Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 9
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Авимелех Шехем аҳас дҟалоит (1—6)

      • Иофам иажәамаана (7—21)

      • Авимелех инапхгара цәгьа (22—33)

      • Авимелех Шехем дабашьуеит (34—49)

      • Аԥҳәыс хыхьынтәи Авимелех алу иқәлыжьуеит; иара дыԥсуеит (50—57)

Аӡбаҩцәа 9:1

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иан лаб иҭаацәара».

Аӡбаҩцәа 9:2

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «адгьылқәа зтәу».

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыбаҩи шәцәеи».

Аӡбаҩцәа 9:4

Албаагақәа

  • *

    800 г раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Аӡбаҩцәа 9:22

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы «ҭауадк иеиԥш ихы мҩаԥигон».

Аӡбаҩцәа 9:31

Албаагақәа

  • *

    Ма «гызмалрыла».

Аӡбаҩцәа 9:46

Албаагақәа

  • *

    Ваа́л-Бери́т ҳәагьы еицырдыруа анцәахәы.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
  • 44
  • 45
  • 46
  • 47
  • 48
  • 49
  • 50
  • 51
  • 52
  • 53
  • 54
  • 55
  • 56
  • 57
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 9:1–57

Аӡбаҩцәа

9 Иероваа́л иԥа Авимеле́х Шехе́мҟа иан лашьцәа рахь дцан, иабду иҩнаҭа иатәыз* зегьи иан лашьцәеи ус реиҳәеит: 2 «Шехе́м инхо* абас шәразҵаа: „Еиҳа еиӷьуи шәара шәзы: Иероваа́л иԥацәа 70-ҩык шәхагылазар акәу, аӡәы дышәхагылазар акәу? Иагьшәхашәмыршҭын сара шәшьа-шәда* сшалҵыз“».

3 Ианшьцәа иажәақәа Шехе́м инхоз рҟынӡа инаргеит, урҭгьы «ҳашьа иоуп» рҳәан, Авимеле́х иган ааныркылеит. 4 Дара Ваа́л-Бери́т иныҳәарҭаҟынтә 70 ше́кель* араӡны рган, Авимеле́х ирҭеит. Иара уи аԥара усда-ҳәысда игәараз, ламыс зламыз ауаа ириҭеит. 5 Нас урҭ иманы иаб иҩнаҭахьы О́фраҟа дцан, хаҳәк аҿы иашьцәа зегьы ишьит — Иероваа́л иԥацәа 70-ҩык. Иероваа́л иԥеиҵбы Иофа́м заҵәык деиқәхеит, избанзар иҽиҵәахит.

6 Уи ашьҭахь Шехе́ми Бет-Ми́ллои рҿы инхоз зегьы Шехе́м иҟаз ашьаҟа азааигәара игылаз аҵла ду амҵан еизан, Авимеле́х аҳас дҟарҵеит.

7 Иофа́м уи зегь анизеиҭарҳәа, ашьха Гаризи́м ақәцә дхалан, ибжьы ҭыганы ҿааиҭит: «Шәысзыӡырҩы, Шехе́м инхо! Шәысзыӡырҩы, Анцәагьы дышәзыӡырҩуеит!

8 Ҽнак зны аҵлақәа рхазы аҳ далырхырц рыӡбеит. Дара амаслинаҵла ус арҳәеит: „Уара уаҳхагыл“. 9 Аха амаслинаҵла ус аҳәеит: „Анцәеи ауааи злаҳараркуа сыхәша шԥаансыжьуеи, сымахәқәа рҵысуа егьырҭ аҵлақәа сырхыҳәҳәалоит ҳәа?“ 10 Усҟан аҵлақәа алаҳаҵла ус арҳәеит: „Уара уаҳхагыл“. 11 Аха алаҳаҵла ус аҳәеит: „Сшәыр хаақәа шԥаансыжьуеи, сымахәқәа рҵысуа егьырҭ аҵлақәа сырхыҳәҳәалоит ҳәа?“ 12 Усҟан аҵлақәа аӡахәа ус арҳәеит: „Уара уаҳхагыл“. 13 Аӡахәа ус аҳәеит: „Анцәеи ауааи ргәы зыргәырӷьо сҩы шԥаансыжьуеи, сымахәқәа рҵысуа егьырҭ аҵлақәа сырхыҳәҳәалоит ҳәа?“ 14 Аҵыхәтәаны аҵлақәа зегьы амаӷ злыҳәҳәо иҟаз ачықь ус арҳәеит: „Уаҳхагыл уара“. 15 Усҟан ачықь ус аҳәеит: „Ииашаҵәҟьаны аҳас сҟашәҵарц шәҭахызар, шәааины сышәшьыра шәыҵагыл. Мап акәзар, сара сҟынтәи амца хәыҵҟьаны ливантәи акедрқәа ықәыццышәаа иагоит“.

16 Авимеле́х аҳас дахьыҟашәҵаз ииашаны, ибзианы иҟашәҵеит ҳәа шәгәы иаанагома? Иероваа́л иҩнаҭеи иареи ибзианы шәрызныҟәама? Ишиқәнагаз еиԥш аума Иероваа́л шәышизныҟәаз? 17 Саб шәара шәзы данеибашьуаз, мадиа́наа рҟынтә шәеиқәирхарц азы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылон. 18 Аха шәара иахьа саб иҩнаҭа шәаҿагылеит, 70-ҩык иԥацәагьы хаҳәк аҿы ишәшьит, имаҵуҩԥҳәыс лыҷкәын Авимеле́х дахьшәашьаз азы аҳас дышәхашәыргылеит. 19 Иахьа Иероваа́л иҩнаҭеи иареи ииашаны, ибзианы шәрызныҟәазар, Авимеле́х шәилагәырӷьала, иаргьы дшәылагәырӷьалааит. 20 Ус акәымзар, Авимеле́х иҟынтә амца хәыҵҟьаны Шехе́м инхои Бет-Ми́лло инхои ықәыццышәаа иагааит. Шехе́м инхои Бет-Ми́лло инхои рҟынтәгьы амца хәыҵҟьаны Авимеле́х дықәыццышәаа дагааит».

21 Уи ашьҭахь Иофа́м дыбналаны Бее́рҟа дцан, уа анхара далагеит, избанзар иашьа Авимеле́х дицәшәон.

22 Авимеле́х Израиль хышықәса аҳра иуан*. 23 Нас Анцәа Авимеле́хи Шехе́м инхоз ауааи аиӷара рыбжьалартә алиршеит, убри аҟынтә дара Авимеле́х гьангьашрала изныҟәо иалагеит. 24 Ус изыҟалаз Иероваа́л иԥацәа 70-ҩык рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа иахьыршьыз азоуп, Авимеле́х иакәзар, иашьцәа ршьа ахькеиҭәаз азы иқәнага дақәшәарц, Шехе́м инхо ракәзар, урҭ рышьра иахьицхрааз азы рықәнага иақәшәарц. 25 Шехе́м инхоз ауаа Авимеле́х ԥырхага ирҭаларц азы ашьхақәа рықәцәқәа рҿы амҩақәа кны итәан, ииасны ицозгьы дырҳәуан. Уи Авимеле́х иҟынӡа инаргеит.

26 Анаҩс Еве́д иҷкәын Гаа́л иашьцәа иманы Шехе́мҟа днеит, шехемаагьы иара иган ааныркылеит. 27 Дара аӡахәаҭрақәа рахь ицан, ажьҭаара иалагеит, нас ирҭааз ажь рхәан, аныҳәа ду ҟарҵеит. Уи ашьҭахь рынцәа иҩнахьы ицеит. Уа ирфон-иржәуан, Авимеле́хгьы дыршәиуан. 28 Еве́д иԥа Гаа́л ус иҳәеит: «Дызусҭада Иероваа́л иԥа Авимеле́х? Дызусҭада Шехе́м иахаиргылаз ицхырааҩ Зеву́лгьы? Урҭ рымаҵ заҳаури? Шехе́м иаб Хамо́р ихылҵқәаз рымаҵ ҳаулар еиӷьми! Авимеле́х имаҵ заҳаури? 29 Ари ажәлар сара исыдгылазҭгьы, Авимеле́х дахысҳәон». Уи ашьҭахь Гаа́л Авимеле́х ус иеиҳәеит: «Ур еизганы уҳабашь».

30 Ақалақь аҿы ҭауадс иҟаз Зеву́л Еве́д иԥа Гаа́л ииҳәаз аниаҳа, даараӡа иԥсахы еибакит. 31 Иара маӡала* Авимеле́х иахь ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭит, абас иарҳәарц азы: «Еве́д иԥа Гаа́л иашьцәеи иареи Шехе́мҟа иаан, ақалақь аҿы инхо уҿадыргыларц иаҿуп. 32 Убри аҟынтә ианылашьцалак, ауаа уманы уаа, ақалақь анҭыҵгьы шәҽыҵәахны шәтәа. 33 Ашьыжь шаанӡа, амра шаагылалак еиԥш, ақалақь шәақәла. Гаа́л иуаа иманы дануҿагылалак, уиааирц азы иулшо зегь ҟаҵа».

