Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 8
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Ефремаа ргәы ԥжәаны Гедеон ажәа имаркуеит (1—3)

      • Мадиантәи аҳцәа ркуеит, иагьыршьуеит (4—21)

      • Гедеон израильаа рхагылара дақәшаҳаҭхаӡом (22—27)

      • Гедеон иԥсҭазаара ахҳәаа (28—35)

Аӡбаҩцәа 8:2

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2021, ад. 16—17

Аӡбаҩцәа 8:26

Албаагақәа

  • *

    19,4 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Аӡбаҩцәа 8:35

Албаагақәа

  • *

    Ма «гәыбылрала иҭәу абзиабара».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 8:1–35

Аӡбаҩцәа

8 Ефре́маа Гедео́н ус иарҳәеит: «Абас заҳзууи? Мадиа́наа рабашьра узаҳмыԥхьеи?» Дара ргәы ԥжәаны ажәа имаркуан. 2 Иара урҭ ус реиҳәеит: «Иҟасҵеи сара, шәара иҟашәҵаз иаҿурԥшуазар? Ефрем иоуз аҵыхәтәантәи ажьымжәақәа еиҳа еиӷьӡами Авиезе́р иҭеигалаз аҽаҩра зегь аасҭа? 3 Анцәа мадиантәи аҭауадцәа Ори́ви Зи́ви шәыриааиртә иҟаиҵеит. Иҟасҵеи сара, шәара иҟашәҵаз иаҿурԥшуазар?» Абарҭ ажәақәа анраҳа, дара рҽааиқәыркит.

4 Уи ашьҭахь Гедео́н Иордан днеин, нырцәҟа дырит. Ицқәаз 300-ҩыки иареи ааԥсеит, аха раӷацәа ишрышьҭац ирышьҭан. 5 Убри аҟынтә иара Сукко́т инхоз ус реиҳәеит: «Сшәыҳәоит, исыцу ауаа ача рышәҭ. Дара ааԥсеит, ҳара мадиантәи аҳцәа Зеве́ии Цалму́ннеи ҳрышьҭоуп». 6 Аха Сукко́т аҭауадцәа ус иарҳәеит: «Зеве́ии Цалму́ннеи уриааихьоума, уеибашьцәа ача раҳҭартә еиԥш?» 7 Усҟан Гедео́н ус реиҳәеит: «Ибзиоуп, ус акәзар, Иегова имчала Зеве́ии Цалму́ннеи саныриааилак, ақәыц ала шәыбӷақәа рцәа рхысхуеит». 8 Уантәи иара Пенуе́лҟа дцеит, уа инхоз ауаа рҿгьы ача даҳәеит, аха урҭгьы Сукко́т инхоз ауаа реиԥш аҭак ҟарҵеит. 9 Усҟан Гедео́н Пенуе́л инхоз ус реиҳәеит: «Аиааира ганы саныхынҳәлак, шәбааш сырбгоит».

10 Зеве́ии Цалму́ннеи 15 000-ҩык раҟара аибашьцәа рыманы Карко́р иҟан. Мрагылара инхоз рыр аҟынтә иаанхаз урҭ ракәын. Дара аҳәала еибыҭаз 120 000-ҩык аибашьцәа рыцәҭахеит. 11 Гедео́н ақьалақәа рҿы инхоз рымҩала, Нава́хи Иогбе́геи рҟынтә мрагыларатәи аган ала ицоз амҩала дцеит, ар ргәырҽанӡамкәагьы дрықәлеит. 12 Мадиантәи аҳцәа Зеве́ии Цалму́ннеи иҩны идәықәлеит, аха иара урҭ дрышьҭалан икит, рыргьы иҟарҵо рзымдыруа иқәирхеит.

13 Иоа́с иԥа Гедео́н аибашьра аҟынтә Хере́с ихало амҩала дхынҳәит. 14 Амҩан Сукко́т инхоз ҷкәынак дитҟәан, иҿахәы иҿихит. Уи аҷкәын Сукко́т инхоз 77-ҩык аҭауадцәеи аиҳабацәеи рыхьӡқәа ҩны Гедео́н ииҭеит. 15 Усҟан иара Сукко́т инхоз рахь дцан, ус реиҳәеит: «„Зеве́ии Цалму́ннеи уриааихьоума, иааԥсаз уеибашьцәа ача раҳҭартә еиԥш“ ҳәа шәысхымыччози. Абар Зеве́ии Цалму́ннеи ахьыҟоу». 16 Анаҩс ақалақь аиҳабацәа ааникылан, ақәыц аашьҭыхны Сукко́т инхоз ахьирхәит. 17 Иара убас Пенуе́л иҟаз абааш ирбгеит. Ақалақь аҿы инхоз ахацәагьы ишьит.

