Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
10 Уи ашьҭахь Иисус даҽа 70-ҩык аҵаҩцәа алихын, иара дцарц ахьиҭахыз ақалақьқәеи ақыҭақәеи рахь ҩыџьа-ҩыџьала иаԥхьа ишьҭит. 2 Иара урҭ иреиҳәеит: «Аҽаҩра беиоуп, аха аусуцәа маҷуп, убри аҟынтә аҽаҩра Зтәу шәиҳәала аҭагаларазы аусуцәа ааишьҭырц. 3 Сара ажәабжь бзиа аҳәара шәсышьҭуеит, ақәыџьмақәа ирылоу ауасақәагьы шәреиԥшхоит. 4 Амҩа шәанықәло ԥараҭроума, мҩаныфоума, еимааума изакәызаалак ак шәымган, ишәԥылогьы аԥсшәа иашәымҳәан*. 5 Аӡә иҩны шәаннеиуа, „шәыҩны аҭынчра агымзааит“ ҳәа шәҳәала. 6 Уа аҭынчра иашьҭоу ауаҩы дыҟазар, изеиӷьашәшьо аҭынчра иоуеит, дыҟамзар — шәара ишәзынхоит. 7 Убри аҩнаҭаҿы шәыҟаз, ишәҿарҵо шәфала, ишәдыржәуа шәыжәла, избанзар аус зуа иулафахәы даԥсоуп. Еиӷьу аҩны шәашьҭамлан.
8 Шәахьнеиуа ақалақь аҿы шәрыдыркылар, ишәымҵадыргыло шәфала, 9 ичмазаҩу шәхәышәтәла, иагьышәҳәала: „Анцәа Иаҳра ааигәахеит“. 10 Аха шәахьнеиуа ақалақь аҿы шәрыдрымкылар, амҩадуқәа рахь шәцәырҵны ишәҳәа: 11 „Шәықалақь аҿы ҳшьапқәа ирықәҳаз асабаҵәҟьа ықәыршәшәаны шәара ишәзынҳажьуеит, аха ижәдыруаз Анцәа Иаҳра шааигәахаз“. 12 Аиаша шәасҳәоит: Аӡбара амш аҽны Содом еиҳа иазымариахоит, уи ақалақь аасҭа.
13 Изакә рыцҳароузеи иузыԥшу, ақалақь Хорази́н! Изакә рыцҳароузеи иузыԥшу, ақалақь Вифсаи́да! Шәара ижәбаз аус џьашьахәқәа Ти́ри Сидо́ни ирбазҭгьы, аџьабарамаҭәа рышәҵаны, ахәа илатәаны, рыгәнаҳақәа ирыхьхәхьазаарын. 14 Убри аҟынтә Аӡбара амш аҽны Ти́ри Сидо́ни шәара шәаасҭа еиҳа ирзымариахоит. 15 Уаргьы, Капернау́м, ажәҩан аҟынӡа унаӡоит ҳәа угәыӷуама? Анышә* ахь ауп уахьцо!
16 Шәара ишәзыӡырҩуа — саргьы дысзыӡырҩуеит. Шәара шәатәазымбо — саргьы сатәеибаӡом. Сара сатәазымбо — саазышьҭызгьы датәеибаӡом».
17 Ԥыҭрак ашьҭахь 70-ҩык аҵаҩцәа гәырӷьаҵәа ихынҳәын, ус рҳәеит: «Иҳақәиҭу, ухьӡ анаҳҳәо, адемонцәаҵәҟьагьы иаҳҳәо ҟарҵоит». 18 Иисус ус реиҳәеит: «Сара избеит, Аҩсҭаа амацәыс еиԥш ажәҩан дшалҟьаз. 19 Сара амч шәысҭеит, амаҭқәеи аскорпионқәеи шәрыӷрагыланы ишәырҟьацларц, насгьы шәаӷа шәииааирц азы. Убри аҟынтә ишәԥырхагахо ҳәа акымзарак ҟалом. 20 Аха шәзеигәырӷьаша адемонцәа ахьышәзыӡырҩуа акәӡам, шәыхьӡқәа Анцәа ажәҩан аҿы иҭаҩны иахьимоу ауп». 21 Убри аминуҭ азы Иисус иԥшьоу адоуҳа игәы ҭнаргәырӷьаан, абас иҳәеит: «Дгьыли-жәҩани знапаҿы иҟоу Саб, зегь рҿаԥхьа уҳараскуеит, избанзар уара абарҭ аҵабыргқәа аҵара змоу, иҟәышу ауаа ирцәуҵәахит, аха ахәыҷқәа ирзаауртит! Ааи, Саб, уара ус иуҭаххеит. 22 Саб зегьы снапы ианиҵеит. Аԥа ибзианы дыздыруа аӡәгьы дыҟаӡам, Аб ида, Абгьы ибзианы дыздыруа аӡәгьы дыҟаӡам Аԥа ида, насгьы Аԥа Иаб иӡбахә ззеиҭеиҳәар иҭаху рыда».
23 Иисус иҵаҩцәеи иареи рхала ианеизынха, абас реиҳәеит: «Насыԥ рымоуп шәара ижәбо збо. 24 Сара ишәасҳәоит: аԥааимбарцәагьы аҳцәагьы шәара ижәбо рбар рҭахын, аха ирымбаӡеит, ишәаҳауагьы раҳар рҭахын, аха ирмаҳаӡеит».
25 Азакәан ибзианы издыруаз аӡәы Иисус днаидгылан, дԥишәарц азы ус диазҵааит: «Арҵаҩы, иҟасҵар акәзеи наӡаӡатәи аԥсҭазаара соурц азы?» 26 Иисус иҳәеит: «Ианузеи азакәан аҿы? Ишԥеилукаауеи уи?» 27 Уи ахаҵа иҳәеит: «„Бзиа дыжәбала Шәынцәа Иегова* гәык-ԥсыкала, шәымч-шәылшара иара изы шәамеигӡалан, шәыԥсгьы* шәыхшыҩгьы иара изышәк“, иара убас „ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала“». 28 Иисус иҳәеит: «Ииашаны аҭак ҟауҵеит. Ишуҳәаз еиԥш иҟаҵала, усҟан аԥсҭазаара уоуеит».
29 Аха уи ахаҵа Анцәа изакәан дшықәныҟәоз ааирԥшырц азы Иисус ус диазҵааит: «Дызусҭада сара исзааигәоу?» 30 Иисус иҳәеит: «Хаҵак Иерусалимынтәи Иерихо́нҟа данылбаауаз, ақәылаҩцәа иқәлан ддырҳәит. Нас иԥсы мцо-имаауа дрыпҟан, дкажьны ицеит. 31 Уи амҩала ԥшьаҩык даауан. Иара ахаҵа даниба, егьи аган ахь диасын, диаҩсны дцеит. 32 Алевитгьы уа диасны дцон. Уигьы ахаҵа даниба, амҩа ааихиҵәан, диаҩсны дцеит. 33 Аха уи амҩала ицоз Самариа иатәыз хаҵак уи ауаҩ даниба, дрыцҳаишьан, 34 днеины ахаҵа ихәрақәа ҩыла иҿиӡәӡәаан, ахәша ахьшьны иҿеиҳәеит. Нас иҽада дақәиҵан, асасааирҭахь дигеит. Ауха уа дихылаԥшуан. 35 Адырҩаҽны ҩ-динарк* ааҭиган, асасааирҭа аԥшәма ииҭан, ус иеиҳәеит: „Уихылаԥш абри ауаҩ, иусҭаз аасҭа еиҳаны инухыр, саныхынҳәлак иузацысҵоит“. 36 Угәы ишԥаанаго, абарҭ ахҩык рҟынтә рыуа дарбану ирыпҟаз ахаҵа изааигәаз?» 37 Иара иҳәеит: «Дрыцҳашьаны ицхрааз». Усҟан Иисус иҳәеит: «Уаргьы убас ҟаҵала».
38 Иисус иҵаҩцәеи иареи рымҩа иацырҵан, қыҭак аҿы инеит. Уа Марфа зыхьӡыз ԥҳәыск Иисус лыҩныҟа даалыԥхьеит. 39 Марфа аиаҳәшьа длыман. Уи Мариа лыхьӡын. Мариа Иисус ишьапаҿы дтәаны, ииҳәоз дазыӡырҩуан. 40 Марфа лакәзар, дгәаҭеиуа, лусқәа дырҿын. Дырхьымӡошәа анылба, Иисус днаидгылан, ус иалҳәеит: «Исықәиҭу, саҳәшьа дшысмыцхраауа умбаӡои? Дгыланы дсыцхраарц лоумҳәо». 41 Иисус иҳәеит: «Марфа, Марфа, бхы ауадаҩра иалабҵацәоит, иҟабҵо мыцхәцәоуп. 42 Ҳара уиаҟара ҳҭахӡам, чыс хкыкгьы ҳазхоит. Мариа еиӷьу алылхит, уи аӡәы илымихрангьы дыҟаӡам».