Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
8 Уи ашьҭахь дук мырҵыкәа, Иисус Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирылаҳәо, ақалақьқәеи ақыҭақәеи дрылалеит. Иара ицын 12-ҩык апостолцәа. 2 Иара убас ицын адемонцәа зхицаз аҳәсеи, иихәышәтәыз аҳәсеи: 7-ҩык адемонцәа зхицаз Магдалина ҳәа изышьҭаз Мариа, 3 И́род иҩны иахагылаз Ху́за иԥҳәыс Иоа́нна, Суса́нна, уҳәа убас имаҷҩымкәа егьырҭ аҳәсагьы. Дара ирымаз иамеигӡакәа, Иисуси апостолцәеи ирыцхраауан.
4 Иисус қалақьс дахьцалакгьы, ауаа ишьҭаланы ицон. Жәларык анидеизала, абри аҩыза аҿырԥштәы рзааигеит: 5 «Нхаҩык амхы алаҵара дцеит. Ажәла аниҟьоз, жәлақәак амҩахь икаԥсан, ауаа иркәаҳаит, нас аҵарақәа ирфеит. 6 Егьырҭ ахаҳәраҿы икаԥсеит азы, ианаа, иаразнак иҩеит, избанзар аӡы рмоуӡеит. 7 Егьырҭ амаӷра илаԥсан, амаӷреи дареи еицрызҳаит, амаӷра иааз ажәла ахәаҽит. 8 Аха жәлақәак адгьыл бзиаҿы икаԥсеит, ианаа 100-нтә еиҳаны аҽаҩра ааргеит». Аҿырԥштәы анырзеиҭеиҳәа ашьҭахь, ибжьы ҭыганы иҳәеит: «Алымҳақәа змоу илымҳақәа кыдҵаны дӡырҩлааит!»
9 Иисус иҵаҩцәа ари аҿырԥштәы иаанагои ҳәа иазҵааит. 10 Иара иҳәеит: «Шәара Анцәа Иаҳра амаӡа ԥшьақәа шәзаартуп, егьырҭ ракәзар, иԥшуеит, аха ирбаӡом, иӡырҩуеит, аха ирзеилкааӡом. Убри азоуп аҿырԥштәқәа ааганы сызрацәажәо. 11 Аҿырԥштәы иаанаго абри ауп: ажәла — Анцәа иажәа ауп. 12 Ажәла амҩаҿы иахькаԥсаз иаанаго — ауаа ажәа шраҳаз ауп. Аха нас Аџьныш дааины ргәаҿы илаҵаз уи ажәа игоит, дара уи агәра рымгарц, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара рмоурц азы. 13 Ажәла ахаҳәраҿы иахькаԥсаз иаанаго — ауаа ажәа шраҳаз ауп. Дара уи гәырӷьаҵәа ирыдыркылоит, аха ргәаҵанӡа инеиӡом. Аамҭак аҩныҵҟа ахаҵара аадырԥшуеит, аха аԥышәарақәа ианрықәшәалак, рхаҵара рцәыӡуеит. 14 Ажәла амаӷра иахьылаԥсаз иаанаго — ауаа ажәа шраҳаз ауп. Аха иахьатәи аԥсҭазаара иацу аусқәеи, амали, ақьафуреи ираҳаз ажәа рхәаҽуеит, даргьы аҽаҩра рзаамго иҟалоит. 15 Ажәла адгьыл бзиаҿы иахькаԥсаз иаанаго — згәы аарту ауаа бзиақәа ажәа шраҳаз ауп. Дара уи ргәы иҭарҵәахуеит, ауадаҩрақәа ишрықәшәогьы, аҽаҩра ааргоит.
16 Ауаа акәаҷаб анадыркуа, ихырҩаӡом, акаруаҭгьы иҵадыргылаӡом, уи хыхь ауп иахьықәдыргыло, аҩны иҩнало зегьы алашара рбаларц азы. 17 Иҵәаху зегь цәыргахоит, имаӡоугьы аатуеит, зегь еилкаахоит. 18 Убри аҟынтә зҿлымҳарала шәӡырҩла, избанзар измоу еиҳагьы иоуеит, измам имоугьы имырхуеит».
19 Иисус иани иашьцәеи дырбарц инеит, аха ажәлар ирылсны иааигәа ианзымнеи, 20 шьоукы ус иарҳәеит: «Уани уашьцәеи адәахьы игылоуп, урбар рҭахуп». 21 Иара иҳәеит: «Анцәа иажәа иазыӡырҩуа, иагьыназыгӡо роуп иагьсану, иагьсашьоу».
22 Ҽнак зны Иисус иҵаҩцәеи иареи анышь инақәтәан, ус реиҳәеит: «Шәаала, нырцәҟа ҳаиасып». Нас аӡиа ихылеит. 23 Амҩан Иисус дыцәеит. Иаалырҟьаны аԥша цәгьа шьҭыҵит, анышь аӡы ҭаҭәо иалагеит, иӡааҟәрыларцгьы акгьы агымхеит. 24 Усҟан Иисус иҵаҩцәа даадырԥшын, ус иарҳәеит: «Арҵаҩы, арҵаҩы, ҳӡааҟәрылоит, ҳаԥсуеит!» Иаргьы дҩагылан, аԥшеи ацәқәырԥақәеи ааиқәиртәан, иааҭынчрахеит. 25 Нас ус реиҳәеит: «Иабаҟоу шәхаҵара?» Дара шәаҟьаны, ишанханы еибырҳәон: «Дызусҭада, уара, ари?! Аԥшагьы аӡгьы ииҳәо ҟарҵоит!»
26 Иисус иҵаҩцәеи иареи Галилеиатәи амшын аҿаԥхьа ишьҭаз герасаа рҳаблаҿы иӡхыҵит. 27 Иисус анышь данақәҵ, ақалақь аҟынтә адемонцәа зхаԥаны иҟаз хаҵак диԥылеит. Уи ахаҵа акыраамҭа акгьы ишәӡамкәа, иан дшаалыхшаз еиԥш дныҟәон, ҩныс имазгьы анышәынҭрақәа ракәын. 28 Уи ахаҵа Иисус даниба, дхәааит, нас дшьамхышгыланы, ибжьы рдуны, ус иҳәеит: «Иуҭахузеи сара сҟынтә, Хыхь иҟоу Анцәа Ду Иԥа, Иисус? Сумыргәаҟын, суҳәоит». 29 Иара ус зиҳәаз, Иисус адемон* уи ахаҵа дихыҵырц ахьиеиҳәаз азоуп. Адемон уи зныкымкәа дихаԥахьан. Ауаа инапқәеи ишьапқәеи зынџьырла* иҿаҳәаны дырҷаԥшьон, аха иара дызлаҿарҳәоз ԥыҵәҵәаны, уаҩ дахьыҟамыз аҭыԥқәа рахь дцон. Адемон иоуп уахь дзышьҭуаз. 30 Иисус уи иухьӡуи ҳәа диазҵааит. «Легион сыхьӡуп» — иҳәеит иара, избанзар адемонцәа рацәаҩны ихаԥаны дыҟан. 31 Дара Иисус иҳәара иалагеит атымитыша иҭаимыжьырц. 32 Уи аҭыԥ азааигәара ахәаҿы гәарҭак аҳәақәа ықәын. Адемонцәа Иисус иҳәеит аҳәақәа ирхаԥарц азы азин риҭарц. Иаргьы азин риҭеит. 33 Адемонцәа уи ауаҩ ихыҵын, аҳәақәа ирхалеит. Аҳәақәагьы аҿҟьарсҭа аҟынтә иԥан, амшын рҽаларыжьын, аӡы иагеит. 34 Аҳәақәа ирхылаԥшуаз ари анырба, еибарыҩны ицан, ақалақьи уи ааигәа иҟаз аҭыԥқәеи рҿы инхоз ауаа ирбаз зегь рзеиҭарҳәеит.
35 Усҟан ауаа иҟалаз ҳбап ҳәа Иисус иахь инеит. Ианнеи, ирбеит адемонцәа зхыҵыз уи ахаҵа ихы аҭыԥ аҿы ишааиз, иҽеилаҳәаны, Иисус ишьапаҿы дыштәаз. Усҟан дара шәеит. 36 Иҟалаз збаз урҭ ирзеиҭарҳәеит, адемонцәа зхаԥаны иҟаз уи ахаҵа дшыбзиахаз. 37 Еизаз ажәлар Иисус герасаа рҳабла далҵны дцарц иҳәеит, избанзар даараӡа ишәеит. Иисусгьы дықәҵны дцарц азы анышь дақәтәеит. 38 Адемонцәа зхицаз ахаҵа уахьцо сга ҳәа иҳәара далагеит, аха Иисус ус иеиҳәеит: 39 «Уҩныҟа уцаны, Анцәа иузыҟаиҵаз зегьы ирзеиҭаҳәа». Иаргьы дцан, Иисус изыҟаиҵаз ақалақь аҿы зегьы рзеиҭаҳәара далагеит.
40 Иисус Галилеиаҟа даныхынҳә, ажәлар гәырӷьаҵәа иԥылеит, избанзар данбаауеи ҳәа иԥшын. 41 Иаи́р зыхьӡыз асинагога аиҳабы уахь днеит. Иара Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгылан, аҩныҟа усыцаала ҳәа иҳәара далагеит, 42 избанзар 12 шықәса зхыҵуаз иԥҳазаҵә аԥсра даҿын.
Иисус амҩа дахьықәызгьы ажәлар идыӷәӷәало ишьҭаланы ицон. 43 Уа дыҟан 12 шықәса ишьабоз аԥҳәыс, лыхәышәтәрагьы аӡәгьы илшомызт. 44 Лара Иисус ишьҭахьҟала днаидгылан, имаҭәа акалҭ далакьысит, убри аминуҭ азгьы ашьа аангылеит. 45 Усҟан Иисус дҵааит: «Исылакьысда?» Зегьы сара сакәӡам ҳәа аҳәара ианалага, Пиотр иҳәеит: «Арҵаҩы, иумбаӡои шаҟаҩ укәшаны, иудыӷәӷәала игылоу?» 46 Аха Иисус иҳәеит: «Аӡә дышсылакьысыз здыруеит, избанзар амч сылҵит». 47 Аԥҳәыс Иисус иҟалаз шеиликааз анылба, дшәаԥырҳаԥуа, дҵыс-ҵысуа иҿаԥхьа дшьамхышгылан, зегьы ишраҳауаз иалҳәеит дызилакьысыз, иаразнакалагьы дшыбзиахаз. 48 Аха иара иҳәеит: «Сыӡӷаб, бхаҵара бахәышәтәит, бгәы рҭынчны бца».
49 Иисус дышцәажәоз, асинагога аиҳабы иҩны аҟынтә аӡә даан, ус иҳәеит: «Уԥҳа дыԥсит. Шьҭа Арҵаҩы иргәаҟра заҭахузеи?» 50 Иисус ари аниаҳа, Иаи́р ус иеиҳәеит: «Умшәан, ахаҵара аарԥшы, усҟан уӡӷаб деиқәхоит». 51 Иисус Иаи́р иҩны даннеи, Пиотри, Иоанни, Иакови, иара убас аӡӷаб лани лаби рыда аӡә дыҩналар имуӡеит. 52 Ауаа зегьы ргәы иаасуа, иҵәыуо игылан. Аха Иисус иҳәеит: «Шәымҵәыуан, аӡӷаб дымԥсӡеит, дыцәоуп». 53 Уи заҳаз ихыччара иалагеит, избанзар дшыԥсыз рдыруан. 54 Иисус аӡӷаб лнапы ааникылан, иҳәеит: «Сыӡӷаб, бгыл!» 55 Ахәыҷгьы лыԥсы ҭалан, ахьышәҭҳәа дҩагылеит. Иисус акрылҿашәҵа ҳәа реиҳәеит. 56 Лҭаацәа гәырӷьаҵәа, иҟарҵара рыздыруамызт, рыла иабаз рызхаҵомызт. Аха Иисус иҟалаз аӡәгьы иарымҳәарц реиҳәеит.