1 Коринфаа рахь
4 Ауаа ирбалароуп Христос имаҵуцәа шҳакәу, иара убас ирбалароуп Анцәа имаӡа ԥшьақәа знапы ианиҵаз имаҵуцәа шҳакәу. 2 Амаҵуцәа рыԥшәма рнапы ианиҵаз аус гәыкала инарыгӡалароуп. 3 Сара хьаас исымаӡам шәара шәахьсықәыӡбо, мамзаргьы аӡбаҩцәа ахьсықәыӡбо. Схаҭагьы схы сақәыӡбаӡом. 4 Сара сыламыс цқьоуп, аха уи сышуаҩ иашоу шьақәнарӷәӷәаӡом. Ӡбаҩыс исымоу Иегова* иоуп. 5 Убри аҟынтә иазалху аамҭа ааиаанӡа, аӡәгьы шәимықәыӡбалан, Иҳақәиҭу Иисус даанӡа шәыԥшыз. Иара алашьцараҿы иҵәаху алашарахь ицәыригоит, ауаа ргәы иҭоугьы ааирԥшуеит. Усҟан Анцәа дасу ишиқәнагоу еиԥш дирҽхәоит.
6 Сашьцәа, Аполло́си сареи ҳҿырԥштәы ааганы абри зегь зышәзысыҩуа, ахәарҭа шәзаанагарц азоуп, ҳара шәаҳҿыԥшны, абри аԥҟара ақәныҟәашьа шәҵарц азы: «Иԥшьоу Аҩыра иану шәахымԥалан». Уи ақәныҟәашьа шәҵар, шәԥагьахаӡом, аӡә деиӷьуп, аӡә деицәоуп ҳәа шәыԥхьаӡалаӡом. 7 Уара аӡәы узлаиеиӷьузеи? Иумоу зегь узҭаз Анцәа иакәӡами? Анцәа иакәзар иузҭаз, узыҽхәои, уи ухала иурҳазшәа?
8 Ишәҭаху зегь шәоухьоума? Амал ду шәырҳахьоума? Ҳара ҳада аҳра аура шәалагахьоума? Ишԥабзиахоз шәалагахьазҭгьы, усҟан ҳаргьы аҳра шәыцҳаулон. 9 Анцәа, ҳара апостолцәа, асценахь аҵыхәтәаны ицәырҵуа, иршьраны иҟоу шьоук реиԥш ҳалихызшәа збоит. Ҳара адунеи зегь азы, амаалықьцәа рзы, ауаа рзы атеатр аҿы иқәгыло ҳарҩызахеит. 10 Христос имшала ҳара ҳгаӡақәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит, шәара шәакәзар, Христос ишьҭа шәхыланы шәахьцо азы шәҟәышуп ҳәа шәыԥхьаӡоит. Ҳара ҳаԥсыҽуп, шәара шәыӷәӷәоуп. Шәара ҳаҭыр шәықәырҵоит, ҳара — уаасгьы ҳрыԥхьаӡаӡом. 11 Ҳара уаанӡа еиԥш иахьагьы амла ҳакуеит, аӡба ҳакуеит, ҳрыпҟоит, иаҳшәаҳҵо ҳамам, ҳхы ахьыҵаҳкуа ҳамам, 12 ҳнапы ԥсшьаха амҭаӡакәа аус ҳуеит. Ауаа иҟоу зегь анаҳзырҳәо, ҳара урҭ ҳныҳәоит, ианҳашьҭашәарыцо — иҳачҳауеит, 13 ацәгьа анаҳзырҳәо — хаала аҭак раҳҭоит. Иахьа уажәраанӡагьы ҳара ари адунеи азы ҟьамсарк ҳаҩызоуп, ирҭахым, икарыжьуа агәам ҳарзаҩызоуп.
14 Абри зегь зышәзысыҩуа, шәсырԥхашьарц азы акәӡам, бзиа избо схәыҷқәа реиԥш сшәылабжьарц азоуп. 15 Христос имҩала ацашьа шәзырҵо 10 000-ҩык арҵаҩцәа* шәымазаргьы, абацәас ишәымоу рацәаҩӡам. Сара сакәзар, Христос Иисус изку ажәабжь бзиа анышәзеиҭасҳәа, абыс сышәзыҟалеит. 16 Убри аҟынтә, сшәыҳәоит: сҿырԥшы шәықәныҟәала. 17 Уи азы бзиа избо, ԥас исзыҟалаз Тимофеи дышәзынасышьҭуеит. Иара гәыкала Иҳақәиҭу Иисус имаҵ иуеит. Уи ишәгәалаиршәоит Христос Иисус имаҵуҩ иеиԥш схаҭа сзықәныҟәо, аизарақәагьы идсырҵо апринципқәа*.
18 Шьоукы шәара шәахь сымнеиуа џьыршьан, рхы ҳараркуа иалагеит. 19 Аха Иегова иҭаххар, иаарласны сшәызнеиуеит. Сызнеиуа, зыҽзырԥагьо ирҳәо сазыӡырҩырц азы акәӡам, Анцәа имч рымоу-ирымаму еилыскаарц азоуп. 20 Ауаҩы Анцәа Иаҳра дшатәу аазырԥшуа ииҳәо акәӡам, уи аазырԥшуа иусқәа рҿы иааԥшуа Анцәа имч ауп. 21 Еиҳа еиӷьашәшьои: аҷын сыманы сшәызнеир акәу, абзиабара сыманы, схааӡа сшәызнеир акәу?