18 Гедео́н Зеве́ии Цалму́ннеи «Фаво́р ашьхаҿы ишәшьыз ауаа зеиԥшрази?» ҳәа дразҵааит. Дара ус рҳәеит: «Урҭ зегьы уара иуеиԥшын, аҳ иԥацәа рсахьа рыман». 19 Иара иҳәеит: «Урҭ сан илхылҵыз сашьцәа ракәын. Зыԥсы ҭоу Анцәа Иегова имаҿоуп, урҭ шәрыламкьысызҭгьы, шәысшьӡомызт». 20 Иара иԥеиҳаб Иете́р ус иеиҳәеит: «Унеины наҟ ишьы». Аха арԥыс иаҳәа ҭимгаӡеит. Иара дшәон, избанзар дқәыԥшын. 21 Усҟан Зеве́ии Цалму́ннеи ус рҳәеит: «Уара ухаҭа ҳшьы, избанзар ауаҩы дзеиԥшроу еиԥш ауп имчгьы шыҟоу». Гедео́н Зеве́ии Цалму́ннеи ишьит, рмахҽқәа рыхәда ихшьыз амзаҿа аԥшра змаз ахәдахаҵақәагьы рхихит.

22 Ԥыҭрак ашьҭахь израильаа Гедео́н ус иарҳәеит: «Уаҳхагыл уара. Уҷкәыни умоҭеи ҳхагылазааит, избанзар мадиа́наа рҟынтә ҳаиқәурхеит». 23 Гедео́н урҭ ус реиҳәеит: «Саргьы сышәхагылаӡом, сыҷкәынгьы дышәхагылаӡом, Иегова дышәхагылазаауеит». 24 Анаҩс Гедео́н иациҵеит: «Амала, аказы сшәыҳәоит: дасу аибашьра иалигаз аҟынтә рԥынҵа иарҭо мацәазк-мацәазк сиҭааит». (Аибашьра иаҵахаз рԥынҵа иарҭо ахьтәы мацәазқәа рыман, избанзар измаи́лаа ракәын.) 25 Дара ус рҳәеит: «Ишԥауаҳамҭо». Нас амаҭәа неиҵыхны ишьҭарҵан, дасу иигаз аҟынтә рԥынҵа иарҭо мацәазк-мацәазк анырыԥсалеит. 26 Ахьтәы мацәазқәа рыкапан 1 700 ше́кель* ҟалеит. Уи адагьы дара Гедео́н ирҭеит амзаҿа аԥшра змаз арԥшӡагақәа, ахьнырҳалақәа, апурпурԥштәы змаз аласа иалхыз мадиантәи аҳцәа рымаҭәа, иара убас амахҽқәа рыхәда иахаз ахәдахаҵақәа.

27 Гедео́н уи иалхны аефо́д ҟаиҵан, О́фра иргылеит, иқалақь аҿы. Израиль зегьы аефо́д иамҵахырхәо иалаган, Анцәа ицәхьаҵит. Уи Гедео́н иҩнаҭеи иареи шьацҳәаны ирзыҟалеит.

28 Абасала израильаа мадиа́наа ириааит. Мадиа́наагьы урҭ уаҳа ԥырхага рырҭомызт. Гедео́н ихаан 40 шықәса адгьыл аҿы аҭынчра ыҟан.

29 Иоа́с иԥа Иероваа́л иҩныҟа дхынҳәит, уа дагьынхон.

30 Гедео́н 70-ҩык аԥацәа иман, избанзар аҳәса рацәаны иман. 31 Шехе́м инхоз иҳәса руаӡәкгьы аԥа длоуит. Иара уи Авимеле́х ихьӡиҵеит. 32 Иоа́с иԥа Гедео́н ақәра ду ниҵит. Данԥсы Авиезе́р ихылҵқәаз рықалақь О́фра иҟоу иаб идамраҿы дыржит.

33 Гедео́н данԥсы ашьҭахь израильаа еиҭах Ваа́лқәа реихырхәара иалаган, Анцәа иҿагылеит. Дара Ваа́л-Бери́т нцәас дҟарҵеит. 34 Израильаа иаарыкәыршаны иҟаз раӷацәа рҟынтә еиқәзырхаз Рынцәа Иегова дырхашҭит, 35 Иероваа́л, мамзаргьы Гедео́н, иҩнаҭа иатәыз рахьгьы ақьиара* аадмырԥшӡеит, иара Израиль азы абриаҟара шыҟаиҵазгьы.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра