Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
6 Асабшаҽны Иисус амхқәа драҩсны данцоз, ицыз аҵаҩцәа ачарыц ҿыхны, напыла ирыцқьаны, афара иалагеит. 2 Афарисеицәа шьоукы уи анырба, ус рҳәеит: «Асабша зеилажәгои?» 3 Аха Иисус иҳәеит: «Ахаан шәамыԥхьаӡаци Давид ицыз ауааи иареи амла ианакуаз иҟаиҵаз атәы? 4 Ишәгәаламшәаӡои Анцәа иҩны дшыҩналаз, насгьы иԥшьоу ача* ширҭаз? Уи иаргьы ифеит, ицызгьы ириҭеит, афара азин змаз аԥшьаҩцәа заҵәык шракәызгьы». 5 Анаҩс иреиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа асабша дақәиҭуп».
6 Егьи асабшазы Иисус асинагога дыҩналан, ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит. Уа зарӷьа напы ҩаз хаҵак дыҟан. 7 Азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи Иисус ахара идырҵар рҭахын азы, асабшаҽны уи ахаҵа дихәышәтәуоу-димхәышәтәуоу ҳәа ишьклаԥшуан. 8 Аха иара урҭ ирхәыцқәоз идыруан азы, знапы ҩаз ахаҵа иеиҳәеит: «Угыланы, ауада агәҭахьы уааи». Иаргьы дҩагылан, уахь днеит. 9 Нас Иисус дразҵааит: «Исашәҳәа азакәан инақәыршәаны асабшаҽны иҟауҵар иҟало: абзиара акәу, ацәгьара акәу? Ауаҩы деиқәырхатәу, дышьтәу?» 10 Нас зегьы днарылаԥшын, ахаҵа ус иеиҳәеит: «Унапы уаах». Иаргьы инапы анааиҵих, иаабзиахеит. 11 Азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи уи рыԥсахы еибанаркын, Иисус изыруша иалацәажәо иалагеит.
12 Зны Иисус Анцәа диҳәарц азы ашьха дхалеит, ауха шаанӡагьы Анцәа диҳәон. 13 Ианша, иҵаҩцәа еизигеит. Урҭ рҟынтә 12-ҩык алихын, апостолцәа ҳәа рыхьӡиҵеит. 14 Абар урҭ зусҭцәаз: Пиотр зыхьӡиҵаз Си́мон, уи иашьа Андреи, Иаков, Иоанн, Филипп, Варфоломе́и, 15 Матфеи, Фома́, Алфе́и иԥа Иаков, «и́ҳаҵҳаҵо» ҳәа изышьҭаз Си́мон, 16 Иаков иԥа Иуда, насгьы ԥыҭрак ашьҭахь Иисус дызҭииз Иуда Искарио́т.
17 Урҭ иманы ашьхантәи дшылбаауаз, дәкаршәрак аҿы даангылеит. Уа идеизалеит имаҷҩымкәа иҵаҩцәеи, Иудеиеи Иерусалими инхоз ажәлари, Ти́ри Сидони рҿықә аҿы инхоз ауааи. Урҭ уахь инеит Иисус изыӡырҩырц, насгьы рчымазарақәа ихәышәтәырц азы. 18 Иара адемонцәа* идыргәаҟуазгьы ихәышәтәуан. 19 Еизаз зегьы илакьысырц рҭахын, избанзар илҵуаз амч рчымазарақәа ахәышәтәуан.
20 Иисус иҵаҩцәа днарылаԥшын, ацәажәара далагеит:
«Насыԥ шәымоуп, шәара, иӷару, избанзар шәара шәоуп Анцәа Иаҳра зтәу.
21 Насыԥ шәымоуп, шәара, уажәы амла иакуа, избанзар шәгәы ҭәуеит.
Насыԥ шәымоуп, шәара, уажәы иҵәыуо, избанзар шәыччалоит.
22 Насыԥ шәымоуп, ауаҩытәыҩса Иԥа изы шәанырцәымӷу, шәанԥхадырсуа, шәаныладырҟәуа, насгьы шәыхьӡ андырцәгьо. 23 Шәгәырӷьала уи аҽны, шәгәырӷьаҵәа шәышьҭыԥала, избанзар ажәҩан аҿы аҳамҭа ду шәзыԥшуп. Убасҵәҟьоуп урҭ рабацәа аԥааимбарцәагьы ишрызныҟәоз.
24 Шәрыцҳауп ибеиоу, избанзар ишәоураны иҟоу шәоухьеит.
25 Шәрыцҳауп уажәы згәы ҭәу, избанзар шәымлашьлоит.
Шәрыцҳауп уажәы иччо, избанзар шәҵәыуалоит, шәгәырҩалоит.
26 Шәрыцҳауп зегьы шәдырҽхәозар, избанзар урҭ рабацәагьы убасҵәҟьа амцԥааимбарцәа дырҽхәон.
27 Иӡырҩуа ишәасҳәоит: шәаӷацәа бзиа ижәбала, шәызцәымӷу абзиара рзыҟашәҵала, 28 шәызшәиуа шәныҳәала, шәыхьӡ зырцәгьо рзы Анцәа шәиҳәала. 29 Аӡәы ганкахьала дуҿасыр, егьи агангьы имҵак. Хыхьтәи умаҭәа уцәызгаз, иузынхазгьы наҟ иҭ. 30 Аӡәы аказы дуҳәазар, ииҭаху иҭ. Ак умызхыз, арахь исыҭ ҳәа думкын.
31 Ауаа шәызныҟәалар шышәҭаху еиԥш, шәаргьы убас шәрызныҟәала.
32 Бзиа ижәбо бзиа шәызбо ракәзар, бзиарас иҟашәҵеи? Агәнаҳаҟаҵаҩцәагьы бзиа ирбо дара бзиа избо роуп. 33 Абзиара ззыҟашәҵо абзиара шәзыҟазҵо ракәзар, бзиарас иҟашәҵои? Агәнаҳаҟаҵаҩцәагьы ус ҟарҵоит. 34 Изшәырԥсахуа ишәыззыргьежьуа иакәзар, бзиарас иҟашәҵои? Агәнаҳаҟаҵаҩцәагьы егьырҭ агәнаҳаҟаҵаҩцәа иддырԥсахуеит, иддырԥсахыз зегь роурц азы. 35 Аха шәара шәаӷацәа бзиа ижәбала, ауаа абзиара рзыҟашәҵала, шәуал дыргьежьуеит ҳәа шәазымԥшӡакәа идшәырԥсахла. Усҟан аҳамҭа ду шәоуеит, насгьы Хыхь иҟоу Анцәа Ду иԥацәа шәакәхоит, избанзар иара ҭабуп аҳәашьа ззымдыруа рзгьы, ауаа цәгьақәа рзгьы дқьиоуп. 36 Арыцҳашьара шәылаз, Шәаб арыцҳашьара шилоу еиԥш.
37 Шәаҟәыҵ ауаа рықәыӡбара, усҟан Анцәа шәаргьы дшәықәыӡбаӡом. Шәаҟәыҵ ауаа рырџьара, усҟан шәаргьы шәдырџьаӡом. Рыгхақәа ранашәыжьла, усҟан шәаргьы ишәанажьхоит. 38 Ауаа ишәымоу рышәҭала, усҟан даргьы ишәырҭалоит. Шәыкәа еиҵакәаҳаны, еиҵаршәшәаны, ихытто идырҭәуеит. Ишрышәҭо еиԥш, шәаргьы ишәырҭалоит».
39 Анаҩс аҿырԥштәқәа рзааигеит: «Илшома алашә илашәу амҩа ирбара? Рҩыџьагьы ажра иҭамҳаӡои? 40 Аҵаҩы ирҵаҩ иаасҭа деиҳаӡам. Аха ибзианы аҵара здырҵаз аҵаҩы ирҵаҩы диеиԥшхоит. 41 Уашьа ила иху аҭәыц анубо, уара ула ихыжьлоу ақды зумбои? 42 Излаиоуҳәои уашьа: „Уааи, ула иху аҭәыц хысхуеит“ ҳәа, ухаҭа ула иху ақды умбозар? Ҩ-цәак зхарԥоу уара! Раԥхьа ула ихыжьлоу ақды хых, нас уашьа ила иху аҭәыц шхыхтәугьы убап.
43 Аҵла бзиа ашәыр баа ҿалаӡом, ибаахьоу аҵлагьы ашәыр бзиа ҿалаӡом. 44 Аҵла иҿало ашәыр ала иудыруеит. Амаӷ-ҵиаақәа алаҳа ма ажь рҿалаӡом. 45 Ауаҩ бзиа абзиоуп ииҳәо, избанзар игәы иҭоу бзиоуп. Ауаҩы цәгьа ииҳәогьы цәгьоуп, избанзар игәы иҭоу цәгьоуп. Ауаҩы игәы иҭоу ауп ибз иаҳәо.
46 Шәара „Иҳақәиҭу! Иҳақәиҭу!“ ҳәа шәсышьҭоуп, арахь исҳәо ҟашәҵаӡом. 47 Сара сахь иааиуа, насгьы исҳәо заҳауа, иагьыҟазҵо дзеиԥшроу шәасҳәоит: 48 уи аҩны зыргылаз ауаҩы диеиԥшуп. Иара адгьыл шижуаз, ацаҟьа ашьапаҟынӡа днеит. Убра иҩны ашьаҭа шьҭеиҵеит. Ақәаршҩы аналага, аӡы хыҵын, аҩны иажәлеит. Аха уи ахьгылаз иагьымҵысит, избанзар ашьаҭа ӷәӷәан. 49 Исҳәо иазыӡырҩуа, аха иҟазымҵо, ашьаҭа амҭаӡакәа аҩны зыргылаз диеиԥшуп. Аӡы хыҵны уи аҩны ианажәла, иаразнак еилаҳаит, иҟәыбасагьы ицеит».