34 Авимеле́х иуааи иареи алашьцара рҽалакны иаан, Шехе́м иақәларц азы ԥшь-гәыԥкны рҽеиҩыршан, рҽыҵәахны итәеит. 35 Еве́д иԥа Гаа́л ақалақь агәашә дҭыҵны дангыла, Авимеле́х иуааи иареи рҽыҵәахны иахьтәаз аҟынтә идәықәлеит. 36 Урҭ аниба, Гаа́л Зеву́л ус иеиҳәеит: «Уԥшы, ашьха аҟынтә ауаа лбаауеит». Аха Зеву́л ус иҳәеит: «Ашьхақәа рыгага ауаа ракәушәа унарбоит».

37 Ԥыҭрак ашьҭахь Гаа́л ус иҳәеит: «Уԥши, ауаа адгьыл агәҭа иҟоу аҳаракыраҟынтә илбаауеит. Гәыԥк аҵла ду Меонни́м аганахь ала иаауеит». 38 Усҟан Зеву́л ус иҳәеит: «„Дызусҭада Авимеле́х имаҵ ҳаулартә еиԥш“ ҳәа умҳәози. Уара урҭ атәоумбаӡеит, ус ами? Уажәшьҭа уцаны урабашь».

39 Гаа́л Шехе́м инхоз раԥхьа днагылан, Авимеле́х диабашьит. 40 Авимеле́х Гаа́л дишьҭалеит, аха Гаа́л уи дицәыбналеит; иршьыз ауаа рацәан, ақалақь агәашәқәа рҟынӡа ауаа шьны икажьын.

41 Авимеле́х Ару́м даанхеит, Зеву́л иакәзар, Гаа́л иашьцәеи иареи Шехе́м иқәицеит. 42 Адырҩаҽны ауаа ақалақь иалҵит. Уи Авимеле́х иҟынӡа инаргеит. 43 Усҟан иара ауаа х-гәыԥкны ишан, ақалақь анҭыҵ иҽыҵәахны днатәеит. Ауаа ақалақь ишалҵуаз аниба, дрықәлан ишьит. 44 Авимеле́х ируааи иареи ақалақь агәашәқәа рахь еихеит, егьырҭ ҩ-гәыԥк ақалақь анҭыҵ иҟаз ирықәлан, зегь ршьит. 45 Авимеле́х аҽнынтәарак ақалақь дабашьуан, иагьигеит. Иара уа инхоз ауаа ишьит, уи ашьҭахь ақалақь ԥыххааса иқәиҵеит, аџьыкахышгьы ақәиԥсеит.

46 Шехемтәи абааш аҿы инхоз уи анраҳа, иаразнак Ел-Бери́т* иныҳәарҭаҿы иҟаз аҽыҵәахырҭахь ицеит. 47 Авимеле́х шехемтәи абааш аҿы инхоз зегьы џьарак ишеизаз аниарҳәа, 48 иуааи иареи ашьха Цалмо́н ахь ихалеит. Авимеле́х аиха аашьҭихын, аҵла амахә хҵәаны иҟәаҟәа иқәиҵан, иуаа ус реиҳәеит: «Иҟасҵо ҟашәҵала! Шәласы!» 49 Аибашьцәа аҵла амахәқәа хырҵәан, Авимеле́х ишьҭаланы идәықәлеит. Дара урҭ амахәқәа абааш иаакәыршаны ишьҭарҵан, амца ацрарҵеит. Шехемтәи абааш аҿы иҟаз ауаа зегь ҭахеит, 1 000-ҩык раҟара ахацәеи аҳәсеи.

50 Авимеле́х Теве́цҟа дцан, уи ақалақь амацәаз иҭеикит, иагьигеит. 51 Ақалақь агәҭаны абааш ӷәӷәа гылан. Ахацәеи аҳәсеи зегьы — ақалақь аҿы инхоз зегьы — иҩны уахь ицеит. Дара уа рҽыҩнаркын, ахыбрахь ихалеит. 52 Авимеле́х абааш ахь иҿынеихеит, иԥыххааса иқәиҵарц азы. Амца ацреиҵарц азы абааш аҩналарҭа данаадгыла, 53 ԥҳәыск хыхьынтәи алу лыршәын, ихы иаалырхеит, ихгьы ԥылҽит. 54 Авимеле́х иаразнак иабџьарныҟәгаҩ дааиԥхьан, ус иеиҳәеит: «Уаҳәа ҭыганы сшьы, „аԥҳәыс дылшьит“ ҳәа сзырымҳәарц азы». Убасҟан иабџьарныҟәгаҩ аҳәа илеиҵеит, иаргьы дыԥсит.

55 Израильаа Авимеле́х дшыԥсыз анырба, рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит. 56 Убасала Анцәа Авимеле́х иқәнага дақәиршәеит, 70-ҩык иашьцәа шьны, иаб ацәгьара ахьизиуз азы. 57 Шехе́м инхоз иҟарҵаз ацәгьарагьы Анцәа иаарҳәны рхы иҭаирԥеит, Иероваа́л иԥа Иофа́м ииҳәаз ашәиԥхьыӡгьы наӡеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра