Ездра
9 Уи ашьҭахь аҭауадцәа аасыдгылан, ус сарҳәеит: «Израильтәи ажәлари, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи рааигәа инхо ажәларқәа — ханаа́наа, хе́ттаа, ферезе́иаа, иеву́саа, аммо́наа, моа́ваа, египтаа, аморе́иаа — ихәымгаз рҵасқәеи дареи аанырмыжьӡеит. 2 Дара урҭ рыԥҳацәа ԥҳәысс иргоит, рыҷкәынцәагьы урҭ ажәларқәа рҟынтә аҳәса рзааргоит. Уажәшьҭа иԥшьоу ажәлар егьырҭ ажәларқәа ирылаҩашьеит. Уи ацәгьоураҿы зегь реиҳа ахара зду аҭауадцәеи аиҳабацәеи роуп».
3 Ари ансаҳа, сымаҭәа сышәхаԥызжәеит, сыхцәи сԥаҵеи акыдхра салагеит, сдысны стәан. 4 Израиль Анцәа иажәа ҳаҭыр ду ақәызҵоз*, насгьы атҟәара аҟынтә ихынҳәыз рыцәгьоурақәа згәы ԥнажәаз зегьы сыдеизалеит. Ахәылбыҽха кәырбанс ача анагара иалагаанӡа сшьара сзықәломызт.
5 Ахәылбыҽха кәырбанс ача аннаргоз аамҭазы сыԥсы анааи, исхаԥжәаз амаҭәа шысшәыз сшьамхышгылан, снапқәа Сынцәа Иегова иахь инархханы, 6 абас сҳәеит: «Сынцәа, сыԥхашьаны уҿаԥхьа схы сзышьҭыхӡом. Сынцәа, агәнаҳақәа ҳхыҵәеит, иҳаду ахара ажәҩан аҟынӡа инеит. 7 Ҳабацәа рхаан инаркны иахьа уажәраанӡа ахара ӷәӷәа ҳадуп. Иахьа ишубарҭоу еиԥш, ҳагәнаҳақәа ирыхҟьаны ҳаҳцәеи, ҳаԥшьаҩцәеи, ҳареи атәым аҳцәа рнапаҵаҟа ҳҟалон, аҳәала ҳаршьуан, ҳатҟәаны ҳаргон, ҳдырҳәуан, ҳладырҟәуан. 8 Аха уажәы, Ҳанцәа Иегова, аамҭа кьаҿк иалагӡаны ҳрыцҳаушьеит. Ҳанцәа, уара аиқәхара ҳалуршеит, ҳамшәа-ҳмырҳа иԥшьоу аҭыԥ аҿы анхара азин ҳауҭеит, ҳалақәа ччо ҳгәырӷьаларц, маҵуцәас ҳшыҟәоугьы, хәыҷык ҳамчқәа ҭаларц. 9 Ҳара ҳашмаҵуцәоугьы, Ҳанцәа, уара ҳаанумыжьӡеит, гәыбылрала иҭәу убзиабара ааурԥшын, персиатәи аҳцәа ҳзыразхартә иҟауҵеит. Уара ҳаԥсы ҭоуҵеит, еилабганы ишьҭаз Ҳанцәа иҩны аҭӡамцқәа еиҭашьақәҳаргыларц азы, Иудеиеи Иерусалими ахаҳә ҭӡамц ала ҳухьчеит.
10 Убри ашьҭахь, Ҳанцәа, иаҳҳәараны иҟои? Ҳара уԥҟарақәа аанҳажьит, 11 умаҵзуҩцәа, уԥааимбарцәа, рыла иҳауҭаз, абас ҳәаны: „Ишәтәхарц азы шәахьцо адгьыл — дгьыл хәымгоуп, избанзар уа ауаа хәымгақәа нхоит. Рҵас ҟьашьқәа рыла дара уи адгьыл зегь рҟьашьит. 12 Убри аҟынтә шәыԥҳацәа урҭ рыҷкәынцәа ԥҳәысс ирышәымҭалан, шәаргьы шәыҷкәынцәа рзы урҭ рыԥҳацәа ԥҳәысс ишәымгалан, реизҳазыӷьареи рҭынчреи шәашьҭамлан. Усҟан шәара шәыӷәӷәахоит, уи адгьыл иреиӷьу аҽаҩра шәфалоит, насгьы уи шәыҷкәынцәа наӡаӡа ҳәа ҭынхас ирзыншәыжьуеит“. 13 Ҳус цәгьақәеи хыԥхьаӡара змам ҳагәнаҳақәеи ирыхҟьаны ҳзықәшәаз ашьҭахь, — уара, Ҳанцәа, иҳақәнагаз ҳақәмыршәаӡакәа аиқәхара шҳалуршазгьы, — 14 еиҭа уԥҟарақәа реилагара ҳалагома? Аҵас бааԥсқәа ныҟәызго ажәларқәеи ҳареи аиуара ҳабжьаҳҵома? Усҟан уара угәы ԥжәаны ҳақәухуеит, зыԥсы ҭаны иаанхо аӡәгьы дҟалаӡом, аӡәгьы дзеиқәхаӡом. 15 Израиль Анцәа Иегова, уара аиашара улоуп, уара ҳара ҳҟынтә шьоукы иахьа уажәраанӡа иааугеит. Абар ҳара иҳаду ахара ҳаманы уара уахь ҳааит, иҟаҳҵаз ашьҭахь уҿаԥхьа агылара ҳшаԥсамгьы».