасҳәеит ичгаларц, насгьы ахынраалара аарԥшны Анцәа иҳәаларц, ҳамҩеи, ҳхәыҷқәеи, ҳмазареи дахылаԥшларц азы. 22 Сара аҳ амҩан ҳаӷацәа рҟынтә ҳзыхьчо аруааи аҽыуааи ҳаҭ ҳәа иаҳәара сацәыԥхашьеит, избанзар уаанӡа иаҳҳәахьан: «Ҳанцәа иқәгәыӷуа* зегьы дрыцуп, аха даанзыжьуа зегьы рахь имчи игәыԥжәареи ирхоит». 23 Убри аҟынтә ҳара ҳачгон, насгьы уи азы Анцәа ҳиҳәон, иаргьы ҳаҳәара иаҳаит.
24 Уи ашьҭахь сара аԥшьаҩцәа реиҳабацәа рҟынтә 12-ҩык алысхит, лымкаала Шере́виеи, Хаша́виеи, 10-ҩык урҭ рашьцәеи. 25 Нас икапанны урҭ ирысҭеит аҳ иабжьгаҩцәеи, иареи, аҭауадцәеи, иара убас израильаа зегьы Анцәа иҩназы хатәгәаԥхарала иҟарҵаз ахьи, араӡни, егьырҭ амаҭәарқәеи. 26 Сара урҭ ирысҭеит 650 талант* араӡны, зыкапан 2 талантк* иҟаз араӡны маҭәарқәа 100, 100 талантк* ахьы, 27 1 000 да́рик* иаԥсаз ахьы иалхыз агәыблаа хәыҷқәа 20, иара убас ахьы еиԥш зыхә ҳаракыз, ицырцыруа абҩа цқьа иалхыз 2 маҭәарк.
28 Нас ус расҳәеит: «Шәара Иегова изы шәыԥшьоуп, арҭ амаҭәарқәагьы ԥшьоуп, ари ахьи араӡни шәабацәа Рынцәа Иегова изы хатәгәаԥхарала иҟаҵоу ҳамҭақәоуп. 29 Абри зегьы Иерусалим, Иегова иҩны аҵәахырҭа ауадақәа рҿы*, аԥшьаҩцәеи алевитцәеи реиҳабацәеи израильтәи абиԥарақәа рыҭауадцәеи рҿаԥхьа икапанны ирышәҭаанӡа ибзианы ишәыхьчала». 30 Аԥшьаҩцәеи алевитцәеи ахьи, араӡни, егьырҭ амаҭәарқәеи капанны ирыдыркылеит, Иерусалимҟа, Анцәа иҩнахьы иргарц азы.
31 Абар ҳара актәи амза жәаҩатәи амш аҽны аӡиас Аха́ва аҟынтә Иерусалимҟа ҳдәықәлеит. Ҳанцәа дҳацын. Иара амҩан ҳаӷацәеи арҳәцәеи рҟынтә ҳихьчон. 32 Ҳара Иерусалимҟа ҳааит. Уа хымш ҳаҟан. 33 Аԥшьымш рыҽны ахьи, араӡни, егьырҭ амаҭәарқәеи Ҳанцәа иҩнаҿы икапанны, У́риа иԥа аԥшьаҩы Меремо́ти, Финее́с иԥа Елеаза́ри, иара убас Иешу́а иԥа алевит Иозава́ди, Бинну́и иԥа алевит Ноа́диеи ираҳҭеит. 34 Зегь ԥхьаӡаны иркапанын, шаҟа ҟалаз анырҵеит. 35 Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз ирбылуа кәырбанҵас Израиль зегь азы Израиль Анцәа изнаргеит ацәқәа 12, аҭыӷьқәа 96, агәнаҳазы кәырбанҵас инаргеит асарақәа 77, насгьы аџьмақәа 12. Уи зегьы ирбылуа кәырбанҵас Иегова изнаган.
36 Уи ашьҭахь ҳара аҳ иусԥҟақәа аҳ исатрапцәеи* Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩцәеи ираҳҭеит. Дара ажәлар рыцхраара иалаган, Анцәа ду иҩназы иаҭаху зегьы рырҭеит.