Ауриацәа рахь
6 Убри аҟынтә аԥхьанатә иҳауз Христос изку аҵарақәа рҟны ҳаанымгылалароуп, анаҩсгьы доуҳала ҳашәлароуп. Ишьҭаҳҵахьоу ашьаҭахь ҳахнымҳәлап, иаҳҵахьоу абарҭ аҵарақәа рахь: акгьы иаԥсам аусқәа* рыхьхәра, Анцәа ихаҵара, 2 аӡӡаахрақәа ирызку аҵара, анапқәа рықәҵара, аԥсҭалара, наӡаӡатәи ақәыӡбара. 3 Анцәа имчала ҳара иҳалшоит доуҳала ишәхьоу ҳакәны аҟалара.
4 Зны Анцәа алашара зирбаз, жәҩантәи аҳамҭеи иԥшьоу адоуҳаи зауз, 5 изауз зеиԥшыҟам Анцәа иажәа, аԥхьаҟа* иҟалараны иҟоу абзиарақәа збаз, 6 аха зхаҵара иацәхьаҵыз еиҭах рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц узрыцхрааӡом, избанзар дара Анцәа Иԥа еиҭа ашьаҟа дкыдырҵоит, зегьы рҿаԥхьа ахьымӡӷ идыргоит. 7 Анцәа адгьыл дазылԥхоит, уи лассы-лассы илеиуа ақәа анажәуа, насгьы иқәаарыхуа аҽаҩра анинаҭо. 8 Аха адгьыл амаӷи аҳаскьын бааԥси ықәиаауазар, уи акгьы иаԥсам дгьылуп. Уи адгьыл ашәи азыԥшуп, аҵыхәтәангьы иқәыццышәаа ирбылуеит.
9 Бзиа иаҳбо ҳашьцәа, ҳара ус ҳҳәоит, аха агәра ганы ҳаҟоуп шәара шәусқәа еиҳа ишеиӷьу, избанзар аиқәырхарахь шәназго аусқәа ҟашәҵоит. 10 Анцәа диашоуп, убри аҟынтә иахьа уажәраанӡа иԥшьоу рымаҵ уа, ихьӡ азы ижәбо аџьабааи иаашәырԥшуа абзиабареи ихашҭӡом. 11 Аха ҳара иаҳҭахуп анаҩсгьы шәҳаҵҳаҵо шәыҟазарц, шәгәыӷра аҵыхәтәанынӡа ишыӷәӷәоу иаанхарц азы. 12 Шәмаашьалан, ахаҵареи ачҳареи ахьаадырԥшуаз абзоурала изқәыргәыӷыз зауз шәырҿыԥшла.
13 Анцәа Авраам ажәа анииҭоз, сара исымаҿоуп ҳәа дқәит, избанзар иара иаасҭа еиҳау дыҟаӡам. 14 Иара иҳәеит: «Сара сузылԥхоит, жәларык ухылҵыртә еиԥш иҟасҵоит». 15 Авраам ачҳара анааирԥш ашьҭахь ауп Анцәа ари данақәиргәыӷ. 16 Ауаа аӡәы ажәа анирҭо, дара раасҭа еиҳау ила иқәуеит. Уи аимак-аиҿак аҵыхәтәа ԥнаҵәоит, избанзар ирҳәаз шьақәнарӷәӷәоит. 17 Убас, Анцәагьы ажәа зиҭаз ауаа игәы иҭеикыз ԥсахрак шақәым еиҳа еиӷьны идирбарц аниӡба, изықәиргәыӷыз шроуҵәҟьо шьақәирӷәӷәарц азы дқәит. 18 Ԥсахра зқәым урҭ ҩба рҿы Анцәа амц изҳәаӡом. Урҭ аҩбагьы ҳара — Анцәа иҿы ахыҵакырҭа зыԥшааз — ҳгәы шьҭырхуеит, насгьы ҳгәыӷра ҳҽаларԥсны акра иҳацхраауеит. 19 Уи агәыӷра ҳаԥсҭазааразы аԥырсал иаҩызоуп — уақәгәыӷыртә иҟоуп, иӷәӷәоуп, аԥарда ашьҭахь иҟоу аныҳәарҭа ауадахь ҳнанагоит. 20 Уахь ҳара ҳаԥхьа Иисус дыҩналеит. Иара наӡаӡа ԥшьаҩ хаданы дҟалеит, Мелхиседе́к иеиԥшу ԥшьаҩ хаданы. Иара уахь дыҩналеит ҳара ҳзы амҩа ааиртырц, насгьы уи ирмазеирц азы.